Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w23 ноиабр ад. 14—19
  • Иегова аамҭа цәгьақәа раан дшәыцхраауеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова аамҭа цәгьақәа раан дшәыцхраауеит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕРУСАЛИМҞА ИХЫНҲӘЫЗ АУРИАЦӘА ИРЫМАЗ АУАДАҨРАҚӘА
  • ИЕГОВА ИГӘАԤХАРА АНАГӠАРА ШӘЫԤСҬАЗААРАҾЫ ЕСНАГЬ ЗЕГЬ РААСҬА ИХАДАЗ
  • ИЕГОВА ИАХЬ ҲАГӘРАГАРА ҲАРӶӘӶӘАЛАР ШҲАЛШО
  • ИЕГОВА ИГӘРА АГАРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН
  • Ездра ажәлар Анцәа изакәан дирҵоит
    Учимся на примерах из Библии
  • Ижәбома шәаргьы Захариа иибоз?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иегова ицхыраара иақәгәыӷуеит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
w23 ноиабр ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 48

Иегова аамҭа цәгьақәа раан дшәыцхраауеит

«„Шәыҽшәырӷәӷәа...“ „Избанзар сара сшәыцуп“, — иҳәоит ар реиҳабы Иегова» (АГГ. 2:4).

АШӘА 118 «Ҳхаҵара иазырҳа»

АХҲӘААa

1, 2. Излеиԥшузеи иахьа инхо Анцәа имаҵзуҩцәа рҭагылазаашьеи Иерусалимҟа ихынҳәыз ауриацәа рҭагылазаашьеи? (Шәахәаԥш асхема «Аггеии, Захариеи, Ездреи рхаан».)

АԤХЬАҞА ишәзыԥшу ахьышәзымдыруа иахҟьаны шәгәы анҭынчым ыҟоума? Иҟалап шәара аусура шәцәыӡзар, насгьы уажәшьҭа шәҭаацәа зланыҟәыжәгало шәзымдыруазар. Мамзаргьы аполитикатә ҭагылазаашьа, ашьҭашәарыцарақәа, ма ауаа иаҳҳәо ажәабжь ахьыргәамԥхо иахҟьаны шәҭаацәа рзы шәгәы ҭынчымзар ауеит. Ус акәзар, Иегова ажәытәан израильаа ус еиԥш иҟаз ауадаҩрақәа рыхгара дышрыцхраауаз азхәыцра ахәарҭа ду шәзаанагоит.

2 Вавилонынтәи Иерусалимҟа ихынҳәраны иҟаз ауриацәа ахаҵара ӷәӷәа рҭахын. Дара аԥсҭазаара бзиа ахьрымаз Вавилон ааныжьны, аиҳараҩык уиаҟара ирзымдыруаз атәылахь ицеит. Уахь ианнеи ашьҭахь хара имгакәа дара ауадаҩрақәа ирықәшәеит. Урҭ рҭаацәарақәа рныҟәгаразы аԥара рызхаӡомызт. Персиатәи аимпериаҿы аилаҩынтрақәа ыҟан. Уи адагьы, иаарыкәыршаны инхоз ажәларқәа дара рцәымӷын. Уи иахҟьаны шьоукы зегь раасҭа ихадаз аус — аныҳәарҭа аргылара — рыԥсҭазаараҿы аԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара рцәыцәгьан. Убри аҟынтә 520-тәи ашықәс ҳ. ҟ. аҟара шыҟаз Иегова ҩыџьа аԥааимбарцәа, Аггеии Захариеи, ижәлар ирзынаишьҭит. Дара ажәлар ргәазҭарҵар акәын Иегова изы аџьабаа абара (Агг. 1:1; Зах. 1:1). Анаҩс ишеилаҳкаауа еиԥш, аԥааимбарцәа уи рылшеит. Аха 50 шықәса раҟара анҵы ауриацәа дырҩегь агәацԥыҳәара рцәыӡит. Усҟан азакәан ахҩылаараҿы аԥышәа змаз Ездра Вавилонынтәи Иерусалимҟа дааит. Иара ажәлар ргәы шьҭихит, насгьы Иегова имаҵ аура рыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара дрыцхрааит (Езд. 7:1, 6).

Аггеии, Захариеи, Ездреи рхаан

Аггеии, Захариеи, Ездреи рхаан иҟаз ихадоу ахҭысқәа ҳзырбо ааихшарбага (арыцхәқәа зегьы ҳ. ҟ.). 537: ауриацәа Вавилон ааныжьны ицоит. 520: Иерусалим Аггеии Захариеи израильаа аԥааимбаражәақәа рарҳәоит. 515: Иерусалим иҟоу аныҳәарҭа. 484: аҳкәажә Есфирь аҳ Ахашверош итәарҭа ҭыԥ дазааигәахоит. 468: Ездра иҩызцәа иманы Иерусалимҟа дцоит. 455: Иерусалим аҭӡамцқәа.

АРЫЦХӘҚӘА ЗЕГЬЫ Ҳ. Ҟ.

  1. 537: Ауриацәа актәи ргәыԥ Иерусалимҟа ихынҳәуеит.

  2. 520: Аггеии Захариеи Иерусалим аԥааимбаражәақәа рҳәоит.

  3. 515: Аныҳәарҭа аргылара хыркәшоуп.

  4. 484: Ксеркс I (Ахашверош) ауриацәа ықәырхырц аусԥҟа анаԥиҵа ашьҭахь Есфирь лыжәлар лыхьчарц дықәгылоит.

  5. 468: Ездреи ауриацәа аҩбатәи ргәыԥи Иерусалимҟа идәықәлоит.

  6. 455: Иерусалим аҭӡамцқәа еиҭашьақәыргылоуп.

3. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго? (Ажәамаанақәа 22:19).

3 Аггеии Захариеи рыцхыраарала израильаа Иегова иқәгәыӷра иаҟәымҵӡеит, иаарыкәыршаны иҟаз ажәларқәа ҭаха шрырымҭозгьы. Урҭ аԥааимбарцәа ирҳәаз ҳаргьы иҳацхраауеит, ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:19.) Ҳара Аггеии Захариеи рԥааимбаражәақәеи, Ездра иҿырԥши ҳрылацәажәоит, иара убас абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵоит: иарбан уадаҩрақәоу Иерусалимҟа ихынҳәыз ауриацәа зықәшәаз? Избан ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы раԥхьаӡа иргыланы Анцәа игәҭакы анагӡара ҳашьҭазар зҳахәҭоу? Уи адагьы, ишԥаҳалшо имариам аамҭақәа раан Иегова иахь ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар?

ИЕРУСАЛИМҞА ИХЫНҲӘЫЗ АУРИАЦӘА ИРЫМАЗ АУАДАҨРАҚӘА

4, 5. Избан аныҳәарҭа зыргылоз ауриацәа агәацԥыҳәара зырцәыӡыз?

4 Иерусалимҟа ихынҳәыз ауриацәа аусқәа рацәаны ирзыԥшын. Дара аамҭа мгакәа Иегова изы амҭанагарҭа дыргылеит, насгьы аныҳәарҭа ашьаҭа шьҭарҵеит (Езд. 3:1—3, 10). Аха дук мырҵыкәа агәацԥыҳәара рцәыӡит. Избан? Аныҳәарҭа аргылара адагьы, дара рхазы аҩнқәа дыргылалар, амхқәа ларҵалар, насгьы рҭаацәарақәа ныҟәыргалар акәын (Езд. 2:68, 70). Уи адагьы, аныҳәарҭа аиҭашьақәыргылара иаԥырхагахар зҭахыз раӷацәа рҿагылеит (Езд. 4:1—5).

5 Аекономикатә, насгьы аполитикатә ҭагылазаашьа Иерусалимҟа ихынҳәыз ауриацәа рыԥсҭазаара еиҳагьы иарцәгьон. Ртәыла Персиатәи аимпериа иахәҭакхеит. 530-тәи ашықәс азы ҳ. ҟ. Кир II данԥсы ашьҭахь иҭыԥ аанызкылаз Камби́з II Египет дабашьырц ддәықәлеит. Ир израильтәи адгьыл иалсны ицон, иҟалап аруаа израильаа ирыдырцалозҭгьы аангыларҭеи, аӡи, афатәи рырҭаларц. Уи ус иҟазҭгьы, израильаа даҽа уадаҩракгьы рзацлон. Камбиз II ишьҭахь Дари I Персиа аҳас дҟалеит. Иара ихаангьы аимпериаҿы аҭагылазаашьа еиӷьымхаӡеит. Еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ауаа аҿагыларақәа шьҭырхуан. Ҳәарада, уи зегь иахҟьаны Иерусалимҟа ихынҳәыз ауриацәа ҳҭаацәарақәа зланыҟәаҳгалозеи ҳәа агәҭынчымра рызцәырҵуан. Есааира зҽызыԥсахуаз аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны шьоукы ргәы иаанагон уажәы Иегова иныҳәарҭа аргылара иаамҭаӡам ҳәа (Агг. 1:2).

6. Иарбан уадаҩрақәоу иҵегь ауриацәа зықәшәаз, насгьы зыгәра диргазеи урҭ Захариа? (Захариа 4:6, 7).

6 Шәаԥхьа Захариа 4:6, 7. Аха израильаа зықәшәоз ауадаҩрақәа зыдҳәалаз аекономикатә, насгьы аполитикатә ҭагылазаашьа мацара акәӡамызт. Урҭ ирышьҭашәарыцон. 522-тәи ашықәс азы ҳ. ҟ. израильаа раӷацәа ирылшеит Иегова иныҳәарҭа аргылара аанкылара. Аха Захариа ажәлар агәра диргеит Иегова иԥшьоу идоуҳа ӷәӷәа ихы иархәаны урҭ ауадаҩрақәа зегь шиӡбо. 520-тәи ашықәс азы ҳ. ҟ. аҳ Дари ауриацәа аргылара азин риҭеит. Иара уи азы аԥарагьы риҭеит, амчра змаз ауаа рыцхрааларцгьы адҵа ҟаиҵеит (Езд. 6:1, 6—10).

7. Дышԥарзылԥхеи Иегова ауриацәа, рхы иамеигӡаӡакәа аныҳәарҭа аргылара ианалага?

7 Аггеии Захариеи рыла Иегова имаҵзуҩцәа ажәа риҭеит, аныҳәарҭа аиҭашьақәыргылара иалагар, урҭ дышрыцзаауа (Агг. 1:8, 13, 14; Зах. 1:3, 16). Аԥааимбарцәа ирҳәаз ауриацәа ргәы шьҭнахын, 520-тәи ашықәс азы ҳ. ҟ. аргыларатә усурақәа ҿыц ирылагеит. Хәышықәса мҵӡацызт еиԥш аныҳәарҭа еиҭашьақәыргылан. Ажәлар ауадаҩрақәа ирмыхәаԥшӡакәа, рхы иамеигӡаӡакәа Иегова иус рнапы адыркит, иаргьы акгьы рыгирхаӡомызт, насгьы дшырзыразу агәра диргон. Убас дара гәырӷьаҵәа Иегова имаҵ руан (Езд. 6:14—16, 22).

ИЕГОВА ИГӘАԤХАРА АНАГӠАРА ШӘЫԤСҬАЗААРАҾЫ ЕСНАГЬ ЗЕГЬ РААСҬА ИХАДАЗ

8. Ишԥаҳацхраауеи Аггеи 2:4 аҿы иану ажәақәа Анцәа игәаԥхара анагӡара ҳхы азышьҭра? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

8 Ҳара арыцҳара ду ашәхымс ҳалагылоуп, убри аҟынтә агәырӷьажәабжь ауаа рзеиҭаҳәара иахьа еиԥш ахаан ихадамхацт (Марк 13:10). Аха аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа, ма аҿагыларақәа ирыхҟьаны ажәабжьҳәара ҳхы азышьҭра ҳцәыуадаҩзар алшоит. Иҳацхраауазеи ҳаԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара? Ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп: «ар реиҳабы Иегова»b ҳара дҳадгылоуп. Уи иҳадиҵаз аус ҳхатә интересқәа раасҭа ихадазар, иара дҳацхраауеит. Убри аҟынтә ҳара ҳзыцәшәаша ҳәа акгьы ыҟаӡам. (Шәаԥхьа Аггеи 2:4.)

9, 10. Ишԥеилыркааи хаҵеи-ԥҳәыси Матфеи 6:33 иану Иисус иажәақәа шиашоу?

9 Шәааи пионерс амаҵ зуа хаҵеи-ԥҳәыси Олеги Иринеиc ҳрабадырып. Дара ажәабжь рҳәаларц азы даҽа ҭыԥк ахь ииасит. Уи атәылаҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аицәахара иахьаҿыз иахҟьаны дара шықәсык егь агымкәа аусурҭа рзыԥшаауамызт. Ирыцхрааи ргәы акамыжьра? Дара Иегова дышрыцхраауаз еснагь ирбон. Уи адагьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраауан. Олег раԥхьа игәы каҳауа далагеит. Иара иҳәоит: «Ҳара иахьынӡаҳалшоз ирацәаны ажәабжь ҳҳәон, уи ҳацхраауан аԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоу ҳхы азышьҭра». Дара ажәабжь рҳәон, убри аамҭазы аусурҭагьы иашьҭан.

10 Ҽнак Олеги Иринеи ажәабжьҳәара ашьҭахь аҩныҟа ианааи, афатәқәа зҭаз ҩ-пакетк ашә ишылагылаз рбеит. Рҩыза уи аҳамҭа рзааигарц азы 160 километра амҩа данысит. Олег иҳәоит: «Уи аҽны ҳара еилаҳкааит Иеговеи аизареи шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳарбо. Ҳара ҳхатә ԥышәала агәра ҳгеит: аҭагылазаашьа егьа ицәгьазаргьы, Иегова имаҵзуҩцәа аанижьӡом» (Матф. 6:33).

11. Дышԥаҳзылԥхо Анцәа, игәаԥхара анагӡара акы ҳахнагар ҳамуазар?

11 Иегова иҭахуп зегь раасҭа ихадоу аус — аҵаҩцәа разыҟаҵара аус — акгьы ҳахнамгаларц. Избанзар уи аус ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит. 7-тәи абзац аҿы ишҳәаз еиԥш, Аггеи Иегова имаҵзуҩцәа ргәазҭеиҵеит шьҭахьҟа имԥшыкәа, аус рнапы адыркырц. Анцәа ижәлар ажәа риҭеит ус ҟарҵар, дышрықәныҳәало (Агг. 2:18, 19). Ҳаргьы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова иҳадиҵаз аус анагӡаразы ҳхы ҳамеигӡозар, иара хымԥада дшаҳзылԥхо.

ИЕГОВА ИАХЬ ҲАГӘРАГАРА ҲАРӶӘӶӘАЛАР ШҲАЛШО

12. Избан Ездреи егьырҭ ауриацәеи ахаҵара ӷәӷәа зырҭахыз?

12 468 шықәсазы ҳ. ҟ. Ездреи ауриацәа аҩбатәи агәыԥи Вавилонынтәи Иерусалимҟа идәықәлеит. Уи амҩа иқәларц азы дара ахаҵара ӷәӷәа рҭахын. Урҭ зыхә ҳаракыз аидара рыцын — аныҳәарҭазы хатәгәаԥхарала еизыргаз ахьи араӡни. Амҩан ақәылаҩцәа рықәлар ауан (Езд. 7:12—16; 8:31). Уи адагьы, хара имгакәа ауриацәа еилыркааит Иерусалимгьы ашәарҭара шыҟаз. Ақалақь аҿы инхоз ауаа маҷын, насгьы аҭӡамцқәеи агәашәи еиҭашьақәыргылатәын. Аха Ездра Иегова диқәгәыӷуан. Ишԥаҳалшо ҳаргьы Иегова иқәгәыӷшьа ҳҵар?

13. Изырӷәӷәазеи Ездра Иегова иахь имаз агәрагара? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

13 Ездра знык ибахьан Иегова арыцҳара аамҭа аан ижәлар шеиқәирхаз. 484 шықәсазы ҳ. ҟ. аҳ Ахашверош адҵа ҟаиҵеит Персиатәи аимпериаҿы инхоз ауриацәа зегь ндырҵәарц. Усҟан Ездра Вавилон дынхозҭгьы ҟаларын (Есф. 3:7, 13—15). Иара иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылеит! Ауриацәа аҳ идҵа анраҳа аҵәыуареи ачгареи иалагеит. Иҟалап дара Иегова ихьчарц азы иӷьаҵәы-ӷьаҵәуа иҳәозҭгьы (Есф. 4:3). Иаалырҟьаны ауриацәа ззыԥшымыз ак ҟалеит. Раӷацәа идыршуаз ацәгьара ааҳәны рхы иҭаԥеит! (Есф. 9:1, 2). Шәхаҿы иаажәг Ездреи егьырҭ ауриацәеи шаҟа игәырӷьоз. Ездра усҟан ихигаз аԥхьаҟа изыԥшыз аԥышәарақәа дырзыҟанаҵеит, насгьы Иегова ижәлар еиқәирхар шилшо агәра инаргеитd.

14. Илнарҵазеи иаҳәшьак Иегова иуадаҩыз аамҭа аан дахьлыцхрааз?

14 Иегова иуадаҩу аамҭақәа раан дышҳацхраауа анаҳбо, еиҳагьы игәра агара ҳалагоит. Абар Мрагыларатәи Европа инхо Анастасиа дзықәшәаз ахҭыс. Ақьырсиантә неитралитет лыхьчарц азы лара лусура аанлыжьыр акәхеит. Аиаҳәшьа илҳәоит: «Уаанӡа ахаан ԥарада саанымхаӡацызт». Лара иацылҵоит: «Сара уи азҵаара Иегова инапы иананысҵа, ахаара аарԥшны дышсеиҷаҳауа збеит. Даҽазны аусура сцәыӡыр, уи саршәаӡом. Жәҩантәи Саб иахьа дсеиҷаҳауазар, уаҵәгьы дсеиҷаҳалоит».

15. Ицхраазеи Ездра лакҩакрада Иегова игәра агара? (Ездра 7:27, 28).

15 Ездра Иегова дышицхраауаз ибон. Ездра игәалашәон Иегова акырынтә дышицхраахьаз. Убри аҟынтә иара Инцәа игәра игон. Шәрызхәыц ажәақәа «Сара Сынцәа Иегова дсыцын» (ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Сынцәа Иегова инапы сықәын»). (Шәаԥхьа Ездра 7:27, 28.) Ездра ихьӡ зху ашәҟәаҿы арҭ ажәақәа фынтә иуԥылоит (Езд. 7:6, 9; 8:18, 22, 31).

Иарбан ҭагылазаашьақәоу еилыкка иаҳзырбар алшо Анцәа ҳшихьчо? (Шәахәаԥш абзац 16.)e

16. Иарбан ҭагылазаашьақәоу еилыкка иаҳзырбар алшо Анцәа ҳшихьчо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Иегова иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы дҳацхраар илшоит. Иаҳҳәап, аконгресс ахь ҳцарц азы аусураҿы ҳаиҳабы ҳауишьҭырц ҳаниҳәо. Мамзаргьы аизарақәа зегьы ҳарҭааларц азы ҳаграфик иԥсахырц ҳаниҳәо. Ҳара иҳалшо зегь аныҟаҳҵо, Иегова дҳацхраарц азы алшара иаҳҭоит. Зегьы ҳара ишаҳҭаху еиԥш акәымкәа, акырӡа еиӷьны иҟалар ауеит. Убасҟан Иегова еиҳагьы игәра ҳгалоит.

Ездреи егьырҭ израильааи аныҳәарҭаҿы иҵәыуоит. Шеханиа Ездра агылара дицхраауеит.

Ездра аныҳәарҭаҿы длаӷырӡышо Анцәа иҳәара даҿуп, избанзар израильаа рыгәнаҳақәа игәы идырхьит. Иааикәыршаны игылоу ажәларгьы ҵәыуоит. Шеханиа Ездра игәы ирҭынчуеит, иагьиеиҳәоит: «Израиль азы макьана агәыӷра ыҟоуп. ...Ҳаргьы ҳувагылоит» (Езд. 10:2, 4). (Шәахәаԥш абзац 17.)

17. Ишԥааирԥшуаз Ездра ахынраалара иуадаҩыз аамҭақәа раан? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

17 Ездра аԥагьара аамырԥшӡакәа Иегова ацхырааразы диҳәон. Ездра иоуз аҭакԥхықәра иадҳәаланы агәҭынчымра ӷәӷәа анизцәырҵуаз ыҟан. Аха иара аԥагьара аамырԥшӡакәа есымша Иегова ацхырааразы диҳәон (Езд. 8:21—23; 9:3—5). Ездра Иегова дышиқәгәыӷуа збоз ауаа, уи имаз ахаҵара џьаршьон. Дара Ездра ивагылон, насгьы иара иеиԥш рхы мҩаԥыргалар рҭахын (Езд. 10:1—4). Шәара шәҭаацәа шышәыхьчаша ма урҭ зланыҟәыжәгаша шәаназхәыцуа агәҭынчымра шәызцәырҵуазар, шәыԥхамшьаӡакәа шәгәы иҭоу зегьы Иегова изеиҭашәҳәала.

18. Иҳацхраауазеи еиҳагьы Иегова игәра агара?

18 Ҳара аԥагьара аамырԥшӡакәа Иегова ацхырааразы ҳиҳәозар, насгьы имаҵзуҩцәа рҟынтә ацхыраара ҳадаҳкылозар, Анцәа иахь иҳамоу агәрагара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Абар хҩык ахшара змоу Ерика лҿырԥшы. Уи лыԥсҭазаараҿы зныкымкәа ауадаҩра ӷәӷәақәа дрықәшәеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны имиц лхәыҷи, акыр илзаԥсаз лхатә ҩызеи ԥсит. Аха лара Иегова иқәгәыӷра даҟәымҵӡеит. Илхылгаз зегьы лгәаларшәаны лара илҳәоит: «Ҳара иҳаздырӡом Иегова дҳацхраарц азы иҟаиҵо. Иара дааҟәымҵӡакәа аџьашьахәқәа ҟаиҵон. Лассы-лассы сыҳәарақәа рҭак аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла исоуан. Урҭ ирҳәоз ма иҟарҵоз исҭахыҵәҟьаз акәын. Ҳҩызцәа ҳгәы иҭоу аартны ираҳҳәалар бзиоуп, убасҟан излаҳацхрааша рдыруазаауеит».

ИЕГОВА ИГӘРА АГАРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН

19, 20. Ирҿаҳҵаар ҳалшозеи Иерусалимҟа изыхнымҳәыз ауриацәа?

19 Ҳара Иерусалимҟа изыхнымҳәыз ауриацәа ирҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп. Урҭ рҟынтә шьоукы рықәрахь иахьнеихьаз, иахьычмазаҩыз, мамзаргьы аҭаацәараҿы ирыдыз аҭакԥхықәрақәа ирыхҟьаны Вавилон иаангылеит. Аха дара Иерусалимҟа ицаз гәыкала ирывагылеит, насгьы иҟоу зегь рыҭаны ирышьҭит (Езд. 1:5, 6). Иҟалап дара ус еиԥш иҟаз ацхыраара зныкымкәа иҟарҵазар. Абиблиа ишаҳәо ала, ауриацәа актәи ргәыԥ аныхынҳә ашьҭахь 19 шықәса раҟара анҵы, Вавилон иаангылаз ауриацәа хатәгәаԥхарала еизыргаз Иерусалимҟа ирышьҭит (Зах. 6:10).

20 Ҳара Иегова имаҵзураҿы шаҟа ҳҭаху ҳзыҟамҵозар, ҳгәы каҳмыжьлароуп. Иегова дҳаргәырӷьаларц азы гәыкала иаҳбо аџьабаа ахә ҳаракны ишьоит. Иабантәиаадыруеи уи? Захариа ихаан Иегова иԥааимбар иеиҳәеит Вавилон иаанхаз ауриацәа иаарышьҭыз ахьи араӡни иалхны агәыргьын ҟаиҵарц (Зах. 6:11, албаага). Уи агәыргьын урҭ ауриацәа агәыҳалалра аарԥшны иҟарҵаз гәаларшәагас иазыҟалар акәын (Зах. 6:14, албаага). Иегова ҳаргьы ицәгьоу аамҭақәа раан имаҵ ҳауларц азы иаҳбо аџьабаа ахаан ихашҭӡом (Аур. 6:10).

21. Иҳацхраауазеи ҳамшәаӡакәа ԥхьаҟа аԥшра?

21 Ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳанхоит. Убри аҟынтә аҭышәынтәалара ҟалоит, аԥсҭазаара еиҳа еиӷьхоит ҳәа ҳамхәыцлароуп. Аԥхьаҟа аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахар алшоит (2 Тим. 3:1, 13). Аха уи ҳацәымшәалароуп. Ишәхашәмыршҭлан Аггеи ихаан Анцәа ижәлар иреиҳәаз: «Сара сшәыцуп... [...] Шәымшәан» (Агг. 2:4, 5). Ҳара Иегова игәаԥхара анагӡара гәыкала ҳашьҭазар, иара дҳацзаауеит. Ари астатиа аҟны ҳара Аггеии Захариеи рԥааимбаражәақәеи Ездра иҿырԥши еилҳаргеит. Шәааи еилаҳкааз ҳхы иаҳархәалап. Уи ҳацхраауеит ҳамшәаӡакәа ԥхьаҟа аԥшреи ауадаҩрақәа раан Иегова иқәгәыӷреи.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥарылшо ауадаҩрақәа Иегова имаҵ аура ҳахыргар?

  • Избан аамҭа цәгьақәа раангьы Анцәа игәаԥхара анагӡара раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылалар зҳахәҭоу?

  • Ишԥаҳалшо имариам аамҭақәа раан Иегова иахь ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар?

АШӘА 122 Шәыӷәӷәаз, гәыҩбара шәмоун!

a Ҳара ҳанхоит уаҵәтәи амш иузаанаго анузымдыруа аамҭазы. Иҟалап, аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа хрықәшәазар. Мамзаргьы ҳахьынхо атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны аҭынчра ыҟамзар. Ма ажәабжь аҳәара азин ҳарымҭозар. Ари астатиа ҳацхраауеит ҳзықәшәозаалакгьы, Иегова игәра агара.

b Ажәақәа «ар реиҳабы Иегова» Аггеи ишәҟәаҿы 14-нтә иуԥылоит. Уи ауриацәа иргәаланаршәон, ҳаргьы иаҳгәаланаршәоит Иегова ҳәаа змам амч шимоу, иара убас ԥхьаӡашьа змам амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу ар шимоу (Аԥсал. 103:20, 21).

c Хьыӡқәак ԥсахуп.

d Ездра Анцәа изакәан ахҩылаараҿы аԥышәа иман. Убри аҟынтә Иерусалимҟа дцаанӡагьы агәра ганы дыҟан Иегова иԥааимбаражәақәа еснагь ишынаигӡо (2 Аш. 36:22, 23; Езд. 7:6, 9, 10; Иер. 29:14).

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа аконгресс ахь дцарц азы иусура аиҳабы доуишьҭырц диҳәоит, аха иара уи аӡбахә иаҳаргьы иҭахӡам. Убасҟан аиашьа ацхырааразы Анцәа диҳәоит, насгьы иеиҳабы даҽазнык иацәажәара иҽазыҟаиҵоит. Иара аконгресс ахь ааԥхьара иирбоит, насгьы Абиблиа шьаҭас измоу арҵаратә программа шаҟа ахә ҳараку изеиҭеиҳәоит. Аиашьа иеиҳабы уи џьеишьоит, игәаанагарагьы иԥсахуеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра