АЖӘАБЖЬ 61
Давид аҳас иҟалара
САУЛ еиҭах иҽазикуеит Давид икра. Уи ируаа иреиӷьыз 3 000-ҩык алхны, ддәықәлоит Давид иԥшаара. Уи Давид ианиаҳалак, аԥшыхәыҩцәа дәықәиҵоит, Саул ируааи иареи ахьыцәоу еилыркаарц. Нас Давид ҩыџьа аруаа дразҵаауеит: ‘Шәыуа исыццода Саул дахьаангылаз аҭыԥахь?’
— Сара сцоит,— даақәгылт Авесса. Уи Давид иаҳәшьа Саруи лыҷкәын иоуп. Саул ируааи иареи шыцәоу, Авессеи Давиди рыбжьы мыргакәа, урҭ рҭыԥахь инеиуеит. Саул ихаҿы ишьҭаз иԥсеи иԥҳали ргоит урҭ. Зегьы ыцәоуп — аӡәгьы имбеит, имаҳаит.
Уԥши, Давиди Авессеи ахьыҟоу уажәшьҭа. Урҭ иахьшәарҭамыз аҭыԥ ахь иҩны ицеит, уажәшьҭагьы ашьха ақәцәаҿы игылоуп. Давид израилтәи аруаа реиҳабы ихы наиқәкны ҿааиҭит: ‘Авенир, дзумхьчозеи уаҳ? Уахәаԥшишь! Иԥсеи аӡы азы имаз иԥҳали абаҟоу?’
Саулгьы дҿыхоит. Уи Давид ибжьала дидыруеит, дагьҵаауеит: ‘Уара уоума Давид?’ Иубома, нахьхьи ҵаҟа Саули Авенири?
— Ааи, сара соуп, саҳ,— ақәҿиҭуеит Давид, Саулгьы диазҵаауеит: — Узсышьҭашәарацои? Цәгьарас иузызуи? Абар аҳ уԥса. Ууаажәлар рҟнытә аӡәы даашьҭы, иагьигааит иара.
— Сара сиашаӡамызт,— аргама иҳәоит Саул.— Сымхәыцкәа схы мҩаԥазгеит.— Уи ашьҭахь Давиди Саули еиԥырҵит: Давид имҩала дцеит, Саулгьы аҩныҟа дгьежьуеит. Аха Давид гәаныла дхәыцуеит: ‘Знымзар-зны сишьуеит, зегь акоуп, Саул! Филистимтәи адгьылахь сыҩроуп’. Убас иагьыҟаиҵоит. Давид — филистимаа ржьара илшоит уажәшьҭа дара рганахь дыҟоушәа ҟаҵаны.
Ԥыҭраамҭак ашьҭахь филистимаа израилаа ирабашьуеит. Ари аибашьараҿы Саули Ионафани ҭахоит. Давид даара дџьабоит, абарҭ реиԥш иҟоу ажәақәа злоу ашәа ԥшӡагьы аԥиҵоит: ‘Узџьабоит, сашьа Ионафан. Акыр ушԥасзаԥсаз!’
Уи ашьҭахь Давид Израилҟа, Хеврон ақалақь ахь дхынҳәуеит. Араҟа аибашьра цоит, Саул иҷкәын Иевосфеи аҳас далзхзи Давид аҳас дҟазҵар зҭахыуи ауаа рыбжьара. Аҵыхәтәан Давид иуаажәлар аиааиуеит. Абар, 30 шықәса анихыҵуаз, Давид аҳас дҟалоит. Бжьышықәсеи бжаки уи Хеврон дахагылоуп. Араҟа ихылҵуеит аԥацәа: Амнон, Авессалом, Адониа.
Аамҭа цоит, Давидгьы ируаа иманы Иерусалим ақалақь ԥшӡа игарц дақәлоит. Ари аибашьра хадас дамоуп Давид иаҳәшьа Саруи егьи лԥа Иоав. Убри азы, Давид, Иоав ар еиҳабыс дриҭоит. Убри инаркны Давид Иерусалим аҳра иуа далагоит.
1 Самуил 26:1—25; 27:1—7; 31:1—6; 2 Самуил 1:1—26; 3:1—21; 5:1—10; 1 Ашықәсынҵа 11:1—9.