АЖӘАБЖЬ 48
Иҟәышу гаваонаа
УАЖӘШЬҬА Ханаантәи ақалақьқәа рацәаны Израил иабашьырц иазхиоуп. Урҭ аиааира иақәгәыӷуеит. Аха Гаваон ақалақь азааигәара инхо ауаа ус ирыԥхьаӡом. Урҭ агәра ргоит, израилаа Анцәа дышрыцхраауа, убри азгьы ирҭахым, Анцәа иабашьырц. Абасала, иудыруама, гаваонаа иҟарҵо?
Урҭ тәыла хараӡак аҟны инхо ауаа ракәызшәа рҽыҟарҵоит. Ԥыҭҩуаак амаҭәа ԥыжәжәақәа ршәырҵоит, ихахьоу аимаақәагьы рышьарҵоит. Аҽадақәа ааҵәа ԥжәақәа рықәырҵоит, акрызхыҵуа, икьакьахахьоу ачагьы ргоит. Уи ашьҭахь Иисус Навин иахь иаауеит, иагьырҳәоит: ‘Ҳара тәыла хараӡак аҟнытә ҳааит, избанзар шә-Нцәа дуӡӡа Иегова иӡбахә ҳаҳаит. Уи Мсыр иаашәзыҟаиҵаз зегьы ртәы. Убри азы ҳаиҳабацәа иҳарҳәеит амҩаныфа аашьҭыхны, шәара шәахь ҳцаны ишәаҳҳәарц: „Ҳара шәара шәхәуҩцәа ҳауп. Ажәа ҳашәҭ, шәышҳмабашьуа ала“. Шәахәаԥши, ҳамаҭәақәа ԥыжәжәеит амҩа хара иахҟьаны, ҳчагьы кьакьахеит’.
Иисус Навини егьырҭ аиҳабацәеи гаваонаа рыгәра ргоит. Урҭ ишырмабашьуа ала ажәа рырҭоит. Аха даҽа хымш рышьҭахь урҭ еилыркаауеит гаваонаа зынӡа рааигәа-сигәа ишынхоз.
— Атәыла харантә шәаазшәа зҳашәҳәеи? — дразҵааит Иисус.
— Ҳара ус ҟаҳҵеит, избанзар иҳарҳәеит, Анцәа Иегова ари ханаантәи адгьыл шәара ишәиҭарц шәшақәиргәыӷыз. Ҳаргьы ҳашәшьыр ҳәа ҳшәеит,— аҭак ҟарҵеит гаваонаа. Аха израилаа ражәа иамеижьеит, гаваонаа рымшьӡеит. Уи ацынхәрас урҭ маҵуҩцәас иҟарҵоит.
Иерусалимтәи аҳ даара дгәааны дыҟоуп, гаваонааи израилааи аҭынчра ахьрыбжьарҵаз. Убри азы уи ԥшьҩык егьырҭ аҳцәа дрыҳәоит: ‘Шәааи, шәсыцхраа гаваонаа рабашьраҿы’. Абар, хәҩык аҳцәа гаваонаа ирабашьырц рҿаархоит. Аҟәышра иатәызу гаваонаа рганахьала, Израили дареи аҭынчра ахьрыбжьарҵаз, уи арҭ аҳцәеи дареи аибашьрахь икылнагазар? Иаабап уи закәу.
Иисус Навин 9:1—27; 10:1—5.