Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 75
  • Ԥшьҩык арԥарцәа Вавилон иҟоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ԥшьҩык арԥарцәа Вавилон иҟоуп
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иегова изыӡырҩуаз ԥшьҩык арԥарцәа
    Учимся на примерах из Библии
  • Урҭ амалахазгьы ҳхырхәап ҳәа ргәы иҭам
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Наӡаӡа иҟазаауа Аҳра
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 75

АЖӘАБЖЬ 75

Ԥшьҩык арԥарцәа Вавилон иҟоуп

АҲ НАВУХОДОНОСОР Вавилонҟа игоит израилаа рахьынтә зегь реиҳа аҵара змаз. Уаҟа урҭ рҟынтә иалихуеит зегь реиҳа ахшыҩ змоуи иԥшӡои арԥарцәа. Ара уара иубоит урҭ рахьынтә ԥшьҩык. Руаӡәк ихьӡуп Даниил, егьырҭ ахҩык Седрах, Мисах, Авденаго ҳәа ирышьҭоуп вавилонаа.

Навуходоносор арҭ арԥарцәа аҵара дирҵар иҭахыуп, ихан аҿы амаҵуразы. Хышықәсатәи аҵара ашьҭахь уи зегь реиҳа иҟәышу алихуеит, урҭ иара ицхраалоит апроблемақәа рыӡбра аҟны. Аҳ иҭахыуп аҵара ахьынӡарҵо, арԥарцәа ӷәӷәаны, рыгәқәа бзианы иаанхаларц. Убри азы имаҵуҩцәа адҵа риҭоит, урҭ иҭаацәеи иареи реиԥшҵәҟьа, ибзианы крырҿарҵаларци крыддыржәларци.

Уихәаԥши иқәыԥшу Даниил. Иудыруама, уи уажәы Навуходоносор имаҵуҩцәа иреиҳабу Асфеназ изеиҭеиҳәо? Аҳцәа рчыс ифар шиҭахым ауп. Аха Асфеназ хьаас иҟаиҵеит: ‘Аҳ иӡбхьеит ишәфашеи ижәжәшеи,— иҳәеит уи.— Егьырҭ арԥарцәа реиԥш, агәабзиара шәыманы шәҟамлар, уи сишьуеит сара’.

Усҟан Даниил дцоит, уи хҩык иҩызцәеи иареи Асфеназ ирзикыз ахылаԥшҩы иахь. ‘Иҟалозар, исыҭ аԥышәаратә ҽҳәара — 10 мш,— диҳәоит уи ахылаԥшҩы.— Ауҭраҭыхқәеи аӡи рымацара ҳаҭала. Нас ҳаиҿырԥш аҳ ичыс зфоз арԥарцәеи ҳареи, иубап еиҳа еиӷьны иааԥшуа’.

Ахылаԥшҩы дақәшаҳаҭхоит. 10 мш анҵы, Даниил иҩызцәеи иареи еиҳа ибзиахәӡа иҟан. Убри азы ахылаԥшҩы азин риҭоит, ауҭраҭыхқәа рфаларц, аҳцәа рчыси ацынхәрас.

Хышықәса ҵит, арԥарцәа зегьы Навуходоносор иахь иааргоит. Урҭ аӡәаӡәала данрацәажәа, аҳ ибоит, Даниил хҩык иҩызцәеи иареи зегь реиҳа ахшыҩ змоу шракәу. Убри азы, урҭ ахан аҟны цхырааҩцәас иаанижьуеит. Закәытә зҵааразаалак, закәытә проблемазаалак аҳ имоу, Даниили, Седрахи, Мисахи, Авденагои 10-нтә еиӷьны аҭак ҟарҵон дызусҭазаалак аԥшьаҩи аҟәыши раасҭа.

Даниил 1:1—21.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра