Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 53
  • Иеффаи иҿаҭахьа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иеффаи иҿаҭахьа
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Лара лаби Иеговеи лыргәырӷьон
    Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иеффаи иҿаҭахьа
    Учимся на примерах из Библии
  • Анцәа иахь азиашара аазырԥшуа азылԥхарақәа риҭоит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иеффаи изы Иегова игәаанагара зегь раасҭа ихадан
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 53

АЖӘАБЖЬ 53

Иеффаи иҿаҭахьа

УАҚӘШӘАХЬОУМА абри аҩыза: аҿаҭахьа ууит, нас уи анагӡара уцәыцәгьахеит? Убасҵәҟьа ауп абри асахьаҿы иарбоу ауаҩы ихьыз — убри азоуп уи абас илахь зеиқәу. Ари израилтәи аӡбаҩ гәымшәа, Иеффаи зыхьӡу иоуп.

Иеффаи израилаа Иегова ианимеихырхәо аамҭазы дынхоит. Урҭ еиҭах иҽеимкәа рхы мҩаԥаргоит. Убри азы Иегова ичҳауеит, урҭ аммонитцәа иахьдыргәаҟуа. Убасҟан израилаа ҵәаа-ҵәаауа Иегова иашьапкуеит: ‘Агәнаҳара ҟаҳҵеит уара уҽаԥхьа. Ҳаиқәырха, иҟалозар!’

Ауаа ахьхәуеит рхымҩаԥгашьа цәгьа. Урҭ шахьхәыз аадырԥшуеит еиҭах Иегова иахьиеихырхәо ала. Убри аҟнытә Иегова ҩаԥхьа дрыцхраауеит.

Ажәлар Иеффаи далырхуеит, иҽеим аммонитцәа драбашьразы. Иеффаи даара иҭахыуп, Иегова ари аибашьраҿы дицхраарц. Убри азы уи Иегова аҿаҭахьа ииҭоит: ‘Аммонитцәа риаараҿы усыцхраар, раԥхьа сыҩны идәылҵуа уара дусҭоит’.

Иегова иаҳауеит Иеффаи иҽаҭахьа, иагьыҟаиҵоит аиааира игартә. Дудыруама, Иеффаи диԥылоит ҳәа раԥхьа идәылҵыз, иара аҩныҟа даныхынҳә. Уи иԥҳа — ихшаара заҵәы. ‘Ҳаи, сыԥҳа! — дҵәыуоит Иеффаи.— Сылахь шԥеиқәыбҵеи бара. Аха сара Иегова аҿаҭахьа исҭеит, сажәагьы шьҭахьҟа исызгом’.

Раԥхьа, уи иҿаҭахьа анеилылкаа, Иеффаи иԥҳагьы дгәырҩеит. Избанзар лаби лҩызцәеи нлыжьыр акәхоит. Аха инхаз лыԥсҭазаара зегьы лара Иегова имаҵ лулоит Силом — Анцәа ихьӡ зхыу ашьаԥаҿы. Убри аҟнытә лаб иалҳәоит: ‘Иегова аҿаҭахьа иуҭазар, инаугӡароуп’.

Иеффаи иԥҳагьы Силомҟа дцоит, инхаз лыԥсҭазаара зегьы Анцәа ихьӡ зхыу ашьаԥаҿы амаҵура иазылкуеит. Шықәсык ԥшьынтә израилтәи аҭыԥҳацәа лызнеиуеит, игәырӷьаҵәа аамҭагьы рхыргоит. Ажәлар Иеффаи иԥҳа бзиа дырбоит, избанзар уи Иегова ибзианы имаҵ луеит.

Аӡбаҩцәа 10:6—18; 11:1—40.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра