АЖӘАБЖЬ 77
Урҭ амалахазгьы ҳхырхәап ҳәа ргәы иҭам
ИУГӘАЛАШӘОМА арҭ хҩык арԥарцәа? Ааи — арҭ Даниил иҩызцәа, ирықәнамгоз афатә мап ацәызкыз роуми. Вавилонаа урҭ Седрах, Мисах, Авденаго ҳәа рыхьӡыртәит. Урыхәаԥши урҭ уажәшьҭа. Урҭ зымхырхәозеи, зегь реиԥш, ари абаҟа дуӡӡа аҿаԥхьа? Уааи, еилаҳкаап.
Иугәалашәома Жәа-ԥҟарак — Иегова инапала иҩыз азакәанқәа? Абас аҳәоит раԥхьатәи азакәан: ‘Сара сыда, даҽа нцәахәқәак уреихырхәар ҟалом’. Уажәы арҭ арԥарцәа абри азакәан иқәныҟәоит — уи аҟаҵара шырзымариамгьы.
Вавилонтәи аҳ Навуходоносор еидикылоит аӡәырҩы еицырдыруа ауаа, урҭ иргылаз абаҟа иеихырхәарц. Уи уажәыҵәҟьа ауп ауаа рахь имаз ажәахә даналга: ‘Абыкьқәеи, аҩымааи егьырҭ амузыкатә маҭәахәқәа рыбжьы шаашәаҳалак еиԥш, шәшьамхышгыланы шәеихырхәароуп ари ахьтәы баҟа. Ишьамхышгыланы иамеихырхәаз амца қьоуқьад далажьхоит’.
Седрахи, Мисахи, Авденагои зшьамхышымгылаз анеиликаа, Навуходоносор даара даргәааит. Урҭ ааргарацы адҵа ҟаиҵоит. Даҽазнык алшара риҭеит ишьамхышгыларц. Аха арԥарцәа Иегова иқәгәыӷуеит. ‘Зымаҵ ҳуа Анцәа илшоит ҳаиқәырхара,— иарҳәоит урҭ Навуходоносор.— Аха уи ҳаиқәимырхаӡаргьы, ухьтәы баҟа ҳаихырхәом ҳара’.
Навуходоносор ари аниаҳа, еиҳагьы дгәааит. Иааигәаны амца еиқәуп, адҵагьы ҟаиҵоит иара: ‘Бжьынтә еиҳаны еиқәышәҵа амца!’ Нас ируаа рҟнытә зегь реиҳа амч змаз ахацәа ирыдиҵоит, Седрахи, Мисахи, Авденагои ҿаҳәаны амца иақәрыжьырц. Амца убас иӷәӷәаны еиқәын, арҭ ахацәа ӷәӷәақәа ашьыртә еиԥш. Аха абанҭ хҩык арԥарцәа ирыхьи?
Аҳ амца даналаԥшлак, уи иибаз даршанхоит: ‘Хҩык ахацәа ракәӡами иҿаҳәаны амца иалаҳажьыз?’
— Ус ауп, аҳ,— наиаҭаркит имаҵуҩцәа.
— Аха сара избоит — амцабз ԥшьҩык ахацәа алаланы иныҟәоит,— изеилкаауам уи.— Урҭ ҿаҳәаӡам, амцабзгьы ркьысуам. Аԥшьбатәи анцәа имаалықь диеиԥшуп.— Аҳ амца дазааигәахоит, егьҿиҭуеит: ‘Седрах! Мисах! Авденаго! Зегьирхакыу Анцәа имаҵуҩцәа, шәалҵ!’
Урҭ аналҵлак, зегьы ирбоит амцабз зынӡа ишамблыз. Усҟан аҳ иҳәоит: ‘Седрахи, Мисахи, Авденагои р-Нцәа иџьшьоуп! Уи имаалықь дааишьҭит иагьеиқәирхеит урҭ, избанзар амалахазгьы ирҭахымхеит ишьамхышгыланы даҽа нцәак иеихырхәара, дара ртәы ида’.
Ҳақәныҟәалар ҳахәҭаӡами ари иџьашьахәу Иегова гәыкала изыҟазаара аҿырԥштәы?
Ақәҵымҭа 20:3; Даниил 3:1—30.