Ашәҟәы «Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы» аҵаразы азҵаарақәа
Ажәабжь 1
Анцәа далагеит ашара
- Иҳазҭада бзиарас иҳамоу зегьы? Иаага аҿырԥштәы. 
- Иишада зегь раԥхьаӡа Анцәа? 
- Избан раԥхьатәи амаалықь дызҷыдаз? 
- Уахцәажәа аханатә адгьыл зеиԥшраз. (Уахәаԥш асахьа.) 
- Иҟаиҵазеи Анцәа, адгьыл ауааи аԥстәқәеи рзы ирмазеиуа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иеремиа 10:12. - Иарбан Анцәа иҟазшьақәоу, ишамҭақәа рҟны иаарԥшу? (Ис. 40:26; Рим. 11:33). 
- Уаԥхьа Колоссаа рахь 1:15—17. - Иарбан рольу инаигӡоз Иисус, иҟоу зегь ршараан, насгьы ианырырц шԥахәҭоу уи иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьаҿы? (Кол. 1:15—17). 
- Уаԥхьа Аҟазаара 1:1—10. - а) Ишԥаҟалеи аханатә адгьыл? (Аҟаз. 1:1). 
- б) Иҟалазеи раԥхьатәи ашара амш азы? (Аҟаз. 1:3—5). 
- в) Еиҭаҳәа, аҩбатәи ашара амш азы иҟалаз (Аҟаз. 1:7, 8). 
 
Ажәабжь 2
Иссирӡоу абаҳча
- Ишԥаирхиоз Анцәа ҳара ҳзы адгьыл? 
- Еиҭаҳәа, иарбан еиуеиԥшым аԥстәқәа Анцәа иишаз. (Уахәаԥш асахьа.) 
- Избан Едемтәи абаҳча иҷыдоу зҭыԥыз? 
- Ишԥеиҭахыз Анцәа адгьыл зегьы ҟаларц? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 1:11—25. - а) Иишазеи Анцәа ахԥатәи ашара амш аан? (Аҟаз. 1:12). 
- б) Иҟалазеи аԥшьбатәи ашара амш аан? (Аҟаз. 1:16). 
- в) Иарбан ԥстәқәоу Анцәа иишаз ахәбатәи, афбатәи амшқәа раан? (Аҟаз. 1:20, 21, 25). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 2:8, 9. - Иарбан иҷыдоу ҩ-ҵлак Анцәа еиҭеиҳаз абаҳчаҿы, насгьы символтә ҵакыс ирымазеи урҭ? 
Ажәабжь 3
Раԥхьатәи ахаҵеи аԥҳәыси
- Излеиԥшымзеи 2-тәи, 3-тәи ахқәа рҿы иҟоу асахьақәа? 
- Дызшада раԥхьатәи ахаҵа, насгьы ихьӡзеи иара? 
- Иарбан дҵоу Анцәа Адам ииҭаз? 
- Дызирцәазеи дҭаҳәахаа Анцәа Адам? 
- Шаҟаамҭа инхаларц рылшозеи Адами Евеи, насгьы иарбан дҵоу Иегова ириҭаз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ԥсалом 83:18. - Ихьӡузеи Анцәа, насгьы иарбан ҭыԥу иааникыло адгьылаҿы? (Иер. 16:21; Дан. 4:17). 
- Уаԥхьа Аҟазаара 1:26—31. - а) Иарбан зеиԥшыҟам шамҭоу иишаз Иегова афбатәи амш аан, насгьы излареиԥшымзеи ари ашамҭа аԥстәқәа? (Аҟаз. 1:26). 
- б) Ириҭазеи фатәыс Анцәа ауаҩи аԥстәқәеи? (Аҟаз. 1:30). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 2:7—25. - а) Иҟаиҵарц ахәҭазеи Адам, аԥстәқәа ахьӡ рыҭаразы адҵа идыз наигӡарц? (Аҟаз. 2:19). 
- б) Ишԥаҳеилнаркаауеи Аҟазаара 2:24, Иегова дшахәаԥшуа аҭаацәара аилазаара, хазы-хазы анхара, насгьы аилыҵра? (Маҭф. 19:4—6, 9). 
 
Ажәабжь 4
Урҭ рыҩны зхарцәыӡыз
- Уахәаԥш асахьа. Ирыхьзеи Адами Евеи? 
- Избан Иегова урҭ ақәнага изақәиршәаз? 
- Иланаҳәазеи амаҭ Ева? 
- Илацәажәодаз Ева амаҭ ихы иархәаны? 
- Изхарцәыӡи Адами Евеи рџьанаҭ ҩны? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 2:16, 17, насгьы 3:1—13, 24. - а) Избан Ева амаҭ ала илыҭаз азҵаара, Иегова изы имцу агәаанагара заанарԥшыз? (Аҟаз. 3:1—5; 1 Иоан. 5:3). 
- б) Избан Ева илыхьыз, ҳара ҳзы ҽацәыхьчагас изыҟоу? (Флп. 4:8; Иак. 1:14, 15; 1 Иоан. 2:16). 
- в) Ишԥаадарԥши Адами Евеи иҟарҵаз азы аҭакԥхықәра адкылара шырҭахымыз? (Аҟаз. 3:12, 13). 
- г) Ишԥагылеи ахерувимцәа мрагыларахь иҟоу Едемтәи абаҳча амҩаҿы, Иегова инапхгара иадгыларц? (Аҟаз. 3:24). 
 
- Уаԥхьа Аартра 12:9. - Шаҟа дманшәалахазеи Аҩсҭаа Анцәа инапхгара ауаа аҿаргылараҿы? (1 Иоан. 5:19). 
Ажәабжь 5
Иалагоит аԥсҭазаара цәгьа
- Изеиԥшразеи Адами Евеи рыԥсҭазаара, Едемтәи абаҳча анҭыҵ? 
- Ирыхьзеи Адами Евеи Анцәа иахьизымӡырҩыз, насгьы избан? 
- Избан Адами Евеи рхәыҷқәагьы зажәуаз, насгьы изԥсуаз? 
- Закәытә ԥсҭазаароу ироуаз Адами Евеи, насгьы рхәыҷқәагьы, Иегова иҳәатәы харҵазҭгьы? 
- Иарбан хьаау, насгьы гәырҩоу илзаанагаз Ева лзымӡырҩра? 
- Ирыхьӡқәазеи Адами Евеи раԥхьатәи ҩыџьа рԥацәа? 
- Иазусҭцәада асахьаҿы иарбоу егьырҭ ахәыҷқәа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 3:16—23, насгьы 4:1, 2. - а) Ишԥаныри Адам иԥсҭазаара адгьылахь иаашьҭыз ашәиира? (Аҟаз. 3:17—19; Рим. 8:20, 22). 
- б) Избан ахьӡ Ева, иаанаго «аԥсҭазаара», ма «инхо», лара изылнаалоз? (Аҟаз. 3:20). 
- в) Ишԥааирԥши Иегова ахылаԥшра Адами Евеи рахь, агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахьгьы? (Аҟаз. 3:7, 21). 
 
- Уаԥхьа Аартра 21:3, 4. - Иарбану «ииасхьоу» иаԥыххоит ҳәа уара еиҳа уззыԥшу? 
Ажәабжь 6
Ибзиоу аԥеи иҽеим аԥеи
- Иарбан усқәаз изызкыз Каини Авели? 
- Иарбан ҳамҭақәоу Каини Авели Анцәа изнарго? 
- Избан Иегова Каин иҳамҭа зигәамԥхаз, аха Авел иҳамҭа зигәаԥхаз? 
- Дзеиԥшразеи Каин, насгьы иҽшԥазишәеи Иегова иара ириашаразы? 
- Иҟаиҵазеи Каин иашьеи иареи рымацара амӡырхаҿы ианеизаанха? 
- Иҳаилыркаа, Каин иашьа данишь ашьҭахь иҟалаз. 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 4:2—26. - а) Дышԥахцәажәа Иегова, Каин изԥшыз ашәарҭара? (Аҟаз. 4:7). 
- б) Ишԥеилкаахеи Каин игәы иҭаз? (Аҟаз. 4:9). 
- в) Дышԥазыҟоу Иегова ахара здым ишьра? (Аҟаз. 4:10; Ис. 26:21). 
 
- Уаԥхьа 1 Иоанн 3:11, 12. - Избан Каин иԥсахы зеибакыз, насгьы изҳахәҭоузеи ҳара иахьа, ари аҩыза ахымҩаԥгашьа аҽацәыхьчара? (Аҟаз. 4:4, 5; Ажәам. 14:30; 28:22). 
- Ишԥаҳнарбо Абиблиа, ҳҭаацәара иалахәу зегьы Иегова иҿагылозаргьы, ҳара ҳацқьаны ҳаанхарц шҳалшо? (Ԥс. 27:10; Маҭф. 10:21, 22). 
 
- Уаԥхьа Иоанн 11:25. - Иарбан қәыргәыӷроу Иегова ириҭо, аиаша азы иԥсыз? (Иоан. 5:24). 
Ажәабжь 7
Агәаӷьра злоу ауаҩы
- Дызлареиԥшымзеи Енох егьырҭ? 
- Избан Енох ихаан инхоз ауаа, абысҟак ицәгьаны рхы зымҩаԥыргоз? 
- Иарбан ус цәгьақәоу иҟарҵоз ауаа? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Избан Енох агәымшәара имазар захәҭаз? 
- Шаҟа нырҵозеи усҟантәи аамҭазы ауаа, насгьы шаҟа ниҵеи Енох? 
- Иҟалазеи Енох данԥсы ашьҭахь? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 5:21—24, 27. - а) Иарбан еизыҟазаашьоу ирымаз Иеговеи Енохи? (Аҟаз. 5:24). 
- б) Дарбан зегь реиҳа ауаа рахьынтә ақәра нызҵаз, Абиблиа излаҳәо ала, насгьы шаҟа ихыҵуазеи иара данԥсы? (Аҟаз. 5:27). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 6:5. - Иарбан иҽеим ҭагылазаашьақәоу иҟалаз Енох данԥсы ашьҭахь, насгьы уи иаҿырԥшны иахаҳҳәаарц ҳалшозеи иахьатәи ҳамшқәа? (2 Тим. 3:13). 
- Уаԥхьа Ауриацәа рахь 11:5. - Иҟаиҵеи Енох «Анцәа игәы иақәшәоз», насгьы уи иара зылԥхарақәас изаанагазеи? (Аҟаз. 5:22). 
- Уаԥхьа Иуда 14, 15. - Ишԥарылшо иахьатәи ақьырсианцәа Енох игәымшәара аҿыԥшра, Армагеддон аибашьра иҟало ауаа ианрыларҳәо? (2 Тим. 4:2; Аур. 13:6). 
Ажәабжь 8
Адгьылаҿы адауцәа
- Иҟалазеи, Анцәа имаалықьцәақәак Аҩсҭаа изыӡырҩуа ианалага? 
- Избан маалықьцәақәак Анцәа ажәҩанаҿы иридиҵаз аус ааныжьны, адгьылахь изылбааз? 
- Избан изиашамыз, амаалықьцәа ауаҩытәыҩс цәеижь аахәаны адгьылахь иахьылбааз? 
- Излареиԥшымзеи амаалықьцәа ирхылҵыз, егьырҭ ауаа? 
- Уахәаԥш асахьа. Иҟарҵозеи амаалықьцәа ирхылҵыз дауцәаны ианыҟала? 
- Дарбан адгьылаҿы Енох ишьҭахь инхоз ауаҩ бзиа, насгьы избан Анцәа уи иахь абзиабара зааирԥшуаз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 6:1—8. - Ишԥаҳнарбо Аҟазаара 6:6, ҳара ҳхымҩаԥгашьа Иегова ицәаныррақәа ишаныруа? (Ԥс. 78:40, 41; Ажәам. 27:11). 
- Уаԥхьа Иуда 6. - Избан Нои ихаан амаалықьцәа «раԥхьа ирымаз аҭыԥ змыхьчаз» рҿырԥшы, иахьа ҳара агәҽанҵара зҳанаҭо? (1 Кор. 3:5—9; 2 Пиот. 2:4, 9, 10). 
Ажәабжь 9
Нои аковчег иргылоит
- Шаҟаҩы ыҟадаз Нои иҭаацәараҿы, насгьы ирыхьӡзеи хҩык иԥацәа? 
- Иарбан зеиԥшҟамлац дҵоу Анцәа Нои ииҭаз, насгьы избан? 
- Ишԥазыҟаз иааикәыршаны инхоз ауаа, Нои аковчег аӡбахә анреиҳәоз? 
- Иарбан дҵоу Анцәа Нои ииҭаз аԥстәқәа рганахьала? 
- Иҟарҵар ахәҭазеи Нои иҭаацәеи иареи, Анцәа аковчег ашә анаиркы? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 6:9—22. - а) Избан Нои еицырдыруа Анцәа имаҵуаҩы иакәны дзыҟаз? (Аҟаз. 6:9, 22). 
- б) Дышԥазыҟоу Анцәа агәымбылџьбарра, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи ҳгәырҿыхагақәа ралхраҿы? (Аҟаз. 6:11, 12; Ԥс. 11:5). 
- в) Ишԥаҳалшо Нои иҿыԥшра, Иегова иорганизациа ала анапхгара анҳауа? (Аҟаз. 6:22; 1 Иоанн 5:3). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 7:1—9. - Ишԥашьҭнахуеи иахьа ҳгәы, инаӡамыз Нои, Иегова дуаҩ иашан дахьиԥхьаӡоз? (Аҟаз. 7:1; Ажәам. 10:16; Ис. 26:7). 
Ажәабжь 10
Адунеизегьтәи аӡхыҵра
- Избан изрылымшоз аӡәгьы аковчег аҭалара, ақәа леира ианалага? 
- Шаҟа мши ҵхи илаишьҭуазеи Иегова ақәа, насгьы шаҟа ишьҭыҵи аӡы? 
- Иахьзеи аковчег, аӡы адгьыл ахыҵәара ианалага? 
- Иаанхама рыԥсы ҭаны адауцәа, насгьы ирыхьзеи урҭ рабацәа? 
- Иахьзеи аковчег хәымз рышьҭахь? 
- Изоуишьҭи Нои аковчег аҟынтә аҟәраан? 
- Излеидырзеи Нои адгьыл аӡы шықәҵыз? 
- Иеиҳәазеи Анцәа Нои, иҭаацәеи иареи аковчегаҿы шықәсык инеиҳаны ианырхырга ашьҭахь? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 7:10—24. - а) Ишԥақәхыз адгьылаҿы аԥсҭазаара? (Аҟаз. 7:23). 
- б) Шаҟаамҭа иҟазеи аӡы адгьылаҿы? (Аҟаз. 7:24). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 8:1—17. - Ишԥаҳнарбо Аҟазаара 8:17, Иегова аханатә игәҭакы адгьылазы аҽшамԥсахыз? (Аҟаз. 1:22). 
- Уаԥхьа 1 Пиотр 3:19, 20. - Ирыԥшызеи амаалықь ҿагылаҩцәа ажәҩанахь ианыхынҳә? (Иуда 6). 
- Ишԥаҳнарбо Нои иҭаацәеи иареи ирызкыу аацҳара, Иегова ижәлар реиқәырхара шилшо? (2 Пиот. 2:9). 
 
Ажәабжь 11
Раԥхьатәи ацәаҟәа
- Иҟаиҵазеи Нои раԥхьа аковчег данҭыҵ? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Иарбан дҵоу Анцәа ириҭаз, Нои иҭаацәеи иареи аӡхыҵра ашьҭахь? 
- Иарбан қәыргәыӷроу Анцәа иҟаиҵаз? 
- Иаҳгәаланаршәозеи ҳара ацәаҟәа анаҳбо? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 8:18—22. - а) Ишԥаҳалшо ҳара, Иегова изиҩышьҭра «агәахәатә фҩы ҳалал»? (Аҟаз. 8:21; Аур. 13:15, 16). 
- б) Ииҳәазеи Иегова ауаҩы игәы аҭагылазаашьазы, насгьы ишԥахәҭоу агәаҽанызаара ҳамазаарц? (Аҟаз. 8:21; Маҭф. 15:18, 19). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 9:9—17. - Иарбан уасиаҭу Иегова ишамҭақәеи иареи ирыбжьоу? (Аҟаз. 9:10, 11). 
- Шаҟаамҭа иаанхозеи ацәаҟәа ауасиаҭ? (Аҟаз. 9:16). 
 
Ажәабжь 12
Ауаа идыргылоит абаа ҳаракы
- Дызусҭадаз Нимрод, насгьы Анцәа дышԥеизыҟаз иара? 
- Избан иубо асахьаҿы ауаа ақьырмыт зыҟарҵо? 
- Избан Иегова изигәамԥхоз ари аргылара? 
- Ишԥааникылеи Анцәа абаа аргылара? 
- Иахьӡҵазеи ақалақь, насгьы иаанагозеи уи ахьӡ? 
- Ирыхьзеи ауаа Анцәа рбызшәақәа анеилеиԥса? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 10:1, 8—10. - Закәытә ҟазшьақәозеи Нимрод иааирԥшыз, насгьы иарбан гәҽанҵароу уи иҳанаҭо? (Ажәам. 3:31). 
- Уаԥхьа Аҟазаара 11:1—9. - Издыргылозеи абаа, насгьы изынагӡамхазеи уи аус? (Аҟаз. 11:4; Ажәам. 16:18; Иоан. 5:44). 
Ажәабжь 13
Авраам — Анцәа иҩыза
- Изеиԥшразеи ауаа ақалақь Ур инхоз? 
- Дызусҭада асахьаҿы иарбоу ауаҩы, данбеии, насгьы дабанхоз иара? 
- Идиҵазеи Анцәа Авраам? 
- Избан Авраам Анцәа иҩыза ҳәа дзырдыруаз? 
- Ицдаз Авраам Ур даналҵуаз? 
- Иеиҳәазеи Анцәа Авраам, Ханаантәи адгьылахь даннеи? 
- Иарбан қәыргәыӷроу Анцәа Авраам ииҭаз 99 шықәса анихыҵуаз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 11:27—32. - а) Ишԥеиуацәаз Авраами Лоти? (Аҟаз. 11:27). 
- б) Фара иҭаацәара «иманы», «Ханаантәи адгьылахь дцоит» ҳәа шаҳәоугьы, иабантәаадыруеи ҳара Авраам иаԥшьгарала иҭаацәара рынхарҭа ҭыԥ шырԥсахыз? Мзызс иҟазеи ари анхарҭа ҭыԥ аԥсахра? (Аҟаз. 11:31; Аум. 7:2—4). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 12:1—7. - Ишԥациҵеи Иегова Авраами иареи ирыбжьаз ауасиаҭ, Авраам Ханаантәи адгьылахь данаа ашьҭахь? (Аҟаз. 12:7). 
- Уаԥхьа Аҟазаара 17:1—8, 15—17. - а) Ишԥаԥсахыз Аврам ихьӡ 99 шықәса анихыҵуаз, насгьы избан? (Аҟаз. 17:5). 
- б) Иарбан ԥхьаҟатәи зылԥхарақәоу Иегова Сарра дызқәиргәыӷыз? (Аҟаз. 17:15, 16). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 18:9—19. - а) Иарбан ҭакԥхықәроу ирыду абацәа Аҟазаара 18:19 излаҳәо ала? (Ҩынтә. 6:6, 7; Ефес. 6:4). 
- б) Иарбан хҭысу Сарра дзықәшәаз, Иегова иҟынтә акгьы шузымҵәахуа ҳзырбо? (Аҟаз. 18:12, 15; Ԥс. 44:21). 
 
Ажәабжь 14
Анцәа Авраам ихаҵара ԥишәоит
- Иарбан қәыргәыӷроу Анцәа Авраам ииҭаз, насгьы ишԥанаигӡеи уи Анцәа? 
- Ишԥаԥишәоз Анцәа Авраам ихаҵара? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Иҟаиҵазеи Авраам, Анцәа идиҵаз шизеилымкаауазгьы? 
- Иҟалазеи Авраам иҷкәын дишьырц аҳәызба анҭига? 
- Закәытә хаҵара ӷәӷәоузеи Анцәа иахь Авраам имаз? 
- Ииҭазеи Анцәа Авраам кәырбанс инеигарц, насгьы ишԥаҟаиҵеи уи? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 21:1—7. - Избан Авраам аабатәи амшазы иԥа иаԥхьатә зԥиҟаз? (Аҟаз. 17:10—12; 21:4). 
- Уаԥхьа Аҟазаара 22:1—18. - Ишԥааирԥши Исаак иаб Авраам изыӡырҩра, насгьы ишԥахаҿырԥшу уи иҟалаша ахҭысқәа? (Аҟаз. 22:7—9; 1 Кор. 5:7; Флп. 2:8, 9). 
Ажәабжь 15
Лот иԥҳәыс дхьаԥшит
- Рыҽзеиҩыршазеи Авраами Лоти? 
- Изалихызеи Лот анхаразы Содом? 
- Изеиԥшразеи Содом инхоз ауаа? 
- Иарбан гәҽанҵароу ҩыџьа амаалықьцәа Лот ирҭаз? 
- Дызхаҳәхазеи Лот иԥҳәыс? 
- Иаҳнарҵозеи ҳара, Лот иԥҳәыс илыхьыз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 13:5—13. - Иаҳнарҵозеи ҳара Авраам иҿырԥшы, ҩыџьа ауаа рыбжьара ауадаҩрақәа аныҟало? (Аҟаз 13:8, 9; Рим. 12:10; Флп. 2:3, 4). 
- Уаԥхьа Аҟазаара 18:20—33. - Ишԥарӷәӷәо ҳхаҵара Иеговеи Авраами реицәажәара, Иеговеи Иисуси ииашаны ауаа рус шырӡбо? (Аҟаз. 18:25, 26; Маҭф. 25:31—33). 
- Уаԥхьа Аҟазаара 19:1—29. - а) Дышԥахәаԥшуеи Анцәа агомосексуализм Абиблиа излаҳәо ала? (Аҟаз. 19:5, 13; Алев. 20:13). 
- б) Излеиԥшыми Авраами Лоти Иегова идҵа ақәныҟәараҿы, насгьы иаҳҵарц ҳалшозеи уи аҟынтә? (Аҟаз. 19:15, 16, 19, 20; 22:3). 
 
- Уаԥхьа Лука 17:28—32. - Дышԥазыҟаз Лот иԥҳәыс аматериалтә маҭәарқәа, насгьы избан уи ҳара ҳзы ҽацәыхьчагас изыҟоу? (Лука 12:15; 17:31, 32; Маҭф. 6:19—21, 25). 
- Уаԥхьа 2 Пиотр 2:6—8. - Ҳашԥарзыҟазаарц ахәҭоу иааҳакәыршаны иҟоу Анцәа дызмам ауаа, Лот иҿырԥшала? (Иез. 9:4; 1 Иоан. 2:15—17). 
Ажәабжь 16
Исаак аԥҳәыс бзиа диоуеит
- Иазусҭцәада аԥҳәыси ахаҵеи ара асахьаҿы иарбоу? 
- Иҟаиҵазеи Авраам, иҷкәын аԥҳәыс дизиԥшаарц, насгьы избан ус изиҭаххаз? 
- Ишԥаиоуеи аҭак Авраам имаҵуаҩы Анцәа дыззиҳәаз? 
- Иҟалҵазеи ҭакс Ревекка, Исаак ԥҳәысс биццарц бҭахыума ҳәа ианлазҵаа? 
- Избан Исаак ҩаԥхьагьы насыԥ зиоуыз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 24:1—67. - а) Закәытә ҟазшьа бзиақәоузеи Ревекка иаалырԥшыз, Авраам имаҵуаҩы аҵеџь аҟны даниԥыла? (Аҟаз. 24:17—20; Ажәам. 31:17, 31). 
- б) Иарбан ҿырԥшу Авраам ириҭаз иахьатәи ақьырсианцәа, Исаак изы аҭыԥҳа лыԥшаара дахьеиҷаҳаз? (Аҟаз. 24:37, 38; 1 Кор. 7:39; 2 Кор. 6:14). 
- в) Избан азхәыцразы аамҭа залхтәу, Исаак ишыҟаиҵаз еиԥш? (Аҟаз. 24:63; Ԥс. 77:12; Флп. 4:8). 
 
Ажәабжь 17
Ҩыџьа еициз, аха ԥшрала иеиԥшымыз
- Иазусҭақәадаз Исави Иакови, насгьы излеиԥшымзи урҭ 
- Ирхыҵуазеи Исави Иакови, рабду Авраам данԥсы? 
- Иҟаиҵеи Исав, иаби иани даара ргәы нирхартә? 
- Избан Исав ӷәӷәала иашьа Иаков дызизгәааз? 
- Иарбан дҵоу Исаак, иԥа Иаков ииҭаз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 25:5—11, 20—34. - а) Иарбан ԥааимбаражәоу Иегова ииҳәаз, Ревекка ҩыџьа лԥацәа ирызкны? (Аҟаз. 25:23). 
- б) Дышԥазыҟаз Иаков иҭынхаз раԥхьатәи амазара, дышԥазыҟаз — Исав? (Аҟаз. 25:31—34). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 26:34, 35; 27:1—46, насгьы 28:1—5. - а) Излааԥши Исав иҟны аџьшьара азымхара, адоуҳатә хәшьарақәа рахь? (Аҟаз. 26:34, 35; 27:46). 
- б) Ииҭеи Исаак Иаков ԥҟарас, Анцәа изылԥхарақәа иоуырц? (Аҟаз. 28:1—4). 
 
- Уаԥхьа Ауриацәа 12:16, 17. - Иабананагои иԥшьоу пату ақәзымҵо, Исав иҿырԥшы ишаҳнарбо ала? 
Ажәабжь 18
Иаков Харранҟа дцоит
- Дызусҭада ари асахьаҿы иарбоу аӡӷаб, насгьы иҟаиҵазеи Иаков лара лзы? 
- Дзықәшаҳаҭхеи Иаков, Рахил ԥҳәысс дигарц азы? 
- Иҟаиҵазеи Лаван, Иакови Рахили рчара аамҭа анааигәаха? 
- Дзықәшаҳаҭхеи еиҭах Иаков, Рахил ԥҳәысс дигарц азы? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 29:1—30. - а) Ишԥааирԥши Иаков аламысцқьара шилаз, Лаван даниижьагьы, насгьы иаҳнарҵозеи ари (Аҟаз. 25:27; 29:26—28; Маҭф. 5:37). 
- б) Ишԥаҳбо Иаков иҿырԥшала абзиабареи агәаԥхареи реиԥшымра? (Аҟаз. 29:18, 20, 30; Ашәа. 8:6). 
- в) Иазусҭцәада Иаков иҭаацәара иалалаз ԥшьҩык аҳәсақәа, анаҩс аԥацәа зхылҵыз? (Аҟаз. 29:23, 24, 28, 29). 
 
Ажәабжь 19
Иаков иҭаацәара ду
- Ирыхьӡқәазеи Иаков иԥацәа фҩык, раԥхьатәи иԥҳәыс Лиа илхылҵыз? 
- Ирыхьӡқәазеи Иаков иԥацәа ҩыџьа, Лиа лмаҵауҩы Зелфа илхылҵыз? 
- Ирыхьӡқәазеи Иаков иԥацәа ҩыџьа, Рахиль лмаҵуҩы Валла илхылҵыз? 
- Ирыхьӡқәазеи Рахиль лԥацәа ҩыџьа, насгьы илыхьзеи лара аҩбатәи ахәыҷы данлоуаз? 
- Шаҟаҩы имадаз зегьы Иаков аԥацәа, насгьы иарбан жәлару урҭ ирхылҵыз? (Уахәаԥш асахьа). 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 29:32—35; 30:1—26, насгьы 35:16—19. - Ишԥарырҭоз ахьӡқәа ажәытәан ауриаа рԥацәа, Иаков ихылҵыз 12-ҩык иԥацәа рҿырԥшы ишаҳнарбо еиԥш? 
- Уаԥхьа Аҟазаара 37:35. 
Иабантәаадыруеи Дина, Иаков иԥҳа заҵә шлакәымыз, Абиблиаҿы лара лыхьӡ заҵәык шарбоугьы (Аҟаз. 37:34, 35).
Ажәабжь 20
Дина арыцҳара дақәшәоит
- Избан Авраами Исааки изырҭахымыз рԥацәа, Ханаан инхоз аҳәсақәа ааргар? 
- Игәаԥхозма Иаков иԥҳа Ханаан инхоз аҭыԥҳацәа ҩызцәас иахьышьҭылхыз? 
- Дызусҭада Дина илыхәаԥшуа ахаҵа, насгьы иарбан цәгьароу иҟаиҵаз? 
- Иҟарҵазеи Дина лашьцәа Симеони Левии, иҟалаз анеилыркаа? 
- Игәаԥхама Иаков, Симеони Левии рхымҩаԥгашьа? 
- Излалагеи абарҭ арыцҳарақәа зегьы, Иаков иҭаацәа зықәшәаз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 34:1—31. - а) Избан Дина изылхароу лыӡӷабра ахьылцәыӡыз (Гал. 6:7). 
- б) Ишԥаадырԥшуеи аҿар, Дина лҿырԥшы хшыҩзышьҭрала ишазнеиуа? (Ажәам. 13:20; 1 Кор. 15:33; 1 Иоан. 5:19). 
 
Ажәабжь 21
Аишьцәа Иосиф иахь ирымаз ацәымӷра
- Избан Иосиф иашьцәа зиҵашьыцуаз, насгьы иҟарҵазеи дара? 
- Иҟарҵарц ирҭахызеи раԥхьа Иосиф иашьцәа, аха ииҳәазеи Рувим? 
- Иҟалазеи убри аамҭазы измаилаа ииасны ианцоз? 
- Иҟарҵазеи Иосиф иашьцәа, Иосиф дыԥсит ҳәа раб агәра идыргарц? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 37:1—35. - а) Иҿыԥшырц шԥарылшо Иосиф ақьырсианцәа, аизараҿы иҟаҵаз агәнаҳа аацҳауа (Аҟаз. 37:2; Алев. 5:1; 1 Кор. 1:11). 
- б) Иргәазарԥхеи Иосиф иашьцәа, гьангьашрала изныҟәарц (Аҟаз. 37:11, 18; Ажәам. 27:4; Иак. 3:14—16). 
- в) Иаазырԥшуазеи аџьабара шиашоу, Иаков иҿырԥшыла ишаабо еиԥш (Аҟаз. 37:35). 
 
Ажәабжь 22
Иосиф абахҭа дҭаркуеит
- Заҟа ихыҵуазеи Иосиф Мсырҟа даныргоз, насгьы дзықәшәеи уаҟа? 
- Дышԥананагеи Иосиф абахҭаҿы? 
- Иарбан дҵоу Иосиф иоуыз абахҭаҿы? 
- Ирзыҟаиҵазеи Иосиф абахҭаҿы, фараон иҩынаҳаҩи ичашаҩи рзы? 
- Иҟалазеи аҩынаҳаҩ абахҭа аҟынтә даноурышьҭ ашьҭахь? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 39:1—23. - Иосиф ихаан, Анцәа изакәан акалҭшьҭаныҟәара зықәӡбоз џьаргьы ишанымызгьы, ицхраазеи Иосиф Потифар иԥҳәыс лҟынтә дыҩны дцарц? (Аҟаз. 2:24; 20:3; 39:9). 
- Уаԥхьа Аҟазаара 40:1—23. - а) Иааркьаҿны еиҭаҳәа аҩынаҳаҩ иԥхыӡ, насгьы ари аԥхыӡ азы Иегова Иосиф ила аилкаа ииҭаз (Аҟаз. 40:9—13). 
- б) Иарбан ԥхыӡу иибаз ачашаҩы, насгьы иаанагозеи уи? (Аҟаз. 40:16—19). 
- в) Ишԥарылшо иахьа, атәы зыгәра гоу, хшыҩгьы змоу рыкласс, Иосиф иҿыԥшырц (Аҟаз. 40:8; Ԥс. 36:9; Иоан. 17:17; Аум. 17:2, 3). 
- г) Ишԥауеилнаркаауеи Аҟазаара 40:20, ақьырсианцәа аирамш аныҳәа азгәаҭара ишазыҟоу? (Еккл. 7:1; Мар. 6:21—28). 
 
Ажәабжь 23
Афараон иԥхыӡқәа
- Ихьзеи уахык зны афараон? 
- Избан аҩынаҳаҩ аҵыхәтәан дзигәалашәо Иосиф? 
- Иарбан ҩ-ԥхыӡк иибаз афараон ари асахьаҿы ишарбоу еиԥш? 
- Иарбан еилкаарақәоу Иосиф арҭ аԥхыӡқәа ириҭо? 
- Дышԥаҟалеи Иосиф афараон ишьҭахь, Мсыр амчра знапаҿы иҟоу аӡәы иакәны? 
- Избан Иосиф иашьцәа Мсырҟа изаауа, насгьы избан иара дзырзымдыруа? 
- Иарбан ԥхыӡқәоу игәалашәо Иосиф, насгьы иеилнаркаауазеи уи? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 41:1—57. - а) Ишԥахьеирԥши Иосиф Иегова иахь аԥхыӡ аилкааразы, насгьы ишԥарылшо ақьырсианцәа иҿырԥшы ацныҟәара? (Аҟаз. 41:16, 25, 28; Маҭф. 5:16; 1 Пиот. 2:12). 
- б) Ишԥаанарԥшуеи ибзианы Мсыр абрақьаҭра шықәсқәеи, насгьы урҭ ирышьҭанеиуаз амлакра шықәсқәеи аныҟаз, Иегова иуаажәлар рдоуҳатә ҭагылазаашьеи, ари ақьырсиантә дунеи адоуҳатә ҭагылазаашьеи реиԥшымра? (Аҟаз. 41:29, 30; Амос 8:11, 12). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 42:1—8, насгьы 50:20. - Иҟалома Иегова имаҵуҩцәа ауаҩы иеихырхәар, иара иахь аҳаҭырқәҵара аарԥшразы, ма имоу аҭыԥазы, уи атәылаҿы ус иаԥызар? (Аҟаз. 42:6). 
Ажәабжь 24
Иосиф иашьцәа ԥишәоит
- Избан Иосиф иашьцәа шәышпионцәоуп ҳәа зреиҳәаз? 
- Избан Иаков зегь иреиҵбу иԥа Вениамин Мсырҟа дыргарц дзоуишьҭуа? 
- Иабаанагеи Вениамин иааҵәаҿы Иосиф ираӡны ҵәца? 
- Ирыдигалеи Иуда, Вениамин доурышьҭразы? 
- Рыҽшԥарԥсахи Иосиф иашьцәа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 42:9—38. - Избан Иосиф иажәақәа Аҟазаара 42:18 аҟны иану, гәаларшәага бзианы изыҟоу, Иегова иорганизациаҿы аҭакԥхықәра зду рзы (Неем. 5:15; 2 Кор. 7:1, 2). 
- Уаԥхьа Аҟазаара 43:1—34. - а) Излаабои Иуда аишьцәа рыхьӡала дышцәажәоз, Рувим аԥхьахшаа шиакәызгьы (Аҟаз. 43:3, 8, 9; 44:14, 18; 1 Ашықәс. 5:2). 
- б) Иԥишәарц шԥеиҭахыз Иосиф иашьцәа, насгьы избан? (Аҟаз. 43:33, 34). 
 
- Уаԥхьа Аҟазаара 44:1—34. - а) Иреиҳәеи Иосиф иашьцәа, иара дазусҭаҵәҟьоу рцәиҵәахырц азы (Аҟаз. 44:5, 15; Алев. 19:26). 
- б) Ишԥашьықәдарӷәӷәеи Иосиф иашьцәа, уаанӡеиԥш уажәшьҭа иара иахь ацәымӷра шрымам? (Аҟаз. 44:13, 33, 34). 
 
Ажәабжь 25
Аҭаацәара Мсырҟа ииасуеит
- Иҟалазеи Иосиф иашьцәа ианырзааирт иара дазусҭаҵәҟьоу? 
- Иреиҳәазеи гәыкала Иосиф иашьцәа? 
- Ииҳәазеи афараон, Иосиф иашьцәа шааз анеиликаа? 
- Заҟаҩы ыҟадаз Иаков иҭаацәара, Мсырҟа нхара ианиасыз? 
- Ишԥарыхьӡырҵеи Иаков иҭаацәара, насгьы избан? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аҟазаара 45:1—28. - Ишԥаҳнарбо Иосиф иҿырԥшы, ауаа Иегова имаҵуҩцәа ацәгьа рзыруырц анырҭахыу, Анцәа амч шимоу уи ацәгьара абзиарахь архара (Аҟаз. 45:5—8; Ис. 8:10; Флп. 1:12—14). 
- Уаԥхьа Аҟазаара 46:1—27. - Дызқәиргәыӷзеи Иегова Иаков, Мсырҟа амҩа данықәыз? (Аҟаз. 46:1—4). 
Ажәабжь 26
Иов Анцәа гәык-ԥсыкала дизыҟоуп
- Дызусҭада Иов? 
- Дзышьҭазеи Аҩсҭаа, насгьы илшама уи иара? 
- Иаиҩыжьи Иегова Аҩсҭаа иҟаиҵарц, насгьы избан? 
- Избан Иов иԥҳәыс изиалҳәаз: «Анцәа дшәиины уԥсы»? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Иарбан зылԥхарақәоу Иегова Иов ииҭаз, насгьы избан? (Уахәаԥш аҩбатәи асахьа.) 
- Иарбан зылԥхарақәоу ҳара иҳауа, Иов иеиԥш, Иегова ҳаизиашаны ҳаанхар? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иов 1:1—22. - Ишԥарылшо иахьа ақьырсианцәа, Иов иҿыԥшра? (Иов 1:1; Флп. 2:15; 2 Пиот. 3:14). 
- Уаԥхьа Иов 2:1—13. - Ишԥазнеии еиԥшымкәа Иов иԥҳәыси иареи Аҩсҭаа изқәиршәаз аԥышәарақәа (Иов 2:9, 10; Ажәам. 19:3; Мих. 7:7; Мал. 3:14). 
- Уаԥхьа Иов 42:10—17. - а) Излеиԥшузеи Иов иоуыз аҳамҭеи, Иисус ииашаразы иоуыз аҳамҭеи (Иов 42:12; Флп. 2:9—11). 
- б) Избан ҳара ҳәгәы зарӷәӷәо адырра, Иов Анцәа иҿаԥхьа дыцқьаны дахьаанхаз азы азылԥхарақәа ахьиоуыз? (Иов 42:10, 12; Аур. 6:10; Иак. 1:2—4, 12; 5:11). 
 
Ажәабжь 27
Мсыр иҽеим аҳ дахагылоуп
- Уахәаԥш асахьа. Дызусҭада ари ауаҩы аҟамчы зкыу, насгьы дзысуада? 
- Ирыхьзеи израилаа Иосиф данԥсы ашьҭахь? 
- Избан мсыраа израилаа ирыцәшәо изалагаз? 
- Иарбан дҵоу ирыдиҵаз афараон, Израилтәи анацәа ахшаараиураан ирыцхраауаз аҳәсақәа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 1:6—22. - а) Дышԥалагеи Иегова Авраам ииҭаз ақәыргәыӷра анагӡара? (Ақәҵ. 1:7; Аҟаз. 12:2; Аум. 7:17). 
- б) Ишԥаадырԥши ауриатә аҳәсақәа ахшаараиураан анацәа ирыцхраауаз, аԥсҭазаара ацқьара ҳаҭыр шақәырҵоз? (Ақәҵ. 1:17; Аҟаз. 9:6). 
- в) Ишԥариҭеи Иегова азылаԥхарақәа, ахшаараиураан ицхыраауаз аҳәсақәа, риашаразы? (Ақәҵ. 1:20, 21; Ажәам. 19:17). 
- г) Ишԥеиҭахыз Аҩсҭаа даԥырхагахарц, Иегова Авраам дызқәиргәыӷыз Ажәла аганахьала игәҭакы анагӡара? (Ақәҵ. 1:22; Маҭф. 2:16). 
 
Ажәабжь 28
Асаби Моисеи дшеиқәырхаз
- Дызусҭада ари асахьаҿы асаби, насгьы дызусҭада знацәкьыс икыу? 
- Иҟалҵазеи Моисеи иан, иара дрымшьырц азы? 
- Дызусҭада ари аӡӷаб асахьаҿы, насгьы иҟалҵозеи? 
- Илыдылҵеи Мариам, афараон иԥҳа асаби данылԥшаа? 
- Илалҳәеи аҳкәажә Моисеи иан? 
Ихазырҭәаауа азҵаара:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 2:1—10. - Иарбан лшароу Моисеи иааӡараҿи, ирҵараҿи илымаз иан, иара дахьынӡахәҷыз, насгьы закәытә ҿырԥшузеи иахьа уи анацәеи абацәеи рзы (Ақәҵ. 2:9, 10; Ҩынтә. 6:6—9; Ажәам. 22:6; Еф. 6:4; 2 Тим. 3:15). 
Ажәабжь 29
Моисеи дзыбналаз
- Иабеизҳаи Моисеи, аха иидыруазеи дызхылҵыз рзы? 
- Иҟаиҵазеи Моисеи 40 шықәса анихыҵуаз? 
- Иеиҳәазеи Моисеи аисра иаҿыз израилаа руаӡәк, аха ишԥаҟаиҵеи егьи аҭак? 
- Дзыбналазеи Моисеи Мсырынтә? 
- Дабацеи Моисеи, насгьы дзабадырда уа? 
- Иҟаиҵазеи Моисеи 40 шықәса рҩнуҵҟа, Мсырынтә даныбнала ашьҭахь? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 2:11—25. - Ишԥааирԥши Моисеи, Иеговеи, иара ижәлари гәык-ԥсыкла дшырзыҟаз, акыр шықәсақәа рҩнуҵҟа мсыртәи ҟәышрала дшымҩақәҵазгьы? (Ақәҵ. 2:11, 12; Аур. 11:24). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 7:22—29. - Иаҳнарҵозеи ҳара, Моисеи ихала иҟаиҵоз аҽазышәарақәа, Израилаа мсыртә атәра аҟынтә ахақәиҭра риҭарц? (Аум. 7:23—25; 1 Пиот. 5:6, 10). 
Ажәабжь 30
Абылра иаҿу ачықь
- Иахьӡузеи ашьха, ари асахьаҿы иарбоу? 
- Иеиҭаҳәа, Моисеи иибаз, иуасақәа иманы ари ашьха даназааигәаха. 
- Иаҳәазеи ибылуаз ачықь аҟынтә абжьы игаз, насгьы изтәыдаз уи абжьы? 
- Ииҳәазеи Моисеи Анцәа, Иара иуаажәлар Мсырынтә иалигарц анидиҵа? 
- Иреиҳәарц ихәҭазеи Моисеи израилаа, Анцәа идҵа инақәыршәаны, уаазышьҭда ҳәа иазҵаар? 
- Ишԥаилшоз Моисеи, Анцәа дшааишьҭыз ашьақәырӷәӷәара? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 3:1—22. - Ишԥарӷәӷәо ҳагәрагара Моисеи иҿырԥшы Анцәа дышҳацхраауа, атеократиатә дҵа ҳамч ақәхом ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы? (Ақәҵ. 3:11, 13; 2 Кор. 3:5, 6). 
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 4:1—20. - а) Аҽшԥаԥсахи Моисеи ихәыцшьа мадиамтәи адгьылаҿы 40 шықәса ихигаз, насгьы иарбан ҿырԥшу ирнаҭо аизараҿы иҭакԥхықәроу адҵақәа зауырц зҽазызшәо? (Ақәҵ. 2:11, 12; 4:10, 13; Мих. 6:8; 1 Тим. 3:1, 6, 10). 
- б) Иегова иорганизациала ҳамҩақәиҵозаргьы, иарбан гәрагароу Моисеи иҿырԥшы аҟынтә иаҳгарц ҳалшо? (Ақәҵ. 4:12—14; Ԥс. 103:14; Аур. 12:4—11). 
 
Ажәабжь 31
Моисеии Аарони афараон иахь иаауеит
- Ишԥанеи ргәаҟынӡа израилаа, Моисеии Аарони иҟарҵаз аџьашьахәқәа? 
- Иарҳәазеи Моисеии Аарони афараон, насгьы иреиҳәеи афараон урҭ? 
- Иҟалазеи, асахьаҿы ишарбоу ала, Аарон алабашьа анкаижь? 
- Ишԥааигеи Иегова афараон ихы аҭыԥаҿы, насгьы иҟаиҵозеи афараон? 
- Иҟалазеи ажәабатәи арыцҳара ашьҭахь? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 4:27—31, насгьы 5:1—23. - Ииҳәарц ииҭахызеи афараон, ианиҳәоз: «Сара Иегова дхасҵом»? (Ақәҵ. 5:2; 1 Сам. 2:12; Рим. 1:21). 
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 6:1—13, 26—30. - а) Иамоузеи ҵакыс Иегова Авраами, Исааки, Иакови дырзымаатит ҳәа иаҳәо (Ақәҵ. 3:13, 14; 6:3; Аҟаз. 12:8). 
- б) Иарбан цәаныррақәоу иаҳзаанаго, Иегова Моисеи ихы дшаирхәаз ҳаназхәыцуа, уи адҵа иҭаз анагӡара илшом ҳәа шиԥхьаӡозгьы? (Ақәҵ. 6:12, 30; Лука 21:13—15). 
 
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 7:1—13. - а) Иарбан ҿырԥшу Моисеии Аарони ирырҭаз иахьатәи Анцәа имаҵуҩцәа, Иегова аӡбара иҟаиҵаз гәымшәарала фараон изаацҳауа (Ақәҵ. 7:2, 3, 6; Аумҭ. 4:29—31). 
- б) Ишԥааирԥши Иегова имч, мсыртәи рынцәахәқәа рымч аасҭа ишеиҳау? (Ақәҵ. 7:12; 1 Ашықәс. 29:12). 
 
Ажәабжь 32
Жәа-рыцҳарак
- Ари ажәабжь аҟны иаагоу асахьа ухы иархәаны еиҭаҳәа, Иегова Мсыр зықәиршәаз раԥхьатәи х-рыцҳарак. 
- Излареиԥшымзеи раԥхьатәи х-рыцҳарак, егьырҭ арыцҳарақәа? 
- Изеиԥшразеи аԥшьбатәи, ахәбатәи, насгьы афбатәи арыцҳарақәа? 
- Иеиҭаҳәа абжьбатәи, аабатәи, насгьы ажәабатәи арыцҳарақәа. 
- Ириҭазеи дҵас Иегова израилаа, ажәабатәи арыцҳара аԥхьа? 
- Изеиԥшразеи ажәабатәи арыцҳара, насгьы иҟалазеи уи ашьҭахь? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 7:19–8:23. - а) Изықәшаҳаҭхар акәхеи мсыртәи аҟцәа ахԥатәи арыцҳара ашьҭахь, Иегова иааишьҭыз раԥхьатәи ҩ-рыцҳарак аҩыза аҟаҵара шрылшазгьы? (Ақәҵ. 8:18, 19; Маҭф. 12:24—28). 
- б) Ишԥаҳнарбеи аԥшьбатәи арыцҳара Иегова ижәлар ихьчарц шилшо, насгьы иарбан цәаныррақәоу ирзаанаго Анцәа имаҵуҩцәа «арыцҳара ду» ааигәахацыԥхьаӡа? (Ақәҵ. 8:22, 23; Аарт. 7:13, 14; 2 Ашықәс. 16:9). 
 
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 8:24; 9:3, 6, 10, 11, 14, 16, 23—25, насгьы 10:13—15, 21—23. - а) Иарбан ҩ-гәыԥк ауаа жәа-рыцҳарак ала зусқәа аарԥшыз, насгьы ишԥаныруеи арҭ аҩ-гәыԥк ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьа (Ақәҵ. 8:10, 18, 19; 9:14). 
- б) Ишԥаҳеилнаркаауеи Ақәҵымҭа 9:16, избан Иегова изеиҩыжьыз Аҩсҭаа иҟазаара иахьатәи ҳаамҭа аҟынӡа? (Рим. 9:21, 22). 
 
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 12:21—32. - Ишԥаанарти Амшаԥы алшара еиҳараҩык реиқәырхаразы, насгьы иаанарԥшуазеи уи? (Ақәҵ. 12:21—23; Иоан. 1:29; Рим. 5:18, 19, 21; 1 Кор. 5:7). 
Ажәабжь 33
Амшын Ҟаԥшь ахыҵра
- Шаҟаҩы алҵда израилтәи ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи Мсыр, насгьы уаҳа ирыцдаз? 
- Иихәыцзеи афараон израилаа аноуишьҭ ашьҭахь, насгьы иҟаиҵазеи иара? 
- Иҟаиҵазеи Иегова, ижәлар мсыраа рықәымларц? 
- Иҟалазеи Моисеи илабашьа амшын Ҟаԥшь ахь ианирха, насгьы иҟарҵазеи израилаа? 
- Иҟалазеи мсыраа израилаа ирышьҭаланы амшын ианҭала? 
- Ишԥаадырԥши израилаа даара ишеигәырӷьаз, насгьы Иегова иҭабуп ҳәа иаҳәара иахьеиқәирхаз азы? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 12:33—36. - Дышԥахылаԥши Иегова, иара ижәлар Мсыр тәыс иахьынӡаҟаз ашықәсқәа азы ахә роуырц? (Ақәҵ. 3:21, 22; 12:35, 36). 
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 14:1—31. - Ишԥарнырырц ахәҭоу, Моисеи иажәақәа Ақәҵымҭа 14:13, 14 аҟны иану, иааигәахо аибашьра Армагеддон шаҳаҭцәас иҟало иахьатәи Иегова имаҵуҩцәа? (2 Ашықәс. 20:17; Ԥс. 91:8). 
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 15:1—8, 20, 21. - а) Избан Иегова имаҵуҩцәа изрыхәҭоу иара дырҽхәаны ашәа изҳәара? (Ақәҵ. 15:1, 2; Ԥс. 105:2, 3; Аарт. 15:3, 4). 
- б) Иарбан ҿырԥшу ирырҭаз, амшын Ҟаԥшь ирыз, Иегова дырҽхәаны ашәа изызҳәоз Мариами егьырҭ аҳәсақәеи, иахьатәи ақьырсиан ҳәсақәа (Ақәҵ. 15:20, 21; Ԥс. 68:11). 
 
Ажәабжь 34
Афатә ҿыц
- Уахәаԥш асахьа. Ирыҟәшәозеи адгьыл аҿы ауаа, насгьы иахьӡузеи иара? 
- Ирыдиҵазеи Моисеи ажәлар аманна аизгаразы? 
- Ирыдиҵазеи Иегова израилаа афбатәи амш аан, насгьы избан? 
- Иарбан џьашьахәу Иегова иҟаиҵаз маннала, абжьбатәи амш аан иааныжьыз? 
- Шаҟаамҭа ирчоз Иегова ауаа маннала? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 16:1—36, насгьы Ахыԥхьаӡарақәа 11:7—9. - а) Иаҳнарҵозеи Ақәҵымҭа 16:8, ақьырсиантә аизараҿы атеократиатә азкрақәа пату ақәҵара шахәҭоу азы (Аур. 13:17). 
- б) Ишԥаргәаладыршәоз есыҽны ацәҳәыраҿы иҟаз израилаа, дара Иегова ишихьԥшыз (Ақәҵ. 16:14—16, 35; Ҩынтә. 8:2, 3). 
- в) Иарбан символтә ҵакыу иамаз Иисус дызлацәажәоз аманна, насгьы иарбан лҵшәоу иаҳзаанаго ари «ажәҩан ахьтә ача»? (Иоан. 6:31—35, 40). 
 
- Уаԥхьа Иисус Навин 5:10—12. - Шаҟа шықәса ирфоз израилаа аманна, ишԥаԥышәараз уи дара рзы, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Ақәҵ. 16:35; Ахыԥхь. 11:4—6; 1 Кор. 10:10, 11). 
Ажәабжь 35
Иегова ихатә закәанқәа риҭоит
- Ибадыргылеи израилаа ршьаԥақәа, Мсыр ианалҵ ашьҭахь ҩымзҟа ааҵуанеиԥш? 
- Ииҭахыузеи Иегова израилаа рҟынтә, насгьы ирҳәазеи дара? 
- Изииҭозеи Иегова Моисеи ҩ-хаҳә ҟьаԥск? 
- Иарбан закәанқәоу, Иегова израилаа ириҭаз Жәа-ԥҟарак аламҵакәа? 
- Иарбан Иисус Христос зегь реиҳа ихадоуп ҳәа ззиҳәаз ҩ-закәанк? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 19:1—25; 20:1—21; 24:12—18, насгьы 31:18. - Ишԥаҳеилнаркаауеи Ақәҵымҭа 19:8, ақьырсиантә ҽазкра иаҵанакуа? (Маҭф. 16:24; 1 Пиот. 4:1—3) 
- Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 6:4—6; Алевит 19:18, насгьы Маҭфеи 22:36—40. - Ишԥаадырԥшуеи ақьырсианцәа, Анцәа, насгьы ирзааигәоу бзиа ишырбо? (Марк 6:34; Аум. 4:20; Рим. 15:2). 
Ажәабжь 36
Ахьы иалхыз аҳәыс
- Иҟарҵозеи асахьаҿы иарбо ауаа, насгьы избан? 
- Избан Иегова даара дызгәааз, насгьы иҟаиҵозеи Моисеи ажәлар зҿу анибалак? 
- Ирыдиҵозеи Моисеи аӡәырҩы ахацәа? 
- Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 32:1—35. - а) Ишԥаҳнарбо ари ахҭыс, Иегова дшазыҟоу амц дини аиша дини реилаԥсара? (Ақәҵ. 32:4—6, 10; 1 Кор. 10:7, 11). 
- б) Изахәҭозеи ақьырсианцәа ргәырҽанызарц агәырҿыхагақәа ралхраҿы, иаҳҳәап ашәақәеи акәашарақәеи? (Ақәҵ. 32:18, 19; Еф. 5:15, 16; 1 Иоан. 2:15—17). 
- в) Иарбан ҿырԥшу иаадырԥшыз Леви ихылҵшьҭра, зҽырӷәӷәаны аиашара аган аанызкылаз? (Ақәҵ. 32:25—28; Ԥс. 18:25). 
 
Ажәабжь 37
Ахырхәара иазкыу ашьаԥа
- Иахьӡузеи асахьаҿы иарбоу аргылара, насгьы хықәкыс иамазеи уи? 
- Избан Иегова Моисеи изидиҵаз ашьаԥа иргыларц, хәҭа-хәҭала аимыршәшәара мариахартә иҟаиҵарц азы? 
- Изеиԥш шәындыҟәрозеи, ашьаԥа аҵыхәан ауаҭах хәыҷы аҿы иҟоу, насгьы иҭозеи уа? 
- Иалихуада Иегова ԥшьаҩыеиҳабыс, насгьы иҟаиҵар ахәҭозеи аԥшьаҩыеиҳабы? 
- Еиқәыԥхьаӡа х-маҭәарк, ашьаԥа аҩнуҵҟа ауаҭах ду аҟны иҟоу. 
- Иарбану ашьаԥа ашҭаҟны иҟоу ҩ-маҭәарк, насгьы хархәашьас ирымозеи урҭ? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 25:8—40; 26:1—37; 27:1—8, насгьы 28:1. - Ирымоузеи символтә ҵакыс «ауасиаҭ аковчег» аҿы иҟоу ахерувимцәа? (Ақәҵ. 25:20, 22; Ахыԥхь. 7:89; 2 Аҳ. 19:15). 
- Уаԥхьа Ақәҵымҭа 30:1—10, 17—21; 34:1, 2, насгьы Ауриацәа рахь 9:1—5. - а) Избан Иегова иҷыдоу аҵакы заиҭоз, ашьаԥаҿы амаҵ зуаз аԥшьаҩцәа цәеижьла ацқьара иахылаԥшларц, насгьы ҳашԥаҵанакуеи уи ҳара? (Ақәҵ. 30:18—21; 40:30, 31; Аур. 10:22). 
- б) Ишԥаҳирбеи апостол Павел, иқьырсианхаз ауриацәа рахь асаламшәҟәы аниҩуаз аамҭазы, Азакәан ауасиаҭи ашьаԥаҿы аихырхәареи шажәыз? (Аур. 9:1, 9; 10:1). 
 
Ажәабжь 38
12-ҩык аԥшыхәыҩцәа
- Изларылыукаауазеи ажьымжәа ари асахьаҿы, насгьы иабантәааргеи уи? 
- Изишьҭуазеи Моисеи 12-ҩык аԥшыхәыҩцәа ханаантәи адгьылахь? 
- Еиҭарҳәазеи 10-ҩык аԥшыхәыҩцәа, Моисеи иахь ианыхынҳә? 
- Ишԥаадырԥши ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа Иегова ишиқәгәыӷуаз, насгьы ирыхьӡузеи урҭ? 
- Избан Иегова ӷәӷәала дызгәааз, насгьы иеиҳәазеи Моисеи? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 13:1—33. - а) Иалхдаз ԥшыхәыҩцәас, насгьы иарбан зеиԥшыҟам лшароу ирзаатыз дара? (Ахыԥхь. 13:2, 3, 18—20). 
- б) Избан Иисус Навини Халеви ргәаанагареи, егьырҭ аԥшыхәыҩцәа ргәаанагареи изеиԥшымыз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Ахыԥхь. 13:28—30; Маҭф. 17:20; 2 Кор. 5:7). 
 
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 14:1—38. - а) Избан агәрымра аарԥшра захәҭам, адгьылаҿы иҟоу Иегова ихаҭарнакцәа рахь? (Ахыԥ. 14:2, 3, 27; Маҭф. 25:40, 45; 1 Кор. 10:10). 
- б) Ишԥаҳнарбо Ахыԥхьаӡарақәа 14:24, Иегова хаҭала имаҵуҩцәа зегьы дышрызҿлымҳау? (1 Аҳ. 19:18; Ажәам. 15:3). 
 
Ажәабжь 39
Ишәҭыз Аарон илабашьа
- Ирҿагылода Моисеи Аарони, насгьы иарҳәозеи урҭ Моисеи? 
- Ирыдиҵозеи Моисеи, Кореи насгьы егьырҭ 250-ҩык идгылаҩцәеи? 
- Ирыдиҵазеи Моисеи ажәлар, насгьы иҟалазеи ацәажәара даналга? 
- Ирыхьзеи Кореии, насгьы егьырҭ 250-ҩык идгылаҩцәеи? 
- Иазиузеи Аарон иҷкәын Елеазар, иҭахақәаз ауаа ррафы зҭарҵо, насгьы избан? 
- Избан изыҟаиҵо Иегова, Аарон илабашьа шәҭырц? (Уахәаԥш асахьа.) 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 16:1—49. - а) Иҟарҵазеи Кореи идгылаҩцәеи иареи, насгьы избан рхымҩаԥгашьа Иегова иҿагылара заанагоз? (Ахыԥхь. 16:9, 10, 18; Алев. 10:1, 2; Ажәам. 11:2). 
- б) Иарбан ииашам хәыԥшышьоу иаздырҳаз Кореи, насгьы 250-ҩык «аилазаара ахагылаҩцәа»? (Ахыԥхь. 16:1—3; Ажәам. 15:33; Ис. 49:7). 
 
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 17:1—11, насгьы 26:10. - а) Иаанарԥшуазеи Аарон илабашьа ашәҭра, насгьы изрыдиҵазеи Иегова ари алабашьа аковчегаҿы ишьҭазарц? (Ахыԥхь. 17:5, 8, 10). 
- б) Иарбан крызҵазкуа ҿырԥшу иҳанаҭо, Иегова Аарон илабашьала иааирԥшыз адырга? (Ахыԥхь. 17:10; Аум. 20:28; Флп. 2:14; Аур. 13:17). 
 
Ажәабжь 40
Моисеи ацаҟьа дасуеит
- Дышԥареиҷаҳауеи ацәҳәыраҿы Иегова ижәлар? 
- Изашшуазеи израилаа лагерла Кадес иангылаз? 
- Ишԥариҭеи Иегова аӡы ауааи аԥстәқәеи? 
- Идзырбода асахьаҿы сара соуп ҳәа, насгьы избан ус зыҟаиҵо? 
- Дызрызгәааи Иегова Моисеии Аарони, насгьы ишԥақәиршәеи урҭ ақәнага? 
- Иҟалозеи Ор ашьхаҿы, насгьы иҟалода ԥхьаԥшьаҩыс израилаа рыжәлар аҟны? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 20:1—13, 22—29, насгьы Ҩынтәзакәан 29:5. - а) Иаҳнарҵозеи Иегова ижәлар ацәҳәыраҿы дышреиҷаҳауаз? (Ҩынтә. 29:5; Маҭф. 6:31; Аур. 13:5; Иак. 1:17). 
- б) Дышԥазнеи Иегова, Моисеи Аарони Израил ажәлар рҿаԥхьа иара дахьҳарарымкыз? (Ахыԥхь. 20:12; 1 Кор. 10:12; Аарт. 4:11). 
- в) Иаҳнарҵозеи Моисеи ишидикылаз Иегова иҟынтә ахьырхәра? (Ахыԥхь. 12:3; 20:12, 27, 28; Ҩынтә. 32:4; Аур. 12:7—11). 
 
Ажәабжь 41
Абҩа иалхыз амаҭ
- Уахәаԥш асахьа. Иакәыршозеи акьат, насгьы избан Иегова Моисеи изидиҵаз уи ашьаҟа иаиркырц? 
- Ишԥаадырԥши ажәлар патуқәымҵара, Анцәа ирзыҟаиҵоз зегьы азы? 
- Иззиҳәозеи ажәлар Моисеи, урҭ рхьырхәразы ишҳамыз амаҭқәа анааишьҭ ашьҭахь? 
- Изидиҵозеи Иегова Моисеи, абҩа иалхны амаҭ ҟаиҵарц азы? 
- Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 21:4—9. - а) Иаҳнарҵозеи Иегова ириҭаз ахь, агәынамӡара аазырԥшуаз израилаа рҿырԥшы? (Ахыԥхь. 21:5, 6; Рим. 2:4). 
- в) Иазыруазеи израилаа абҩа иалхыз амаҭ ашәышықәсақәа анҵы, насгьы иҟаиҵазеи аҳ Езекиа? (Ахыԥхь. 21:9; 2 Аҳ. 18:1—4). 
 
- Уаԥхьа Иоанн 3:14, 15. - Избан ашьаҟа иаркыз амаҭ, Иисус Христос икыдҵара ианаало зсимволу? (Гал. 3:13; 1 Пиот. 2:24). 
Ажәабжь 42
Ицәажәо аҽадҳәыс
- Дызусҭада Валак, насгьы изишьҭуеи Валаам дааргарц? 
- Избан Ваалам иҽадҳәыс амҩа изаниалаз? 
- Ианаҳәозеи аҽадҳәыс Валаам? 
- Иеиҳәозеи амаалықь Валаам? 
- Иҟалозеи израилаа ишәиирц даналага? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 21:21—35. - Зыбзоурала иԥырххаада израилаа, амореитәи аҳ Сигони, васантәи аҳ Оги? (Ахыԥхь. 21:21, 23, 33, 34) 
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 22:1—40. - Иарбан гәазыҳәараз имаз Валаам, Израил рышәиира иҽаназишәоз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Ахьыԥхь. 22:16, 17; Ажәам. 6:16, 18; 2 Пиот. 2:15; Иуда 11). 
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 23:1—30. - Валаам иажәақәа рыла, иара — Анцәа имаҵуҩы иоуп ҳәа уҳәар ҟалон, аха избан иара ихымҩаԥгашьа уи заанамырԥшуаз? (Ахыԥхь. 23:3, 11—14; 1 Сам. 15:22). 
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 24:1—25. - Ишԥарӷәӷәо ҳхаҵа́ра ари абиблиатә аацҳара, Иегова игәҭакқәа хымԥада ишынагӡахо? (Ахыԥхь. 24:10; Ис. 54:17). 
Ажәабжь 43
Иисус Навин ажәлар драԥызаны дҟалоит
- Уахәаԥш асахьа. Иазусҭцәада арҭ ҩыџьа ахацәа Моисеи идгылоу? 
- Иеиҳәозеи Иегова Иисус Навин? 
- Избан Моисеи Нева ашьха ақәцә дызхало, насгьы иеиҳәазеи Иегова уа? 
- Шаҟа ихыҵуазеи Моисеи данԥсы? 
- Избан израилаа рылахь зеиқәу, аха ирымазеи агәырӷьаразы мзызс? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 27:12—23. - Иарбан дҵоу ҭакԥхықәра змаз Иисус Навин Иегова иҟынтә иоуыз, насгьы ишԥаубарҭоу иахьа Иегова ижәлар дшырхылаԥшуа? (Ахыԥхь. 27:15—19; Аум. 20:28; Аур. 13:7). 
- Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 3:23—29. - Избан Иегова азин зримҭаз Моисеии Аарони Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеирц, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Ҩынтә. 3:25—27; Ахыԥхь. 20:12, 13). 
- Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 31:1—8, 14—23. - Ишԥаанарԥшуеи Моисеи иажәақәа ицамҭаз ииҳәаз, Иегова иҟынтә ахьырхәра хынраалала ишидикылаз? (Ҩынтә. 31:6—8, 23). 
- Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 32:45—52. - Ишԥанырырц ахәҭоу Анцәа Иажәа ҳаԥсҭазаара? (Ҩынтә. 32:47; Алев. 18:5; Аур. 4:12). 
- Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 34:1—12. - Моисеи ахаан Иегова дшиимбацызгьы, иарбан лкаау иҟауҵарҵ алшо Ҩынтәзакәан 34:10 инақәыршәаны Анцәеи иареи реизыҟазашьа аганахьала? (Ақәҵ. 33:11, 20; Ахыԥхь. 12:8). 
Ажәабжь 44
Раав аԥшыхәыҩцәа лҵәахуеит
- Дабанхо Раав? 
- Иазусҭцәада арҭ ҩыџьа ахацәа асахьаҿы иарбоу, насгьы изаазеи дара Иерихон? 
- Илыдиҵозеи Раав Иерихонтәи аҳ, насгьы илҳәозеи лара? 
- Дышԥарыцхраауеи Раав ҩыџьа израилаа, насгьы дзызрыҳәозеи лара урҭ? 
- Дызқәдыргәыӷуазеи Раав ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иисус Навин 2:1—24. - Ишԥанагӡахеи Иегова иқәыргәыӷра Ақәҵымҭа 23:28 иану, израилаа Иерихон ианаҿагыла? (Иис. Н. 2:9—11). 
- Уаԥхьа Ауриацәа рахь 11:31. - Ишԥаанарԥшуеи Раав лҿырԥшы ахаҵа́ра акыр шаҵанакуа? (Рим. 1:17; Аур. 10:39; Иак. 2:25). 
Ажәабжь 45
Иордан аӡиас ахыҵра
- Иарбан џьашьахәу иҟаиҵо Иегова, израилаа аӡиас Иордан иахыҵырц азы? 
- Ишԥарылшоз израилаа рхаҵа́ра ирымаз аршаҳаҭра Иордан иахыҵаанӡа? 
- Изидиҵазеи Иегова Иисус Навин, аӡиас аҵа аҟынтә 12 хаҳә дуқәа игарц? 
- Иҟалозеи аԥшьаҩцәа Иордан ишааҭыҵыз еиԥшҵәҟьа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иисус Навин 3:1—17. - а) Иҟаҳҵарц ахәҭоузеи ари ахҭыс ишаҳнарбо ала, Иегова иҟынтә ацхыраареи азылԥхарақәеи ҳауырц азы? (Иис. Н. 3:13, 15; Ажәам. 3:5; Иак. 2:22, 26). 
- б) Изеиԥшразеи аӡиас Иордан израилаа анахыҵуаз, Изқәыргәыӷыз адгьыл иақәшәарц, насгьы ишԥаҳаранакуаз уи Иегова ихьӡ? (Иис. Н. 3:15; 4:18; Ԥс. 66:5—7). 
 
- Уаԥхьа Иисус Навин 4:1—18. - Хықәкыс иамазеи 12 хаҳә Иордан аҟынтә Галгал ишьҭаҵаз? (Иис. Н. 4:4—7). 
Ажәабжь 46
Иерихон абаагәара
- Ирыдиҵазеи Иегова аԥшьаҩцәеи аруааи фымш рҩнуҵҟа? 
- Иҟарҵарц ахәҭазеи абжьбатәи амш аан? 
- Иахьзеи Иерихон абаагәара? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Избан аԥенџьыр аҟынтә ашаха ҟаԥшь зылашьҭу? 
- Иазыруыр ахәҭазеи Иисус Навин идҵала ируаа ақалақьи, уа инхоз ауааи, насгьы ишԥазныҟәар ахәҭаз арыӡни, ахьи, абҩеи, аихеи? 
- Иарбан дҵоу ирыҭаз ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иисус Навин 6:1—25. - а) Излеиԥшузеи Иерихон абаагәара акәшара абжьбатәи амш аан, ари аҵыхәтәантәи амшқәа раан Иегова Ишаҳаҭцәа инарыгӡо ажәабжьҳәаратә аус? (Иис. Н. 6:15, 16; Ис. 60:22; Маҭф. 24:14; 1 Кор. 9:16). 
- б) Ишԥанагӡахеи аԥааимбаражәа Иисус Навин 6:25 аҟны иаҳәо, 500 шықәса анҵы ианҩыз ашьҭахь, насгьы иаҳнарбозеи уи Иегова иажәа азы? (1 Аҳ. 16:34; Ис. 55:11). 
 
Ажәабжь 47
Аӷьыч израилаа рыбжьара
- Уахәаԥш асахьа. Дызусҭада ари ахаҵа Иерихонынтә иаагаз ахазына аҵәахра иаҿу, насгьы ицхраауада иара? 
- Избан Ахан иҭаацәеи иареи иҟарҵаз зыгәнаҳаз? 
- Иеиҳәазеи Иегова Иисус Навин, израилаа ақалақь Гаи ианабашьуаз изаҵахаз ҳәа даниазҵаа? 
- Ирыхьуазеи Ахан иҭаацәеи иареи Иисус Навин иахь ианнеилак? 
- Иаҳнарҵозеи ҳара, Ахан ихы ақәӡбара ахьеиҭаз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иисус Навин 7:1—26. - а) Ирҳәозеи Иисус Навин и́ҳәарақәа, Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа рзы? (Иис. Н. 7:7—9; Ԥс. 119:145; 1 Иоан. 5:14) 
- б) Иаҳнарбозеи Ахан ихьыз, насгьы избан уи ҳара агәҽынҵара зҳанаҭо? (Иис. Н. 7:11, 14, 15; Ажәам. 15:3; 1 Тим. 5:24; Аур. 4:13). 
 
- Уаԥхьа Иисус Навин 8:1—29. - Иарбан ҭакԥхықәроу ақьырсиантә аизара аганахьала ҳара зегьы иҳақәу? (Иис. Н. 7:13; Алев. 5:1; Ажәам. 28:13). 
Ажәабжь 48
Иҟәышу гаваонаа
- Изралеиԥшымзеи Гаваон иқәынхоз ауаа, азааигәара иҟаз ақалақьқәа рҟны инхоз ханаанаа? 
- Иҟарҵозеи гаваонаа, ари асахьаҿы ишарбо ала, насгьы избан? 
- Иарбан қәыргәыӷроу Иисус Навини егьырҭ аиҳабцәеи ирырҭо гаваонаа, насгьы еилыркаазеи урҭ хымш анҵы? 
- Иҟалозеи егьырҭ ақалақьқәа раҳцәа ианеилыркаалак, гаваонааи Израили аҭынчра шрыбжьарҵаз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иисус Навин 9:1—27. - а) Иарбан Иегова иҟазшьақәа иааԥшыз, гаваонаа рыԥсҭазаара ахьихьчаз, «уи адгьыл иқәынхо зегь нирҵәарц» иара ихаҭа Израил ишадиҵазгьы? (Иис. Н. 9:22, 24; Маҭф. 9:13; Аум. 10:34, 35; 2 Пиот. 3:9). 
- б) Иарбан зеиԥшыҟам ҿырԥшу Иисус Навин иахьа инхо ақьырсианцәа ириҭаз, гаваонаа зқәиргәыӷыз дахымԥаӡакәа? (Иис. Н. 9:18, 19; Маҭф. 5:37; Еф. 4:25). 
 
- Уаԥхьа Иисус Навин 10:1—5. - Ишԥарҿыԥшуеи шьарда ауаа рацәа гаваонаа, насгьы ҵәҟьарас иззыҟалода дара? (Иис. Н. 10:4; Зах. 8:23; Маҭф. 25:35—40; Аарт. 12:17). 
Ажәабжь 49
Амра ааҭгылоит
- Уахәаԥш асахьа. Ииҳәозеи Иисус Навин, насгьы избан? 
- Дышԥарыцхраауеи Иегова Иисус Навини, иара ируааи? 
- Шаҟаҩы аҳцәа дыриааизеи Иисус Навин, насгьы шаҟаамҭа аҭахызеи уи? 
- Избан Иисус Навин изихәҭаз ханаантәи адгьыл ашара? 
- Заҟа ихыҵуазеи Иисус Навин данԥсуаз, насгьы ирыхьуазеи Израил ажәлар иара данԥсы ашьҭахь? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иисус Навин 10:6—15. - Зыгәра ҳгарц ҳалшои ҳара, Анцәа израилаа рзы амреи амзеи ишааникылаз ахьаҳдыруа? (Иис. Н. 10:8, 10, 12, 13; Ԥс. 18:3; Ажәам. 18:10). 
- Уԥхьа Иисус Навин 12:7—24. - Зыбзыурала ириааида израилаа ханаантәи 31-ҩык аҳцәа, насгьы избан ҳара ҳзы уи аҵак ду замоу? (Иис. Н. 12:7; 24:11—13; Ҩынтә. 31:8; Лука 21:9, 25—28). 
- Уаԥхьа Иисус Навин 14:1—5. - Ишԥашаз адгьыл Израил ахылҵшьҭрақәа рыбжьара, насгьы иаанарԥшуазеи ари Џьанаҭ аҟны шьҭрала ашара аганахьала? (Иис. Н. 14:2; Ис. 65:21; Иез. 47:21—23; 1 Кор. 14:33). 
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 2:8—13. - Дызусҭада, ажәытәан Израил Иисус Навин иеиԥш, иахьа аиаша ацәхьаҵра иаҿагылоу? (Аӡб. 2:8, 10, 11; Маҭф. 24:45—47; 2 Фес. 2:3—6; Тит. 1:7—9; Аарт. 1:1; 2:1, 2). 
Ажәабжь 50
Ҩыџьа аҳәса гәымшәақәа
- Иазусҭцәада аӡбаҩцәа, насгьы ирыхьӡзеи урҭ рахьтә аӡәырҩы? 
- Иарбан иҷыдаз аус илоуыз Девора, насгьы иаҵанакуазеи уахь? 
- Иарбан аацҳароу Девора Варак илҭо Иегова иҟынтә, аҳ Иавини, иара ир реиҳабы Сисареи, Израил ашәарҭара иҭаргыланы ианрымаз, насгьы дызусҭада, лара лажәақәа рыла, аиааиразы ахьӡ-аԥша зауырц зыхәҭоу? 
- Ишԥааирԥшуеи Иаиль агәымшәара? 
- Иҟалозеи аҳ Иавин данԥслак? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 2:14—22. - Дышԥадыргәамҵи израилаа Иегова, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Аӡб. 2:20; Ажәам. 3:1, 2; Иез. 18:21—23). 
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 4:1—24. - Ирҿырҵаауазеи иахьа ақьырсиантә ҳәсақәа Девореи Иаили, ахаҵа́реи агәымшәареи аарԥшра аҟны? (Аӡб. 4:4, 8, 9, 14, 21, 22; Ажәам. 31:30; 1 Кор. 16:13). 
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 5:1—31. - Избан Вараки Девори риааира ашәа, иааигәахо Анцәа иеибашьра «аҭыԥ... Хар-Магедон» иазкыу анцәаиҳәара еиԥш иуԥхьаӡарц залшо? (Аӡб. 5:3, 31; 1 Ашықәс. 16:8—10; Аарт. 7:9, 10; 16:16; 19:19—21). 
Ажәабжь 51
Руфи Ноемини
- Дназгеи Ноемин моавтәи адгьылахь? 
- Иазусҭцәада Руфи Орфеи? 
- Иҟарҵазеи Руфи Орфеи, Ноемин аҩныҟа ихынҳәырц данрыҳәо? 
- Дызусҭада Вооз, насгьы дышԥарыцхраауеи иара Руфи Ноемини? 
- Ишԥаихьӡырҵеи Воози Руфи рхәыҷы, насгьы избан уи ихьӡ ҳхаҳмыршҭырц захәҭоу? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Руф 1:1—17. - а) Ишԥааларԥши зеиԥшыҟам ала Руф гәыкала лыбзиабара? (Руф 1:16, 17). 
- б) Избан Руф лхымҩаԥгашьа, ибзианы изаанарԥшуа, иахьа адгьылаҿы инхо «егьырҭ ауасақәа» доуҳала иԥшьоу ауаа рзыҟазаашьа? (Иоан. 10:16; Зах. 8:23). 
 
- Уаԥхьа Руф 2:1—23. - Иарбан зеиԥшыҟам ҿырԥшу Руф ирзаанлыжьыз иқәыԥшу аҳәсақәа? (Руф 2:17, 18; Ажәам. 23:22; 31:15). 
- Уаԥхьа Руф 3:5—13. - а) Дышԥазнеи Вооз Руф ԥҳәысс диццарц дахьақәшаҳҭхаз, аха убри аамҭазгьы еиҳа иқәыԥшыз ахаҵа диццартә алшара шлымазгьы? 
- б) Иаҳнарҵозеи ҳара Руф гәыкала лыбзиабара? (Руф 3:10; 1 Кор. 13:4, 5). 
 
- Уаԥхьа Руф 4:7—17. - Ишԥарылшо ахацәа ақьырсианцәа Вооз иҿыԥшырц? (Руф 4:9, 10; 1 Тим. 3:1, 12, 13; 5:8). 
Ажәабжь 52
Гедеони 300-ҩык ируааи
- Ишԥа, насгьы избан израилаа арыцҳара изақәшәо? 
- Избан Иегова Гедеон изиеиҳәаз, аруаа рацәа ицуп ҳәа? 
- Шаҟаҩы аанхода, Гедеон ишәоз ауаа зегьы рыҩныҟа ианишьҭ? 
- Уахәаԥш асахьа. Еиҭаҳәа Иегова ишагирхаз Гедеон ируаа рхыԥхьаӡара 300-ҩык рҟынӡа. 
- Ишԥеиҿикаауеи Гедеон 300-ҩык аруаа, насгьы ишԥаиааиуеи израилаа аибашьра? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 6:36—40. - а) Ишԥеиликааи Гедеон Иегова игәаԥхара иаҵанакуаз? 
- б) Излеилаҳкаауазеи ҳара иахьа Анцәа игәаԥхара иаҵанакуа? (Ажәам. 2:3—6; Маҭф. 7:7—11; 2 Тим. 3:16, 17). 
 
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 7:1—25. - а) Иаҳнарҵозеи 300-ҩык аруаа агәаҽанызаара змаз рҿырԥшы, агәаҽанра зцәыӡыз иреиԥшымыз? (Аӡб. 7:3, 6; Рим. 13:11, 12; Еф. 5:15—17). 
- б) Ишԥаҳалшо ҳара Еиҳау Гедеон Иисус Христос «ҳихәаԥшны» иҟаиҵо аҟаҵара, Гедеон ихәаԥшны иҟаиҵоз ҟазҵоз 300-ҩык аруаа реиԥш? (Аӡб. 7:17; Маҭф. 11:29, 30; 28:19, 20; 1 Пиот. 2:21). 
- в) Ишԥаҳацхраауеи Аӡбаҩцәа 7:21 аҟны иану ажәеинраала, Иегова иорганизациаҿы иҳауа азкрақәа гәахәарала азыҟазаара? (1 Кор. 4:2; 12:14—18; Иак. 4:10). 
 
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 8:1—3. - Иаҳнарҵозеи ахҭыс, Гедеон ефремааи иареи реимак шиӡбаз, аиашьеи аиаҳәшьеи ҳабжьара аимак аныҟало? (Ажәам. 15:1; Маҭф. 5:23, 24; Лука 9:48). 
Ажәабжь 53
Иеффаи иҿаҭахьа
- Дызусҭада Иеффаи, насгьы иарбан аамҭаз уи данынхоз? 
- Иарбан ҿаҭахьу Иеффаи Иегова ииҭо? 
- Избан аммонитцәа дыриааины аҩныҟа даныхынҳәуаз, Иеффаи ӷәӷәала илахь зеиқәиҵаз? 
- Иалҳәозеи Иеффаи иԥҳа, лаб иҟаиҵаз аҿаҭахьы анеилылкаалак? 
- Избан Иеффаи иԥҳа ажәлар бзиа дзырбо? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 10:6—18. - Иарбан гәҽанҵароу иаҳнаҭо ҳара, израилаа Иегова иахь иаадырԥшыз риашамра иазкыу аацҳара? (Аӡб. 10:6, 15, 16; Рим. 15:4; Аарт. 2:10). 
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 11:1—11, 29—40. - а) Иабантәаадыруеи Иеффаи иԥҳа «былтәыс» лнагара, кәырбанс днаганы амцаҿы диблит ҳәа шаанамго? (Аӡб. 11:31; Алев. 16:24; Ҩынтә. 18:10, 12). 
- б) Иаанагозеи Иеффаи иԥҳа кәырбанс днеигеит ҳәа? 
- в) Иаҳнарҵозеи ҳара Иеффаи аҿаҭахьы Анцәа ииҭаз дшазнеиз? (Аӡб. 11:35, 39; Еккл. 5:4, 5; Маҭф. 16:24). 
- г) Избан Иеффаи иԥҳа дҿырԥшыганы дзыҟоу, иқәыԥшу ақьырсианцәа рзы, рыԥсҭазаара аамҭа зегьы Анцәа имаҵура ишазктәу аҟны? (Аӡб. 11:36; Маҭф. 6:33; Флп. 3:8). 
 
Ажәабжь 54
Зегь реиҳа иӷәӷәоу ауаҩы
- Ихьӡзеи адгьылаҿы зегь реиҳа иӷәӷәаз ауаҩы, насгьы изҭада уи амч? 
- Иазиузеи Самсон алым дуӡӡа ҽнак зны? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Уахәаԥш асахьа. Иарбан маӡоу Самсон Далида илзааиртуа, насгьы убри иахырҟьаны дышԥаҟало иара тәыс филистимаа рҟны? 
- Ишԥаҭаирхо Самсон 3 000-ҩык филистимаа данԥсуаз аҽны? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 13:1—14. - Иарбан ҿырԥш бзиоу иаанрыжьыз Манои иԥҳәыси иареи, ахәыҷқәа рааӡараҿы (Аӡб. 13:8; Ԥс. 127:3; Еф. 6:4). 
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 14:5—9, насгьы 15:9—16. - а) Еилаҳкаауазеи Иегова иԥшьоу идоуҳа аус шауа, Самсон алым шишьыз, дызлаҿарҳәаз ашаха ҿыцқәа шԥиҵәаз, насгьы аҽада ацламҳәа абҩала 1 000-ҩык шишьыз аацҳарақәа рҟынтә? 
- б) Ишԥаҳацхраауеи ҳара иахьа иԥшьоу адоуҳа? (Аӡб. 14:6; 15:14; Зах. 4:6; Аум. 4:31). 
 
- Уаԥхьа Аӡбаҩцәа 16:18—31. - Ишԥеиныри Самсон иҽеим аилазаара, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Аӡб. 16:18, 19; 1 Кор. 15:33). 
Ажәабжь 55
Аҷкәын хәыҷы Анцәа имаҵ иуеит
- Ихьӡузеи ахәыҷы ари асахьаҿы, насгьы игылада икәшаны? 
- Дыззиҳәозеи Анна ҽнак зны Иегова ишьаԥаҿы, насгьы ишԥаҟаиҵеи Иегова аҭак? 
- Шаҟа шықәса ихыҵуазеи Самуил, Иегова ишьаԥахь амаҵура даннаргоз, насгьы иҟалҵозеи иан есышықәса? 
- Ирыхьӡқәозеи Илиа иԥацәа, насгьы изеиԥш уааузеи дара? 
- Дышԥеиԥхьеи Иегова Самуил ҽнак зны, насгьы иеиҳәазеи Иара? 
- Дызусҭахода Самуил ианизҳалак, насгьы иҟалозеи иара данажәлак? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Самуил 1:1—28. - а) Иарбан ҿырԥшу ириҭаз Елкан, аҭаацәа реиҳабцәа, аиаша аихырхәараҿы анапхгара ихахьы иахьигоз? (1 Сам. 1:3, 21; Маҭф. 6:33; Флп. 1:10). 
- б) Иаҳнарҵозеи Анна иуадаҩыз аҭагылазаашьаҿы лхы шымҩаԥылгаз? (1 Сам. 1:10, 11; Ԥс. 55:22; Рим. 12:12). 
 
- Уаԥхьа 1 Самуил 2:11—36. - Излаубарҭои Илиа Иегова иаасҭа иԥацәа «шеиӷьишьаз», насгьы изгәҽанҵароузеи уи ҳара ҳзы? (1 Сам. 2:22—24, 27, 29; Ҩынтә. 21:18—21; Маҭф. 10:36, 37). 
- Уаԥхьа 1 Самуил 4:16—18. - Иарбан ԥшь-гәырҩа жәабжьқәоу Илиа изааргаз аибашьра аҭыԥ аҟынтә, насгьы ихьзеи уи ашьҭахь иара? 
- Уаԥхьа 1 Самуил 8:4—9. - Дышԥаладырҟәи израилаа Иегова, насгьы ишԥаҳалшо ҳара Анцәа Иаҳра ҳазиашаны ҳаанхарц? (1 Сам. 8:5, 7; Иоан. 17:16; Иак. 4:4). 
Ажәабжь 56
Саул — Израил раԥхьатәи аҳ
- Уахәаԥш асахьа. Иҟаиҵозеи Самуил, насгьы избан? 
- Избан Иегова Саул дзигәаԥхо, насгьы дзакәу уаҩузеи иара? 
- Ихьӡузеи Саул иԥа, насгьы иҟаиҵозеи иара? 
- Избан Саул акәырбан знеиго, Самуил иаара дазымԥшкәа? 
- Иаҳнарҵозеи ҳара Саул изкыу ажәабжь? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Самуил 9:15—21, насгьы 10:17—27. - Дышԥааннакылеи аус дахыццакны аӡбара, Саул иҭынчу иҟазшьа, патуқәымҵарала ихцәажәаз ауаа рзыҟазаара аганахьала? (1 Сам. 9:21; 10:21, 22, 27; Ажәам. 17:27). 
- Уаԥхьа 1 Самуил 13:5—14. - Иарбан гәнаҳароу иҟаиҵаз Саул Галгал? (1 Сам. 10:8; 13:8, 9, 13). 
- Уаԥхьа 1 Самуил 15:1—35. - а) Иарбан иӷәӷәоу гәнаҳароу изиуыз Саул Амаликтәи аҳ Агаг? (1 Сам. 15:2, 3, 8, 9, 22). 
- б) Ихы шԥаириашоз Саул, ахара егьырҭ ирыдҵауа? (1 Сам. 15:24). 
- в) Иарбан гәҽанҵароу иаҳхаҳмыршҭырц ахәҭоу абжьгара анҳарҭо? (1 Сам. 15:19—21; Ԥс. 141:5; Ажәам. 9:8, 9; 11:2). 
 
Ажәабжь 57
Анцәа Давид далихуеит
- Ихьӡузеи ари асахьаҿы иарбоу аҷкәын, насгьы иабантәаадыруеи иара даара дышгәымшәоу? 
- Дабанхо Давид, насгьы ирыхьӡқәоузеи иаби иабдуи? 
- Дзиишьҭуазеи Иегова Самуил Вифлеем иҟоу Иессеи иҩнахьы? 
- Иҟалозеи Иессеи иԥацәа бжьҩык Самуил иахь ианнеиго? 
- Иеиҳәозеи Иегова Самуил, Давид данаарго? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Самуил 17:34, 35. - Ишԥаҳдырбо арҭ ахҭысқәа Давид гәымшәарала дышрылыукаауаз, насгьы Иегова дышиқәгәыӷуаз? (1 Сам. 17:37). 
- Уаԥхьа 1 Самуил 16:1—14. - а) Ишԥаҳацхраауеи Иегова иажәақәа 1 Аҳрақәа 16:7 аҟны иану, ауаа реилымхреи, насгьы рхаҿсахьала уахыццакны алкаа аҟамҵареи рҟны? (Аум. 10:34, 35; 1 Тим. 2:4). 
- б) Ишԥаанарԥшуеи Саул иҿырԥшы, Иегова иԥшьоу идоуҳа ауаҩы ианимихуа, иҭацәны иаанхаз аҭыԥ рҭәхар шыҟало ицәгьоу адоуҳала, мамзаргьы ацәгьа аҟаҵара агәацԥыҳәара аиура ала? (1 Сам. 16:14; Маҭф. 12:43—45; Гал. 5:16). 
 
Ажәабжь 58
Давиди Голиафи
- Ирыдигалозеи Голиаф израилтәи аруаа? 
- Изаҟарозеи Голиаф иоура, насгьы иарбан ҳамҭоу дызқәиргәыӷуа Саул, Голиаф дызшьуа? 
- Ииҭозеи ҭакс Давид Саул, Давид дахьқәыԥшу аҟынтә Голиаф дызиабашьуам ҳәа аниеиҳәа? 
- Ишԥаубарҭоу Давид Голиаф иеиҳәаз иажәақәа рыла, Давид Иегова дышиқәгәыӷуаз? 
- Дызлеишьзеи Давид Голиаф, ари асахьаҿы ишыубарҭоу ала, насгьы ирыхьуазеи уи ашьҭахь филистимаа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Самуил 17:1—54. - а) Избан Давид абас дызгәымшәаз, насгьы ишԥаҳалшо уи игәымшәара ҳаҿыԥшырц? (1 Сам. 17:37, 45; Еф. 6:10, 11). 
- б) Избан ақьырсианцәа хәмарразаалакгьы изыхәмаруа, Голиаф аицлабра имаз аҩыза аҽацәыхьчара зрыхәҭоу? (1 Сам. 17:8; Гал. 5:26; 1 Тим. 4:8). 
- в) Ишԥаанарԥшуеи Давид иажәақәа, Анцәа ицхыраара агәра шигоз? (1 Сам. 17:45—47; 2 Ашықәс. 20:15). 
- г) Ишԥаубарҭоу ари ахҭыс ианҵоу ала, ари аибашьра ҩ-аруаак рыбжьара шакәмыз, аха амц нцәақәеи Анцәа аиаша Иеговеи рыбжьара иҟаз шакәу? (1 Сам. 17:43, 46, 47). 
- д) Ишԥаиҿыԥшуеи Давид, иаанханы иҟоу иԥшьоу ауаа Иегова иқәгәыӷуа? (1 Сам. 17:37; Иер. 1:17—19; Аарт. 12:17). 
 
Ажәабжь 59
Давид абналара зиқәшәаз
- Избан Саул Давид дызиҵашьыцуа, насгьы излеиԥшымзеи Саули Ионафани? 
- Иҟалазеи ҽнак зны Давид Саул изы аҩымаа анаирҳәоз? 
- Ииҭахызеи Саул Давид иҟынтә, Саул иԥҳа Мелхола дигаанӡа, насгьы избан? 
- Иҟалозеи ахԥатәи амш аан, Давид Саул изы аҩымаа анаирҳәоз? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Иҟалҵозеи Мелхола Давид деиқәлырхарц, насгьы иҟаиҵар акәхеи Давид бжьышықәса рҩнуҵҟа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Самуил 18:1—30. - а) Ишԥа Ионафан Давид иахь иааирԥшыз абзиабара ӷәӷәа, ишахаҿырԥшу «егьырҭ ауасақәеи», насгьы «аԥсаса маҷи» рыбжьара иҟоу абзиабара? (1 Сам. 18:1; Иоан. 10:16; Лука 12:32; Зах. 8:23). 
- б) Ишԥалнакаауеи 1 Аҳрақәа 18:4, Ионафан ишааирԥшуаз зеиԥшыҟам аҳәатәхаҵара иалхыз Аҳ иахь, Саул ишьҭахь аҭыԥ шьҭрала Ионафан иоурц шихәҭазгьы? 
- в) Ишԥаҳнарбо Саул иҿырԥшы, ашьыцра иӷәӷәӷоу агәнаҳахь ушнанаго, насгьы иарбан гәҽанҵароу ари ҳара ҳзы? (1 Сам. 18:7—9, 25; Иак. 3:14—16). 
 
- Уаԥхьа 1 Самуил 19:1—17. - Избан Ионафан 1 Аҳрақәа 19:4, 5 иану ажәақәа аниҳәоз, иԥсҭазаара ашәарҭара изҭаиргылоз? (1 Сам. 19:1, 6). 
Ажәабжь 60
Авигеиеи Давиди
- Уахәаԥш асахьа. Илыхьӡузеи аԥҳәыс Давид иахь инеиуа, насгьы иарбан ҟазшьоу уи далызкаауа? 
- Дызусҭада Навал? 
- Избан Давид ацхыраара даҳәарц Навал иахь аӡәырҩы зааишьҭуа? 
- Иреиҳәозеи Навал, Давид иааишьҭыз ауаа, насгьы ишԥаидикылеи уи Давид? 
- Ишԥаалырԥши Авигеиа аҟәышра? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Самуил 22:1—4. - Избан Давид иҭаацәара иҿырԥшыга бзианы изыҟоу ҳара ҳзы, ақьырсиантә аиашьара ҳахәҭакны ҳахьыҟоу азы аӡәи-аӡәи аицхыраара шҳахәҭоу? (Ажәам. 17:17; 1 Фес. 5:14). 
- Уаԥхьа 1 Самуил 25:1—43. - а) Избан Навал абас иҽеимкәа изихцәажәо? (1 Сам. 25:2—5, 10, 14, 21, 25). 
- б) Иднарҵозеи Авигеиа лҿырԥшы ақьырсиан ҳәсақәа? (1 Сам. 25:32, 33; Ажәам. 31:26; Еф. 5:24). 
- в) Иарбан иҽеим ҩ-хымҩаԥгашьақәоу, Авигеиа Давид дызцәылыхьчаз? (1 Сам. 25:31, 33; Рим. 12:19; Еф. 4:26). 
- г) Давид Авигеиа лажәақәа дышрызнеиз аҿырԥшы, ишԥарыцхраауеи ахацәа аҳәсақәа ирзыҟазаарц, Иегова дшырзыҟоу еиԥш? (Аум. 21:8, 9; Рим. 2:11; 1 Пиот. 3:7). 
 
Ажәабжь 61
Давид аҳас иҟалара
- Иҟарҵазеи Давиди Авессеи Саул дыцәанаҵ? 
- Иарбан зҵаарақәоу Давид Саул ииҭо? 
- Дабацо Давид Саул даниԥырҵлак? 
- Избан Давид ӷәӷәала дызџьабо, насгьы ашәа ԥшӡагьы заԥиҵо? 
- Шаҟа шықәса ихыҵуазеи Давид Хеврон Аҳас даныҟало, насгьы ирыхьӡузеи аӡәырҩы иԥацәа? 
- Иарбан қалақьу анаҩс Давид напхгара ззиуа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Самуил 26:1—25. - а) Ишԥаҳнарбо Давид иажәақәа 1 Самуил 26:10 аҟны иану, иара атеократиатә еиҿкаара дшазыҟоу? (Ԥс. 37:7; Рим. 13:2). 
- б) Ишԥаҳацхраауеи ҳара Давид иажәақәа 1 Самуил 26:23 аҟны иану, ииашоу ахәыцшьа ахьчара, абзиара аҟаҵаразы ҳҽазышәарақәа пату анақәрымҵо? (1 Аҳ. 8:32; Ԥс. 18:20). 
 
- Уаԥхьа 2 Самуил 1:26. - Ишԥарылшо ақьырсианцәа, Давиди Ионафани «рыбжьара абзиабара ӷәӷәа» ирымаз аҩыза аарԥшра? (1 Пиот. 4:8; Кол. 3:14; 1 Иоан. 4:12). 
- Уаԥхьа 2 Самуил 5:1—10. - а) Шаҟа шықәса аҳра иуазеи Давид, насгьы иарбан периодқәоу иара инапхгара ушарц алшо? (2 Сам. 5:4, 5). 
- б) Дҳаразкзеи Давид, насгьы избан ари гәаларшәагас иҟазаарц захәҭоу ҳара ҳзы (2 Сам. 5:10; 1 Сам. 16:13; 1 Кор. 1:31; Флп. 4:13). 
 
Ажәабжь 62
Давид иҩны арыцҳарақәа ҟалоит
- Изтәхода ханаантәи адгьыл Иегова ицхыраарала? 
- Иҟалозеи уахык зны, Давид ихан ахыб данаақәгыла? 
- Избан Иегова даара дызизгәааз Давид? 
- Иааишьҭуада, ари асахьаҿы ишарбоу ала, Иегова Давид иахь игәнаҳара иҵихырц азы, насгьы изԥшузеи Давид ари ауаҩы иажәақәа рыла? 
- Иарбан рыцҳарақәоу Давид дзықәшәо? 
- Иҟалода Аҳас Давид ишьҭахь? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 2 Самуил 11:1—27. - а) Избан еснагь Иегова имаҵ аура ҳаҿызар, ҳара ҳзы изхыхьчагоу? 
- б) Изырҟаҵеи Давид агәнаҳа, насгьы иарбан гәҽанҵароу уи Анцәа имаҵуҩцәа рзы? (2 Сам. 11:2; Маҭф. 5:27—29; 1 Кор. 10:12; Иак. 1:14, 15). 
 
- Уаԥхьа 2 Самуил 12:1—18. - а) Иднарҵозеи аизара аиҳабацәеи, анацәеи абацәеи, Нафан Давид абжьгара шииҭаз (2 Сам. 12:1—4; Ажәам. 12:18; Маҭф. 13:34). 
- б) Избан Иегова Давид иахь агәрыцҳашьара зааирԥшыз? (2 Сам. 12:13; Ԥс. 32:5; 2 Кор. 7:9, 10). 
 
Ажәабжь 63
Иҟәышу аҳ Соломон
- Иарбан зҵаароу Иегова Соломон ииҭо, насгьы ишԥаҟаиҵо Соломон аҭак? 
- Дызқәиргәыӷуазеи Иегова Соломон, дзыҳәаз ахьигәаԥхаз азы? 
- Иарбан зҵаара уадаҩу Соломон ирҭаз ҩыџьа аҳәсақәа? 
- Ишԥеиӡбо Соломон ари азҵаара? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Иарбан ҭагылазаашьқәоу иҟоу атәылаҿы Соломон аҳра аниуаз, насгьы изыбзоурадаз уи? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Аҳцәа 3:3—28. - а) Иднарҵозеи, Соломон гәыкала ииҳәаз иажәақәа 1 Аҳцәа 3:7 аҟны иану, Анцәа иорганизациаҿы аҭакԥхықәра зду ахацәа? (Ԥс. 119:105; Ажәам. 3:5, 6). 
- б) Избан Соломон иҟаиҵаз аҳәа́ра, зеиԥшыҟам ҿырԥшны изыҟоу, Анцәа ҳаззиҳәарц ахәҭоу? (1 Аҳ. 3:9, 11; Ажәам. 30:8, 9; 1 Иоан 5:14). 
- в) Зыгәра ҳгарц ахәҭоузеи ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу Еиҳау Соломон Иисус Христос инапхгара аганахьала, Соломон аҳәса реимак шиӡбаз ҳаназхәыцуа? (1 Аҳ. 3:28; Ис. 9:6, 7; 11:2—4). 
 
- Уаԥхьа 1 Аҳцәа 4:29—34. - а) Ишԥаҟаиҵеи Иегова аҭак, Соломон аҟәышра дахьаҳәаз? (1 Аҳ. 4:29). 
- б) Ҳашԥазыҟазар ахәҭоу Анцәа Иажәа аҭҵаара, ауаа Соломон иҟәышра иааны иазыӡырҩырц азы, иҟарҵоз аҽазышәарақәа ҳаназхәыцуа? (1 Аҳ. 4:29, 34; Иоан. 17:3; 2 Тим. 3:16). 
 
Ажәабжь 64
Соломон аныҳәарҭа иргылоит
- Шаҟаамҭа ақәирӡуеи Соломон аныҳәарҭа аргылара, насгьы избан аԥара рацәаны изахҭниҵо? 
- Шаҟа ыҟазеи ихадоу ауадақәа аныҳәарҭаҿы, насгьы иқәгылазеи ихароу ауадаҟны? 
- Иарбан жәақәоу Соломон ииҳәаз Анцәа даниҳәоз, аныҳәарҭа аргылара алгара иахҟьаны? 
- Ишԥааирԥшуеи Иегова, Соломон иҳәара гәахәарыла ишидикылаз? 
- Дабаиаргеи Соломон иҳәсақәа, насгьы ихьзеи Соломон? 
- Дызизгәааи Иегова Соломон, насгьы иеиҳәазеи Иегова иара? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Ашықәсанҵа 28:9, 10. - Иҟаҳҵарц ахәҭоузеи ҳара есыҽнытәи ҳаԥсҭазаараҿы, Давид ииҳәаз 1 Ашықәсанҵа 28:9, 10 аҟны иану инақәыршәаны? (Ԥс. 19:14; Флп. 4:8, 9). 
- Уаԥхьа 2 Ашықәсанҵа 6:12—21, 32—42. - а) Ишԥадирбеи Соломон, иарбан хыбразаалакгьы ауаа идыргыло, Зегьиреиҳау Анцәа дшамкуа? (2 Ашықәс. 6:18; Аум. 17:24, 25). 
- б) Иеилаҳкаауазеи Иегова изкны, 2 Ашықәсанҵа 6:32, 33 аҟны иану Соломон иажәақәа рыла? (Аум. 10:34, 35; Гал. 2:6.). 
 
- Уаԥхьа 2 Ашықәсанҵа 7:1—5. - Израилаа Иегова ихьӡ-ԥша анырбоз ирҽхәара ишазихиаз еиԥш, ҳаззхиазарц ҳахәҭоуи ҳара Иегова ижәлар ириҭо азылԥхарақәа ҳанрызхәыцуа? (2 Ашықәс. 7:3; Ԥс. 22:22; 34:1; 96:2). 
- Уаԥхьа 1 Аҳцәа 11:9—13. - Ишԥаанарԥшуеи Соломон иҿырԥшы, аҵыхәтәанынӡа иашаны аанхара шахәҭоу? (1 Аҳ. 11:4, 9; Маҭф. 10:22; Аарт. 2:10). 
Ажәабжь 65
Аҳра еиҩшоуп
- Ирыхьӡқәоузеи арҭ ҩыџьа ауаа асахьаҿы иарбоу, насгьы иазусҭцәада урҭ? 
- Иазиуазеи Ахиа ихалаҭ, насгьы иаанагозеи ари? 
- Изиуырц ииҭахызеи Соломон Иеровоам? 
- Избан ажәлар аҳас Иеровоам дзалырхуа 10 биԥарак аҟны? 
- Изыҟаиҵозеи ҩ-хьтәы қаблак, насгьы иахьуазеи атәыла убри иахҟьаны? 
- Иҟалозеи Иерусалим ҩ-биԥарак рыла ишьақәгылоу аҳраҿы, насгьы иахьуазеи аныҳәарҭа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Аҳцәа 11:26—43. - Закәытә уаҩызи Иеровоам, насгьы дзықәиргәыӷзеи Иегова иара изакәанқәа дрықәныҟәалар? (1 Аҳ. 11:28, 38). 
- Уаԥхьа 1 Аҳцәа 12:1—33. - а) Иднарҵозеи анацәеи абацәеи, насгьы аизара аиҳабцәеи, Раваом цәгьашақә ихы ишаирхәоз имчра? (1 Аҳ. 12:13; Еккл. 7:7; 1 Пиот. 5:2, 3). 
- б) Ирԥшаарц иабарыхәҭоу анапхгара аҿар, акрызҵазкуа аӡбрақәа анрыдыркыло? (1 Аҳ. 12:6, 7; Ажәам. 1:8, 9; 2 Тим. 3:16, 17; Аур. 13:7). 
- в) Игәазырԥхазеи Иеровоам, ҩ-ҭыԥк рҿы ахьтәы қабла аихырхәарҭа аҟаҵара, насгьы изаанарԥшуазеи ари Иегова иахь ахаҵа́ра азымхара? (1 Аҳ. 11:37; 12:26—28). 
- г) Ирызҭада анапхгара 10 биԥарак рыла ишьақәгылоу аҳра, аиаша аихырхәара иаҿагыларатә? (1 Аҳ. 12:32, 33). 
 
Ажәабжь 66
Аҳкәажә бааԥс Иезавел
- Дызусҭада Иезавел? 
- Избан Ахав ҽнак зны даара дызгәаауа? 
- Иҟалҵозеи Иезавел, лхаҵа Ахав, Навуфеи ижьҭра иоуырц азы? 
- Иааишьҭуада Иегова Иезавел дахьирхәырц? 
- Иҟалозеи Иуи Иезавел лхан даназааигәахалак? (Уахәаԥш асахьа.) 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Аҳцәа 16:29—33, насгьы 18:3, 4. - Шаҟа ибааԥсызеи Израил аҭагылазаашьа, аҳ Ахав инапхгара аан? (1 Аҳ. 16:33). 
- Уаԥхьа 1 Аҳцәа 21:1—16. - а) Ишԥааирԥши Навуфеи агәымшәара, насгьы гәыкала Иегова изыҟазаара? (1 Аҳ. 21:1—3; Алев. 25:23—28). 
- б) Иаҳнарҵозеи Ахав иҿырԥшы, агәкаҳара аганахьала? (1 Аҳ. 21:4; Рим. 5:3—5). 
 
- Уаԥхьа 2 Аҳцәа 9:30—37. - Иаҳнарҵозеи Иуи иааирԥшыз азыҳаҵҳаҵра, Иегова игәаԥхара анагӡаразы? (2 Аҳ. 9:4—10; 2 Кор. 9:1, 2; 2 Тим. 4:2). 
Ажәабжь 67
Иосафат Иегова диқәгәыӷуеит
- Дызусҭада Иосафат, насгьы иарбан аамҭоу данынхоз? 
- Избан израилаа ашәара зроуа, насгьы иҟарҵозеи реиҳараҩык? 
- Ишԥаҟаиҵеи Иегова, Иосафат иҳәара аҭак? 
- Иҟаиҵозеи Иегова израилаа еибашьраны иахьыҟаз аҭыԥаҿы иаиаанӡа? 
- Иаҳнарҵозеи Иосафат иҿырԥшы? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 2 Ашықәсанҵа 20:1—30. - а) Ишԥаҳирбеи Иосафат, Анцәа ииашоу имаҵуҩцәа иҟарҵарц рыхәҭоу ашәарҭара ианҭагылоу? (2 Ашықәс. 20:12; Ԥс. 25:15; 62:1). 
- б) Иегова ижәлар дызларацәажәоз амҩа еснагь иман, аха иарбан мҩоу Анцәа иахьатәи ҳамшқәа раан ихы иаирхәо? (2 Ашықәс. 20:14, 15; Маҭф. 24:45—47; Иоан. 15:15). 
- в) Излеиԥшхозеи ҳара ҳҭагылазаашьеи, Иосафат иҭагылазаашьеи, «Зегьзымчу Анцәа иеибашьра амш ду» даналаго? (2 Ашықәс. 20:15, 17; 32:8; Аарт. 16:14, 16). 
- г) Иарбан лагалоу иҟарҵо апионерцәеи амиссионерцәеи адунеизегьтәи ажәабжьҳәара аус аҟны, алевитцәа ирҿыԥшны? (2 Ашықәс. 20:19; Рим. 10:13—15; 2 Тим. 4:2). 
 
Ажәабжь 68
Ҩыџьа аҷкәынцәа ҩаԥхьа рыԥсы шҭалаз
- Иарбада асахьаҿы, насгьы ихьуазеи аҷкәын? 
- Дыззиҳәозеи Илиа аҷкәын изы Анцәа, насгьы иҟалозеи уи ашьҭахь? 
- Ихьӡузеи Илиа ицхраауа егьи аԥааимбар? 
- Избан Елисеи изиԥхьо Сонам инхо аԥҳәыс лыҩнахьы? 
- Иҟаиҵозеи Елисеи, насгьы ихьуазеи иԥсны иқәыз ахәыҷы? 
- Иарбан мчу имоу Иегова, Илиеи Елисеи рыла ишааирԥшыз ала? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Аҳцәа 17:8—24. - а) Ишԥаԥышәаз Илиа ихаҵа́реи изыӡырҩреи? (1 Аҳ. 17:9; 19:1—4, 10). 
- б) Избан Сарептатәи аԥҳәысеиба лхаҵа́ра, зегьы ирылукаауеит ҳәа азыуҳәарц залшо? (1 Аҳ. 17:12—16; Лука 4:25, 26). 
- в) Ишԥашьақәнарӷәӷәо Иисус иажәақәа Маҭфеи 10:41, 42 аҟны иану, Сарептатәи аԥҳәыс дзықәшәаз? (1 Аҳ. 17:10—12, 17, 23, 24). 
 
- Уаԥхьа 2 Аҳцәа 4:8—37. - а) Иаҳнарҵозеи Сонамтәи аԥҳәыс лысасдкылара? (2 Аҳ. 4:8; Лук. 6:38; Рим. 12:13; 1 Иоан. 3:17). 
- в) Ишԥаҳалшо ҳара иахьа Анцәа имаҵуҩцәа рахь ақьиара аарԥшра? (Аум. 20:35; 28:1, 2; Гал. 6:9, 10; Аур. 6:10). 
 
Ажәабжь 69
Ӡӷабк еицырдыруа аамысҭак дышицхраауаз
- Илалҳәозеи ари асахьаҿы аӡӷаб, еицырдыруа аԥҳәыс? 
- Дызусҭада ари еицырдыруа аԥҳәыс, насгьы иҟалҵои аӡӷаб уи лыҩны? 
- Идиҵои Елисеи имаҵуаҩы Нееман иеиҳәарц, насгьы избан Нееман даара дызгәаауа? 
- Иҟалозеи Нееман имаҵауҩы данизыӡырҩлак? 
- Избан Елисеи Нееман иҟынтә аҳамҭа зидимкылаз, аха иҟаиҵозеи Гиези? 
- Ихьиуазеи Гиези, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 2 Аҳцәа 5:1—27. - а) Ишԥарӷәӷәо ргәы ихьатәи аҿар, аӡӷаб ҳәыҷы иаанлыжьыз аҿырԥшы? (2 Аҳ. 5:3; Ԥс. 8:2; 148:12, 13). 
- б) Избан Нееман даҳгәалаҳаршәаларц захәҭоу, Аҩыра аҟынтә абжьгара анҳарҭо? (2 Аҳ. 5:15; Аур. 12:5, 6; Иак. 4:6). 
- в) Иаҳнарҵозеи Елисеи ихымҩаԥгашьеи Гиези ихымҩаԥгашьеи анеиҿаҳарԥшуа? (2 Аҳ. 5:9, 10, 14—16, 20; Маҭф. 10:8; Аум. 5:1—5; 2 Кор. 2:17). 
 
Ажәабжь 70
Ионеи аԥсыӡ дуӡӡеи
- Дызусҭада Иона, насгьы идиҵеи Иегова уи? 
- Иҟаиҵазеи Иона, Иегова дахьишьҭуаз ацара ахьиҭахымыз? 
- Ирыдыигалеи иҟарҵарц Иона амшынуаа, афырҭын еиқәтәарц? 
- Ихьуазеи Иона, амшын дынӡааҟәрылалак? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Шаҟаамҭа дыҟазаауеи Иона аԥсыӡ ду амгәаҿы? 
- Иҟаиҵозеи Иона аԥсыӡ ду адгьыл данықәнажьлак, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иона 1:1—17. - Дышԥазнеи Иона адҵа Ниневиа инхоз ажәабжь рылаҳәара? (Иона 1:2, 3; Ажәам. 3:7; Еккл. 8:12). 
- Уаԥхьа Иона 2:1, 2, 10. - Ишԥарӷәӷәо агәрагара иҳамоу, Иона дызқәшәаз ахҭыс, Иегова ҳа́ҳәарақәа зегь рҭак шыҟаиҵо? (Ԥс. 22:24; 34:6; 1 Иоан. 5:14). 
- Уаԥхьа Иона 3:1—10. - а) Избан ҳара ҳгәы зарӷәӷәо, Иегова Иона ихы дшаирхәоз, раԥхьатәи адҵа иҭаз наигӡарц шиҭахымызгьы? (Ԥс. 103:14; 1 Пиот. 5:10). 
- б) Иаҳнарҵозеи Иона Ниневиа ихьыз ахҭыс, ажәабжьҳәара ахьыҟаҳҵо аҭыԥаҿы инхо ауаа ҳарзыҟазарц шахәҭоу аганахьала? (Иона 3:6—9; Еккл. 11:6; Аум. 13:48). 
 
Ажәабжь 71
Анцәа џьанаҭ ҳақәиргәыӷуеит
- Дызҿызеи Исаиа данынхоз аамҭазы, насгьы иирбазеи Иегова уи? 
- Иаанагозеи «џьанаҭ», насгьы иугәаланаршәои уара ари ажәа? 
- Идиҵазеи Иегова Исаиа иҩырц ԥхьаҟатәи џьанаҭ азы? 
- Ишԥарцәыӡи Адами Евеи иссирыз рыџьанаҭ ҩны? 
- Изқәиргәыӷуеи Анцәа, иара бзиа дызбо ауаа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Исаиа 11:6—9. - а) Ишԥалацәажәо Анцәа Иажәа аҭынчратә аизыҟазаашьа, иҿыцу адунеи аҟны ауааи аԥстәқәеи рыбжьара иҟазаауа? (Ԥс. 148:10, 13; Ис. 65:25; Иез. 34:25). 
- б) Ишԥаҿу анагӡахара иахьа Исаиа иажәақәа адоуҳатә ҵакыла, Иегова ижәлар рыбжьара? (Рим. 12:2; Еф. 4:23, 24). 
- в) Изаҭатәыда ахьӡ-аԥша, иахьа ауаа аҽыԥсахрақәа ахьыҟарҵо азы, насгьы адунеи ҿыц аҟны иҟало аиҭакрақәагьы? (Ис. 48:17, 18; Гал. 5:22, 23; Флп. 4:7). 
 
- Уаԥхьа Аартра 21:3, 4. - а) Ишԥаҳнарбо Аҩыра, Анцәа ауаа адгьыл аҟны дышрыцзаауа, ишиашоу ҵакыла акәымкәа, аҵакы еиҭагала? (Алев. 26:11, 12; 2 Ашықәс. 6:18; Ис. 66:1; Аарт. 21:2, 3, 22—24). 
- б) Иарбан лаӷырӡқәоу, насгьы иарбан гәырҩоу уаҳа иҟамло? (Лука 8:49—52; Рим. 8:21, 22; Аарт. 21:4). 
 
Ажәабжь 72
Анцәа аҳ Езекиа дицхраауеит
- Дызусҭада ахаҵа ари асахьаҿы иарбоу, насгьы избан уи арыцҳара ду дызҭагылоу? 
- Иарбан шәҟәқәоу Езекиа Анцәа изы акәырбан анагарҭа аԥхьа иқәиҵаз, насгьы дыззиҳәозеи Езекиа Анцәа? 
- Дзеиԥшразеи аҳ Езекиа, насгьы иарбан жәабжьу Иегова иеиҳәаз аԥааимбар Исаиа ила? 
- Ирзиузеи Иегова имаалықь ассириаа, ари асахьа ишаҳнарбо ала? 
- Иҟалозеи Езекиа данԥсы ашьҭахь, ҩ-биԥарактәи аҳра акыраамҭа аҭынчра рыманы ишынхозгьы? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 2 Аҳцәа 18:1—36. - а) Иҽшԥазишәоз ассириантәи иаашьҭыз Рабсак, израилаа рхаҵа́ра бжьыхра? (2 Аҳ. 18:19, 21; Ақәҵ. 5:2; Ԥс. 64:3). 
- б) Рхы шԥамҩаԥырго Иегова Ишаҳаҭцәа, ирҿагыло рҟны, Езекиа иҿыԥшны? (2 Аҳ. 18:36; Ԥс. 39:1; Ажәам. 26:4; 2 Тим. 2:24). 
 
- Уаԥхьа 2 Аҳцәа 19:1—37. - а) Ишԥеиҿыԥшуеи Езекиа, Иегова ижәлар иуадаҩу аамҭақәа раан? (2 Аҳ. 19:1, 2; Ажәам. 3:5, 6; Аур. 10:24, 25; Иак. 5:14, 15). 
- б) Дышԥаҵахеи хынтә аҳ Сеннахирим, насгьы иааирԥшуадаз иара ԥааимбаражәала? (2 Аҳ. 19:32, 35, 37; Аарт. 20:2, 3). 
 
- Уаԥхьа 2 Аҳцәа 21:1—6, 16. - Избан Манассиа зегь реиҳа иҽеим аҳ ҳәа ихьӡыуҵар зыҟало, Иерусалим напхгара ҟазҵахьоу дарбанзаалак иаасҭа? (2 Ашықәс. 33:4—6, 9). 
Ажәабжь 73
Израил аҵыхәтәантәи аҳ бзиа
- Ихыҵуазеи Иосиа, аҳас даныҟало, насгьы дызлагозеи бжьышықәса аҳра аниулак ашьҭахь? 
- Уахәаԥш раԥхьатәи асахьа. Иҟаиҵозеи Иосиа? 
- Ииԥшаазеи аԥхьаԥшьаҩы аныҳәарҭаҿы, аныҳәарҭа иагыу аҟаҵара ианаҿыз? 
- Изԥижәжәои Иосиа ишәыз имаҭәақәа? 
- Иарбан аацҳароу Иегова иҟынтә аԥааимбар ԥҳәыс Олдан илҭо Иосиа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 34:1—28. - а) Иарбан ҿырԥшу Иосиа ириҭо, зхәыҷра уадаҩрала изхызгахьоу? (2 Ашықәс. 33:21—25; 34:1, 2; Ԥс. 27:10). 
- б) Иарбан акрызҵазкуа шьаҿақәоу иҟаиҵаз Иосиа, аиаша аихырхәара аизарҳаразы 8-тәи, 12-тәи, насгьы 18-тәи ашықәс инапхгара аан? (2 Ашықәс. 34:3, 8). 
- в) Иаҳнарҵозеи аҳ Иосиа иҿырԥши, аԥхьаԥшьаҩы Хелкиа иҿырԥши, аихрыхәара аҭыԥ ахьҳамоу, ишақәнагоу ала иҟазарц азы ацхраара аганахьала? (2 Ашықәс. 34:9—13; Ажәам. 11:14; 1 Кор. 10:31). 
 
Ажәабжь 74
Ауаҩы гәымшәа
- Дызусҭада арԥыс қәыԥш ари асахьаҿы? 
- Ишԥаидикыло Иеремиа Анцәа ԥааимбарны даныҟаиҵо, насгьы Иегова иеиҳәеи иара? 
- Ирылеиҳәозеи Иеремиа дааҟәымҵӡакәа ажәлар? 
- Изыруырц ирҭахызеи аԥшьаҩцәа Иеремиа, аха ишԥааирԥшуа агәымшәара? 
- Ирыхьуазеи израилаа рыцәгьоурақәа ианаҟәымҵлак? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иеремиа 1:1—8. - а) Дҟазҵозеи ауаҩы Иегова имаҵура азы дхәарҭаха́рц, Иеремиа иҿырԥшы ишаҳнарбо ала? (2 Кор. 3:5, 6). 
- б) Иргәанарԥхозеи иқәыԥшу ақьырсианцәа Иеремиа иҿырԥшы? (Еккл. 12:1; 1 Тим. 4:12). 
 
- Уаԥхьа Иеремиа 10:1—5. - Ишԥаҳаирбои Иеремиа иҿырԥшыла, нцәахәыс акы ҟаҵаны аихырхәара акгьы ишаԥсам? (Иер. 10:5; Ис. 46:7; Авв. 2:19). 
- Уаԥхьа Иеремиа 26:1—16. - а) Ишԥақәныҟәо иԥшьоу рахьтә иаанхаз, Иегова Иеремиа ииҭаз адҵа «жәак агмыжькәа», агәаҽанызааратә ажәабжь рылаҳәо иахьатәи ҳамшқәа раан? (Иер. 26:2; Ҩынтә. 4:2; Аум. 20:27). 
- б) Избан Иеремиа Иегова Ишаҳаҭцәа аҿырԥш бзиа зриҭаз, Иегова иҟынтә агәаҽанызааратә ажәабжь ажәлар рылаҳәараҿы? (Иер. 26:8, 12, 14, 15; 2 Тим. 4:1—5). 
 
- Уаԥхьа 2 Аҳцәа 24:1—17. - Изықәшәазеи рыцҳарас Иуда, Иегова иахь аиашамра иаанарԥшыз азы? (2 Аҳ. 24:2—4, 14). 
Ажәабжь 75
Ԥшьҩык арԥарцәа Вавилон иҟоуп
- Иазусҭцәада ари асахьаҿы иарбоу ԥшьҩык арԥарцәа, насгьы иназгеи урҭ Вавилон? 
- Ииҭахыузеи Навуходоносор арҭ ԥшьҩык арԥарцәа рганахьала, насгьы иарбан дҵоу ириҭо имаҵуҩцәа? 
- Иарбан фатәу, насгьы рыжәтәу Даниил дзыҳәо, хҩык иҩызцәеи иареи ирырҭарц? 
- Изеиԥшрахеи 10 мш рҩнуҵҟа ауҭраҭых мацара зфоз Даниил иҩызцәеи иареи егьырҭ аҿар ирҿыурԥшуазар? 
- Иназгеи Даниил иҩызцәеи иареи аҳ ихан аҟны, насгьы излареиӷьхеи дызусҭазаалак аԥшьаҩи аҟәыши раасҭа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Даниил 1:1—21. - а) Иҟаҳҵарц ахәҭоузеи ҳганахьала, аԥышәарақәа ҳарҿагыларазы, насгьы ҳцәа иалоу ԥсыҽрак ҳаиааиразы? (Дан. 1:8; Аҟаз. 39:7, 10; Гал. 6:9). 
- б) Иақәшәар шԥҟалои аҿар, ахаа-мыхаас аӡәырҩы ирԥхьаӡо «ргьама абара» аганахьала аԥышәарақәа, ма ақәыӷәӷәарақәа? (Дан. 1:8; Ажәам. 20:1; 2 Кор. 6:17–7:1). 
- в) Иҳаилнаркаауеи ҳара, Абиблиаҿы еиҭаҳәоу ԥшьҩык арԥарцәа ирызкыу ажәабжь, жәлар рҵара аиура аганахьала? (Дан. 1:20; Ис. 54:13; 1 Кор. 3:18—20). 
 
Ажәабжь 76
Иерусалим ахыбгалара
- Иахьуазеи Иерусалим, насгьы ирыхьзеи израилаа? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Дызусҭада Иезикиил, насгьы иарбан аус бааԥсқәоу аныҳәарҭа аҟны имҩаԥысуаз Иегова иирбаз? 
- Изқәирӷәыӷуеи Иегова, израилаа иара дшатәармбогьы? 
- Иҟаиҵозеи Навуходоносор, израилаа иара ианиҿагыла ашьҭахь? 
- Изалиршазеи Иегова, израилаа абри еиԥш иҟаз арыцҳара бааԥс иақәшәартә? 
- Излаҟалазеи израилтәи адгьыл аҟны аӡәызаҵәыкгьы даанымхартә, насгьы шаҟаамҭа иҟазаауеи абас? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 2 Аҳцәа 25:1—26. - а) Дызусҭадаз Седекиа, ихьзеи, насгьы ишԥанагӡахеи абриала аԥааимбаражәа? (2 Аҳ. 25:5—7; Иез. 12:13—15). 
- б) Аҭакԥхықәра здуп ҳәа ииԥхьаӡодаз Иегова Израил риашамразы? (2 Аҳ. 25:9, 11, 12, 18, 19; 2 Ашықәс. 36:14, 17). 
 
- Уаԥхьа Иезекииль 8:1—18. - Избан ақьырсианцәа руахәама, амра иеихырхәоз израилаа ахьаҵҩцәа изреиԥшу? (Иез. 8:16; Ис. 5:20, 21; Иоан. 3:19—21; 2 Тим. 4:3). 
Ажәабжь 77
Урҭ амалахазгьы ҳхырхәап ҳәа ргәы иҭам
- Ирыдиҵазеи аҳ Навуходоносор ажәлар? 
- Избан Даниил хҩык иҩызцәа абаҟа изамеихырхәо? 
- Ишԥаадырԥшуеи хҩык арԥарцәа Иегова ишиқәгәыӷуа, Навуходоносор урҭ абаҟа аԥхьа ишьамхышгыларц азы даҽа лшарак анриҭо? 
- Иридиҵозеи Навуходоносор ирзыруырц Седрахи, Мисахи, Авденагои? 
- Иибозеи Навуходоносор амца даналаԥшлак? 
- Избан аҳ аџьшьара зииҭо, Седрахи, Мисахи, Авденагои р-Нцәа, насгьы иарбан ҿырԥшу иҳарҭо ҳара арҭ хҩык арԥарцәа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Даниил 3:1—30. - а) Ирҿыԥшырц шԥарылшо Анцәа имаҵуҩцәа риашаразы аԥышәарақәа ианрықәшәо, хҩык ауриатә арԥарцәа Анцәа иахь гәыкала азыҟазаара аазырԥшыз? (Дан. 3:17, 18; Маҭф. 10:28; Рим. 14:7, 8). 
- б) Иарбан акразҵазкуа ҿырԥшу Анцәа Иегова Навуходоносор ииҭаз? (Дан. 3:28, 29; 4:34, 35). 
 
Ажәабжь 78
Анапы аҭӡамц аҟны иҩуеит
- Иҟалозеи вавилонтәи аҳ ичара ду аан, Иерусалим аҟынтә Иегова иныҳәарҭа ҩны идәылыргаз, ахьи арыӡни ирылхыз ацәцақәа рыла исасцәа ажәра ианаҿыз? 
- Иреиҳәозеи Валтасар аҟәышцәа, аха ирылымшозеи урҭ? 
- Ирыдылгалои иҟарҵарц аҳ иан? 
- Избан, Даниил ишеиҭеиҳәаз инақәыршәаны Анцәа, аҭӡамц аҟны анапы ҩырц зыҟаиҵаз? 
- Иарбан еилкаароу иеиҭаз Даниил, аҭӡамц аҟны ианыз ажәақәа? 
- Иҟалозеи Даниил дцәажәонаҵы? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Даниил 5:1—31. - а) Иҳарба излеиԥшым Анцәа ииҭахыу ашәареи, Валтасар аҭӡамц аҟны аҩыра аниба дзымҽхазкыз ашәареи? (Дан. 5:6, 7; Ԥс. 19:9; Рим. 8:35—39). 
- б) Избан Даниил имаҷымкәа агәымшәара имазарц захәҭаз, Валтасар иаамсҭацәа иареи рҿаԥхьа даннеиуаз? (Дан. 5:17, 18, 22, 26—28; Аум. 4:29). 
- в) Ишԥазгәанаҭо инаҵшьны Даниил ишәҟәы а-5-тәи ахы Иегова иҳаракыра? (Дан. 4:17, 25; 5:21). 
 
Ажәабжь 79
Даниил атышаҿы алымқәа дрыцыҟоуп
- Дызусҭада Дари, насгьы дышԥеизыҟоу иара Даниил? 
- Иҟаиҵозеи Дари, ишьыцуа ауаа рҳәатәала? 
- Иҟаиҵозеи Даниил, азакәан иаԥырҵаз аниаҳалак? 
- Избан Дари ауха дызмыцәо аҟынӡа игәы зԥжәоз, насгьы иҟаиҵозеи ашьыжьымҭан? 
- Иеиҳәозеи Даниил Дари? 
- Ирыхьуазеи ауаа цәгьақәа, Даниил дыршьырц анырҭахыз, насгьы ирзиҩуазеи Дари иаҳра аҟны инхоз зегьы? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Даниил 6:1—28. - а) Избан Даниил иҿадыргылаз ахәшьадра, изаҳгәаланаршәо ҳара, ҳамшқәа раан Иегова Ишаҳаҭцәа имҩаԥырго аус ааныркыларц аҿагылаҩцәа аҽазышәарақәа иҟарҵо? (Дан. 6:7; Ԥс. 94:20; Ис. 10:1; Рим. 8:31). 
- б) Ишԥеиҿԥшырц рылшо Даниил Анцәа имаҵуҩцәа, «иреиҳау амчрақәа» рҳәатәы хаҵауа? (Дан. 6:5, 10; Рим. 13:1; Аум. 5:29). 
- в) Ҳашԥеиҿыԥшырц ҳалшо Даниил, «ҳҽымԥсахкәа» Иегова имаҵ уа? (Дан. 6:16, 20; Флп. 3:16; Аарт. 7:15). 
 
Ажәабжь 80
Анцәа иуаажәлар Вавилон аанрыжьуеит
- Иҟарҵозеи израилаа ари асахьаҿы ишарбоу ала? 
- Ишԥанаигӡеи Кир, Исаиа иҩыз Иегова иԥааимбаражәа? 
- Ириҭозеи дҵас Кир, Иерусалимҟа изымцо? 
- Ириҭозеи Кир Иерусалимҟа ихынҳәуа? 
- Шаҟаамҭа иқәхозеи израилаа Иерусалимҟа амҩа? 
- Шаҟаамҭа иҟоузеи атәыла, уаҩ дыҟамкәа иҭацәны? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Исаиа 44:28, насгьы 45:1—4. - а) Ишԥазгәеиҭеи инаҵшьны Иегова, Кир изкыу аԥааимбаражәа хымԥада ишынагӡахоз? (Ис. 55:10, 11; Рим. 4:17). 
- б) Иҳаилнаркаауазеи Кир изкыу аԥааимбаражәа, Иегова илшара имоу иҟалаша заа аҳәара аганахьала? (Ис. 42:9; 45:21; 46:10, 11; 2 Пиот. 1:20). 
 
- Уаԥхьа Ездра 1:1—11. - Ҳашԥарыцхраарц ҳалшо, Иерусалимҟа ахынҳәра алшара змамыз рҿырԥшы ҳақәныҟәо, Анцәа имаҵура заамҭа зегь азызкырц зҭахыу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи? (Езд. 1:4, 6; Рим. 12:13; Кол. 4:12). 
Ажәабжь 81
Иегова ицхыраара иақәгәыӷуеит
- Шаҟаҩы цода амҩа харахь Вавилонынтә Иерусалимынӡа, насгьы ирбозеи дара уаҟа ианнеилак? 
- Идыргыларц иалагои израилаа иаразнак ианнеилак ашьҭахь, аха рҽаззыршәозеи иҟарҵарц раӷацәа? 
- Иазусҭақәада Агеии Захариеи, насгьы изаарыԥхьозеи ажәлар? 
- Избан Фафнаи Вавилонҟа ашәҟәы зишьҭуа, насгьы аҭакс иоуазеи иара? 
- Иҟаиҵозеи Ездра, Анцәа иныҳәарҭа арҽеира шаҭахыу анеиликаалак? 
- Уахәаԥш асахьа. Дзыҳәозеи Ездра, Иегова аҭак шԥаҟаиҵо, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Ездра 3:1—13. - Иҟаҳҵар ахәҭозеи, Анцәа иеизара ахьыҟам аҭыԥаҿы ҳҟалар? (Езд. 3:3, 6; Аум. 17:16, 17; Аур. 13:15). 
- Уаԥхьа Ездра 4:1—7. - Иарбан ҿырԥшу Зоровавель Анцәа ижәлар ириҭаз, аконфессиақәа рыбжьара иҟоу аусқәа ирызкны? (Ақәҵ. 34:12; 1 Кор. 15:33; 2 Кор. 6:14—17). 
- Уаԥхьа Ездра 5:1—5, 17, насгьы 6:1—22. - а) Избан аҿагылаҩцәа изрылымшаз аныҳәарҭа аргылара аанкылара (Езд. 5:5; Ис. 54:17). 
- б) Ишԥарыцхраауеи иудеиатә аизара аиҳабацәа рхымҩаԥгашьа аҿырԥшы, ақьырсиантә аизара аиҳабацәа аҿагыларақәа ианрықәшәо, Иегова инапхгара аԥшаара? (Езд. 6:14; Ԥс. 32:8; Рим. 8:31; Иак. 1:5). 
 
- Уаԥхьа Ездра 8:21—23, 28—36. - Иҟаҳҵар ахәҭоузеи Ездра иҽырԥшала, уск аҟаҵара ҳалагаанӡа? (Езд. 8:23; Ԥс. 127:1; Ажәам. 10:22; Иак. 4:13—15). 
Ажәабжь 82
Мардохеии Есфири
- Иазусҭцәада Мардохеии Есфири? 
- Избан аҳ Артаксеркс аԥҳәыс ҿыц дызлышьҭоу, насгьы иалихуада уи? 
- Дызусҭада Аман, насгьы дзыргәаауазеи иара? 
- Иарбан закәану иҭыҵуа, насгьы иҟалҵозеи Есфир Мардохеи иҟынтә аацҳара анлоулак? 
- Ирыхьзеи Амани Мардохеии? 
- Ишԥеиқәдырхо израилаа рхы, раӷацәа рҟынтә? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Есфир 2:12—18. - Ишԥаалырԥши Есфир «иҭынчу иԥагьам адоуҳа» зыԥсоу? (Есф. 2:15; 1 Пиот. 3:1—5). 
- Уаԥхьа Есфир 4:1—17. - Есфир ицқьоу аихырхәара ахьчаразы илымаз алшара еиԥш, иарбан лшароу иҳамоу ҳаргьы иахьа, Иегова изиашареи гәыкала изыҟазаареи аганахьала? (Есф. 4:13, 14; Маҭф. 5:14—16; 24:14). 
- Уаԥхьа Есфир 7:1—6. - Ишԥазхиаз аԥхаҵарақәа рыхгара, Есфир леиԥш, Анцәа имаҵуҩцәа ҳара ҳамшқәа раан? (Есф. 7:4; Маҭф. 10:16—22; 1 Пиот. 2:12). 
Ажәабжь 83
Иерусалим абаагәара
- Иарбан цәаныррақәоу ирымаз израилаа, Иерусалим аҟны абаагәара ахьыҟамыз иахҟьаны? 
- Дызусҭада Неемиа? 
- Иарбан усу имҩаԥиго Неемиа, насгьы избан ари даара ҭакԥхықәра змоу зусу? 
- Иарбан жәабжьу Неемиа игәы ԥызжәаз, насгьы иҟаиҵозеи иара? 
- Ишԥааирԥшуеи аҳ Артаксеркс Неемиа иахь аразра? 
- Ишԥеиҿикаауеи Неемиа аргылара аус, аӷацәа уи рзаанымкыларц? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Неемиа 1:4—6, насгьы 2:1—20. - Дышԥашьҭаз Неемиа Иегова инапхгара? (Неем. 2:4, 5; Рим. 12:12; 1 Пиот. 4:7). 
- Уаԥхьа Неемиа 3:3—5. - Иднарҵозеи аизара аиҳабацәеи амаҵуратә цхырааҩцәеи, фекоиаа рхы шымҩаԥыргоз, насгьы урҭ иреиԥшымыз «рдырҩцәа» рхы шымҩаԥыргоз? (Неем. 3:5, 27; 2 Фес. 3:7—10; 1 Пиот. 5:5). 
- Уаԥхьа Неемиа 4:1—23. - а) Иргәазырԥхозеи израилаа аргылара анагӡара, ӷәӷәала ишырҿагылозгьы? (Неем. 4:6, 8, 9; Ԥс. 50:15; Ис. 65:13, 14). 
- б) Иарбан ганахьалоу израилаа рҿырԥшы ҳара ҳзы игәышьҭыхганы иахьыҟоу? 
 
- Уаԥхьа Неемиа 6:15. - Еилаҳкаауазеи ахаҵа́ра амч иамоу, Иерусалим абаагәара ҩымз рыла иахьыргылаз аҟынтә? (Ԥс. 56:3, 4; Маҭф. 17:20; 19:26). 
Ажәабжь 84
Мариа амаалықь дылзаауеит
- Дызусҭада ари аԥҳәыс, уара асахьаҿы иубо? 
- Илеиҳәозеи Гавриил Мариа? 
- Ишԥалзеиҭеиҳәо Гавриил Мариа, ахшара дышлоуа, ахаҵа дышлыцнымхозгьы? 
- Иҟалозеи Мариа лыуа Елисавета лахь данаалак? 
- Иихәыцуазеи Иосиф Мариа ахшара дшизыԥшу анеиликаалак, насгьы избан анаҩс игәаанагара зиԥсахуа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Лука 1:26—56. - а) Иарбан лкаау иҟауҵарц алшо, Лука 1:35 аҟны иаҳәо инақәыршәаны, Адам иҭынхаз анамӡара Мариа иахьлымаз азы, Анцәа иԥа иԥсҭазаара, адоуҳатә дунеи аҟынтә лара лымгәаҭахьы иахьиагаз? (Агг. 2:11—13; Иоан. 6:69; Аур. 7:26; 10:5). 
- б) Ишԥеиҭаз Иисус диаанӡагьы ахьӡ-ԥша? (Лука 1:41—43). 
- в) Иарбан ҿырԥшы бзиоу Мариа ирзаанлыжьыз ақьырсианцәа, Анцәа имаҵураҿы ичыдоу азкрақәа зауа? (Лука 1:38, 46—49; 17:10; Ажәам. 11:2). 
 
- Уаԥхьа Маҭфеи 1:18—25. - Избан Иисус ишиашоу аҵакала Еммануил ҳәа шихьӡымызгьы, ари ахьӡ аҵакы изанаалоз адгьылаҿы инаигӡоз ироль? (Маҭф. 1:22, 23; Иоан. 14:8—10; Аур. 1:1—3). 
Ажәабжь 85
Иисус абора аҟны диуеит
- Дызусҭада ари асаби асахьаҿы иарбоу, насгьы дабаҭалҵо Мариа уи? 
- Ишԥаҟалеи Иисус арахә ахьҭакыз абораҿы дииратәы? 
- Иазусҭцәада ахацәа абора иазааигәахо, насгьы иреиҳәазеи амаалықь урҭ? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Дызлареиԥшымзеи Иисус егьырҭ ахәыҷқәа? 
- Избан Иисус зинла Анцәа Иԥа ҳәа зихьӡу? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Лука 2:1—20. - а) Дышԥалахәыз аҳәынҭқар Август, Иисус иира иазкыз аԥааимбаражәа анагӡараҿы? (Лука 2:1—4; Мих. 5:2). 
- б) Дҟалар шԥеилшои ауаҩы «Анцәа дыззыразу ауаа» дырхыԥхьаӡаланы? (Лука 2:14; Маҭф. 16:24; Иоан. 17:3; Аум. 3:19; Аур. 11:6). 
- в) Зхынрааланы иҟаз иудеиатә ахьчаҩцәа Аиқәырхаҩ иира агәырӷьара ду шырзаанагаз уазхәыцуазар, иарбан еиҳа крызҵазкуа мзызс ирымоу агәырӷьаразы Анцәа имаҵуҩцәа иахьа? (Лука 2:10, 11; Ефес. 3:8, 9; Аарт. 11:15; 14:6). 
 
Ажәабжь 86
Ауаа амҩа дзырбо аеҵәа
- Иазусҭцәада арҭ ауаа асахьаҿы иарбоу, насгьы избан урҭ руаӡәк икәеицеиуа икыду аеҵәа инапы зақәикуа? 
- Избан аҳ Ирод игәы зҭынчым, насгьы иҟаиҵозеи иара? 
- Иабананаго аеҵәа арҭ ауаа, насгьы избан даҽа мҩакала ртәылахь изыхынҳәуа? 
- Иарбан дҵоу ириҭо Ирод, насгьы избан? 
- Идиҵозеи Иегова Иосиф? 
- Иазыркыда аеҵәа ҿыц, насгьы избан? 
Ихазырҭәаауа азҵаара:
- Уаԥхьа Маҭфеи 2:1—23. - Шаҟа ихыҵуазеи, насгьы дабанхоз Иисус, аеҵәа ҭҵааҩцәа иара иахь ианнеи? (Маҭф. 2:1, 11, 16). 
Ажәабжь 87
Иқәыԥшу Иисус аныҳәарҭаҿы
- Уахәаԥш асахьа. Дабаҟоу Иисус, насгьы шаҟа ихыҵуазеи усҟан? 
- Иҟарҵозеи Иосиф иҭаацәеи иареи есышықәса? 
- Избан зны Иосифи Мариеи мышк дуӡӡа амҩа ишаныз, Иерусалимҟа ахынҳәра зрықәшәаз? 
- Дабарԥшаауеи Иосифи Мариеи Иисус, насгьы изыршанхазеи ауаа? 
- Илеиҳәозеи Иисус иан Мариа? 
- Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра, Иегова еиҳа деилкаауа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Лука 2:41—52. - а) Есышықәсатәи аныҳәақәа рахь анеира закәанла изыхәҭаз ахацәа шракәызгьы, иарбан зеиԥшыҟам ҿырԥшу Иосифи Мариеи анацәеи абацәеи ирзаанрыжьыз? (Лука 2:41; Ҩынтә. 16:16; 31:12; Ажәам. 22:6). 
- б) Иарбан ҿырԥшу Иисус ахәыҷқәа ирзаанижьыз, анацәеи абацәеи ишырзыӡырҩлатәу? (Лука 2:51; Ҩынтә. 5:16; Ажәам. 23:22; Кол. 3:20). 
 
- Уаԥхьа Маҭфеи 13:53—56. - Иазусҭцәада ԥшьҩык Иисус иашьцәа, Абиблиаҿы зыхьӡқәа арбоу, насгьы иарбан дҵақәоу ақьырсиантә аизараҿы урҭ рахьтә ҩыџьа ироуыз? (Маҭф. 13:55; Аум. 12:17; 15:6, 13; 21:18; Гал. 1:19; Иак. 1:1; Иуда 1). 
Ажәабжь 88
Иоанн Иисус аӡы дӡааихуеит
- Дызусҭада асахьаҿы иарбоу? 
- Ишԥамҩаԥысуа аӡӡаахра? 
- Аӡы иӡааихуада Иоанн ишаԥу еиԥш? 
- Иарбан иҷыдоу мзызс иҟаз, Иоанн Иисус аӡы дызӡааихуаз? 
- Ишԥааирԥши Анцәа, Иисус иӡӡаахра игәы ишаахәаз? 
- Иҟалозеи Иисус 40 мшы уаҩы иахьиҿахырсҭам ҭыԥк ахь данцалак? 
- Иазусҭақәадаз раԥхьатәи Иисус ишьҭанеицәа, ма иҵаҩцәа, насгьы иарбан раԥхьатәи џьашьахәу иҟаиҵо Иисус? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 3:13—17. - Иарбан ҿырԥшу Иисус ирзаанижьыз иҵаҩцәа аӡы аҽӡаахрала? (Ԥс. 40:7, 8; Маҭф. 28:19, 20; Лука 3:21, 22). 
- Уаԥхьа Маҭфеи 4:1—11. - Ишԥаҳгәанарԥхо, Иисус аҩыра ибзианы ихы иахьаирхәоз, иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҭҵаара? (Маҭф. 4:5—7; 2 Пиот. 3:17, 18; 1 Иоан. 4:1). 
- Уаԥхьа Иоанн 1:29—51. - Изызхьеирԥшуадаз Иоанн Аӡӡаахҩы иҵаҩцәа, насгьы ишԥаҳалшо иахьа ҳаиҿыԥшырц? (Иоан. 1:29, 35, 36; 3:30; Маҭф. 23:10). 
- Уаԥхьа Иоанн 2:1—12. - Ишԥаанарԥшуеи раԥхьатәи Иисус иџьашьахәы, Иегова «абзиара шрымимхуа» иара имаҵуҩцәа? (Иоан. 2:9, 10; Ԥс. 84:11; Иак. 1:17). 
Ажәабжь 89
Иисус аныҳәарҭа ирыцқьоит
- Избан аныҳәарҭаҿы аԥстәқәа зырҭиуаз? 
- Дзыргәамҵзеи Иисус? 
- Уахәаԥш асахьа. Иҟаиҵозеи Иисус, насгьы ирыдиҵазеи аҳәыҳә аҭиҩцәа? 
- Иргәаланаршәеи Иисус ишьҭанеицәа, Иисус иҟаиҵаз анырба? 
- Иарбан ҳаблоу дзылсуа Иисус, Галилеиҟа даныхынҳәуаз? 
Ихазырҭәаауа азҵаара:
- Уаԥхьа Иоанн 2:13—25. - Ҳашԥазыҟазаарц ахәҭоу акоммерциатә аус амҩаԥгара Аҳра Азал аҟны, Иисус аныҳәарҭаҿы «аԥара ԥыргацәа» аниба дшаргәамҵыз ҳаназхәыцуа? (Иоан. 2:15, 16; 1 Кор. 10:24, 31—33). 
Ажәабжь 90
Аҵеџь аԥхьа аԥҳәыси иареи
- Дзаанҿасзеи Иисус Самариа иҟаз аҵеџь аԥхьа, насгьы илеиҳәазеи уаҟа иқәшәаз аԥҳәыс? 
- Избан аԥҳәыз изџьалшьаз? Илеиҳәозеи Иисус насгьы избан? 
- Иарбан ӡыу Иисус дызлацәажәо ҳәа лгәы иаанагоз аԥҳәыс, аха дызлацәажәаҵәҟьоузеи иара? 
- Избан аԥҳәыс изџьалшьаз Иисус лара илызкны зегьы ахьиидыруаз, насгьы изҭада иара абарҭ адыррақәа? 
- Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иоанн 4:5—43. - а) Ҳашԥарзыҟазаало даҽа расак, ма социалтә ҭагылазаашьак змоу ауаа, Иисус иҿырԥшы ҳацныҟәозар? (Иоан. 4:9; 1 Кор. 9:22; 1 Тим. 2:3, 4; Тит. 2:11). 
- б) Иарбан доуҳатә лҵшәоу изаанаго ауаҩы, Иисус иҵаҩы иакәны дахьыҟало? (Иоан. 4:14; Ис. 58:11; 2 Кор. 4:16). 
- в) Иҳнарҵозеи асамариатәи аԥҳәыс лҿырԥшы, илоуыз адырра деиҷаҳаны гәырӷьарала илаҳаз егьырҭ иахьырзеиҭалҳәоз? (Иоан. 4:7, 28; Маҭф. 6:33; Лука 10:40—42). 
 
Ажәабжь 91
Иисус ашьха аҟны идирҵоит
- Уахәаԥш асахьа. Иабадирҵо Иисус ауаа, насгьы итәада зегь реиҳа изааигәаны? 
- Ирыхьӡқәозеи 12-ҩык Иисус иапостолцәа? 
- Иарбан Аҳроу Иисус дызлацәажәо? 
- Идирҵозеи Иисус ауаа, Анцәа изызиҳәарц ахәҭоу? 
- Идирҵозеи Иисус, аӡәи-аӡәи реизыҟазаашьа иазкны? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 5:1—12. - Ишԥаҳалшо адоуҳатә ҭахрақәа шҳамоу шеилаҳкаауа аарԥшра? (Маҭф. 5:3; Рим. 10:13—15; 1 Тим. 4:13, 15, 16). 
- Уаԥхьа Маҭфеи 5:21—26. - Ишԥаанарԥшуеи Маҭфеи 5:23, 24, ҳашьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа, Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа ишаныруа? (Маҭф. 6:14, 15; Ԥс. 133:1; Кол. 3:13; 1 Иоан. 4:20). 
- Уаԥхьа Маҭфеи 6:1—8. - Избан ргәаанагара иашоуп ҳәа азхәыцра аҽацәырыхьчара зрыхәҭоу ақьырсианцәа? (Лука 18:11, 12; 1 Кор. 4:6, 7; 2 Кор. 9:7) 
- Уаԥхьа Маҭфеи 6:25—34. - Ишԥаҳирҵоз Иисус, аматериалтә ҭахрақәа рганахьала Иегова дшаҳхылаԥшуа агәра ҳгаларц? (Ақәҵ. 16:4; Ԥс. 37:25; Флп. 4:6). 
- Уаԥхьа Маҭфеи 7:1—11. - Иаҳнарҵозеи Маҭфеи 7:5 аҟны иану иалкаау аҿырԥшы? (Ажәам. 26:12; Рим. 2:1; 14:10; Иак. 4:11, 12). 
Ажәабжь 92
Иисус иԥсыз рыԥсы ҭеиҵоит
- Дызусҭада асахьаҿы иарбоу аӡӷаб лаб, насгьы избан иԥҳәыси иареи даара ахьаа зрымоу? 
- Иҟаиҵозеи Иаир Иисус даниԥшаалак? 
- Иҟалозеи Иаир иҩныҟа амҩа ианықәу, насгьы иарбан жәабжьу Иаир изаарыцҳауа? 
- Избан Иаир иҩны иҟоу ауаа Иисус изихыччо? 
- Иҟаиҵозеи Иисус аӡӷаб луаҭах, х-ҩык апостолцәеи лҭаацәеи иманы даныҩнало? 
- Зыԥсы ҭеиҵада уаҳа Иисус, насгьы иҳанаҳәозеи уи ҳара? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Лука 8:40—56. - Ишԥааирԥши Иисус аҟәышра, насгьы ишԥаҳирбеи аԥҳәыс шьаҟәыҵрала игәаҟәуаз дышлызхьаауаз, насгьы иднарҵозеи ари аизара аиҳабацәа? (Лука 8:43, 44, 47, 48; Алев. 15:25—27; Маҭф. 9:12, 13; Кол. 3:12—14). 
- Уаԥхьа Лука 7:11—17. - Ишԥарылшо агәҭынчра аԥшаара ирзааигәоу зцәыԥсыз ауаа, Иисус Наинынтәи аԥҳәысеиба илеиҳәаз иажәақәа рҟынтә? (Лука 7:13; 2 Кор. 1:3, 4; Аур. 4:15). 
- Уаԥхьа Иоанн 11:17—44. - Ишԥааирԥши Иисус, иузааигәоу иԥсра угәрҩар шиашоу (Иоан. 11:33—36, 38; 2 Сам. 18:33; 19:1—4). 
Ажәабжь 93
Иисус ауаа рацәа акрырҿеиҵоит
- Изыруеи Иоанн Аӡӡаахҩы, насгьы иарбан цәанырроу ари Иисус изцәырнагаз? 
- Акрышԥарҿеиҵеи Иисус ишьҭаланы иаауаз ажәлар, насгьы шаҟа аанхазеи иҵегь афатә? 
- Изыршәазеи уахык Иисус иҵаҩцәа, насгьы ихьуазеи Пиотр? 
- Акрышԥарҿеиҵои ауаа Иисус ҩаԥхьа? 
- Ҳзеигәырӷьозеи ҳара, Анцәа иқәиргылаз Иисус аҳак иаҳасабала адгьылаҿы напхгара аҟаҵара дахьалаго? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 14:1—32. - а) Еилаҳкаауазеи ажәеинраалақәа Маҭфеи 14:23—32 аҟынтә, Пиотр иҟазшьақәа ирызкны? 
- б) Ишԥаҳнарбо Аҩыра Пиотр доуҳала дшеизҳаз, насгьы ишԥеилшеи аҽынкылара азымхара имаз аиааира? (Маҭф. 14:27—30; Иоан. 18:10; 21:7; Аум. 2:14, 37—40; 1 Пиот. 5:6, 10). 
 
- Уаԥхьа Маҭфеи 15:29—38. - Ишԥааирԥши Иисус аҳаҭырқәҵара и-Аб ииҭоз азы? (Маҭф. 15:37; Иоан. 6:12; Кол. 3:15). 
- Уаԥхьа Иоанн 6:1—21. - Ишԥақәныҟәо ақьырсианцәа Иисус иҿырԥшы, ауаатәыҩсатә аиҳабыра ишырзыҟазааша аганахьала? (Иоан. 6:15; Маҭф. 22:21; Рим. 12:2; 13:1—4). 
Ажәабжь 94
Уи ахәыҷқәа бзиа ибоит
- Иеимаркуазеи апостолцәа, акраамҭатәи аныҟәара аҟынтә ианыхынҳә ашьҭахь? 
- Избан Иисус аҷкәын хәыҷы дызиԥхьо, насгьы дызиргылои уи апостолцәа рыгәҭа? 
- Иаанагозеи апостолцәа ахәыҷқәа ирҿыԥшырц ахәҭоуп ҳәа ахьаҳәо? 
- Ишԥадирбо мызқәак рышьҭахь Иисус, ахәыҷқәа бзиа ишибо? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 18:1—4. - Избан Иисус изыдирҵоз аҿырԥштәқәа ихы иархәаны? (Маҭф. 13:34, 36; Мар. 4:33, 34). 
- Уаԥхьа Маҭфеи 19:13—15. - Иарбан ҟазшьақәоу ахәыҷқәа ирҿаҳҵаарц ахәҭоу, Аҳра азылԥхарақәа ҳауырц? (Ԥс. 25:9; 138:6; 1 Кор. 14:20). 
- Уаԥхьа Марк 9:33—37. - Идирҵозеи Иисус ишьҭанеицәа, аҭыԥ бзиа аанкыларазы аҽазышәарақәа иҟарҵоз аганахьала? (Мар. 9:35; Маҭф. 20:25, 26; Гал. 6:3; Флп. 2:5—8). 
- Уаԥхьа Марк 10:13—16. - Шаҟа дырзааигәазеи Иисус ауаа, насгьы иднарҵозеи иҿырԥшы аизара аиҳабацәа? (Мар. 6:30—34; Флп. 2:1—4; 1 Тим. 4:12). 
Ажәабжь 95
Иисус ишыдирҵо
- Иарбан зҵаароу ҽнак зны аӡәы Иисус ииҭаз, насгьы избан? 
- Иеиҭеиҳәозеи зны-зынла Иисус акы дирҵар аниҭахыз, насгьы иаҳдыруазеи иудеиааи самариааи реизыҟазаашьа аганахьала? 
- Ихьуазеи Иерихонҟа ицоз аиудеи, Иисус иажәабжь излаҳәо ала? 
- Иҟарҵазеи аԥшьаҩи алевити, уи амҩала ииасны ицоз? 
- Ицхраауада ихәахәаны икажьыз ауаҩы асахьаҿы ишарбоу ала? 
- Иарбан зҵаароу Иисус ииҭаз иазҵааз ауаҩы, ари ажәабжь анеиҭеиҳәа ашьҭахь, насгьы ишԥаҟаиҵо егьи аҭак? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Лука 10:25—37. - а) Дышԥеицхрааи Иисус Закәан-дырҩык ииҭаз азҵаара дазхәыцыртә, насгьы иара ихала аҭак ҟаиҵарц? (Лука 10:26; Маҭф. 16:13—16). 
- б) Ихы ишԥеирхәоз Иисус аҿырԥштәқәа, иара изыӡырҩуа дрыцхраац ауаа рзыҟазаара шахәҭоу аганахьала? (Лука 10:36, 37; 18:9—14; Тит. 1:9). 
 
Ажәабжь 96
Иисус ачымазаҩцәа ихәшәтәуеит
- Иҟаиҵозеи Иисус, атәыла далсны данцоз? 
- Иреиҳәозеи Иисус иҵаҩцәа, аӡы иҽанӡааих хышықәса ааҵуанеиԥш? 
- Иаҳбода ари асахьаҿы, насгьы иҟаиҵои Иисус ари аԥҳәыс лзы? 
- Избан Иисус аҭак иҟаиҵаз, имазкәаз адинхаҵара анапхгаҩцәа зарԥхашьаз? 
- Иҟаиҵозеи Иисус ҩыџьа алашәцәа рыцҳақәа рзы, апостолцәеи иареи Иерихон ақалақь азааигәара ианыҟаз? 
- Избан Иисус аџьашьахәқәа зыҟаиҵо? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 15:30, 31. - Ишԥааԥшуаз зеиԥшыҟам ала Иегова имч Иисус иусқәа рҟны, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи Иегова адунеи ҿыц аганахьала ақәыргәыӷра иҟаиҵо аилкаара? (Ԥс. 37:29; Ис. 33:24). 
- Уаԥхьа Лука 13:10—17. - Ишԥаанарԥши, Иисус асабша иҟаиҵаз зегь реиҳа ухы-угәы аҟынӡа инеиуаз аџьашьахәы, иарбан хақәиҭроу ауаатәыҩса ирызԥшу Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан? (Лука 13:10—13; Ԥс. 46:9; Маҭф. 12:8; Кол. 2:16, 17; Аарт. 21:1—4). 
- Уаԥхьа Маҭфеи 20:29—34. - Ишԥаҳнарбо ари ахҭыс, Иисус ахаангьы убысҟак дзеилахамыз ауаа ацхыраара изрымҭартә еиԥш, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Ҩынтә. 15:7; Иак. 2:15, 16; 1 Иоан. 3:17). 
Ажәабжь 97
Иисус аҳак иаҳасабла ақалақь далалоит
- Дыззрыҳәозеи Иисус иҵаҩцәа, Иерусалим азааигәара иҟаз ақыҭа хәыҷык аҟны данааи? 
- Уахәаԥш асахьа. Иҟалозеи Иисус Иерусалим даназааигәахо? 
- Иҟарҵозеи ахәыҷқәа, Иисус алашәцәеи агра змази шихәшәтәуаз анырба? 
- Иреиҳәозеи Иисус зыԥсахы еибакыз аԥшьаҩцәа? 
- Ишԥаҳалшои ҳреиԥшхарц Иисус дҳаразкәаз ахәыҷқәа? 
- Еилыркаарц ирҭахызеи Иисус иҵаҩцәа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 21:1—17. - а) Иисус аҳак иаҳасабала ақалақь иалалара, излеиԥшымзеи Римтә аимпериа ахаан ар аиҳабацәа аиааира ганы ианыхынҳәуаз ақалақь ишалалоз? (Маҭф. 21:4, 5; Зах. 9:9; Флп. 2:5—8; Кол. 2:15). 
- б) Иднарҵозеи аҿар, Иисус аныҳәарҭа даныҩнала израилтәи аҷкәынцәа «ишеиқәҿырҭуаз» Ԥсалом 118 аҟынтә ажәақәа аагауа? (Маҭф. 21:9, 15; Ԥс. 118:25, 26; 2 Тим. 3:15; 2 Пиот. 3:18). 
 
- Уаԥхьа Иоанн 12:12—16. - Иамоузеи символтә ҵакыс, Иисус иԥылоз ауаа иркыз апальма быӷьқәа? (Иоан. 12:13; Флп. 2:10; Аарт. 7:9, 10). 
Ажәабжь 98
Елеонтәи ашьхаҿы
- Дҳарба асахьаҿы Иисус. Итәада уи иааигәара? 
- Изыруырц ирҭахызеи аԥшьаҩцәа, Иисус аныҳәарҭаҿы даныҟаз, насгьы иреиҳәазеи Иисус урҭ? 
- Ирҭазеи зҵаарас Иисус апостолцәа? 
- Изырзеиҭеиҳәозеи Иисус, аҳак иаҳасабала напхгара данлагалак адгьылаҿы иҟалараны иҟоу ахҭысқәа? 
- Иарбан хҭысқәоу иацааиуа, Иисус иажәақәа рыла, адгьыл аҟнытә ацәгьара анықәххо? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 23:1—39. - а) Аҩыра инақәыршәаны жәлартә титулқәа рхархәара шыҟалогьы, иаҳдырбозеи Иисус иажәақәа Маҭфеи 23:8—11 аҟны иану, аҿагәбзыӷажәатә титулқәа рганахьала ақьырсиантә аизарақәа рҿы? (Аум. 26:25; Рим. 13:7; 1 Пиот. 2:13, 14). 
- б) Ирабан ҽазышәарақәоу иҟарҵоз афарисеицәа, ауаа ақьырсианра адкылара ирԥырхагахарц азы, насгьы иарбан уи еиԥшу методқәоу рхы иадырхәо иахьа адинхаҵаратә напхгаҩцәа? (Маҭф. 23:13; Лука 11:52; Иоан. 9:22; 12:42; 1 Фес. 2:16). 
 
- Уаԥхьа Маҭфеи 24:1—14. - а) Ишԥазгәанаҭо инаҵшьны Маҭфеи 24:13 аҽырӷәӷәара акыр шаҵанкуа? 
- б) Иаанагозеи ажәа «аҵыхәтәа» Маҭфеи 24:13 аҟны иану? (Маҭф. 16:27; Рим. 14:10—12; 2 Кор. 5:10). 
 
- Уаԥхьа Марк 13:3—10. - Ишԥазгәанаҭо инаҵшьны Марк 13:10 аҟны иану, ажәабжь бзиа рылаҳәара шырлсатәу, насгьы ишԥаҳнырырц ҳахәҭоу ҳара ари Иисус иԥааимбаражәа? (Рим. 13:11, 12; 1 Кор. 7:29—31; 2 Тим. 4:2). 
Ажәабжь 99
Хыхьтәи ауадаҿы
- Изнеизеи хыхьтәи ауадахь, Иисус 12-ҩык иапостолцәеи иареи, ари асахьаҿы ишаабо еиԥш? 
- Идәылҵуада ауада, насгьы иҟаиҵарц ииҭахызеи? 
- Иарбан иҷыдоу уаххьоу дызлаго Иисус, мшаԥтәи уаххьа ианалга ашьҭахь? 
- Иарбан хҭысу иргәаланршәоз израилаа Мшаԥы, насгьы иргәаланаршәазеи Иисус ишьҭанеицәа ари иҷыдоу уаххьа? 
- Иарбан ааԥхьароу Иисус ириҭо ишьҭанеицәа Иҳақәиҭу Ихәылԥаз ашьҭахь, насгьы иҟарҵозеи дара? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 26:14—30. - а) Ишԥаҳнарбо Маҭфеи 26:15 аҟны иану ажәеинраала, Иуда идырны Иисус дшиҭииз? 
- б) Иарбан ҩ-хықәкык иамоу, Иисус икеиҭәаз ишьа? (Маҭф. 26:27, 28; Иер. 31:31—33; Еф. 1:7; Аур. 9:19, 20). 
 
- Уаԥхьа Лука 22:1—39. - Иамоузеи ҵакыс Иуда Аҩсҭаа дилалеит ҳәа? (Лука 22:3; Иоан. 13:2; Аум. 1:24, 25). 
- Уаԥхьа Иоанн 13:1—20. - а) Иҟалома ахара идуҵар Иуда иҟаиҵаз азы, Иоанн 13:2 аҟны иану уаназхәыцуа, насгьы иднарҵозеи ари ақьырсианцәа? (Аҟаз. 4:7; 2 Кор. 2:11; Гал. 6:1; Иак. 1:13, 14). 
- б) Иарбан зеиԥшыҟам ҿырԥшу Иисус иҵаҩцәа ирзаанижьыз? (Иоан. 13:15; Маҭф. 23:11; 1 Пиот. 2:21). 
 
- Уаԥхьа Иоанн 17:1—26. - Иамоузеи ҵакыс Иисус Анцәа даниҳәоз, иара ишьҭанеицәа «иаӡәны иҟазарц» азы? (Иоан. 17:11, 21—23; Рим. 13:8; 14:19; Кол. 3:14). 
Ажәабжь 100
Иисус абаҳчаҿы
- Иабадырхеи рхы Иисус иапостолцәеи иареи, хыхьтәи ауада иандәылҵ, насгьы иарбан ааԥхьароу Иисус ириҭо? 
- Иибозеи Иисус апостолцәа рахь даныхынҳәуа, насгьы шаҟантә иҟалозеи уи? 
- Иаауада абаҳчахь, насгьы иҟаиҵозеи Иуда Искариот асахьаҿы ишаабо ала? 
- Дзигәӡуазеи Иуда Иисус, насгьы иҟаиҵозеи Пиотр? 
- Иеиҳәозеи Иисус Пиотр, насгьы избан Иисус и-Аб дзимыҳәо амаалықьцәа изааишьҭырц? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 26:36—56. - а) Избан Иисус иҵаҩцәа абжьгара шриҭаз, иахьа ақьырсиантә аизара аиҳабацәа рзы изҿырԥш бзиоу? (Маҭф. 20:25—28; 26:40, 41; Гал. 5:17; Еф. 4:29, 31, 32). 
- б) Дышԥазыҟаз Иисус, иаҳзааигәоу рҿагылараҿы абџьарҵәҟьа ахархәара? (Маҭф. 26:52; Лука 6:27, 28; Иоан. 18:36). 
 
- Уаԥхьа Лука 22:39—53. - Иаангозма Иисус ихаҵара ԥсыҽхеит ҳәа, амаалықь Гефсимантәи абаҳчаҿы игәы нирӷәӷәоз? Иҳаилыркаа. (Лука 22:41—43; Ис. 49:8; Маҭф. 4:10, 11; Аур. 5:7). 
- Уаԥхьа Иоанн 18:1—12. - Ишԥеихьчоз Иисус иҵаҩцәа ирҿагылақәоз рҟынтә, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара ари аҿырԥшы? (Иоан. 10:11, 12; 18:1, 6—9; Аур. 13:6; Иак. 2:25). 
Ажәабжь 101
Иисус дкыдҵаны дыршьуеит
- Дарбан раԥхьа иргыланы Иисус иԥсра ахара зду? 
- Иҟарҵозеи апостолцәа, адин напхгаҩцәа Иисус данҭарклак? 
- Иҟалозеи аԥхьаԥшьаҩы Каиафа иҩны аҟны? 
- Избан Пиотр дыздәылҵуа, лаӷырӡашалагьы дызҵәыуо? 
- Ишԥаҵәаауаз аԥшьаҩцәа, Иисус дандәықәырҵа шьҭахьла Пилат иахь? 
- Иҟалозеи ахәаша аҽны, насгьы жәас ииҭазеи Иисус иварахь ала ашьаҟа икыдҵаз, ашьра зқәыз ақәылаҩцәа руаӡәк? 
- Иабаҟало Иисус дызлацәажәоз џьанаҭ? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 26:57—75. - Ишԥаадырԥши иудеиатә иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахаҭарнакцәа, рыгәқәа шыцәгьаз? (Маҭф. 26:59, 67, 68). 
- Уаԥхьа Маҭфеи 27:1—50. - Избан иаҳҳәарц залшо Иуда дзыргәаҟуаз иламыс, гәыкала ишыҟамыз? (Маҭф. 27:3, 4; Марк 3:29; 14:21; 2 Кор. 7:10, 11). 
- Уаԥхьа Лука 22:54—71. - Иаҳнарҵозеи ҳара, Иисус дҭиины дҭаркуеит ҳәа даныргоз ауыха, Пиотр Иисус дахьицәхьаҵыз? (Лука 22:60—62; Маҭф. 26:31—35; 1 Кор. 10:12). 
- Уаԥхьа Лука 23:1—49. - Дышԥазыҟаз Иисус иишамкәа иахьизныҟәоз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Лука 23:33, 34; Рим. 12:17—19; 1 Пиот. 2:23). 
- Уаԥхьа Иоанн 18:12—40. - Излаубарҭеи Пиотр ҽнак зны ауаа дышрыцәшәазгьы, анаҩс иҽшиԥсахыз, насгьы еицырдыруа апостолны дшыҟалаз? (Иоан. 18:25—27; 1 Кор. 4:2; 1 Пиот. 3:14, 15; 5:8, 9.) 
- Уаԥхьа Иоанн 19:1—30. - а) Иарбан иҭышәынтәалоу хәаԥшышьоу Иисус имаз аматериалтә маҭәарқәа рганахьала? (Иоан. 2:1, 2, 9, 10; 19:23, 24; Маҭф. 6:31, 32; 8:20). 
- б) Избан Иисус дыԥсаанӡа ииҳәаз ажәақәа, изаршаҳҭуа Иегова имчра аҵыхәтәанынӡа дшадгылаз? (Иоан. 16:33; 19:30; 2 Пиот. 3:14; 1 Иоан. 5:4). 
 
Ажәабжь 102
Иисус иԥсы ҭоуп
- Иазусҭцәада аԥҳәыси ҩыџьа ахацәеи асахьаҿы иарбо, насгьы иабаҟоу дара? 
- Избан Пилат аԥшьаҩцәа адҵа зриҭо, Иисус идамра ахьчаразы аруаа рышьҭырц? 
- Иҟаиҵозеи амаалақь Иисус данԥсы ашьҭахь хымш анҵы, аха рхы шԥамҩаԥыргои аԥшьаҩцәа? 
- Избан аҳәса изџьаршьаз адамрахьы ианааи? 
- Избан Пиотри Иоанни адамрахьы иҩны изцо, насгьы ирбозеи уаҟа? 
- Иахьуазеи Иисус иԥсыбаҩ, аха ишԥашьақәирӷәӷәо Иисус иԥсы шҭалаҵәҟьаз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Маҭфеи 27:62—66, насгьы 28:1—15. - Избан Иисус иԥсы анҭала, аԥшьаҩы еиҳабацәеи, афарисеицәеи, насгьы аизара аиҳабацәеи, иԥшьоу адоуҳа аҿагылараҿы агәнаҳа зрыдлаз? (Маҭф. 12:24, 31, 32; 28:11—15). 
- Уаԥхьа Лука 24:1—12. - Ишԥаадырԥшуеи Иисус иԥсҭалара иадҳәалаз ахҭысқәа, Иегова аҳәса узықәгәыӷуа шаҳаҭцәаны ишиԥхьаӡо? (Лука 24:4, 9, 10; Маҭф. 28:1—7). 
- Уаԥхьа Иоанн 20:1—12. - Ишԥаҳнарбо Иоанн 20:8, 9 аҟны иану акрычҳара аарԥшра шахәҭоу, абиблиатә ԥааиамбаражәақәак шыҟало инагӡаны иаҳзеилымкаауазар? (Ажәам. 4:18; Маҭф. 17:22, 23; Лука 24:5—8; Иоан. 16:12). 
Ажәабжь 103
Иаркыу ашә ала ауадахь
- Иалҳәозеи Мариа ауаҩы, абаҳчааӡаҩы иакәыз џьышьа, насгьы ишԥеилылкаауеи лара уи Иисус шиакәҵәҟьаз? 
- Иарбан хҭысу изықәшәо ҩыџьа аҵаҩцәа, Еммаус ақыҭа ахь зхы рханы ицоз? 
- Иҟалозеи, ҩыџьа аҵаҩцәа Иисус дшырбаз апостолцәа ианырзеиҭарҳәо? 
- Шаҟантә дрызцәырҵуазеи Иисус ишьҭанеицәа? 
- Ииҳәазеи Фома, аҵаҩцәа Иҳақәиҭу дшырбаз аниаҳа, насгьы иҟалозеи аамш рышьҭахь? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иоанн 20:11—29. - Иаанагома Иисус иажәақәа Иоанн 20:23 аҟны иану, ауаа агәнаҳақәа ранажьра азин рымоуп ҳәа? Иҳаилыркаа. (Ԥс. 49:2, 7; Ис. 55:7; 1 Тим. 2:5, 6; 1 Иоан. 2:1, 2). 
- Уаԥхьа Лука 24:13—43. - Ишԥазыҟаҳҵарц ҳалшо ҳгәы, абиблиатә иаша аднакыларц? (Лука 24:32, 33; Езд. 7:10; Маҭф. 5:3; Аум. 16:14; Аур. 5:11—14). 
Ажәабжь 104
Иисус ажәҩанахь дхынҳәуеит
- Шаҟаҩы аҵаҩцәа зныкала дырбозеи Иисус, насгьы иреиҳәозеи урҭ Иисус? 
- Изакәузеи Анцәа Иаҳра, насгьы закәытә ԥсҭазаароузеи иҟало Иисус зқьышықәса аҳра аниуло аамҭазы? 
- Шаҟа мшы дрызцәырҵуазеи Иисус иҵаҩцәа, насгьы иҟаиҵар акәзеи уажәшьҭа иара? 
- Дыззрыҳәозеи Иисус иҵаҩцәа, урҭ аанижьаанӡа? 
- Еиҭаҳәа асахьаҿы иарбоу, насгьы дышԥаҟало дрымбо Иисус? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:3—8. - Избан апостол Павел даара агәраганы Иисус иԥсҭалара зеиҭеиҳәо, насгьы иарбан агәра ганы ирҳәаларц ахәҭоу иахьа ақьырсианцәа? (1 Кор. 15:4, 7, 8; Ис. 2:2, 3; Маҭф. 24:14; 2 Тим. 3:1—5). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 1:1—11. - Аҽшԥарҭбааи ажәабжьҳәаратә аус, Аумҭақәа 1:8 аҟны заа ишаҳәахьаз еиԥш? (Аум. 6:7; 9:31; 11:19—21; Кол. 1:23). 
Ажәабжь 105
Иерусалим ақалақьаҿы азыԥшра
- Уахәаԥш асахьа. Ирыхьуазеи Иисус ишьҭанеицәа, Иерусалим аҟны изԥшны иаанхаз? 
- Иарбан џьашьахәу Иерусалимҟа иааз ауаа ирбо? 
- Иреилиркаауазеи Пиотр еизаз ауаа? 
- Иарбан цәанырроу ироуа ауаа Пиотр ианизыӡырҩлак, насгьы иреиҳәозеи урҭ иҟарҵарц? 
- Шаҟаҩы аӡы рыҽӡаархызеи 33 шықәсазы Ҩынҩажәижәабатәи амшныҳәазы ҳ.ҟ.? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аумҭақәа 2:1—47. - а) Ишԥаҳдырбо Пиотр иажәақәа Аумҭақәа 2:23, 36 аҟны иану, Иисус иԥсразы аҭакԥхықәра зду иудеиатәи ажәлар шракәыз? (1 Фес. 2:14, 15). 
- б) Ишԥаҳзаанижьи Пиотр аҿырԥш бзиа, Аҩыра ҳхы иархәаны азхәыцразы? (Аум. 2:16, 17, 29, 31, 36, 39; Кол. 4:6). 
- в) Ихы ишԥаирхәеи зегь раԥхьа Пиотр «жәҩантә аҳра ацаԥхақәа», Иисус ииҭоит ҳәа дызқәиргәыӷыз? (Аум. 2:14, 22—24, 37, 38; Маҭф. 16:19). 
 
Ажәабжь 106
Абахҭа аҟынтә иоушьҭын
- Ирыхьуазеи ҽнак зны Пиотри Иоанни, аныҳәарҭахь ианцо? 
- Иеиҳәозеи Пиотр агра змоу ауаҩы, насгьы ииҭозеи иара аԥара аасҭа зыхә ҳаракыз? 
- Избан адин ԥызацәа рыԥсахы зԥжәо, насгьы ирзыруазеи урҭ Пиотри Иоанни? 
- Иреиҳәозеи Пиотр адин ԥызацәа, насгьы ирҭахыузеи урҭ апостолцәа рҟынтә? 
- Избан адин ԥызацәа зшьыцуа, насгьы иҟалозеи апостолцәа аҩынтәраан абахҭа ианҭаркуа? 
- Ирҳәозеи апостолцәа асинедрион азал ахь ианнарго? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аумҭақәа 3:1—10. - Ишԥаҳацхраауеи Пиотр иажәақәа Аумҭақәа 3:6 аҟны иану, Аҳра иазкыу ажәабжь зыԥсоу, иахьа аџьашьхәқәа аҟаҵара шҳалымшоугьы? (Иоан. 17:3; 2 Кор. 5:18—20; Флп. 3:8). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 4:1—31. - Ишԥаҳалшо ҳара иахьа I ашәышықәса инхоз ақьырсиантә ҳашьцәа рҿыԥшра, Анцәа имаҵураан аҿагыларақәа ҳанрықәшәо? (Аум. 4:29, 31; Еф. 6:18—20; 1 Фес. 2:2). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 5:17—42. - Иаага ҿырԥштәқәак, уаанӡа насгьы ҳара ҳаамҭазы, Анцәа имаҵ зымуаз хшыҩла ишазнеиуаз ажәабжьҳәара аус? (Аум. 5:34—39). 
Ажәабжь 107
Стефан ахаҳәқәа игәыдҵаны дыршьуеит
- Дызусҭада Стефан, насгьы иҟаиҵозеи Анцәа имчала? 
- Иарбан жәақәоу Стефан ииҳәаз, адин аԥызацәа рыԥсахы еибазыркыз? 
- Изыруазеи арҭ ауаа Стефан, дырҳәазаны ақалақь даналырго? 
- Ихьӡузеи арԥыс қәыԥш, амаҭәа зыхьчо? (Уахәаԥш асахьа.) 
- Иарбан аҳәароу Иегова иахь Стефан дыԥсаанӡа иҟаиҵо? 
- Иҟаҳҵарц ҳалшозеи Стефан иҿырԥшала, аӡәы ишакәым данҳазныҟәо? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аумҭақәа 6:8—15. - Иарбан гызмалрақәоу адин напхгаҩцәа зызнеиуаз, Иегова Ишаҳаҭцәа инарыгӡо ажәабжьҳәаратә аус аанкылара рҽазышәо? (Аум. 6:9, 11, 13). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 7:1—60. - а) Ицхраазеи Стефан ажәабжь бзиа ҟазарала ахьчара Синедрион аҿаԥхьа, насгьы иаҳнарҵозеи уи иҿырԥшы? (Аум. 7:51—53; Рим. 15:4; 2 Тим. 3:14—17; 1 Пиот. 3:15). 
- б) Ҳашԥарзыҟазаарц ахәҭоу ҳара ҳус иаҿагыло? (Аум. 7:58—60; Маҭф. 5:44; Лука 23:33, 34). 
 
Ажәабжь 108
Дамаскҟа амҩан
- Иҟаиҵазеи Савл Стефан данҭаха ашьҭахь? 
- Ихьуазеи Савл Дамаскҟа амҩан? 
- Идиҵозеи Иисус Савл? 
- Иарбан дҵоу Иисус Ананиа ииҭо, насгьы дышԥаҟало Савл ҩаԥхьа ибо? 
- Ишԥаԥсахыз Савл ихьӡ, насгьы иҟаиҵозеи иара? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аумҭақәа 8:1—4. - Ишԥацхрааи ақьырсиантә хаҵа́ра рылаҵәара, ааигәа еиҿкааз ақьырсиантә еизарақәа изықәшәаз аԥхаҵарақәа, насгьы иҟалахьома абри аҩыза ҳара ҳаамҭақәа раан? (Аум. 8:4; Ис. 54:17). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 9:1—20. - Иарбан х-хәҭакыу излашьақәгылаз адҵа, Иисус Савл ииҭарц ииҭахыз? (Аум. 9:15; 13:5; 26:1; 27:24; Рим. 11:13). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 22:6—16. - Иҿаҳҵаарц ҳалшозеи Ананиа, насгьы избан уи акыр заҵанакуа? (Аум. 22:12; 1 Тим. 3:7; 1 Пиот. 1:14—16; 2:12). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 26:8—20. - Избан Савл ақьырсианра ахьидикылаз гәырӷәӷәагас изыҟоу, зхацәа ма зыҳәса рхаҵа́ра рыцеиҩызымшо рзы? (Аум. 26:11; 1 Тим. 1:14—16; 2 Тим. 4:2; 1 Пиот. 3:1—3). 
Ажәабжь 109
Пиотр Корнили иахь днеит
- Уахәаԥш асахьа. Дызусҭада ари асахьаҿы ишьамхышгыланы игылоу? 
- Иеиҳәозеи амаалықь Корнили? 
- Иирбозеи Анцәа Пиотр, Иоппиа аҟны Симон иҩны ахыбаҿы? 
- Избан Пиотр Корнили изиеиҳәо, дшьамхышгыланы димеихырхәарц? 
- Избан Пиотр ицны иааз иудеиатәи аҵаҩцәа изџьаршьо? 
- Иаҳнарҵозеи Пиотр Корнили иахь дахьааз? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аумҭақәа 10:1—48. - Еилаҳкаауазеи Пиотр иажәақәа рыла Аумҭақәа 10:42 аҟны иану, Аҳра иазкыу ажәабжь бзиа рылаҳәара аус азы? (Маҭф. 28:19; Марк 13:10; Аум. 1:8). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 11:1—18. - Ихы шԥамҩаԥигеи Пиотр, егьырҭ ажәларқәа рахьынтә ауаа рзы Иегова игәаԥхара иаҵанакуа анеилкааха, насгьы ҳаиҿыԥшырц шԥаҳалшо ҳара? (Аум. 11:17, 18; 2 Кор. 10:5; Еф. 5:17). 
Ажәабжь 110
Тимофеи — Павел ицхырааҩ ҿыц
- Дызусҭада ари арԥыс қәыԥш асахьаҿы иарбо, дабанхо иара, насгьы ирыхьӡқәозеи иани иандуи? 
- Ииҳәозеи ҭакс Тимофеи, Павел Силеи иареи адгьыл харақәа рҟны инхо ауаа, ажәабжь рзеиҭаҳәара дрыццарц иҭахыума ҳәа даниазҵаа? 
- Иабарыхьӡҵахеи раԥхьаӡа, Иисус ишьҭанеицәа ақьырсианцәа ҳәа? 
- Еиқәыԥхьаӡа қалақьқәак Павел, Сила, насгьы Тимофеи иахьаҭаауа Антиохиа ианықәҵлак? 
- Дышԥаицхраауеи Тимофеи Павел, насгьы иарбан зҵаароу рхы иарҭарц рылшо аҿар? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аумҭақәа 9:19—30. - Гәҽанҵарала ихы шԥамҩаԥигеи Павел, ажәабжь ҳәараан аҿагыларақәа данрықәшәа? (Аум. 9:22—25, 29, 30; Маҭф. 10:16). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 11:19—26. - Ишԥаҳдырбо Аумҭақәа 11:19—21, 26 аҟны иану ажәеинраалақәа, Иегова идоуҳа ажәабжьҳәара напхгара шанаҭо? 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 13:13—16, 42—52. - Ишԥаҳдырбо Аумҭақәа 13:51, 52 аҟны иану ажәеинраалақәа, аҵаҩцәа ргәы шкамҳауз аҿагыларақәа ианрықәшәозгьы? (Маҭф. 10:14; Аум. 18:6; 1 Пиот. 4:14). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 14:1—6, 19—28. - Ишԥаҳацхраауеи ажәақәа «Иегова инапы ианҵоуп» азхәыцра, амцхә агәҭынчымра аҽацәыхьчара, Анцәа иажәа аҵара иалагаз ҳанрыцхраауа? (Аум. 14:21—23; 20:32; Иоан. 6:44). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 16:1—5. - Ишԥазгәанаҭо инаҵшьны, Тимофеи иаԥхьатә ԥҟара дшазхиаз, «ажәабжь бзиа азы зегьы...аҟаҵара» акыр шаҵанакуа? (Аум. 16:3; 1 Кор. 9:23; 1 Фес. 2:8). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 18:1—11, 18—22. - Еилаҳкаауазеи Аумҭақәа 18:9, 10 аҟынтә, шаҟа ихы алаирхәуаз Иисус ихаҭа ажәабжьҳәара аус анапхгараҿы, насгьы зыгәра ҳгарц ҳалшои убри аҟынтә? (Маҭф. 28:20). 
Ажәабжь 111
Ҷкәынак дшыцәаз
- Уахәаԥш асахьа. Дызусҭада ари аҷкәын адгьылаҿы ишьҭоу, насгьы ихьзеи иара? 
- Иҟаиҵозеи Павел, аҷкәын дшыԥсыз аниба? 
- Рхы абадырхои Павели, Тимофеии егьырҭ рымҩанызацәеи, насгьы иҟалозеи Милет ианаангыло? 
- Иарбан гәҽанҵароу аԥааимбар Агав Павел ииҭаз, насгьы ишԥанагӡахеи уи аԥааимбаражәа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аумҭақәа 20:7—38. - а) Ишԥаҳалшо «зегьы ршьа аҟынтә ҳаҵқьаны» ҳаанхарц, Павел иажәақәа Аумҭақәа 20:26, 27 аҟны иану инақәыршәаны? (Иез. 33:8; Аум. 18:6, 7). 
- б) Избан аизара аиҳабацәа «ииашоу ажәа ӷәӷәала иадгылазарц» зрыхәҭоу, егьырҭ ианыддырҵо? (Аум. 20:17, 29, 30; Тит. 1:7—9; 2 Тим. 1:13). 
 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 26:24—32. - Ихы ишԥаирхәоз Павел римтәи агражданра имаз, Иисус ииҭаз ажәабжьҳәара адҵа анагӡаразы? (Аум. 9:15; 16:37, 38; 25:11, 12; 26:32; Лука 21:12, 13). 
Ажәабжь 112
Ауаа рыӷба ԥҽуеит, даргьы адгьылбжьаха иқәнагалоит
- Иахьуазеи аӷба Павел дзықәтәаз, Крит адгьылбжьаха азааигәара? 
- Ирылеиҳәозеи Павел аӷба иақәтәаз ауаа? 
- Ишԥаԥҽуеи аӷба? 
- Иарбан дҵоу иҟаиҵо, аҭакԥхықәра здыз шәҩык иреиҳабыз, насгьы шаҟаҩы наӡода аҟәара аҟынӡа? 
- Иахьӡузеи адгьылбжьаха урҭ ахьнеиз, насгьы ихьуазеи Павел амш анбзиахалак? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аумҭақәа 27:1—44. - Избан абиблиатә аацҳарақәа Павел Римҟа иныҟәарақәа ирызкыу аԥхьара, ҳагәрагара зарӷәӷәо Абиблиа иану шиашоу? (Аум. 27:16—19, 27—32; Лука 1:3; 2 Тим. 3:16, 17). 
- Уаԥхьа Аумҭақәа 28:1—14. - Амурҭаҭқәа Мальта инхоз апостол Павел, насгьы аӷбаҿы ицқәаз рахь «зеиԥшыҟам ауаҩы ибзиабара» аадырԥшызар, иаадырԥшырц рыхәҭозеи ақьырсианцәа, насгьы ишԥа? (Аум. 28:1, 2; Аур. 13:1, 2; 1 Пиот. 4:9). 
Ажәабжь 113
Павел Рим дыҟоуп
- Иззеиҭеиҳәода Павел ажәабжь Рим абахҭа дахьҭакыз? 
- Уахәаԥш асахьа. Дызусҭада астол иахатәо, насгьы дышԥаицхраауеи уи Павел? 
- Дызусҭада Епафродит, насгьы иигозеи иара Филиппҟа? 
- Изиҩуазеи Павел асалам шәҟәы, иҩыза гәакьа Филимон иахь? 
- Иҟаиҵозеи Павел даноурышьҭлак, насгьы ихьуазеи анаҩс? 
- Изииҭада Иегова агәацԥыҳәара, Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәқәа иҩырц, насгьы иаҳәозеи Аартра ашәҟәаҿы? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аумҭақәа 28:16—31, насгьы Филиппаа рахь 1:13. - Ихы ишԥаирхәеи Павел, Рим абахҭа аҟны ихигаз аамҭа, насгьы ишԥарныри ақьырсиантә аизара иара ихаҵа́ра ӷәӷәа? (Аум. 28:23, 30; Флп. 1:14). 
- Уаԥхьа Филиппаа рахь 2:19—30. - Ишԥааирԥши Павел, Тимофеии Епафродити пату шрықәиҵоз, насгьы ҳаиҿыԥшырц шԥаҳалшои Павел? (Фил. 2:20, 22, 25, 29, 30; 1 Кор. 16:18; 1 Фес. 5:12, 13). 
- Уаԥхьа Филимон 1—25. - а) Шьаҭаз иамазеи Павел, Филимон аиаша аҟаҵарахь дахьиԥхьоз, насгьы ишԥаҿырԥшыгоу ари аизара аиҳабацәа рзы иахьа? (Флм. 9; 2 Кор. 8:8; Гал. 5:13). 
- б) Ишԥаадырԥшуеи Павел иажәақәа Филимон 13, 14 аҟны иану, егьырҭ аизара иахәҭакыз рыламыс пату шақәиҵоз? (1 Кор. 8:7, 13; 10:31—33). 
 
- Уаԥхьа 2 Тимофеи иахь 4:7—9. - Избан ҳара Павел иеиԥш агәра ҳгарц зҳалшо, Иегова аҳамҭа шҳаиҭо аҵыхәтәанынӡа ҳиашаны ҳаанхар? (Маҭф. 24:13; Аур. 6:10). 
Ажәабжь 114
Ацәгьара зегьы аҵыхәтәа
- Избан Абиблиаҿы изаҳәо ажәҩан аҟны иҟоу аҽқәа рыӡбахә? 
- Иахьӡузеи Анцәа иеибашьра ауаа цәгьақәа рзы иҟало, насгьы дзалагозеи Анцәа ари аибашьра? 
- Уахәаԥш асахьа. Напхгара азызуада ари аибашьра, избан агәыргьын зихоу, насгьы иаанагозеи аҳәа? 
- Избан 10, 15 ажәабжьқәа ҳанрызхәыцуа, уамашәа иҳамбар захәҭоу Анцәа ауаа цәгьақәа ахьықәихуа? 
- Ишԥаҳдырбои 33, 36, насгьы 76 ажәабжьқәа, Анцәа ауаа цәгьақәа, иара ҳеихырхәоит ҳәа шьақәзырӷәӷәогьы шықәихуа? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аартра 19:11—16. - а) Ишԥаҳнарбо Аҩыра, аҽы шкәакәа иақәтәоу — ари Иисус Христос шиакәу? (Аарт. 1:5; 3:14; 19:11; Ис. 11:4). 
- б) Ишԥашьақәнарӷәӷәо Иисус хыхьтәи имаҭәа иамаз ашьа, инагӡаны ӷьеҩлаҵәҟьа аиааира шииго? (Аарт. 14:18—20; 19:13; Ис. 63:1—6). 
- в) Дызусҭада аруаа рахь иаҵанакуа, аҽы шәкәакәа иақәтәоу Иисус ишьҭанеиуа? (Аарт. 12:7; 19:14; Маҭф. 25:31, 32). 
 
Ажәабжь 115
Адгьыл аҟны — џьанаҭ ҿыц
- Иарбан ҭагылазаашьақәоу иҳамазаало, Абиблиа ишаҳнарбо ала, адгьылаҿы џьанаҭ аныҟалалак? 
- Изықәнаргәыӷуазеи Абиблиа џьанаҭ иқәынхало? 
- Данбеиҷаҳауеи Иисус абарҭ иџьашьахәу аԥсахрақәа ҟаларц? 
- Иҟаиҵозеи Иисус адгьылаҿы даныҟаз, Анцәа иалихыз Аҳак иаҳасабла, напхгара аниуло аамҭазы иҟаиҵараны иҟоу ҳирбарц? 
- Иззеиҷаҳауазеи, Иисус насгьы ажәҩан аҟынтә адгьылахь напхгара ицҟазҵало? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Аартра 5:9, 10. - Избан ҳара агәра ҳгарц зҳалшо, Зқьышықәсатәи аҳра аҩнуҵҟа адгьыл напхгара азызуло, арыцҳашьареи агәшаҭареи злоу аҳцәаны, насгьы ԥшьаҩцәаны ишыҟало? (Еф. 4:20—24; 1 Пиот. 1:7; 3:8; 5:6—10). 
- Уаԥхьа Аартра 14:1—3. - Иарбан символтә ҵакыу иамоу, Аб ихьӡи Асыс ихьӡи 144 000-ҩык рылахь иахьану? (1 Кор. 3:23; 2 Тим. 2:19; Аарт. 3:12). 
Ажәабжь 116
Наӡаӡа ҳанхаларц азы иҟаҵатәу
- Иаҳдырыр ахәҭада, наӡаӡа ҳанхааларц ҳҭахызар? 
- Ишԥаҳалшо ҳара Анцәа Иеговеи Иисуси ҳдырырц, асахьаҿы иарбоу аӡӷаб хәыҷы лҩызцәеи лареи ҳарҿыԥшуазар? 
- Иарбану даҽа шәҟәык уара ари асахьаҿы иубо, насгьы избан уи лассы-лассы изаԥхьалатәу? 
- Иҟаҵатәузеи еиҭа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауырц, Иеговеи Иисуси рдырра адагьы? 
- Иаҳнарҵозеи 69-тәи ажәабжь? 
- Иаҳнарбозеи Самуил ҳәыҷы иҿырԥшы 55-тәи ажәабжь аҟны зыӡбахә еилаҳкааз? 
- Ишԥаҳалшо ҳаиҿыԥшырц Иисус Христос, насгьы иарбан ԥеиԥшу ирзыԥшу ус зхы мҩаԥызго? 
Ихазырҭәаауа азҵаарақәа:
- Уаԥхьа Иоанн 17:3. - Ишԥаҳнарбо Аҩыра, Анцәа Иеговеи Иисус Христоси реилкаара, афакҭқәа рҵара адагьы иеиҳаны ишаанаго? (Маҭф. 7:21; Иак. 2:18—20; 1 Иоан. 2:17). 
- Уаԥхьа Ԥсалом 145:1—21. - а) Еиқәыԥхьаӡа Иегова иҳаракразы иҟоу мзызқәак? (Ԥс. 145:8—11; Аарт. 4:11). 
- б) Излааԥшуазеи Иегова «бзиарала зегьы рахь» дшыҟоу, насгьы избан ари еиҳа ҳаизааигәанатәыр захәҭоу (Ԥс. 145:9; Маҭф. 5:43—45). 
- в) Ҳара гәыкала Иегова ҳаизыҟазар, иаҳгәанарԥхозеи уи ҳара? (Ԥс. 119:171, 172, 175; 145:11, 12, 21).