Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 63
  • Иҟәышу аҳ Соломон

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иҟәышу аҳ Соломон
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Соломон Иегова изы аныҳәарҭа иргылоит
    Учимся на примерах из Библии
  • Соломон аныҳәарҭа иргылоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 63

АЖӘАБЖЬ 63

Иҟәышу аҳ Соломон

СОЛОМОН зынӡа дқәыԥшӡан, аҳас даныҟала. Уи Иегова бзиа дибоит, иаб Давид илабжьара бзиагьы дықәныҟоит. Соломон Иегова диргәырӷьоит, убри азы уахык ԥхыӡла иеиҳәоит: ‘Соломон, иуҭахыузеи сара сҟынтә иуоурц?’

Соломон аҭакс иҳәоит: ‘Иегова с-Нцәа, сара даара сқәыԥшуп, иагьсыздыруам анапхгашьа. Убри азы аҟәышра сыҭ, ужәлар ииашаны анапхгара рысҭаларц азы’.

Иегова деигәырӷьоит Соломон дзыҳәаз. Ажәагьы ииҭоит: ‘Уахьырмыҳәаз азы акрынҵыра, амал, аха аҟәышра уахьаҳәаз азы, сара ахаангьы уаҩы имамыз аҟәышра усҭоит. Узмыҳәазгьы усҭоит,— амали ахьӡ-аԥшеи’.

Уи ашьҭахь дук мырҵыкәа, Соломон ҩыџьа аҳәсақәа изааит зҵаара уадаҩк рыманы. ‘Ари аԥҳәыси сареи ҩнык аҟны ҳаицынхоит,— далагеит аиҭаҳәара руаӡәк. Сара аԥа дсоуит, хымш рышьҭахь ларгьы длоуит аԥа. Ауха лԥа дыԥсит. Сара саныцәаз, иԥсыз лԥа дааганы сганаҿы дышьҭалҵеит, сара стәы дылгеит. Санааԥш, иԥсыз асаби данызба, сара стәы шиакәымыз еилыскааит’.

Усҟан егьи аԥҳәыс лажәа ааҿахылҵәеит: ‘Мап! зыԥсы ҭоу асаби сара дыстәуп, иԥсыз — лара!’ Раԥхьатәи аԥҳәыс илымалкуеит: ‘Мап, бара бтәы иоуп иԥсыз, сара стәы — иԥсы ҭоуп!’ Убас еимаркуеит. Иҟаиҵарызеишь Соломон?

Уи аҳәа ааргаразы ишьҭуеит, аҳәа анааргалак, уи адҵа ҟаиҵоит: ‘Деиҩышәҵәа зыԥсы ҭоу асаби нас ихәҭақәа аҳәсақәа ирышәҭ’.

— Шәаангыл! — диҳәоит ианҵәҟьа.— Иҟалозар, дшәымшьын асаби. Уи ари аԥҳәыс длышәҭ! Аха егьи аԥҳәыс лара лтәы иалыргоит ҳәа даҿуп: ‘Ларгьы саргьы даҳтәымхааит; шәалга- деиҩышәҵәа’.

Усҟан Соломон иҳәоит: ‘Дшәымшьын асаби! Уи раԥхьатәи аԥҳәыс длышәҭ. Уи лоуп ианҵәҟьа’. Соломон уи идыруеит, избанзар анҵәҟьа лыҷкәын иахь илымоу абзиабара аҟынтә дазхиоуп уи ахәыҷы даҽа ԥҳәыск дилҭарц, ахәыҷы дрымшьындаз ҳәа. Ари апроблема Соломон ишиӡбыз ажәлар ианеилыркаалак, урҭ еигәырӷьоит, ари аҩыза аҳ ҟәыш дахьрымоу.

Соломон аҳра аниуаз, Анцәа ажәлар илԥха риҭоит, барақьаҭла ачарыц, ақьар, ажь, алаҳа, егьырҭ ашәырқәагьы роуртә. Ажәлар иԥшӡаны рҽеиларҳәоит, аҩны ԥшӡақәа рҿгьы инхоит. Дызусҭазаалакгьы зегьы гәырҭәыла ирымоуп.

1 Аҳцәа 3:3—28; 4:29—34.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра