Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 март ад. 13
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иеиԥшу аматериал
  • Агәымшәара злаз, аиҩызарагьы пату ақәызҵоз Ионафан
    Учимся на примерах из Библии
  • «Ионафан иԥсы Давид илаҵәеит»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Давиди Саули
    Учимся на примерах из Библии
  • Давид абналара зиқәшәаз
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 март ад. 13

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Избан 2 Самуил 21:7—9 аҿы раԥхьа аҳ Давид Мефивошет дрыцҳаишьеит ҳәа зану, аха анаҩс — Мефивошет ашьразы дриҭеит ҳәа зану?

Ари ацыԥҵәахаҿы иану еиҿагылошәа ҳгәы иаанагар алшоит ирласны ҳаԥхьаны ҳахысны ҳцар. Аха ҳазааҭгылар, игәаҳҭоит араҟа Мефивошет зыхьӡыз ҩыџьа ауаа рыӡбахә шаҳәо. Ари ахҭыс иаҳнарҵар алшо рацәоуп. Шәааи еилаҳкаап избан.

Израильтәи аҳ Саул быжьҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи иман. Иԥеиҳаб Ионафан ихьӡын. Ԥыҭрак ашьҭахь Саул иуадалықԥҳәыс Рицпа Мефивошет длыхшеит. Иџьоушьартә иҟоуп Ионафан иԥагьы Мефивошет ахьихьӡиҵаз. Ус анакәха, Саул иԥагьы имоҭагьы Мефивошет рыхьӡын.

Саул аҳра аниуаз аамҭазы Израиль иаҵанакуаз ақалақь Гаваон инхоз ауаа рнырҵәара далагеит. Иҭахаз ауаа рацәазар ҟаларын. Аха ус аҟаҵара иашаӡамызт, избанзар Иисус Навин ихаан иҟаз израильтәи аиҳабацәеи Гаваон инхоз ауаа рхылҵшьҭрақәеи аҭынчра аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьан (Иис. Н. 9:3—27).

Саул ихаангьы уи аиқәшаҳаҭра аус ауан. Аха иара уи хьаас имкыкәа гаваонаа зегь ықәигарц иӡбеит. Иегова иҳәеит Саул ихылҵшьҭрагьы иаргьы ашьакаҭәара шырхароу (2 Сам. 21:1). Аамҭак ашьҭахь Давид аҳас дҟалеит. Саул иҟаиҵаз аҵыхәала Иегова ижәлар шаанижьыз анеиликаа, Давид иаанхаз гаваонаа ааиԥхьан, иҳаду ахара ҳхаҳхырц азы иҟаҳҵарызеи ҳәа дразҵааит. Дара аԥара иамыҳәаӡеит, аха абас иарҳәеит: «Ҳақәгара иаҿыз, насгьы Израиль адгьыл ҳанызхырц зҭахыз ауаҩы быжьҩык иԥацәа ҳашәҭ. Урҭ кнаҳҳауеит». Давид урҭ рыҳәара наигӡеит (2 Сам. 21:2—6; Ахыԥхь. 35:30, 31).

Уи аамҭазы Саули Ионафани аибашьраҿы иҭахахьан. Аха Ионафан иԥа Мефивошет, данхәыҷыз дахькарыжьыз азы изымныҟәоз, иԥсы ҭан. Иара иабду иусқәа дрылахәӡамызт. Давиди Ионафани уи аԥхьа аиҩызара аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьан. Уи аиқәшаҳаҭра Ионафан ихылҵшьҭрагьы аҵанакуан, Мефивошетгьы уахь дналаҵаны (1 Сам. 18:1; 20:42). Убри аҟынтә 2 Самуил 21:7 аҿы ишану еиԥш, Давид Ионафан иԥа Мефивошет дрыцҳаишьеит, избанзар Ионафани Давиди Иегова иҿаԥхьа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьан.

Ус ишыҟазгьы Давид гаваонаа ирҳәаз наигӡеит. Урҭ Саул иҷкәынцәа ҩыџьеи, руаӡәк Мефивошет ихьӡын, хәҩык имоҭацәеи риҭеит (2 Сам. 21:8, 9). Убас ала Давид израильаа ирыдыз ахара рхихит.

Уажәы ҳазлацәажәаз баша ҭоурыхӡам. Анцәа иԥҟарақәа руак еилыкка иаҳәоит: «Ахәыҷқәагьы ашьра рықәҵалатәӡам рабацәа рыгәнаҳазы» (Ҩынтә. 24:16). Саул иԥацәеи имоҭацәеи акгьы рхарамызҭгьы, Иегова урҭ ршьыртә алиршаӡомызт. Уи аԥҟара ибзианы иҳаилнаркаауеит, ауаҩы иара игәнаҳа мацаразы шакәу аҭак зыҟаиҵо. Убри аҟынтә иаҳҳәар ҳалшоит урҭ абыжьҩыкгьы гаваонаа рышьра рнапы алакын ҳәа. Ус анакәха иҟарҵаз азы ирықәнагаз иақәшәеит.

Ари аҭоурых иаҳнарбоит ауаҩы аӡәы ииҳәаз ала акәзаргьы иҽеим аусқәа рыҟаҵара азин шимам. Иҟаҳҵо аусқәа рзы ҳара ҳауп аҭак ҟазҵо. Шәааи абарҭ ажәа ҟәыӷақәа ҳхаҳмыршҭлап: «Ушьапы ахықәургыло умҩа риашала, убасҟан умҩа шәарҭахаӡом. Арыӷьарахь ма арымарахь умцан. Ацәгьара уҽацәыхьчала» (Ажәам. 4:24—27; Еф. 5:15).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра