Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • yc аур. 4, ад. 10—11
  • Лара лаби Иеговеи лыргәырӷьон

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Лара лаби Иеговеи лыргәырӷьон
  • Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иеффаи иҿаҭахьа
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Анцәа иахь азиашара аазырԥшуа азылԥхарақәа риҭоит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иеффаи иҿаҭахьа
    Учимся на примерах из Библии
  • Иеффаи изы Иегова игәаанагара зегь раасҭа ихадан
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
yc аур. 4, ад. 10—11
Иеффаи иԥҳа хәыҷы аамҭа лыцеихигоит

АУРОК 4

Лара лаби Иеговеи лыргәырӷьон

Иеффаи Иегова диҳәоит, израильтәи ар раӷацәа ианрабашьуа

Иарбан ажәоу Иеффаи Иегова ииҭо?

Аибашьра аҟынтә аҩныҟа даныхынҳә, Иеффаи раԥхьаӡа иҩны иԥылаз иԥҳа дигәыдиҳәҳәалоит

Иеффаи иԥҳа лаб иажәа налыгӡеит, уи шымариамызгьы

Дубома асахьаҿы аӡӷаб?~ Ари Иеффа́и захьӡу ахаҵа иԥҳа лоуп. Абиблиа иҳанаҳәаӡом лара лыхьӡ, аха ҳара иаадыруеит уи лаби Иеговеи шлыргәырӷьоз. Уааи Иеффаи иԥҳаи иареи ҳрабадырып.

Иеффаи даара дуаҩ бзиан, иԥҳагьы Иегова изкны ирацәаны илзеиҭеиҳәон. Иара убасгьы уи дхаҵа ӷәӷәан, насгьы аԥышәа змаз ԥхьагылаҩын. Убри азоуп израильаа изырҭаххаз иара дреиҳабхарц раӷацәа ианрабашьуаз.

Иеффаи Анцәа диҳәеит ижәлар аиааираҿы дрыцхраарц. Иара Анцәа ажәа ииҭоит аиааира ганы дгьежьыр, раԥхьаӡа иҩны идәылҵуа Иегова дышииҭо. Уи ауаҩы иԥсы ҭанаҵы Анцәа иԥшьаныҳәарҭаҿы амаҵ иулар акәхоит. Аԥшьаныҳәарҭа ари усҟантәи аамҭазы Анцәа иахьимҵахырхәоз ҭыԥын. Иеффаи аиааира игеит, уазхәыци! Иудыруама раԥхьаӡа идәылҵыз дызусҭоу иара аҩныҟа даныхынҳә?~

Иԥҳа лакәын! Иара уаҳа ахшара димамызт, уажәшьҭа иԥҳа ианлызҳа, уи лыҩнаҭа аанлыжьыр акәхеит. Иеффаи уи даара ицәыхьанҭан. Аха иухоумыршҭын уи Анцәа ажәа шииҭаз. Иԥҳа иаразнак иалҳәеит: «Саб, Иегова ажәа иуҭазар, уи наугӡар ауп».

Иеффаи иԥҳа иԥшьоу ақьалазы афархь еизылгоит; лҩызцәа лбара иааит

Есышықәса Иеффаи иԥҳа лҩызцәа лбара инеиуан

Иеффаи иԥҳагьы илцәыцәгьан, избанзар лара илдыруан аԥшьаныҳәарҭаҿы амаҵ зуаз хаҵа ишымцоз, ахшарагьы шырмоуаз. Аха лара даара илҭахын лаб иажәа налыгӡарц, насгьы Иегова длыргәырӷьарц. Ари лара лзы еиҳа ихадан ахаҵацара аасҭа. Убри азоуп лыҩны ааныжьны, лыԥсы ахьынӡаҭаз аԥшьаныҳәарҭаҿы дзынхоз.

Угәы ишԥаанаго, иаргәырӷьозма лара иҟалҵаз Иеговеи лаби?~ Ҳәарада! Иеффаи иԥҳа леиԥш Иегова уизыӡырҩуазар, насгьы бзиа дубозар, уаргьы иулшоит Иеговеи уҭаацәеи рыргәырӷьара.

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ

  • Ҩынтәзакәан 6:4—6

  • Аӡбаҩцәа 11:30—40

  • 1 Коринфаа рахь 7:37, 38

АЗҴААРАҚӘА:

  • Дызусҭадаз Иеффаи? Иарбан ажәоу иара Анцәа ииҭаз?

  • Избан Иеффаи иԥҳа изылцәыцәгьаз лаб иажәа анагӡара?

  • Иарбану Иеффаи иԥҳа еиҳараӡак илҭахыз?

  • Ишԥаулшо Иеффаи иԥҳа лҿыԥшра?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра