АЖӘАБЖЬ 59
Давид абналара зиқәшәаз
ДАВИД Голиаф данишьлак, аруаа иреиҳабӡоу Авенир, уи Саул иахь днеигоит. Саул даара гәахәас димоуп Давид. Уи ируаа аиҳабацәа дыруаӡәкны дҟаиҵоит, аҳҭынраҿгьы анхаразы дааникылоит.
Акраамҭа анҵлак, аруаа филистимаа рабашьра аҟынтә ианыхынҳәуа, аҳәсақәа шәаҳәоит: «Саул зқьҩык ишьит, Давид — жәа-нызқьҩык». Саул Давид дшьыцигоит, уи еиҳа дахьышьҭырхуа азы. Аха Саул иԥа Ионафан уи дшьыцигом. Уи Давид даараӡа бзиа дибоит, Давид иаргьи бзиа дшибо еиԥшҵәҟьа. Убри азыҳәан урҭ дара-дара ажәа рыбжьарҵоит, еснагь еиҩызцәаны ишаанхо ала.
Давид ҟазарала аҩымаа аирҳәоит, Саулгьы даара игәаԥхоит уи абжьы. Аха ҽнак зны уи ишьыцра иахҟьаны бааԥсрак ҟаиҵоит. Давид аҩымаа анаирҳәо Саул аԥса аашьҭыхны иршәоит абас ҳәауа: «Давид аҭӡамц даласырҟацоит!» Аха Давид иҽацәигоит, аԥсагьы ивҟьоит. Даҽазных Саул еиҭах Давид аԥса игәыдиҵоит, аха изиқәыршәом. Усҟан Давид еиликаауеит — уи даараӡа игәиҽанызароуп
Иугәалашәома Саул изықәиргәыӷыз? Голиаф дызшьыз иԥҳа дышииҭо ала. Аҵыхәтәан Саул Давид иеиҳәоит, уи иԥҳа Мелхола дышииҭо, аха уаанӡа уи 100 аӷацәа филистимаа ишьыроуп. Ухаҿы иааги! Саул дзықәгәыӷҵәҟьо, филистимаа Давид дыршьып ҳәа ауп. Аха урҭ уи дыршьӡом, Саулгьы иԥҳа Давид дииҭоит.
Ҽнак зны, Саул Ионафани имаҵуҩцәа зегьи иреиҳәоит, Давид дишьыр шиҭахыу. Аха Ионафан иаб диҳәоит: «Давид ԥырхага изумун. Уи еснагь дуцхраауан акәымзар цәгьара узимуит. Уи иԥсҭазаара игәаӷьуан, Голиаф данишьуаз, уаргьы угәырӷьон уи анубоз».
Саул иԥа дизыӡырҩуеит, Давидгьы акгьы шизимуа ала ажәа ҟаиҵоит. Давид шьҭахьҟа дааргоит, уи ԥыхьеиԥшгьы Саул иҩны аҟны амаҵ иуеит. Аха абар, ҽнак зны Давид аҩымаа анаирҳәо, Саул еиҭах Давид аԥса игәыдиҵоит. Давид иҽацәигоит, аԥсагьы аҭӡамц иалаҟацоит. Ари уажәшьҭа хынтәуп! Давид еиликаауеит — иаҭахыуп абналара!
Уи ауха Давид иҩныҟа дцоит. Аха Саул ԥыҭҩык ауаа ишьҭеиҵоит уи дыршьразы. Мелхола илдыруеит лаб игәҭакқәа. Убри азы уи лхаҵа иалҳәоит: «Уаха уанмыҩ, уаҵәы уԥсы ҭаны унхом». Убри ауха Мелхола Давид аԥенџьыр дкылԥаны дыҩны дцаратәы дицхраауеит. Уи Саул дизымԥшааразы, бжьы-шықәса ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь аҽыҵәахра иқәшәоит.
1 Самуил 18:1—30; 19:1—18.