Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • yc аур. 8, ад. 18—19
  • Ио́сиа аҩызцәа бзиақәа иман

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ио́сиа аҩызцәа бзиақәа иман
  • Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иосиа Анцәа изакәан бзиа ибон
    Учимся на примерах из Библии
  • Израил аҵыхәтәантәи аҳ бзиа
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, изеиԥшрахозеи шәыԥсҭазаара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
yc аур. 8, ад. 18—19
Аҳ Иосиа иҩыза Иеремиа дизыӡырҩуеит

АУРОК 8

Ио́сиа аҩызцәа бзиақәа иман

Угәы ишԥаанаго, имариоума еснагь ииашоу аҟаҵара?~ Реиҳараҩык уи рзымариам. Абиблиа иаҳәоит Иосиа захьӡыз аҷкәын изы уи еиҳараӡак ишымариамыз. Аха иара ицхраауаз аҩызцәа бзиақәа иман. Уааи Иосиа иҩызцәеи иареи ибзианы ҳрабадырып.

Иосиа иаб Амо́н, иудеиатәи аҳ, даара дуаҩы бааԥсын, насгьы аныхақәа дрымҵахырхәон. Амон даныԥсы ашьҭахь, Иосиа уи иҭыԥан аҳас дҟалеит. Усҟан иара аа-шықәса ракәын ихыҵуаз. Угәы ишԥаанаго, Иосиагьы иаб еиԥш дуаҩы бааԥсны дҟалама?~ Мап!

Аԥааимбар Софониа Иуда иқәынхо ажәлар Иегова иажәабжь рылеиҳәоит

Софониа ауаа ргәырҽаниҵон аныхақәа ирымҵамхырхәаларц

Иосиа зынӡа даныхәыҷӡазгьы еснагь иҭахын Иегова иҳәатәы хаиҵаларц. Убри аҟынтә иара Иегова бзиа иибоз ракәын ҩызцәас иалихуаз. Урҭ ицхраауан ииашаны ихы мҩаԥигаларц. Изусҭцәадаз уи иҩызцәа?

Иҩызцәа руаӡәк ихьӡын Софо́ниа. Уи дԥааимбарын. Иара Иуда инхоз ауаа ргәырҽаниҵон аныхақәа ирымҵахырхәалар арыцҳара ишақәшәо. Иосиа Софониа дизыӡырҩуан, насгьы аныхақәа ракәымкәа Иегова иакәын дзымҵахырхәоз.

Иосиа иҵегь Иереми́а захьӡыз аҩыза диман. Урҭ қәрала еиҩыргоз ҳәа акгьы ыҟаӡамызт, насгьы ианыхәыҷқәаз еизааигәаны инхон. Урҭ убриаҟара еиҩызцәа бзиақәан, Иосиа даныԥсы, Иеремиа ашәа иҩит. Уа иаҳәон шаҟа дыгәхьааигоз. Иеремиеи Иосиеи еицхыраауан ииашоу аҟаҵара, насгьы Иегова иҳәатәы ахаҵара.

Иеремиеи Иосиеи ииашоу аҟаҵара еицхыраауан

Иаҳнарҵар алшозеи ҳара аҳ Иосиа иҿырԥшы?~ Иосиа даныхәыҷыз инаркны иҭахын ииашаны ахымҩаԥгара. Иара идыруан Иегова бзиа дызбо шракәу ҩызцәас имазар ихәҭоу. Уаргьы Иегова бзиа иибо аҩызцәа алхла. Урҭ уара еснагь ииашоу аҟаҵара иуцхраауеит!

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ

  • 2 Ашықәсынҵа 33:21—25; 34:1, 2; 35:25

АЗҴААРАҚӘА:

  • Дызусҭадаз Иосиа иаб? Ииашаны ихы мҩаԥигозма иара?

  • Ииҭахызи Иосиа аҟаҵара даныхәыҷызгьы?

  • Ирыхьӡызи ҩыџьа Иосиа иҩызцәа?

  • Иаҳнарҵозеи ҳара Иосиа иҿырԥшы?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра