Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 32
  • Жәа-рыцҳарак

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Жәа-рыцҳарак
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Раԥхьатәи х-рыцҳарак
    Учимся на примерах из Библии
  • Ажәабатәи арыцҳара
    Учимся на примерах из Библии
  • Анаҩстәи ф-рыцҳарак
    Учимся на примерах из Библии
  • Моисеии Аарони афараон иахь иаауеит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 32

АЖӘАБЖЬ 32

Жәа-рыцҳарак

УРЫХӘАԤШИ арҭ асахьақәа. Сахьа-цыԥхьаӡа иарбоуп Иегова Мсыр изықәиршәаз жәа-рыцҳарак рҟнытә руак. Уахәаԥши раԥхьатәи асахьа — Аарон илабашьала Нил аӡы дынҭасуеит. Аӡиас зегьы шьаарҵәыраха иааҟалоит. Аԥсыӡқәа зегьы ԥсуеит, аӡиас аҟнытә афҩы цәгьа ҵысуа иалагеит.

Анаҩс иҟаз адажәқәа ракәын: Иегова идҵала урҭ Нил иҭыҵит. Иабаҟамыз урҭ: аԥечкақәа, аԥлакьқәа, ауаа риарҭақәа рҟны,— ажәакала, зехьынџьара. Адажәқәа анԥсы, мсыраа урҭ еидыркылеит чаҟәа дуқәаны, адгьылгьы урҭ рҟнытә абаафҩы ықәшәшәо иҟалеит.

Нас Аарон лабашьала адгьыл дасит, асабагьы аӡқәа алҵит. Аӡқәа — ари иухьратәы ицҳауа ахәаҷа-маҷа ссақәа роуп. Уи Мсыр ирзынашьҭыз ахԥатәи арыцҳара акәын.

Егьырҭ арыцҳарақәа зегьы мсыраа роуп ԥырхага знаҭа, израилаа зынӡа иркьымсӡеит. Аԥшьбатәи арыцҳара — ари амҵ дуқәа ракәын, урҭ рҽеизганы мсыраа рыҩнқәа ирыҩналон. Ахәбатәи арыцҳара аԥстәқәа ирзынашьҭын. Уи иахҟьаны иԥсит ажәқәа, ауасақәа, аџьмақәа рацәаӡаны.

Анаҩс Моисеии Аарони ахәшырб шьҭыхны аҳауа иаларԥсеит. Ари ауааи аԥстәқәеи аԥхҭрақәа рызнарҵысит. Абас иҟан афбатәи арыцҳара.

Уи ашьҭахь Моисеи ажәҩанахь инапқәа шьҭихит, Иеговагьы адыди акырцхи ааишьҭит. Ари Мсыртәи аҭоурыхаҽы зегь реиҳа ибааԥсыз ақәыршыҩи акырцхи ракәын.

Аабатәи арыцҳара — ари амаҵа рацәа ракәын. Ахаангьы, уи ашьҭахьгьы, ари аҩыза амаҵа рацәа ҟамлацызт. Урҭ акырцх иацәынхаз зегьы рфеит.

Ажәбатәи арыцҳара — ари алашьцара акәын. Хымш адгьыл зегьы алашьцара еишьылра ахатәан, аха израилаа ахьынхоз ԥыхьеиԥш лашаран.

Аҵыхәтәан Анцәа ижәлар иреиҳәеит аҩны ашәқәа рыбжьандақәа аӡысқәеи асыс ԥшқақәеи ршьа ахьыршьырц. Уи ашьҭахь, Анцәа имаалықь Мсыр дналсит. Уи зыҩны ашьа ибаз рҟны аӡәгьы дишьуамызт. Аха зыҩны ашә абжьандақәа рҟны ашьа имбаз Анцәа имаалықь ауаа раԥхьахшаақәеи аԥстәқәа раԥхьа ирхылҵызи ишьуан. Ари ажәабатәи арыцҳара акәын.

Аҵыхәтәантәи арыцҳара аниас, афараон израилаа ирыдиҵеит ицарц. Анцәа ижәлар зегь хиан, убри аухаҵәҟьа урҭ Мсыр иалҵит.

Ақәҵымҭа, ахқәа 7—12.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра