АЖӘАБЖЬ 64
Соломон аныҳәарҭа иргылоит
ДАВИД иԥсра уамак шагымз, Соломон ииҭоит Анцәа иҟынтә иоуз Иегова иныҳәарҭа зыргылатәу аҵәаӷәақәа. Иаҳра аԥшьбатәи ашықәс азы Соломон аныҳәарҭа аргылара напы аиркуеит, бжьышықәсеи бжаки рышьҭахьгьы далгоит уи. Жәанызқьҩыла ауаа алахәуп аргылара, даара ирацәангьы аԥара ақәӡуеит. Ус ҟалеит, избанзар аргылараҿы ахьи араӡни рацәаны ахархәара рымоуп.
Анцәа ишьаԥа еиԥшҵәҟьа аныҳәарҭа шьақәгылоуп ихадоу ауадақәа ҩба рыла. Аха урҭ ҩынтә рыла еиҳауп, Анцәа ишьаԥа ауадақәа раасҭа. Ихароу ауадаҟны Соломон ауасиаҭ аковчег иргылоит, аҩбатәи аҟны — уаанӡа ашьаԥа аҟны иҟаз амаҭәарқәа.
Аныҳәарҭа аргылара алгара иахҟьаны аныҳәа дуӡӡа рылаҳәоуп. Уахәаԥши асахьа: Соломон дшьамхнышгылоит аныҳәарҭа аԥхьа, Анцәагьы диҳәоит. ‘Ажәҩанҵәҟьа уамкуазар,— Соломон Иегова иахь ихы ирхоит,— ари аныҳәарҭа абанӡахәыҷу уара узы. Аха, с-Нцәа, иурҳа ужәлар абри аҭыԥ аган ала иануҳәо, иҟалозар’.
Соломон Анцәа иҳәара даналгалак, ажәҩан аҟнытә амца алҟьоит. Акәырбан азы иқәыз аԥстәқәагьы лбаанадоит. Аныҳәарҭа ҩнарлашааит Иегова иҟнытә иаашьҭыз алашара. Ари еилкка иунарбоит, Иегова ишиаҳаз Соломон иҳәара, насгьы гәахәарыла ишидикылаз уи аныҳәарҭа. Уажәшьҭа ажәлар Анцәа иеихырхәаразы ашьаԥахь акәӡам иахьцо, аныҳәарҭахь ауп.
Акыршықәса Соломон напхгара иуеит ҟәышрала, убри азы ажәлар насыԥ рымоуп. Аха нас Соломон атәым тәыла аҟнытә Иегова имеихырхәоз аҳәсақәа рацәаҩны иааигоит. Иубома, урҭ руаӡәк анаплых дшамҵахырхо? Аҵыхәтәан Соломонгьы атәым тәылақәа рынцәахәқәа реихырхәарахь диаргоит арҭ аҳәсақәа. Иудыруама убри ашьҭахь иҟало? Соломон уаҳа згәы разыз напхгаҩны дзыҟамлеит. Уи дгәымбылџьбараны дҟалоит, ажәларгьы уажәшьҭа насыԥ рымам.
Иегова Соломон дизгәааит, иагьиеиҳәоит: ‘Аҳра умхны даҽаӡәы исҭоит. Уара уԥсы ахьынӡаҭоу иҟасҵом уи, уҷкәын напхгаҩыс даныҟалалак иҟасҵоит. Аха аҳра аҟны иҟоу ауаа зегьы имсхуам уҷкәын’. Уааи, еилаҳкаап уи зыҟало.
1 Ашықәысынҵа 28:9—21; 29:1—9; 1 Аҳцәа 5:1—18; 2 Ашықәсынҵа 6:12—42; 7:1—5; 1 Аҳцәа 11:9—13.