Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 март ад. 14—19
  • Ижәбома шәаргьы Захариа иибоз?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәбома шәаргьы Захариа иибоз?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҾАГЫЛАРАҚӘА
  • ҲАԤСҬАЗААРАҾЫ АԤСАХРАҚӘА
  • ИҲАРҬО АНАПХГАРА ЦҚЬА ИАНАҲЗЕИЛЫМКААУА
  • АЛАШАРБАГЕИ Ҩ-ХӘШАҴЛАКИ ИРЫЗКУ АБАРА ШӘХАҾЫ ИААЖӘГАЛА!
  • Шәзыхьчо аҽыуардынқәеи агәыргьыни
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иегова аамҭа цәгьақәа раан дшәыцхраауеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Аԥааимбар Захариа ибарақәа. Ишԥаҳныруеи урҭ ҳара?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 март ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 12

Ижәбома шәаргьы Захариа иибоз?

«„Ар рыла акәӡам, амч алагьы акәӡам, аха сдоуҳа ала ауп“,— иҳәоит ар реиҳабы Иегова» (ЗАХ. 4:6).

АШӘА 73 Иҳаҭ агәымшәара

АХҲӘААa

1. Иарбан гәырӷьароу иҟалаз Вавилон итҟәаны иҟаз ауриацәа рыԥсҭазаараҿы?

АБАР зегь ззыԥшыз аамҭа ааит! Иегова аџьамтәылатәи аҳ Кир игәазҭеиҵеит акыршықәса Вавилон итҟәаны иҟаз ауриацәа ауишьҭырц. Аҳ Кир адҵа ҟаиҵоит урҭ рыԥсадгьыл ахь ихынҳәны «Израиль Анцәа Иегова иҩны» еиҭашьақәдыргыларц (Езд. 1:1, 3). Шаҟа ҵуазеи ауриацәа уи иазыԥшуижьҭеи! Уажәшьҭа дара Анцәа ҳамҭас ириҭаз адгьыл аҿы дырҩегь имҵахырхәалар рылшоит.

2. Иарбан еихьӡарақәоу иҟарҵаз ауриацәа Иерусалимҟа ианыхынҳә раԥхьатәи ашықәсқәа рзы?

2 537 шықәса ҳ. ҟ. азы ауриацәа раԥхьатәи ргәыԥ Иерусалимҟа ихынҳәит. Уаанӡа уи Иудатәи аҳра аҳҭнықалақьс иҟан. Дара иаразнак аныҳәарҭа аиҭашьақәыргылара иалагеит, насгьы 536 шықәса ҳ. ҟ. азы ашьаҭа шьҭаҵаны иалгахьан.

3. Иарбан ҿагылароу ауриацәа зықәшәаз?

3 Аха ауриацәа аҿагылара ӷәӷәа иақәшәеит. «Уи адгьыл аҿы инхоз ажәлар ааҟәымҵӡакәа аиудеиаа ргәы карыжьуа иалагеит, аргылара иаҟәырхырц азы» (Езд. 4:4). Аха уи мацара акәындаз! 522 шықәса ҳ. ҟ. азы Артаксерксb Аџьамтәи аимпериа данахагыла аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит. Иегова ижәлар раӷацәа уи рхы иархәаны аныҳәарҭа аиҭашьақәыргылара ааныркыларц рыӡбеит. Уи адагьы, уи закәанла иҟарҵошәа аадырԥшит (Аԥсал. 94:20). Дара Артаксеркс изырҩыз асаламшәҟәаҿы ауриацәа аҳәынҭқар иҿагылошәа анырҵеит (Езд. 4:11—16). Аҳ урҭ рыгәра игеит, насгьы аныҳәарҭа аргылара ааныркыларц адҵа ҟаиҵеит (Езд. 4:17—23). Уи заҳаз ауриацәа ргәы каҳан, аргылара иаҟәыҵит (Езд. 4:24).

4. Иҟаиҵазеи Иегова ижәлар раӷацәа аныҳәарҭа аргылара ирԥырхагахарц ианалага? (Исаиа 55:11).

4 Ауриацәа рааигәара инхоз амурҭаҭцәеи аџьамтәи ачынуаа шьоуки ирулакгьы аныҳәарҭа аргылара ааныркыларц рҭахын. Аха Иегова игәы иҭаз даҽакын. Иара игәы иҭеикыз хымԥада инаигӡоит. (Шәаԥхьа Исаиа 55:11.) Иегова агәымшәара злаз ахаҵа Захариа ԥааимбарс дҟаиҵеит, насгьы узыршанхоз абарақәа ааба иирбеит. Уи адагьы, Захариа иеиҳәеит урҭ абарақәа ауриацәа ирзеиҭеиҳәарц. Уи дара раӷацәа ирцәымшәаӡакәа Иегова ирыдиҵаз адҵа дырҩегь алагара ирыцхраауан. Ахәбатәи абараҿы Захариа ибеит алашарбагеи ҩ-хәшаҵлаки.

5. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

5 Алашарбагеи ҩ-хәшаҵлаки ирызку абара израильаа ргәы шьҭнахит. Ус анакәха, ҳаргьы ҳгәы шьҭнахуеит. Уи хадоуп, избанзар зны-зынла ҳара зегьы ҳгәы каҳауеит. Ари абара агәра ҳнаргоит Иегова гәык ала имаҵ аура шҳалшо: 1) аҿагыларақәа ҳанрықәшәо, 2) ҳаԥсҭазаараҿы ԥсахрақәак аныҟало, насгьы 3) ҳорганизациаҿы иҳауа анапхгара цқьа ианаҳзеилымкаауа.

АҾАГЫЛАРАҚӘА

Захариа абараҿы ҩ-хәшаҵлак ибеит. Уантәи ахәша быжьҭаҭәарҭак змаз алашарбагахь иҭаҭәон. (Шәахәаԥш абзац 6)

6. Ишԥарынаҭеи ауриацәа агәымшәара алашарбагеи ҩ-хәшаҵлаки ирызку Захариа 4:1—3 аҿы иану абара? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

6 Шәаԥхьа Захариа 4:1—3. Алашарбагеи ҩ-хәшаҵлаки ирызкыз Захариа иибаз абара аҿагылара иақәшәаз ауриацәа дырҩегь аргыларахь ахынҳәразы агәымшәара рнаҭеит. Ргәы шԥашьҭнахи уи? Игәашәҭама алашарбагахь иааҟәымҵӡакәа ахәша шҭаҭәо? Ҩ-хәшаҵлак рҟынтә ахәша аҿа́ ианҭәалоит, уантәи алашарбага бжь-ҭаҭәарҭак рахь иҭаҭәоит. Убри аҟынтә алашарбага ахаан ицәаӡом. Захариа Иегова имаалықь диазҵааит: «Иаанагозеи уи?» Иара иҳәеит: «„Ар рыла акәӡам, амч алагьы акәӡам, аха сдоуҳа ала ауп“, — иҳәоит ар реиҳабы Иегова» (Зах. 4:4, 6). Ахәша ахаан инымҵәо Иегова иԥшьоу идоуҳа амч аанарԥшуеит. Аџьамтәи аимпериа амч акгьы иаԥсаӡам Анцәа идоуҳа иамоу амч иаҿурԥшуазар. Иегова ауриацәа дрыдгылан, убри аҟынтә урҭ аҿагылара иацәымшәакәа аргылара хдыркәшар рылшон. Шаҟа ргәы шьҭнахзеи ираҳаз! Дара Иегова игәра ганы дырҩегь аусура рнапы адыркыр акәын. Урҭ убас иагьыҟарҵеит, аргылара азин аӡәгьы ишримҭахьацызгьы.

7. Аҽшԥаԥсахи иаалырҟьаны аҭагылазаашьа аныҳәарҭа зыргылоз рзы?

7 Иаалырҟьаны ауриацәа шақәымгәыӷуаз еиԥш аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. 520 шықәса ҳ. ҟ. азы, аџьамтәи аҳ Дари I напхгара аниуаз аҩбатәи ашықәс азы еиликааит аныҳәарҭа аргылара закәанла азин рымаӡамкәа ишааныркылаз. Убри аҟынтә ауриацәа аусура иалгарц адҵа ҟаиҵеит (Езд. 6:1—3). Уи џьоушьартә иҟан. Аха уи азмырхакәа, Дари адҵа ҟаиҵеит ауриацәа рааигәара инхоз ажәларқәа аргылара ирԥырхагамхаларц, насгьы ԥаралеи маҭәахәылеи ирыцхрааларц (Езд. 6:7—12). Убас ԥшьышықәса маҷк нацны рыла 515 шықәса ҳ. ҟ. азы ауриацәа аргылара иалгеит (Езд. 6:15).

Аҿагыларақәа шәанрықәшәо Иегова шәиқәгәыӷла. (Шәахәаԥш абзац 8.)

8. Избан аҿагыларақәа ҳанрықәшәо агәымшәара ааҳарԥшлар зҳалшо?

8 Иахьагьы Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы аҿагыларақәа ирықәшәоит. Иаҳҳәап, шьоукы ажәабжьҳәаратә ус закәанла иахьышьақәырӷәӷәам атәылақәа рҿы инхоит. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы абахҭақәа ирҭаркуеит, насгьы «ахылаԥшцәеи аҳцәеи рахь» иргоит. Убасҟан дара урҭ ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара алшара роуеит (Матф. 10:17, 18). Аха иҟоуп аҭагылазаашьа анеиӷьхогьы. Иаҳҳәап, анапхгаҩцәа анырыԥсахуа, ма аӡбаҩцәа ауаа еилымхкәа зегьы еиԥшны ианырзыҟоу. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи даҽа ҿагыларақәакгьы ианрықәшәо ыҟоуп. Урҭ ахьынхо атәылақәа рҿы имшәаӡакәа Иегова имаҵ аура шрылшогьы, рҭаацәарақәа рҿы ирҿагылоит (Матф. 10:32—36). Аха лассы-лассы урҭ акгьы шырзалымҵуа анырбалак ирҟәаҵуеит. Зны-зынла дара рхаҭақәагьы Иегова имаҵ аура иалагоит. Убри аҟынтә шәара аҿагыларақәа шәрықәшәозар, шәгәы кашәмыжьын! Агәымшәара аашәырԥшла. Иегова шәара дшәыдгылоит, насгьы иԥшьоу адоуҳа амч шәиҭоит. Акгьы шәацәымшәалан!

ҲАԤСҬАЗААРАҾЫ АԤСАХРАҚӘА

9. Избан аныҳәарҭа ашьаҭа шышьҭаҵаз збоз ауриацәа шьоукы зҵәыуоз?

9 Зықәрахь инеихьаз ауриацәа шьоукы «аҩны ашьаҭа шышьҭаҵаз анырба рыбжьы ҭыганы иҵәыуон» (Езд. 3:12). Дара рыблала ирбахьан Соломон иргылаз аныҳәарҭа зеиԥшраз. Убри аҟынтә уажәшьҭа Анцәа иҩны «акгьы иаԥсамшәа» рбон (Агг. 2:2, 3). Уажәтәи аныҳәарҭеи уаанӡатәи аныҳәарҭеи анеиҿдырԥшуаз ргәы каҳауан. Аха Захариа иибаз абара ргәаанагара аԥсахра ирыцхрааит.

10. Ишԥарыцхрааи ауриацәа Захариа 4:8—10 аҿы иану ажәақәа, дырҩегь агәырӷьара аиура?

10 Шәаԥхьа Захариа 4:8—10. Ҵакыс ирымази ауриацәа рахь ирхаз абарҭ ажәақәа: «Зоровавель инапаҿы ахьнырҳала рбоит, иагьеигәырӷьоит»? Ахьнырҳала — ари аргылаҩцәа аҭӡамц ииашаны ашьҭыхра ирыцхраауа мыругоуп. Зыгәра днаргазеи ари аҿырԥштәы Анцәа ижәлар? Зыргылара иаҿыз аныҳәарҭа уаанӡатәи иеиԥшымзаргьы, уи Иегова ииашоу инормақәа зегь рыла ирықәшәалоит. Иегова уи игәаԥхозҭгьы, даргьы ргәы кармыжьлар акәын. Иегова изы зегь раасҭа ихадаз, уи аныҳәарҭаҿы ишимҵахырхәалоз акәын. Ауриацәа уи иазхәыцлазҭгьы, насгьы Анцәа игәы аҟаҵара иашьҭазҭгьы дырҩегь агәырӷьара роуан.

Шәҭагылазаашьаҿы ишәымоу абзиарақәа гәашәҭала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)c

11. Ирзымариамзеи Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы?

11 Аӡәырҩы аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара ҳзымариаӡам. Иаҳҳәап, акыршықәса иҷыдоу амаҵзура назыгӡоз шьоукы иҿыцу адҵақәа роуит. Егьырҭ рықәрахь иахьнеиз азы бзиа ирбоз амаҵзура ахкы аанрыжьыр акәхеит. Уи ҳгәы канажьыр алшоит. Шәаргьы уи аҩыза шәақәшәар, раԥхьа уи шәзеилымкаар, ма ақәшаҳаҭхара шәцәыцәгьахар ауеит. Ҳзышьцылахьаз аус агәхьаагара цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам. Уи адагьы, уажәы Иегова имаҵзураҿы уаанӡа аасҭа еиҳа имаҷны иахьыҟаҳҵо ҳгәы канажьлар алшоит (Ажәам. 24:10). Шәааи еилаҳкаап Захариа иибаз абара ус еиԥш иҟоу ахәыцрақәа риааира ишҳацхраауа.

12. Иԥшаҳацхраауеи Захариа иибаз абара, аԥсахрақәа ҳанрықәшәо ҳгәы акамыжьра?

12 Аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара еиҳа иаҳзымариахоит, ҳҭагылазаашьа Иегова дшахәаԥшуа еиԥш ҳахәаԥшлар. Иахьа иара аус ду наигӡоит, ҳаргьы иара аус ицура ҳаҭәашьоуп (1 Кор. 3:9). Иара иҟынтә иҳауа адҵақәа рҽырыԥсахларгьы, ҳара ҳахь иааирԥшуа абзиабара аҽаԥсахӡом. Убри аҟынтә, Иегова иорганизациаҿы иҟаҵаз аԥсахрақәа ирыхҟьаны шәыԥсҭазаарагьы аҽаԥсахзар, ҳшәыҳәоит уи хьаас иҟашәымҵан. «Избан ииасхьоу амшқәа арҭ раасҭа изеиӷьыз?» ҳәа шәхы аргәаҟра аҭыԥан, Иегова шәиҳәала уажәтәи аҭагылазаашьақәа рҿы ишәымоу азылԥхарақәа шәирбарц (Еккл. 7:10). Уаҳа ишәылымшо ахьаагара аҭыԥан, уажәы ишәылшо шәхы азышәышьҭла. Захариа иибаз абара иҳаилнаркаауеит агәазыҟашьа бзиа ҳамазар шаҟа ихадоу. Уи аԥсахрақәа ҳрықәшәаларгьы, агәырӷьара аарԥшны анаҩсгьы гәыкала Иегова имаҵ аура иҳацхраауеит.

ИҲАРҬО АНАПХГАРА ЦҚЬА ИАНАҲЗЕИЛЫМКААУА

13. Избан шьоукы ргәы иаанагар залшоз аныҳәарҭа аргылара дырҩегь алагара ҟәыӷарам ҳәа?

13 Ҳхынҳәып аныҳәарҭа аргылара азин аныҟамыз аамҭахь. Ажәлар рхылаԥшра знапы ианыз анапхгаҩы Зоровавельи аԥхьаԥшьаҩы Иешуеи уи иахәамԥшыкәа аныҳәарҭа дырҩегь аргылара иалагеит (Езд. 5:1, 2). Ауриацәа шьоукы уи аҟәыӷара аҵамшәа ргәы иаанагар алшон. Ус еиԥш иҟаз аргыларатә проект аӷацәа рҟынтә иузыҵәахуамызт. Убри аҟынтә аҭакԥхықәра здыз ахацәа, Зоровавельи Иешуеи, Иегова дышрыдгыло рдыруазар рҭахын. Убас иагьыҟалеит. Ишԥа?

14. Зыгәра днаргазеи анапхгаҩы Зоровавельи аԥхьаԥшьаҩы Иешуеи Захариа 4:12, 14 аҿы иану ажәақәа?

14 Шәаԥхьа Захариа 4:12, 14. Иегова имаалықь Захариа излаиеиҳәаз ала ҩ-хәшаҵлак — Иегова иалихыз Зоровавельи Иешуеи роуп. Уи абараҿы урҭ, инықәырԥшны иуҳәозар, Иегова ивагылоуп. Уи ҳаҭыр дууп! Иегова урҭ ахацәа дрықәгәыӷуан, ус анакәха ауриацәагьы урҭ рыгәра ргалар акәын, насгьы дара рыла Анцәа ириҭоз анапхгара иқәныҟәалар рыхәҭан.

15. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Абиблиаҿы иану Иегова инапхгара ахә ҳаракны ишаҳшьо?

15 Иегова ижәлар Абиблиа ала анапхгара риҭоит. Уи иԥшьоу ашәҟәы иҳаилнаркаауеит Анцәа игәы ишақәшәо еиԥш ҳимҵахырхәаларц азы иҟаҵалатәу. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Анцәа Иажәа иану анапхгара ахә ҳаракны ишаҳшьо? Уи ҳахшыҩ азышьҭны ҳаԥхьозар, насгьы ҳзыԥхьаз азхәыцразы аамҭа алаҳхуазар. Шәхы шәазҵаа: «Абиблиеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи санрыԥхьо, сзыԥхьаз азхәыцразы сааҭгылома? Исзеилымкааз жәеинраалак сықәшәазар, уи аилкаара сашьҭалома? Мамзаргьы хыхь-хыхь саԥхьаны сцоу?» (2 Пиотр 3:16). Иегова иажәақәа рызхәыцразы аамҭа алаҳхуазар, инапхгара ҳақәныҟәалоит, насгьы ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара ҳамазаауеит (1 Тим. 4:15, 16).

Игәрагоу иҟәышу атәы ишәиҭо анапхгара агәра жәгала. (Шәахәаԥш абзац 16.)d

16. Иҳацхраауазеи игәрагоу иҟәышу атәы иҳаиҭо анапхгара азыӡырҩра, уи цқьа иаҳзеилымкаауазаргьы?

16 Уи адагьы, Иегова ижәлар игәрагоу иҟәышу атәы ила анапхгара риҭоит (Матф. 24:45). Зны-зынла урҭ аишьцәа иҳарҭо анапхгара аҟәыӷара аҵамшәа ҳбалар алшоит. Иаҳҳәап, зда ԥсыхәа ҳамам зҭоу ашәыра архиара иазку анапхгара. Шьоукы ргәы иаанагозар ауеит рҭыԥ аҿы аԥсабаратә рыцҳарақәа ҟалаӡом, убри аҟынтә уи ашәыра архиара аҭахӡам ҳәа. Мамзаргьы аӡәы игәы иаанагозар алшоит апандемиа аан игәрагоу атәы мыцхәы ҳгәаҳҽаниҵоит ҳәа. Иҳацхраар алшозеи урҭ аишьцәа иҳарҭо анапхгара агәра агара ҳцәыцәгьазар? Иаҳгәалаҳаршәар бзиоуп израильаа Зоровавельи Иешуеи иахьырзыӡырҩыз хәарҭас ирзаанагаз. Абиблиаҿы ирацәоуп егьырҭ ахҭысқәагьы Анцәа ижәлар ириҭоз анапхгара иахьазыӡырҩыз рыԥсҭазаара шеиқәнархаз узырбо, ауаа уи ҟәыӷарам ҳәа шырыԥхьаӡозгьы (Аӡб. 7:7; 8:10).

АЛАШАРБАГЕИ Ҩ-ХӘШАҴЛАКИ ИРЫЗКУ АБАРА ШӘХАҾЫ ИААЖӘГАЛА!

17. Ишԥарыцхрааи ауриацәа алашарбагеи ҩ-хәшаҵлаки ирызкыз абара?

17 Алашарбагеи ҩ-хәшаҵлаки ирызкыз абара шкьаҿызгьы, уи ауриацәа ирыцхрааит Иегова ирыдиҵаз адҵеи иара имҵахырхәареи даҽакала ахәаԥшра. Урҭ Захариа изыӡырҩны аргылара ианацырҵа Иегова дышрыцхраауаз рбеит. Анцәа иԥшьоу идоуҳа ацхыраарала дара ҿыц аусура рнапы адыркит, насгьы дырҩегь агәырӷьара роуит (Езд. 6:16).

18. Ишәыцхраар шԥалшо Захариа иибаз абара?

18 Алашарбагеи ҩ-хәшаҵлаки ирызку абара шәыԥсҭазаараҿы ишәыцхраар алшоит. Ари астатиаҿы ишеилҳаргаз еиԥш, уи аҿагыларақәа шәанрықәшәо амч шәнаҭоит, шәыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа аныҟало агәырӷьара амырӡра ишәыцхраауеит, насгьы аорганизациаҿы ишәоуа анапхгара цқьа ианышәзеилымкаауа Иегова игәра агара ишәыцхраауеит. Нас, шәхы шԥамҩаԥыжәго ауадаҩрақәа шәанрықәшәо? Алашарбагеи ҩ-хәшаҵлаки ирызку абара шәхаҿы иаажәгала. Уи Иегова ижәлар дышрыцхраауа шәгәаланаршәоит, насгьы игәра агареи гәык ала имаҵ ауреи ишәыцхраалоит (Матф. 22:37). Убасҟан Иегова наӡаӡа шәгәырӷьаҵәа имаҵ аура дшәыцхраалоит! (Кәал. 1:10, 11).

ИШԤАШӘЫЦХРААУЕИ ЗАХАРИА ИИБАЗ АБАРА...

  • аҿагыларақәа шәанрықәшәо?

  • шәыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа аныҟало?

  • ишәырҭо анапхгара цқьа ианышәзеилымкаауа?

АШӘА 7 Иегова — ҳара ҳамч

a Иегова аԥааимбар Захариа угәы зырхыҭхыҭуа абарақәа иирбеит. Урҭ Захариа ихаҭагьы, Анцәа ижәларгьы ргәы шьҭнахит, насгьы ауадаҩрақәа ишрықәшәозгьы ицқьоу амҵахырхәара аиҭашьақәыргылара ирыцхрааит. Захариа иибаз абарақәа, ҳаргьы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы гәыкала Иегова имаҵ аура иҳацхраар рылшоит. Ари астатиаҿы урҭ абарақәа руак еилҳаргоит — алашарбагеи ҩ-хәшаҵлаки ирызку. Иара убас урҭ иаҳдырҵо еилаҳкаауеит.

b Шықәсқәак рышьҭахь, анапхгаҩы Неемиа ихаан, Артаксеркс зыхьӡыз даҽа аҳак ауриацәа гәык ала дырзыҟан.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа еиликаауеит иқәра ахьцаз иахҟьаны, насгьы игәабзиара ахьҽеим азы аҭагылазаашьақәа иҽрықәиршәалар шакәу.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа еилылкаауеит ажәытәан Иегова ижәлар Зоровавельи Иешуеи рыла анапхгара шриҭоз еиԥш, иахьа ҳара игәрагоу иҟәышу атәы ила анапхгара шҳаиҭо.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра