Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 81
  • Иегова ицхыраара иақәгәыӷуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ицхыраара иақәгәыӷуеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Анцәа иуаажәлар Вавилон аанрыжьуеит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иегова аамҭа цәгьақәа раан дшәыцхраауеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Вавилонтәи аҭҟәара инаркны Иерусалим аҭыӡқәа рышьақәыргылара аҟнынӡа
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Ездра ажәлар Анцәа изакәан дирҵоит
    Учимся на примерах из Библии
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 81

АЖӘАБЖЬ 81

Иегова ицхыраара иақәгәыӷуеит

ЗЫҚЬҨЫЛА ауаа Вавилонынтә Иерусалимынӡа амҩа хара ианысуеит. Аха урҭ анааилак, Иерусалим еилаҳаны ишьҭоуп. Араҟа аӡәгьы дынхаӡом. Зегьы ҿыцны еиҭаргылатәуп.

Раԥхьаӡа урҭ акәырбан нагарҭа дыргылоит. Иҷыдоу аԥстәқәа шьны, Иегова ҳамҭас иахьизнарго аҭыԥ. Мызқәак рышьҭахь израилаа аныҳәарҭа аргылара иалагоит. Аха иаарыкәаршаны инхо раӷацәа ирҭахым израилаа аныҳәарҭа дыргылар. Убри аҟынтә аргылара ааныркыларазы урҭ дыршәарц рҽазыршәоит. Аҵыхәтәан урҭ ирылшоит аџьамцәа раҳ ҿыц идцалара, аргыларатә усқәа аангылартә, азакәан ҿыц аԥиҵарц.

Ашықәсқәа цоит. Уажәы 17-тәи ашықәс ирықәуп, израилаа Вавилонынтә ихынҳәиижьҭеи. Иегова иԥааимбарцәа Аггеии Захариеи ааишьҭуеит, урҭгьы ажәлар аргыларақәа нарыгӡарц иаарыԥхьоит. Ажәлар Анцәа ицхыраара иақәгәыӷуеит, аԥааимбарцәагьы ирзыӡырҩуеит. Аргылара еиҭалагоит, уи аҟаҵара азакәан азин шырнамҭогьы.

Усҟан аџьамцәа реиҳабы Фафнаи зыхьӡу дааины израилаа дразҵаауеит ари аргылара азин шәызҭада ҳәа. Усҟан израилаа иарҳәоит, урҭ Вавилон ианыҟаз аҳ Кир ишрыдиҵаз: ‘Уажәыҵәҟьа Иерусалимҟа шәца, иагьшәыргыл шә-Нцәа Иегова иныҳәарҭа ҩны’.

Фафнаи Вавилонҟа ашәҟәы иҩуеит, дагьазҵаауеит, ииашаҵәҟьаны уажәы иԥсхьоу Кир арҭ ажәақәа иҳәаҵәҟьама ҳәа. Хара имгакәа аџьамцәа раҿ ҽыц иҟнытә аҭак аауеит. Уи аҟны уи ишьақәирӷәӷәоит Кир арҭ ажәақәа шиҳәаҵәҟьаз. Аҳгьы адҵа ҟаиҵоит: ‘Израилаа идыргылалааит р-Нцәа иныҳәарҭа. Сара адҵа шәысҭоит, излашәылшо ала ацхыраара рышәҭаларц’. Ԥшьбаҟа шықәса рышьҭахь аныҳәарҭа ргылоуп, израилаагьы ари даара иеигәырӷьоит.

Акыршықәса ҵит. 48 шықәса инарзынаԥшуеит, аныҳәарҭа дыргылеижьҭеи. Иерусалим инхо ажәлар рыцҳаны инхоит, ақалақь ахаҭа, аныҳәарҭа надкыланы даара ирыцҳахәха иҟоуп. Убри аамҭазы, Вавилон иҟаз Ездра зыхьӡыз израилтәык еиликаауеит, Анцәа иныҳәарҭа арҽеира шаҭахыу. Иудыруама, уи иҟаиҵо?

Ездра дцоит, аџьамцәа раҳ Артаксеркс дидикыларазы. Ари аҳ қьиа Ездра Иерусалимҟа дахьцо ииҭоит аҳамҭақәа рацәаны. Ездра Вавилон инхоз израилаа дрыҳәоит, Иерусалимынӡа урҭ ргара ицхраарц. 6 000-ҩык раҟара израилаа ҳцоит ҳәа иаақәгылоит. Урҭ араӡны, ахьы, егьырҭ амазарақәагьы рацәаны иргоит.

Ездра ихьааигоит — амҩахь ауаа цәгьақәа рацәоуп. Урҭ араӡни ахьи рымхны, дара рхаҭақәагьы ршьыр ауеит. Убри азы, асахьаҿы ишарбоу еиԥш, Ездра ажәлар зегьы еизигоит. Урҭ Анцәа еициҳәоит, Иерусалимҟа рымҩа хараҿы Иегова ихьчаларц.

Иеговагьы ихьчоит дара. Ԥшьымз рышьҭахь урҭ Иерусалимынӡа еибгала инаӡоит. Ари ахҭыс иаҳнамырбаӡои, Иегова иқәгәыӷуа дышрыцхраауа?

Ездра, ахқәа 2—8.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра