АЖӘАБЖЬ 74
Ауаҩы гәымшәа
УАХӘАԤШИ, ажәлар ари арԥыс ишихыччо. Иудыруама, иара дызусҭоу? Ари Иеремиа иоуп. Еицырдыруа Анцәа иԥааимбар.
Иосиа атәылаҿы аныхақәа рықәхра даналага ашьҭахь дук мырҵыкәа, Иегова Иеремиа иԥааимбар иакәны дҟаларц идиҵоит. Аха Иеремиа дқәыԥшцәоуп ҳәа ихы иԥхьаӡоит. Аха Иегова дышицхраауа ала дақәиргәыӷуеит.
Иеремиа израилаа дрыҳәоит рус цәгьақәа ирҟәаҵырц. ‘Ажәларқәа зеихырхәо ииашам нцәахәқәоуп’,— иҳәоит уи. Аха израилаа аӡәырҩы аныхақәа иреихырхәалар еиӷьыршьоит, ииашоу Анцәа Иегова иаасҭа. Иеремиагьы Анцәа иҟынтә урҭ ақәнага ишақәшәо анрылеиҳәо, урҭ уи ихыччоит.
Ицоит ашықәсқәа. Иосиа дыԥсуеит, хымз рышьҭахьгьы уи иҷкәын Иоаким дҟалоит аҳас. Иеремиа уажәыгь ауаа ирылеиҳәоит: ‘Шәыҽшәмырҽеир, Иерусалим хырбгалахоит’.— ‘Арҭ реиԥш иҟоу ажәақәа рзы ушьтәуп’,— ҿаарҭуеит аԥшьаҩцәа, Иеремиагьы дыркуеит. Нас урҭ израилтәи аҭауадцәа ирарҳәоит: ‘Иеремиа ашьра иқәҵатәуп — уи ҳақалақь даҿагыланы дцәажәоит’.
Ихы шԥамҩаԥигаришь уажәшьҭа Иеремиа? Уи ашәара иҽеиҭом! Уи иаартны ирылеиҳәоит: ‘Арҭ ажәақәа Иегова иҟынтә ауп ишысҳәо. Шәыҽшәмыриашар, Иегова Иерусалим хирбгалоит. Аха ижәдыруаз: сара сышәшьыр, ауаҩы қьиа дшышәшьуа’.
Аҭауадцәа Иеремиа дыршьуам, аха израилаа уаҳа рыҽдыриашом. Анаҩс Вавилонтәи аҳ даауеит, израилаагьы тәыс иҟаиҵоит. Зықьҩыла израилаа Вавилонҟа иргеит. Уазхәыц, уҩны аҟынтә атәымуаа иузымдыруа атәылахь уанырго иаҵанакуа.
Иеремиа 1:1—8; 10:1—5; 26:1—16; 2 Аҳцәа 24:1—17.