Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 73
  • Израил аҵыхәтәантәи аҳ бзиа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Израил аҵыхәтәантәи аҳ бзиа
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иосиа Анцәа изакәан бзиа ибон
    Учимся на примерах из Библии
  • Ио́сиа аҩызцәа бзиақәа иман
    Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, изеиԥшрахозеи шәыԥсҭазаара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 73

АЖӘАБЖЬ 73

Израил аҵыхәтәантәи аҳ бзиа

ИОСИА аладатәи израил ҩ-биԥарак аҳас данырзыҟала, аашықәса ракәын ихыҵуаз. Уи дқәыԥшцәоуп, аҳас дҟаларц азыҳәан. Убри азы раԥхьа уи ԥыҭҩык зықәра ыҟаз ауаа ажәлар напхгара рыҭараҿы ицхраауан.

Бжьышықәса аҳра аниулак ашьҭахь, Иосиа Иегова иахь ихы ирхоит. Уи дырҿыԥшуан Давид, Иосафат, Езекиа реиԥш иҟаз аҳцәа бзиақәа. Уи данхбыџыз, агәымшәара аазырԥшуа хымҩаԥгашьак ҟаиҵеит.

Уажәжьшьҭа акыраамҭа израилаа рыбжеиҳараҩык даара иҽиеимкәа рхы мҩаԥаргоит. Урҭ амц-нцәахәқәа иреихырхәоит. Ишьымхнышгылоит аныхақәа рҿаԥхьа. Убри аҟнытә Иосиа имаҵуҩцәа аашьҭыхны, атәыла имцу ахырхәара аҟнытә ирыцқьоит. Аџьабаа маҷымкәа иаҭахыуп, избанзар даара ирацәаны ауаа амц-нцәахәқәа иреихырхәоит. Ари адаҟьаҿы уара иубоит, Иосиа имаҵуҩцәа иманы аныхақәа ҟубаса ишықәиҵо.

Нас Иосиа хҩык ахацәа алихуеит, Иегова иныҳәарҭа иагыу ҟазҵо ирхылаԥшларц азы. Ажәлар рҟынтә аԥара еизганы, арҭ ахацәа аусура азы иаҭахыу рырҭоит. Арҭ аусурақәа раан аԥхьаԥшьаҩы Хелкиа аныҳәарҭаҿы иԥшаауеит даара акрызҵазкуа акы. Азакәан шәҟәы — уи акыр шықәса раԥхьа Иегова Моисеи иҩырц идиҵаз ауп. Акыраамҭа уи иӡны иҟоуп ҳәа иԥхьаӡан.

Уи ашәҟәы Иосиа изнаргоит, рыбжьы рдуны изаԥхьарцгьы дрыҳәоит. Уи даназыӡырҩуа, еиликаауеит, ажәлар Иегова изакәан ишықәымныҟәо. Асахьаҿы ишубо еиԥш, уи даара ихьааигоит: ишәу амаҭәақәа ԥижәжәоит. Уи илахь еиқәны иҳәоит: ‘Иегова дҳазгәааны дыҟоуп, избанзар ҳабацәа ари ашәҟәы ианыз азакәан иқәныҟәомызт’.

Уи аԥхьаԥшьаҩы Хелкиа идиҵоит, Иегова ирзиурц игәы иҭоу еиликаарц. Хелкиа дцоит аԥааимбар ԥҳәыс Олдан лахь. Дагьыхынҳәуеит Иегова иҟынтә абри еиԥш иҟоу аҭак иманы: ‘Иерусалими ажәлар зегьи ақәнага иақәыршәахоит, амц-нцәахәқәа иахьреихырхәои, насгьы адгьыл аус бааԥсқәа рыла иахьҭәызи рзы. Аха уара, Иосиа, ухы иашаны иахьымҩаԥуго азы, ухаан иҟалом ахьырхәра’.

2 Ашықәсынҵа 34:1—28.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра