АЖӘАБЖЬ 65
Аҳра еиҩшоуп
ИУДЫРУАМА, ари ауаҩы ихалаҭ кәыжә-кәыжә изықәиҵо? Убас идиҵеит Иегова. Уи Ахиа зыхьӡу Анцәа иԥааимбар иоуп. Дудыруама, аԥааимбар дызусҭоу? Ари ҳаԥхьаҟа иҟало заа Анцәа иззааиртуа иоуп.
Уажәы Ахиа дзацәажәо ауаҩы Иеровоам ихьӡуп. Соломон уи аргылара иахьаҿу усқәак хылаԥшҩыс дриҭеит. Амҩаҿы Иеровоам даниқәшәа, Ахиа уамашәа иубаша акы ҟаиҵоит. Ихалаҭ ҿыц ишәыхны, 12 хәҭакны икәыжә-кәыжә иқәиҵоит. Нас Иеровоам диҳәоит: ‘Ига 10 хәҭак’. Иудыруама, Ахиа Иеровоам 10 хәҭак зииҭо?
Ахиа иҳәеит, Иегова Соломон аҳра имихырц игәы ишҭоу. 10 биԥаракгьы Иегова Иеровоам ииҭар иҭахыуп. Ҩ-биԥарак роуп Соломон иҷкәын Ровоам инапаҵаҟа иаанхо.
Ари Соломон ианеиликаалак, даара дгәамҵуеит. Иеровоам дишьырцгьы иҭахыуп. Аха Иеровоам Мсырҟа иҽиӡоит. Аамҭа цоит — Соломон дыԥсуеит. Ҩынҩажәа шықәса уи аҳас дыҟан, уажәы ицынхәрас иҷкәын Ровоам даҳхоит. Соломон дшыԥсыз аниаҳалак, Иеровоам Израилҟа дхынҳәуеит.
Ровоам — иҽеим аҳауп. Уи иаб Соломон иаҵкьыс еицәаны ауаа дрызныҟәоит. Иеровоам еицырдыруа ауаа ԥыҭҩык ицны аҳ Раваоам иахь иаауеит, иагьиҳәоит ауаа еиӷьны дрызныҟәаларц. Аха Ровоам урҭ дырзыӡырҩуам. Уи ԥыхьа аасҭа, еиҳагьы еицәаны ауаа дрызныҟәо далагоит. Убри аҟынтә ажәлар далырхуеит Иеровоам 10 биԥарак рҟны аҳас, егьырҭ аҩ-биԥарак, Вениамини Иудеи, аҳ Ровоам инапаҵаҟа иаанхоит.
Иеровоам иҭахӡам, ижәлар аихырхәаразы Иерусалим Анцәа иныҳәарҭахьы ицалар. Убри азы уи ҩ-хьтәы қаблак ҟаиҵоит, ажәларгьы уи иреихырхәаларц рыдиҵеит. Хара имгакәа атәыла гәымбылџьбаралеи ақәымчралеи иҭәуеит.
Ҩ-биԥарак рыла ишьақәгылоу аҳраҿгьы арыцҳарақәа рацәаны иҟалоит. Ровоам даҳхеижьҭеи хәышықәсагьы цқьа имҵыцкәа Мсыртәи аҳ Иерусалимҟа еибашьра ддәықәлоит. Уи Иегова иныҳәарҭа аҟынтә амазарақәа рацәаны игеит. Убри азы аныҳәарҭа шдыргылаз еиԥш иахьаанхо аамҭа маҷк ауп.
1 Аҳцәа 11:26—43; 12:1—33; 14:21—31.