Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 71
  • Анцәа џьанаҭ ҳақәиргәыӷуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа џьанаҭ ҳақәиргәыӷуеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • «Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳаиқәшәараҟынӡа!»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Анцәа игәы иҭеикзеи адгьыл азы?
    Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
  • Игәы иҭеикзеи Анцәа ауаа рзы?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Урҭ рыҩны зхарцәыӡыз
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 71

АЖӘАБЖЬ 71

Анцәа џьанаҭ ҳақәиргәыӷуеит

АРИ асахьаҿы џьанаҭ аарԥшуп, Анцәа иԥааимбар Исаиа ишибаз еиԥш. Исаиа Иона иаамышьҭахь дынхон.

Џьанаҭ — ари „абаҳча“ ма „апарк“ ауп. Иугәаланамыршәаӡои ари уаанӡа ари ашәҟәы аҟны иаҳбахьоу акы? Иегова Адами Евеи рзы иҟаиҵаз абаҳча ссир иеиԥшӡами ари? Аха иҟалома адгыл зегьы мышкы-зны иџьанаҭны?

Иегова аԥааимбар Исаиа идиҵеит, Анцәа иуаажәлар рзы ҳаԥхьаҟатәи иҿыцу џьанаҭ атәы иҩырц. Уи иааицҳаит: ‘Ақәыџьмеи асыси еицынхалоит, аҳәысқәагьы алым ҿақәагьы акреицырфалоит, ахәыҷқәагьы урҭ ирхылаԥшлоит. Асабиҵәҟьагьы ишҳаму амаҭ ааигәара даныхәмарлогьы, уи ԥхасҭа изнауам’.

— Ари ахаангьы иҟалом,— иамаркуеит аӡәырҩы.— Адгьыл аҟны еснагь арыцҳарақәа ыҟан, урҭ наӡаӡагьы иҟазаауеит. Аха узызхәыцша убриоуп: иабанирхеи Анцәа Адами Евеи?

Џьанаҭ аҟны. Анцәа иахьизымӡырҩыз азоуп иссирыз рыџьанаҭ ҩны зырцәыӡыз, изажәыз, изԥсыз. Анцәа иара бзиа дызбо иақәиргәыӷуеит, Адами Евеи ирцәыӡыз аҭагылазаашьақәа еиҭашырзышьақәиргыло ала.

Ҳаԥхьаҟатәи џьанаҭ ҿыц аҟны уаҩы иԥырхагоуи дхызшьаареи ҟалом. Иахьабалакгьы аҭынчра наӡа аҳра аулоит. Ауаа зегьы рыгәқәа бзианы, анасыԥ рыманы иҟалоит. Зегьы Анцәа раԥхьа игәы ишҭеикыз еиԥшҵәҟьа иҟалоит.

Наҟ-наҟ ҳара еилаҳкаауеит, Анцәа уи ҟаҵашьас иеиҭо?

Исаиа 11:6—9; Аартра 21:3, 4.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра