Иаашәырԥшуа ахамеигӡара Иегова дҳаранаклааит!
«Ауаа хатәгәаԥхарала иахьцаз азы Иегова дҳарашәкла» (АӠБ. 5:2).
1, 2. а) Иарбан гәаанагароу Елифази Вилдади ирымаз Анцәа ҳмаҵзура дшазыҟоу аганахь ала? б) Иахиҳәаазеи уи Иегова?
«ИЛШОМА ауаҩы Анцәа хәарҭа изааигар, насгьы аилкаара змоу аӡәы уи изы дхәарҭаха́р? Деигәырӷьома Зегьзымчу уиашара, мамзаргьы феида изалоума уара уцқьара?» (Иов 22:1—3). Шәрызхәыцхьоума шәара абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа? Феман иатәыз Елифаз урҭ азҵаарақәа Иов ианииҭоз, агәра ганы дыҟан урҭ рҭак мап ауп ҳәа. Уи иҩыза, Шуах ихылҵшьҭра иатәыз Вилдад иҳәеит Анцәа иҿаԥхьа аӡәгьы дуаҩ иашаны дзыҟалом ҳәа. (Уаԥхьа Иов 25:4.)
2 Елифази Вилдади Иов агәра идыргарц рҭахын Иегова имаҵ аураҿы иибо аџьабаа акгьы ишаԥсам, насгьы ауаҩы Анцәа иҿаԥхьа аҩ, ахәа, ма ахәаҷа раасҭа дшеиҳам (Иов 4:19; 25:6). Азныказы угәы иаанагар алшоит Елифази Вилдади ахынраалара аадырԥшуазшәа (Иов 22:29). Ииашаҵәҟьаны, иҳараку ашьха ма аҳаирплан аҟынтә ҵаҟа уԥшуазар, адгьыл аҿы иҟоу зегьы даара ихәыҷӡаны иубоит. Аха убас аума дшазыҟоу Иегова Аҳра аус аҿы иаҳбо аџьабаа, уи жәҩанынтә данҳахәаԥшуа? Мап. Иегова Елифази, Вилдади, Софари амц ахьырҳәоз азы дрықәыӡбеит. Аха Иов дирҽхәеит, насгьы смаҵзуҩы ҳәа изиҳәеит (Иов 42:7, 8). Нас «илшома ауаҩы Анцәа хәарҭа изааигар»? Ҳәарада, ааи!
«ИУҬОЗЕИ ИАРА?»
3. Ииҳәазеи Елиуи Иегова имаҵ аураҿы иааҳарԥшуа аҽазышәарақәа ирызкны, насгьы ииҳәарц ииҭахызи иара уи ала?
3 Елиуи иҳәеит: «Уара уиашазар, иуҭозеи иара [Анцәа], мамзаргьы иоуазеи уи уара уҟынтә?» (Иов 35:7). Аха Иегова уи ириашара даламгаӡеит. Иҳәарц иҭахызма Елиуи Анцәа имаҵ аураҿы иааҳарԥшуа аҽазышәарақәа акгьы ирыԥсам ҳәа? Мап. Иара иҳәарц иҭахын Иегова акгьы дшамыргәаҟуа, насгьы ҳмаҵзура дшахьыԥшым. Иҳалшома ҳара Анцәа иеиӷьтәра, мамзаргьы еиҳа дыӷәӷәаны ма дбеианы иҟаҵара? Ҳәарада, мап. Иҳалоу аҟазара, аҟазшьақәа, алшарақәа Анцәа иоуп иҳазҭаз, насгьы урҭ ҳхы ишаҳархәо дацклаԥшуеит.
4. Дышԥазыҟоу Иегова, егьырҭ рахь ақьиара анааҳарԥшуа?
4 Иегова егьырҭ имаҵзуҩцәа рахь азиашара зныԥшуа абзиабара шааҳарԥшуа анибо, уи хаҭала иара иахь иааҳарԥшызшәа иԥхьаӡоит. Ажәамаанақәа 19:17 аҿы иануп: «Арыцҳа иахь ақьиара аазырԥшуа, Иегова иирԥсахуеит, убри аҟынтә Иара уи дизылԥхоит». Иаанагома уи, Иегова «арыцҳа» иахь ақьиара анааҳарԥшуа, еснагь ишгәеиҭо? Иԥхьаӡаҵәҟьоума Адунеи зегь Зшаз ақьиара аазырԥшуа ауаа рҿаԥхьа ауал иқәуп ҳәа, насгьы ишәаҵәҟьоума иара иуал, урҭ ауаа азылԥхарақәа рыҭо? Ааи, уи ус шакәу Иԥа ишьақәирӷәӷәеит. (Уаԥхьа Лука 14:13, 14.)
5. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
5 Иегова аԥааимбар Исаиа хаҭарнакс дизыҟаларц иеиҳәеит. Уи ала Иегова иааирԥшит изиашоу ауаа игәҭакы анагӡараҿы аҽалархәра гәахәарыла ишрыдиҵо (Ис. 6:8—10). Исаиа уи адҵа гәахәарыла идикылеит. Иахьа зықьҩыла ауаа Иегова имаҵ аураҿы имариам адҵақәа рынагӡара иазхиоуп. Исаиа иеиԥш дара ирҳәоит: «Абар сахьыҟоу! Сышьҭы сара». Аха шьоукы рхы иазҵаауазар рылшоит: «Акраҵанкуама Аҳра аус аҿы сара хаҭала иҟасҵо? Иегова ақьиара аарԥшны иус аҽалархәра алшара сиҭеит. Аха илымшаӡои иара сара сыцхыраарада иажәа анагӡара?» Арҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵарц азы, шәааи Девореи Вараки рхаан иҟаз ахҭысқәа еилҳаргап.
ИЕГОВА ҲАМШӘАЛАРЦ ДҲАЦХРААУЕИТ
6. Излеиԥшымзи израильтәи ақыҭанхацәеи Иавин ируааи?
6 Ханаантәи аҳ Иавин 20 шықәса рыҩныҵҟа израильаа «гәымбылџьбарала иргәаҟуан». Ақыҭанхацәа рыҩнқәа рҟынтә адәылҵрагьы иацәшәон. Дара аибашьра уиаҟара иазыҟаҵамызт, бџьарлагьы еибыҭамызт. Аха раӷацәа аибашьыга ҽыуардынқәа 900 рыман. Урҭ аҽыуардынқәа рыкәырқәа ачаала рылыҳәҳәон (Аӡб. 4:1—3, 13; 5:6—8).
7, 8. а) Иарбан дҵоу Иегова Варак ииҭаз? б) Ишԥариааи израильаа Иавин ируаа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
7 Уеизгьы Иегова аԥааимбарԥҳәыс Девора лыла Варак идиҵеит: «Уца, Неффалим иԥацәеи Завулон иԥацәеи рҟынтә жәа-нызқьҩык уманы Фавор ашьхаҿы угыл. Сара аӡиас Киссон аԥшаҳәахьы Иавин ируаа реиҳабы Сисара иеибашьыга ҽыуардынқәеи иеибашьцәеи ицны дузназгоит, насгьы дусҭоит» (Аӡб. 4:4—7).
8 Ари ажәабжь Израиль зегь иахыҵәеит. Ари ааԥхьара иақәҿызҭыз зегьы Фавор ашьхаҿы еизеит. Варак аамҭа мгакәа урҭ Иегова идҵа рылеиҳәеит. (Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 4:14—16.) Фаанах аҭыԥ аҿы аибашьра шцоз, иаалырҟьаны ақәаршҩы алагеит, убри аҟынтә уи аҭыԥ зегьы ӡмаххеит. Варак Сисара ируаа Харошеф-Гоимнӡа дрышьҭан, уанӡа 24 километра бжьан. Ԥыҭрак ашьҭахь Сисара уажәшьҭа акгьы иаԥсамыз иеибашьыга ҽыуардын дҭыԥан Цананнимҟа ддәықәлеит. Иара акенеи Хевер иԥҳәыс Иаиль лқьалахь днеит, лара уи дылҵәахит. Аибашьра ашьҭахь икарахаз Сисара дыцәеит. Иаиль уи лхы иалырхәан, агәымшәара аарԥшны Сисара дылшьит (Аӡб. 4:17—21). Иегова израильаа раӷа диааит!a
АХАМЕИГӠАРА ЗЕГЬЫ ИААДМЫРԤШӠЕИТ
9. Еилаҳкаауазеи Аӡбаҩцәа 5:20, 21 рҿы израильааи Сисареи реибашьра иазкны?
9 Ашәҟәы Аӡбаҩцәа аԥшьбатәи ахаҿы иану ахҭысқәа еиҳа инарҭбааны иаарԥшуп ахәбатәи ахаҿы, убри аҟынтә урҭ еицҭҵаатәуп. Иаҳҳәап, Аӡбаҩцәа 5:20, 21 рҿы иануп: «Аеҵәақәа жәҩанынтә еибашьуан, урҭ рҭыԥқәа рҟынтә Сисара иабашьуан. Дара Киссон арҩаш иагеит». Уи зыбзоурахаз амаалықьцәа роума, мамзаргьы аметеортә қәаршҩызу? Абиблиаҿы уи аӡбахә анӡам. Аха изылшодаз ианаҭахыз, насгьы иахьаҭахыз аибашьыгатә ҽыуардынқәа 900 аӡмах аҿы иӡааҟәрылартә еиԥш ақәаршҩы аашьҭра, уи Анцәа иакәмызҭгьы? Аӡбаҩцәа 4:14, 15 аҿы хынтә иҳәоуп аиааира зыбзоураз Иегова шиакәу. Аибашьра ацара иақәшаҳаҭхаз 10 000-ҩык рҟынтә аӡәгьы дзыҽхәомызт аиааира агара зыбзоурахаз иара иоуп ҳәа.
10, 11. Изакәызи Мероз, насгьы избан уи зшәииз?
10 Девореи Вараки ирҳәоз аиааира иазкыз ашәаҿы Иегова ддырҽхәон. Уи ашәаҿы абарҭ ажәақәа аагоуп: «Мероз шәшәила,— иҳәеит Иегова имаалықь,— шәааҟәымҵӡакәа уа инхо шәшәила, избан акәзар урҭ мааӡеит Иегова ицхраарц, Иегова мчы змаз данрабашьуаз ицхраарц» (Аӡб. 5:23).
11 Ари ашәи даара амч аман аҟынтә, Мероз закәыз аҳәара цәгьоуп. Иҟалап уи аибашьра ацара мап ацәызкыз ауаа ахьынхоз қалақьызҭгьы. Мамзаргьы Сисара даныбналоз дзеиҩсыз қалақьзар ауан, насгьы уа инхоз ауаа дыркырц азы ирымаз алшара рхы иадмырхәазар алшон. Ирмаҳаӡеи дара Иегова рхы иамеигӡакәа аибашьра рхы аладырхәырц ириҭаз ааԥхьара аӡбахә? Шәхаҿы иаажәг: Мероз инхо ауаа рықалақь иҩуа иалсны ицо ауаҩы дырбоит, уи иԥсы еиқәирхарц дашьҭоуп — ари аибашьҩы зегьы ибзианы дырдыруеит. Дара Иегова игәҭакы анагӡара аҽалархәреи Анцәа изылԥхарақәа риуреи рзы алшара роуит. Аха иҟалазеи акрызҵазкуаз ари аҭагылазаашьаҿы? Мероз инхоз ауаа ироуз алшара рхы иадмырхәеит. Шаҟа илеиԥшымзи дара агәымшәара аазырԥшыз Иаиль! (Аӡб. 5:24—27).
12. Ишԥаанарԥшуеи Аӡбаҩцәа 5:9, 10 иану израильаа аибашьра ацаразы ааԥхьара шрыдыркылаз шеиԥшым, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
12 Аӡбаҩцәа 5:9, 10 рҿы иара убас иубарҭоуп ахамеигӡара аарԥшны Варак идгылази идымгылази злеиԥшым. Девореи Вараки Израиль аиҳабацәа дырҽхәеит, урҭ хатәгәаԥхарала Варак иахьидгылаз азы. Дара иаадырԥшуаз агәазыҟашьа «аҽадаԥшьқәа» ирықәтәаны иныҟәоз ргәазыҟашьа зынӡа иеиԥшмызт, избанзар урҭ ахамаԥагьара рылан, убри аҟынтә аибашьра ацаразы ааԥхьара рыдрымкылеит. Иара убас Варак идгылаз зынӡа иреиԥшмызт «зыхә ҳаракыз ауарҳал» иқәтәаз, амал зырҳауаз, насгьы «мҩала» ицоз. Варак идгылаз ауаа Фавор ашьха ацаҟьарахь, насгьы иӡмаххаз Киссон аӡиас аԥшаҳәахьы еибашьра иццеит. Аха егьырҭ имариаз, иманшәалаз аԥсҭазаара алырхит. Уи аҩыза аԥсҭазаара бзиа избоз ираҳәан: «Шәазхәыц!» Дара ирыхәҭан Иегова игәаԥхара анагӡараҿы аҽалархәразы алшара шраҩрыжьыз азхәыцра. Иахьагьы убас ҟарҵалар ауп Анцәа имаҵ аураҿы ирылшо зегь ҟазымҵо.
13. Излеиԥшымзи Рувими, Дани, Асири рхылҵшьҭрақәа иаадырԥшуаз агәазыҟашьеи Завулони Неффалими рхылҵшьҭрақәа ргәазыҟашьеи?
13 Ахамеигӡара аазырԥшыз лабҿаба ирбеит Иегова имчра шҳареикыз. Дара «Иегова ииашоу иусқәа» ирызкны еиҭарҳәаша рыман (Аӡб. 5:11). Аха анаҩс, Аӡбаҩцәа 5:15—17 рҿы х-хылҵшьҭрак рыӡбахә хазы иҳәоуп — Рувими, Дани, Асири. Дара рзы амазара — еиҳарак, аԥсаса, аӷбақәа, асқьалақәа — Иегова иус аҽалархәра аасҭа еиҳа ихадан. Аха Завулони Неффалими рхылҵшьҭрақәа ракәзар, урҭ Девореи Вараки ирыдгыларц азы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылон (Аӡб. 5:18). Урҭ рҿырԥштәы иаҳнарҵоит ахамеигӡара аарԥшразы ааԥхьара анҳауа, ҳшазыҟазар ҳахәҭоу.
«ИЕГОВА ДҲАРАШӘКЛА»
14. Ишԥаҳалшо Иегова имчра адгылара?
14 Иахьа ҳара Иегова имчра ҳадгыларц азы аибашьра аҽалархәра ҳааиԥхьом. Аха уеизгьы, ҳара иҳалшоит гәацԥыҳәарала ажәабжь бзиа ауаа ирылаҳәо, агәымшәара аарԥшра. Иахьа Иегова иорганизациаҿы хатәгәаԥхарала ацхыраара аҟаҵара иазхиоу еиҳагьы иаҭахуп. Миллионҩыла аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, имаҷымкәа аҿаргьы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым аусқәа нагӡо раамҭа зегь амаҵзура иазыркуеит. Уахь иаҵанкуеит апионерцәа, Вефиль амаҵ зуа, Аҳратә залқәа зыргыло. Иара убас иҟоуп аконгрессқәа рҿы хатәгәаԥхарала амаҵ зуа ақьырсианцәа. Иара убас аизара аиҳабацәа имариам аус нарыгӡоит. Дара ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәаланы ацхыраара аҭаразы иҟоу акомитетқәа рҿы амаҵ руеит, насгьы аконгрессқәа реиҿкаараҿы рхы аладырхәуеит. Агәра ганы шәыҟаз: Иегова иаашәырԥшуа ахамеигӡара ахә ҳаракны ишьоит, насгьы уи ахаангьы ихашҭуам (Аур. 6:10).
Аӡбара шәыдышәкылаанӡа, шәазхәыц уи шәҭаацәареи шәеизареи ишырныруа (Шәахәаԥш абзац 15.)
15. Ишԥаҳалшо амаҵзураҿы агәацԥыҳәара ҳцәыӡу иаҳцәымӡу аилкаара?
15 Ҳара зегьы ҳхы ҳазҵаар ауп: «Егьырҭ амаҵзураҿы аџьабаа анырбо, иҟасҵозеи сара? Сазхәыцуама сара амал арҳара, Анцәа имаҵ аура аасҭа? Сырҿыԥшуама сара Варак, Девора, Иаиль, насгьы 10 000-ҩык израильаа: иаасырԥшуама агәрахаҵареи агәымшәареи, насгьы исылшо зегь ҟасҵома Иегова игәаԥхара анагӡаразы? Аԥара арҳара ахьымариоу даҽа ҭыԥк ахь аиасра сгәы иҭазар, сиҳәома сара Анцәа, насгьы сазхәыцуама уи сҭаацәареи сеизареи ишырныруа»?b
16. Иаҳҭар ҳалшозеи ҳара Иегова, уи акгьы дшамыргәаҟуагьы?
16 Иегова имчра адгылара алшара ҳаҭаны, ҳара ҳахь аҳаҭырқәҵара ааирԥшуеит. Аҩсҭаа амц ҳәаны ауаа инапхгара алырхырц, насгьы Анцәа иҿагыларц ргәазҭеиҵеит. Аха Иегова инапхгара ҳадгылозар, ҳара Аҩсҭаа еилыкка иҳарбоит зган аанаҳкыло. Анцәа иахь иааҳарԥшуа агәрахаҵареи азиашареи ахамеигӡара аарԥшра ҳгәазҭарҵоит, уи Иегова даргәырӷьоит (Ажәам. 23:15, 16). Иегова ҳизиашаны имаҵ анаҳуа, алшара иаҳҭоит Аҩсҭаа иҿыԥныҳәақәа рҭак аҟаҵара (Ажәам. 27:11). Ҳара гәыкала Иегова ҳанизыӡырҩуа, зыхә ҳаракны иишьо, насгьы дзыргәырӷьо иаҳҭоит.
17. Ишԥанаӡо ҳаԥхьаҟа Аӡбаҩцәа 5:31 аҿы иану ажәақәа?
17 Иаарласны иааиуеит аамҭа адгьыл аҿы Иегова имчра иадгыло ауаа рымацара анынхало. Шаҟа ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшузеи уи аамҭа! Ҳара Девореи Вараки рашәаҿы ирҳәоз ражәақәа ҳрықәшаҳаҭуп: «Иҭахааит уаӷацәа зегьы, о Иегова, бзиа узбо ракәзар, амч ду зманы ицәырҵуа амра еиԥшзааит!» (Аӡб. 5:31). Арҭ ажәақәа наӡоит Иегова Аҩсҭаа идунеи анықәиго. Армагеддон аналаго, Иегова аиааира игарц азы ауаа рыцхыраара иҭаххаӡом. Усҟан ҳара Анцәа идҵа инақәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалоит: «Шәҭыԥ аанышәкыл, шәгылаз, насгьы шәыԥшла Иегова шәшеиқәирхо» (2 Аш. 20:17). Аха уажәы гәацԥыҳәарала Иегова иус аҽалархәразы имаҷымкәа алшарақәа ҳамоуп.
18. Ишԥарныруеи егьырҭ иаашәырԥшуа ахамеигӡара?
18 Вараки Девореи рашәа абарҭ ажәақәа рыла иалагеит: «Ауаа хатәгәаԥхарала иахьцаз азы Иегова дҳарашәкла». Дара ауаа ракәымкәа, Ҳазшаз иоуп иҳараркуаз (Аӡб. 5:1, 2). Шәааи ахамеигӡара ааҳарԥшлап, насгьы егьырҭ Иегова дҳараркларц ргәазҭаҳҵалап!
a Аинтерес зҵоу ари ахҭыс иазкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит аброшиура «Возможна ли жизнь после смерти?» (bp161) аҿы иаагоу астатиа «Я... встала как мать в Израиле» аҿы.
b Шәахәаԥш аброшиура «Агәҭынчымрақәа ишыриааилатәу» (bp160) аҿы астатиа «Аԥара иадҳәалоу агәҭынчымра».