Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 5
  • Иалагоит аԥсҭазаара цәгьа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иалагоит аԥсҭазаара цәгьа
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Урҭ рыҩны зхарцәыӡыз
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Изеиԥшразеи аԥсҭазаара Џьанаҭ аҟны?
    Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала
  • Адами Евеи Анцәа изымӡырҩӡеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Анцәа ахаҵеи аԥҳәыси ишеит
    Учимся на примерах из Библии
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 5

АЖӘАБЖЬ 5

Иалагоит аԥсҭазаара цәгьа

ЕДЕМТӘИ абаҳча анҭыҵ Адами Евеи даара ирцәыцәгьан. Рыфатә аадрыхырц азы аџьабаа ӷәӷәа рбон. Ашәырҵла ԥшӡақәа рцынхәрас иаарыкәаршаны мӷрахеит, жәырҭрахеит. Абри ауп иалҵыз Анцәа иҳәатәхамҵареи иҩызара аҵәыӡреи.

Адами Евеи аԥсра иахьалагаз ауп зегь реиҳа еицәахаз. Иугәаларшәа,— Анцәа ргәырҽаниҵахьан, иалкаау аҵла аҟнытә ашәыр рфар ишԥсуаз. Убас иагьыҟалеит — ашәыр анырфа инаркны аԥсра иалагеит. Заҟа ибзамыҟәқәазеи Адами Евеи, Анцәа иахьизымӡырҩыз.

Анцәа Едемтәи абаҳча ианҭица ашьҭахь ауп Адами Евеи ахшаара анроуз. Убри азоуп рыхшаарагьы имԥсыр, имажәыр амуа изыҟалаз.

Адами Евеи Иегова изыӡырҩызҭгьы, рыхшаареи дареи рыԥсҭазаара насыԥ аҵаны иҟалон. Урҭ зегьы наӡаӡатәи аԥсҭазаареи анасыԥи рыманы инхаларын адгьылаҿы. Аӡәгьы иқәшәомызт ажәреи, ачымазаҩхареи, аԥсреи.

Анцәа иҭахыуп, ауаа наӡаӡеи насыԥлеи инхалар, иара ҳақәиргыӷуеит — мышкы-зны урҭ наӡаӡа ишынхало ала. Усҟан адгьыл иссирханы мацара акәым, ауаагьы агәабзиара роуеит. Адгьыл аҿы зегьы еиҩызцәаны иҟалоит, Анцәагьы иҩызцәахоит.

Ева уаҳа Анцәа диҩызамызт. Убри аҟнытә ахшааиура лзымариамызт. Ахьаа лнаҭон. Иубоума, шаҟа рыцҳара лзаанагаз Иегова иҳәатәхамҵара?

Адами Евеи аԥацәеи ԥҳацәеи рацәаҩны ирыман. Раԥхьа ироуз рԥа Каин ихьӡыртәит. Аҩбатәи рԥа ихьӡыртәит Авел. Иудыруама, урҭ зықәшәаз?

Аҟазаара 3:16—23; 4:1, 2; Аартра 21:3, 4.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра