АЖӘАБЖЬ 58
Давиди Голиафи
ЕИҬАХ филистимаа израилаа ирабашьырц иааит. Давид иашьа еиҳабацәа хҩык Саул ируаа ирылахәуп. Убри азы Иессеи Давид иеиҳәоит: ‘Уашьцәа арыци чақәаки рызга. Иагьеилкаа урҭ шынхо’.
Аруаа рынхарҭаҿы даннеи, Давид аибашьра агәҭахьыҵәҟа дыҩны дцеит, иашьцәа иԥшааразы. Голиаф, филистимтәи адауы, Израилаа дырхыччарц азыҳәан, ԥхьаҟа дааскьоит. Иара бас ҟаиҵоит есышьыжь, есхәылбыҽха, абар, уажәшьҭа 40 мшы. Уи ҿиҭуеит: ‘Исабашьыша аӡәы далышәх. Уи дысиааир, сагьишьыр, ҳара шәара ҳашәхәуҩцәахоит. Аха сара сиааир дагьысшьыр, шәара ҳхәура шәҭазаауеит. Агәымшәара шәызхозар, аӡәы далышәх, дагьсабашьааит’.
Давид аруаа дразҵаауеит: ‘Иоуеи ари афилистим дызшьуа, Израилгьы ахьымӡӷ ахызхуа?’
— Ари ауаҩы Саул амал рацәаны ииҭоит,— иаҭаркит аибашьцәа.— Иԥҳагьы ԥҳәысс дииҭоит.
Аха израилаа зегьы Голиаф ицәшәоит, избанзар уи даара даууп. Уи иоура 3-ҟа метра иҟоуп, икәалӡы згогьы даҽа руаҩыкгьы дицуп.
Еибашьцәақәак цаны Саул иарҳәоит, Давид Голиаф диабашьырц иҭахыуп ҳәа. Аха Саул Давид иеиҳәеит: ‘Уара уи афилистим иабашьра улшом. Уара зынӡа уқәыԥшӡоуп, иара даагылеижьҭеи деибашьҩуп’. Давид аҭак ҟаиҵоит: ‘Сара амшәи алыми сшьит, саб иуасақәа анырга. Ари афилистимгьы убасҵәҟьа ихьуеит. Иегова дсыцхраауеит’. Усҟан Саул иҳәоит: ‘Уца, Иеговагьы дуцзааит’.
Давид аӡымҩас ахьлеиуаз дылбаауеит, иџьаџьам ахаҳәқәа хәба аашьҭхны исумка иҭеиҵоит. Нас ахаҳә аршәга иманы адауы Голиаф диԥылоит. Голиаф уи даниба, иблақәа ирбоз агәра изымгеит. Уи Давид ишьра даара имариоушәа игәы иабоит.
— Уааскьа аранӡа, — игәиҽаниҵоит Голиаф, — уцәеижь аԥсаатәқәеи аԥстәқәеи фатәыс ирысҭап. — Аха Давид иҳәоит: ‘Уара сара сахь аҳәа, аԥса, идыршәуа аԥса хәыҷи рыла уаауеит, сара Иегова ихьӡала уара уахь снеиуеит. Иахьа Иегова снапаҿы уаиркуеит, уагьишьуеит уара’.
Давид Голиаф иахь дыҩуеит. Иарҭмаҟ ахаҳә ҭыхны, ахаҳә аршәга иаҿеиҵоит, нас имчқәа зегьы еизганы иршәоит. Ахаҳә Голиаф ихыҵәҟьа иақәшәоит, уи дыԥсынгьы дынкаҳауеит. Филистимаа зегь реиҳа иӷәӷәаз рыруаҩ дшыԥсыз анырба, урҭ еибарҩны ицеит. Израилаа урҭ ирышьҭалоит, аибашьраҿгьы аиааира ргоит.
1 Самуил 17:1—54.