АЖӘАБЖЬ 80
Анцәа иуаажәлар Вавилон аанрыжьуеит
ҨЫШЫҚӘСА раҟара ҵит, амидцәеи аџьамцәеи Вавилон ргеижьҭеи. Абар, уахәаԥш, уажәшьҭа араҟа иҟоу! Ааи — израилаа Вавилонынтә иқәҵуеит. Изларылшеи ахы ақәиҭхара? Ацара азин рызҭада?
Аџьамцәа раҳ Кир иоуп. Кир диаанӡа акырӡа шыбжьаз, Иегова Исаиа игәазҭеиҵеит ииҭеит, иара изы иҩырц: ‘Уара сара иаасҭахыҵәҟьоу ҟауҵоит. Уара ақалақь еибашьрала иугоит: агәашәқәа аартны иааныжьхоит’. Убас егьыҟалеит. Вавилон Кир инапхгарала иган. Ауха агәашәқәа машәырла иаартны иааныжьын, амидцәеи аџьамцәеи еицны ақалақь иалалеит.
Уи адагьы, Анцәа иԥааимбар Исаиа иҳәеит, Кир адҵа шыҟаиҵо Иерусалими уи ахани рыргыларазы. Кир абри еиԥш иҟаз адҵа риҭама? Ааи, уи усоуп. Абар Кир израилаа иреиҳәо: ‘Уажәыҵәҟьа Иерусалимҟа шәца, шә-Нцәа Иегова иныҳәарҭа ҩнгьы шәыргыл’. Убрахь ауп Израилаагьы ахьцо уажәы.
Аха Вавилон иҟоу израилаа зегьы ирылшаӡом ари еиԥш иҟоу амҩа хара анысра. Уи 800 километра раҟара иҟоуп, израилаа аӡәырҩгьы уажәшьҭа иажәуп ма ичмазаҩуп. Израилаа аӡәырҩы зхаангыло амзызқәа иҵегь ыҟоуп. Аха имцо Кир адҵа риҭоит: ‘Иерусалими уи аныҳәарҭеи рыргылара ицо ирышәҭ ахьи араӡни, егьырҭ аҳамҭақәагьы’.
Абасала, Иерусалимҟа ихынҳәуа аҳамҭақәа рацәаны ироуеит. Кир, иара убас, ириҭоит Иерусалим анхырбгалаз, Навуходоносор аныҳәарҭа иҩнигаз аҵәцақәа. Ажәлар ирго рацәоуп.
Израилаа ԥшьымз рыла ари амҩа ианысуеит, Иерусалимҟагьы ианаамҭаҵәҟьоу ихынҳәуеит. 70 шықәса цқьаны иҵуеит, Иерусалим хдырбгалеижьҭеи, атәылаҿгьы зынӡа уаҩы дыҟамиижьҭеи. Егьи ахы иҳаилнаркаауеит, израилаа аҩныҟа ишыхынҳәызгьы, урҭ ауадаҩра дуқәа шырхырго.
Исаиа 44:28; 45:1—4; Ездра 1:1—11.