АЖӘАБЖЬ 50
Ҩыџьа аҳәса гәымшәақәа
ИЗРАИЛАА арыцҳара ианақәшәалак, Иегова иҵәаа-ҵәаауа инеизхьаԥшоит. Урҭ иҟарҵаз аҳәара аҭакс Иегова аԥыза гәымшәацәа ааишьҭуеит. Абиблиа аҟны урҭ аӡбаҩцәа ҳәа иарбоуп. Раԥхьатәи ӡбаҩыс иҟаз Иисус Навин иоуп, уи ишьҭахь ӡбаҩцәас иҟан Гофониил, Аод, Самегар. Аха Израил иацхраауа ҩыџьа ауаа ҳәсақәоуп. Урҭ ирыхьӡын Девора, Иаиль.
Девора дԥааимбарԥҳәысуп. Иегова уи аԥхьаҟа иҟалаша атәы адырра лиҭоит, Иегова иажәақәа ларгьы ауаа иралҳәоит. Девора, иара убас, дыӡбаҩуп. Уи дтәоуп ашьха, апальма амҵан, ауаагьы ацхырааразы илызнеиуеит.
Уи аамҭазы Ханаан аҳас дҟалоит Иавин. Уи имоуп аибашьыгатә ҽыуардынқәа 900. Иавин ир даара иӷәӷәоуп, израилаа ԥыҭҩыкгьы уи имаҵуҩцәахар акәхеит. Ар реиҳабы Сисара ихьӡуп.
Ҽнак зны, Девора аӡбаҩ Варак иахь ауаа лышьҭит, иагьизылыцҳаит: ‘Иегова адҵа ҟаиҵеит: „10 000-ҩык ауаа уманы Фавор ашьхарахь ухал. Сара Сисара уахь дназгоит. Ируааи иареи уриааиртә иҟасҵоит“.
Варак Девора илеиҳәоит: ‘Бара бцозар, саргьы сцоит’. Девора уи дицны дцоит, аха уи Варак заа иалҳәоит иҟалараны иҟоу: ‘Аиааира азы ахьӡ уара иуоуӡом, избанзар Иегова аԥҳәыс лнапала дишьуеит Сисара’. Убас иагьыҟалоит.
Варак Фавор ашьха дылбааны, Сисара ируаа дырԥылеит. Иаалырҟьаны Иегова аӡхыҵра ҟаиҵоит, аӷа ируаа аӡәырҩгьы аӡы иагоит. Аха Сисара аҽыуардын дылбааԥаны дыҩуеит.
Ҳамҭакы ашьҭахь Сисара днеиуеит Иаиль лқьалахь. Уи лқьалахь дналыԥхьоит, ахшгьы илыржәуеит. Уи ацәа данаркит, хара имгакәагьы дҭаҳәахаа дыцәоит. Усҟан Иаиль ашьаԥа аҵәҩан ааҵхны ари ауаҩы бааԥсы ихы иалалҵоит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Варак данааилак, уи иԥсны икажьу Сисара дилырбоит! Иубоума, Девора илҳәаз ҟалеит.
Аҵыхәтәан аҳ Иавингьы дыршьуеит, ԥыҭраамҭакгьы израилаа ҩаԥхьа шәарҭарак рымамкәа инхоит.