Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 56
  • Саул — Израил раԥхьатәи аҳ

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Саул — Израил раԥхьатәи аҳ
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Израиль раԥхьатәи аҳ
    Учимся на примерах из Библии
  • Иисус Савл далихуеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Давиди Саули
    Учимся на примерах из Библии
  • Инамӡаз игәыӷрақәа игәрахаҵара дмырԥсыҽит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 56

АЖӘАБЖЬ 56

Саул — Израил раԥхьатәи аҳ

УԤШИ, Самуил ари ауаҩы ихы ахәша ақәиҭәоит. Убас аҟаҵара аԥын, ауаҩы аҳас дшалхыз аарԥшхаразы. Иегова Самуил идиҵоит, Саул ихы ахәша ақәиҭәарц. Ари ихаау хәша ҷыдоуп.

Саул игәы иаанагоит, уи аҳас аҟалара даԥсаӡам ҳәа. ‘Сара Вениамин иабиԥара сатәуп, Израил зегьы иреиҵбу абиԥара,— иеиҳәоит уи Самуил.— Сара аҳас сҟалоит ҳәа зуҳәои нас?’ Иегова дигәаԥхоит Саул, избанзар мыцхәы ихы шьҭихуам. Убри азоуп аҳасгьы дзалихуа.

Саул баша-маша уаҩ рыцҳаки маҷки иакәым. Уи амал змаз аҭаацәара далҵит, даарагьы дыԥшӡоуп, дагьаууп. Уи 30 см раҟара Израил инхо зегьы дреиҳауп! Насгьы Саул дласны дыҩуеит, даарагьы амч змоу аӡәы иоуп. Ажәлар гәырӷьоит, Иегова Саул аҳас дахьалихыз. Зегьы ргәырӷьабжьқәа гоит: ‘Нагӡара уқәзааит аҳ!’.

Израил аӷацәа, еснагь еиԥш, иӷәӷәоуп. Урҭ ԥыхьеиԥшгьы израилаа арыцҳарақәа рацәаны ирзааргоит. Саул аҳас даныҟала ашьҭахь хара имгакәа, урҭ аммонитаа рҿагылоит. Аха Саул аруаа рацәаны еидикылоит, дагьыриааиуеит аммонитцәа. Убри азы ажәлар гәырӷьоит, уи аҳас дахьыҟалаз.

Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟала Саул инапхгарала Израил аиааирақәа рацәаны иргоит. Иара убас, Саул аҷкәын гәымшәа димоуп, уи ихьӡуп Ионафан. Ионафан аибашьрақәа рацәаны риааираҿы дацхраауеит. Израилаа филистимаа уажәыгь ицәгьаӡоу раӷацәа роуп. Ҽнак зны филистимаа аӡәыр нызқьҩык рҿаархоит израилаа ирабашьырц.

Самуил Саул идиҵоит, уи дааны акәырбан, аҳамҭа Иегова изнеигаанӡа, дыԥшырц. Аха Самуил акыраамҭа дааӡом. Саул дшәоит, филистимаа аибашьра иалагар ҳәа, убри азы иара ихала инеигоит акәырбан. Аҵыхәтәан Самуил данааилак, уи имӡырҩра атәы иҵихуеит. ‘Иегова Израил даҽа аҳак дазалихуеит’,— ирылеиҳәоит Самуил.

Уи ашьҭахь Саул еиҭах дӡырҩуам. Убри азы Самуил уи иеиҳәоит: ‘Иегова уизыӡырҩыр еиҳа иеиӷьуп, иреиӷьу ауасақәа изнагара аҵкьыс. Иегова уахьизымӡырҩыз азы, уи Израил аҳас уаанижьуам’.

Ари иаҳнарҵо рацәоуп. Ари иаҳнарбоит — шаҟа акраҵанакуа еснагь Иегова изыӡырҩра. Ари, иара убас, иаҳнарбоит, ауаҩ бзиа, иаҳҳәап, Саул иеиԥш иҟаз, дыцәгьахарц шалшо. Ҳара ҳацәгьахарц ҳҭахӡам, ииашаӡами?

1 Самуил, ахқәа 9—11; 13:5—14; 14:47—52; 15:1—35; 2 Самуил 1:23.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра