Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • yc аур. 9, ад. 20—21
  • Иеремиа Иегова иӡбахә аҳәара даҟәыҵӡомызт

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иеремиа Иегова иӡбахә аҳәара даҟәыҵӡомызт
  • Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иегова Иеремиа ажәабжьҳәара дишьҭуеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Ауаҩы гәымшәа
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеремиа иеиԥш агәымшәара аарԥшла
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
yc аур. 9, ад. 20—21

АУРОК 9

Иеремиа Иегова иӡбахә аҳәара даҟәыҵӡомызт

Иеремиа зыԥсахы еибакны иҟоу ауаа дрылагылоуп

Избан ауаа Иеремиа ргәы зизыԥжәоз?

Иеремиа иҵаулаз, ҳәынҵәала иҭәыз ажра аҟынтә дҭыргоит

Иегова Иеремиа деиқәхартә иҟаиҵеит

Ҳара Иегова иӡбахә ауаа ианырзеиҭаҳҳәо, урҭ зны-зынла ргәы ԥжәоит, мамзаргьы иаҳхыччоит. Убри иахҟьаны ҳара ҳшәаны Анцәа иӡбахә аҳәара ҳаҟәыҵыр ҳалшоит. Уақәшәахьоума уара уи аҩыза?~ Абиблиаҿы Иегова бзиа дызбоз арԥыск иӡбахә аҳәоит. Ҽнак зны уи Иегова иӡбахә аҳәара даҟәыҵырц хәыҷӡак ааигхеит. Уи Иереми́а ихьӡын. Уааи уи еиҳа еиӷьны деилаҳкаап.

Иегова Иеремиа дҵас ииҭеит ауаа иреиҳәаларц рус бааԥсқәа рыҟаҵара иаҟәыҵырц. Иеремиа ари адҵа даара ицәгьазшәа игәы иабеит, убри аҟынтә дшәеит. Иеремиа Иегова иеиҳәеит: «Сара ибзианы ацәажәашьа сыздырӡом, сара зынӡа сқәыԥшуп». Аха Иегова аҭак ииҭеит: «Умшәан. Сара суцхраауеит».

Уи ашьҭахь Иеремиа ауаа ргәырҽаниҵо далагеит дара рҽырмыԥсахыр ахьырхәра шырзыԥшу. Угәы ишԥаанаго, ирыдыркылама ауаа Иеремиа иажәақәа?~ Мап. Урҭ ихыччо иалагеит, насгьы даараӡа ргәы изыԥжәеит. Шьоукы дыршьырцгьы рҭаххеит! Угәы ишԥаанаго, иарбан цәаныррақәоу имаз Иеремиа?~ Уи дшәеит, насгьы иҳәеит: «Сара уаҳа Иегова иӡбахә сҳәалаӡом». Игәы каижьҵәҟьама Иеремиа?~ Мап. Иара иӷәӷәаны Иегова бзиа дибон, убри аҟынтә уи иӡбахә аҳәара иҭахын. Иеремиа игәы ахькаимыжьуаз азы Иегова дицхраауан.

Ҽнак зны ауаа цәгьақәа Иеремиа иҵаулаз, ҳәынҵәала иҭәыз атыша дҭарыжьит. Уи иифоз имамызт, аӡыҵәҟьа ирҭомызт. Урҭ Иеремиа уа дҭаԥсырц рҭахын. Аха Иегова Иеремиа деиқәирхеит.

Иунарҵозеи уара Иеремиа иҿырԥшы?~ Иеремиа зны-зынла Иегова иӡбахә аҳәара дышшәозгьы, уи даҟәыҵуамызт. Уара Иегова иӡбахә егьырҭ ианырзеиҭоуҳәо, уи аӡәы игәамԥхар ауеит. Иухыччаларгьы рылшоит. Иҟалап уара уԥхашьалар, мамзаргьы ушәалар. Аха ахаангьы Иегова иӡбахә аҳәара уаҟәымҵын! Анцәа Иеремиа дышицхраауаз еиԥш, уаргьы еснагь дуцхраалоит.

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ

  • Иеремиа 1:4—8; 20:7—9; 26:8—19, 24; 38:6—13

АЗҴААРАҚӘА:

  • Иарбан дҵоу Иегова Иеремиа ииҭаз?

  • Избан Иеремиа Иегова иӡбахә аҳәара даҟәыҵырц хәыҷӡак зигхаз?

  • Дышԥаицхраауаз Иегова Иеремиа?

  • Иунарҵозеи уара Иеремиа иҿырԥшы?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра