АЖӘАБЖЬ 51
Руфи Ноемини
АБИБЛИАҾЫ Руф ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәы ыҟоуп. Уаҟа иануп Израил аӡбаҩцәа рхаан инхоз ҭаацәарак рҭоурых. Руф — моавтәи адгьыл иатәу аԥҳәызба қәыԥш лоуп; уи Анцәа ижәлар Израил датәым. Аха Руф Анцәа иаша Иегова иӡбахә анлаҳалак, уи гәыкала бзиа ибара далагоит. Ноемин — Иегова иеилкаараҿы Руф илыцхраауа, зықәрахь инеихьоу ԥҳәысуп.
Ноемин израилтәи ԥҳәысуп. Израил амлакра аныҟала, лхаҵеи лыҷкәынцәа ҩыџьеи дрыцны Моавтәи адгьылахь нхара диасит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Ноемин лхаҵа дыԥсуеит. Уи ашьҭахь Ноемин лыҷкәынцәа Моавтәи аҭыԥҳацәа ԥҳәысс иааргоит: руаӡәк Руф лыхьӡуп, егьи — Орфа. Жәашықәсаҟа рышьҭахь Ноемин лыҷкәынцәа рҩыџьагь ԥсуеит. Шаҟа игәырҩозеи Ноемини арҭ аҩыџьа аҳәса қуԥшцәа рҩыџьагьы! Иҟалҵои уажәшьҭа Ноемин?
Ҽнак зны, Ноемин лыԥсадгьыл ахь, лыжәлар рахь дхынҳәырц лыӡбеит. Руфи Орфеи лыцрыҵыр рҭахӡам, урҭ лыцны ицоит. Ԥыҭк ианынаскьалак, Ноемин аҭыԥҳацәа рахь дынхьаҳәны илҳәоит: ‘Шәанацәа рахь шәхынҳәы, шәагьрыцынхала урҭ’.
Иагьгәыдылкылоит бзиала ҳәа раҳәауа. Усҟан аҭыԥҳацәа аҵәыуара иалагоит, мшәан уи иӷәӷәаны бзиа дрымбои Ноемин. Урҭ ирыдрымкылеит: ‘Мап! Ҳара быжәлар рахь ҳбыццоит’.— ‘Сыԥҳацәа, шәгьежьы. Аҩны шәаангылар еиҳа ишәзеиӷьуп’,— лара лтәы иазаалгарц даҿын Ноемин. Усҟан Орфа аҩныҟа дгьежьуеит. Аха Руф даанхоит.
Ноемин лара лахь дхьаҳәны илҳәоит: ‘Орфа дцеит. Баргьы бгьежьы’. Аха Руф аҭакс илҳәеит: ‘Баансыжьырц сыдбымцалан! Сақәиҭтә быццара. Бара бахьцо саргьы сцоит, бара бахьынхало саргьы сынхалоит. Быжәлар сыжәлархоит, б-Нцәа дсынцәахоит. Бара бахьԥсуа саргьы сыржуеит’. Арҭ ажәақәа рышьҭахь Ноемин уаҳа длыхәлацәажәом Руф.
Аҵыхәтәан аҳәсақәа Израилҟа иаауеит. Араҟа анхара иалагоит. Руф иаразнак амхурсҭаҿы аусура далагоит, избанзар арҭ амхурсҭақәа рҟнытә ақьар анеизырго аамҭа ауп. Вооз зыхьӡу ахаҵа азин лиҭоит, имхурсҭа аҟнытә ақьар еизылгарц. Дудыруама, Вооз иан дызусҭаз? Иерихон ақалақь аҟны инхоз Раав лоуп.
Ҽнак зны, Вооз Руф илеиҳәоит: ‘Сара акыр быӡбахә саҳахьеит, Ноемин шаҟа бзиара лзыбухьоугьы. Сара издыруеит бани, баби, быԥсадгьыли кажьны, ибзымдыруа ажәлар рахь нхара бшааз. Иегова илԥха боуааит!’
Руф аҭакс илҳәоит: ‘Уара даара усзыҳалалуп, саҳ. Уажәа разқәа рҟнытә еиҳа сеиӷьхеит’. Вооз Руф даара дигәаԥхоит, хара имгаӡакәангьы ԥҳәысс дигоит. Шаҟа дгәырӷьои Ноемин! Руфи Воози Овид зыхьӡу раԥхьатәи аԥа данроулак, уи лгәырӷьара ҳәаак амам. Нас Овид Давид диабдухоит, уи изкны иҵегь ирацәаны еилаҳкаауеит аԥхьаҟа.
Абиблиатә шәҟәы Руф.