Шәзыхьчо аҽыуардынқәеи агәыргьыни
«Уи зегь ҟалоит Шәынцәа Иегова зегь рыла шәизыӡырҩлар» (ЗАХ. 6:15).
1, 2. Иарбан ҭагылазаашьоу Иерусалим иҟаз? Захариа абыжьбатәи абара аниба?
ЗАХАРИА абыжьбатәи абара аниба ашьҭахь дзызхәыцшаз рацәан. Иегова иҳәеит ауаа цәгьақәа, хымԥада, ишахьирхәуа. Ари ақәыргәыӷра, ҳәарада, игәы шьҭнахит, аха макьана акгьы аҽамԥсахӡацызт. Израильаа ииашамкәа ахымҩаԥгареи ацәгьа аҟаҵареи иаҟәымҵӡеит. Иегова иуахәама ду аиҭашьақәыргыларазы аамҭа рацәаны иаҭахын. Избан ауриацәа абас ирласны изырхашҭыз Анцәа ирыдиҵаз аус? Рыдгьыл ахь изыхынҳәыз рыԥсҭазаара еиӷьыртәыц азы аума?
2 Захариа агәра ганы дыҟан Иерусалимҟа ихынҳәыз аҳәсеи ахацәеи ахаҵара ӷәӷәа шрымаз. Вавилон аҿы дара ирыман аҩнқәеи аусурҭа ҭыԥқәеи, убри аҟынтә рхы иақәгәыӷыртә иҟан, насгьы агәҭынчра рыман. Аха Анцәа идоуҳа уи зегь ааныжьра ргәазҭанаҵеит (Езд. 1:2, 3, 5). Дара изышьцылахьаз атәыла ааныжьны, реиҳараҩык ахаан ирымбацыз аҭыԥ ахь ииасит. Ауриацәа 1 600 километра ицоз иуадаҩыз, иҟәаԥа-ҿаԥараз ашьхамҩа иахысит. Иҟарҵозма урҭ ари зегьы Иегова иуахәама аиҭашьақәыргылара уиаҟара ихадам ҳәа ирыԥхьаӡозҭгьы?
3, 4. Иарбан уадаҩрақәоу изықәшәаз атәра аҟынтә ихынҳәыз ауриацәа?
3 Шәхаҿы иажәг ауриацәа Вавилонынтәи Иерусалимҟа ианцоз рымҩа зеиԥшраз. Амҩа ианықәыз дара, ҳәарада, иахьцоз иазхәыцуан. Дара ираҳахьан Иерусалим анкьа даара ишыԥшӡаз. Урҭ рыбжьара иҟан ауахәама ду збахьаз зықәрахь инеихьаз ауаа (Езд. 3:12). Шәара урҭ рҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы, иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵрыз хараӡа Иерусалим шәылаԥш ианыҵашәа? Ҳәарада, шәара шәгәы шәнархьуан еилабганы иҟаз аҩнқәа аҳаскьын бааԥс рылиааны ианыжәба. Шәара ишәгәалашәозар ҟаларын Вавилонтәи аҭӡамцқәа шаҟа иӷәӷәаз. Ишԥажәбарыз уажәшьҭа агәашәқәеи ахьчаратә баашқәеи ахьыҟаз еилабгаз Иерусалимтәи аҭӡамцқәа? Аха уи зегьы израильаа ргәы канамыжьӡеит, избанзар урҭ рымҩа хара ианықәыз Иегова ихьчон, насгьы дрыцхраауан. Иерусалимҟа ианааи, дара зегь раԥхьаӡа ауахәама ахьыҟаз амҭанагарҭа аргылара иалагеит, уахь есыҽны иаҭахыз амҭақәа рнагаразы (Езд. 3:1, 2). Дара агәацԥыҳәара аарԥшны аусура иазхиан, убри аҟынтә урҭ ак рԥырхагахар залшом ҳәа угәы иаанагар ҟалон.
4 Израильаа ауахәама аргылара адагьы, ақалақьқәа реиҭашьақәыргылара рыхәҭан. Дара аҩнқәа дыргылар, амхурсҭақәа аус рыдырулалар, насгьы рҭаацәа акрырҿарҵалар акәын (Езд. 2:70). Аус даара ирацәан. Иаарласны дара раӷацәа рҟынтә 15 шықәса ицоз аҿагылара иақәшәеит. Раԥхьа ауриацәа ргәы кармыжьӡеит, аха аамҭақәак рышьҭахь урҭ ргәацԥыҳәара ԥсыҽхеит (Езд. 4:1—4). 522 шықәсазы ҳ. ҟ. аџьамтәи аҳ адҵа ҟаиҵеит Иерусалим ицоз аиҭашьақәыргыларатә ус ааныркыларц, уи ааха ӷәӷәан. Угәы иаанагар алшон Иерусалим уаҳа ахаан еиҭашьақәыргылахом ҳәа (Езд. 4:21—24).
5. Ргәы шԥашьҭихи Иегова ижәлар?
5 Иегова идыруан ижәлар агәымшәареи амчи шырҭахыз. Иара ауриацәа бзиа ишибоз агәра диргарц азы Захариа даҽа барак ииҭеит. Иегова ауриацәа ирыдиҵо аус анынарыгӡо, урҭ шихьчало еилыкка идирбеит. Иара убас ауахәама шеиҭашьақәыргылахо иақәиргәыӷит. Иара иҳәеит: «Уи зегь ҟалоит Шәынцәа Иегова зегь рыла шәизыӡырҩлар» (Зах. 6:15).
ЖӘҨАНТӘИ АР
6. а) Излалагозеи Захариа аабатәи ибара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Избан аҽқәа ԥштәыла изеиԥшым?
6 Иҟалап Захариа ибарақәа рҟынтә аҵыхәтәантәи абара зегь раасҭа ҳагәрахаҵара арӷәӷәозар. (Уахәаԥш Захариа 6:1—3.) Шәхаҿы иаажәг: абҩа иалху ҩ-шьхак рыбжьара аибашьра иазхиоу ԥшь-ҽыуардынк цәырҵуеит. Аҽыуардын иаҵаку аҽқәа рыԥштәқәа еиԥшӡам. Уи абзоурала аҽыуардынқәа еиҩудыраар улшоит. Захариа амаалықь диазҵаауеит: «Изакәызеи ари?» (Зах. 6:4). Уи ҳара ҳзы аинтерес аҵоуп, избанзар ари абара ҳаргьы иҳаҵанакуеит.
Иегова иахьагьы амаалықьцәа ихы иаирхәоит ижәлар ихьчаларц, насгьы ирӷәӷәаларц азы
7, 8. а) Иаадырԥшуазеи ҩ-шьхак? б) Избан урҭ ашьхақәа абҩа изрылху?
7 Абиблиаҿы ашьхақәа лассы-лассы аҳрақәа ма анапхгарақәа аадырԥшуеит. Захариа ибараҿы иибаз ҩ-шьхак Даниил иԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәаз ашьхақәа иреиԥшуп. Актәи ашьха наӡаӡатәи Иегова имчра ду аанарԥшуеит. Аҩбатәи ашьха иаанарԥшуеит Иисус Христос дызхагылоу Амессиантә Аҳра (Дан. 2:35, 45). Уи шьақәгылеит ҭагалан 1914 шықәсазы, Иисус аҳра аура даналага. Уи нахыс арҭ исимволтәу ҩ-шьхак адгьыл аҿы Анцәа игәҭакы анагӡаразы ароль ҷыда нарыгӡоит.
8 Избан арҭ ашьхақәа абҩа изалху? Абҩа ахьы еиԥш даара зыхә ҳараку металлуп. Иегова ицырцыруа ари аметалл иԥшьоу ақьалеи, ԥыҭрак ашьҭахь Иерусалимтәи ауахәамеи рыргылараҿы рхы иадырхәаларц адҵа ҟаиҵеит (Ақәҵ. 27:1—3; 1 Аҳ. 7:13—16). Убри аҟынтә арҭ ашьхақәа абҩа иахьалху Иегова имчра дуи Амессиантә Аҳреи акы ишузадымкыло ҳгәаланаршәоит. Ҳаԥхьаҟа урҭ ауаа зегьы аҭышәынтәалареи азылԥхарақәеи рзаанагоит.
9. Иаадырԥшуада аҽыуардынқәеи урҭ ныҟәызгои, насгьы дҵас ирымоузеи дара?
9 Иаадырԥшуада аҽыуардынқәеи урҭ ныҟәызгои? Урҭ амаалықьцәа роуп иныҟәызго, иҟалап еиуеиԥшым амаалықьцәа ргәыԥқәа ракәзар. (Уаԥхьа Захариа 6:5—8.) Дара «аауеит адгьыл зегь Иақәиҭу иҿаԥхьа ианнеи ашьҭахь», насгьы иҷыдоу адҵа рымоуп. Иарбан? Аҽыуардынқәа зегьы дасу рхатә ҭыԥқәа рахь ишьҭуп, насгьы дҵас ирымоуп Иегова ижәлар рыхьчара, еиҳарак «аҩадатәи адгьыл», Вавилон, аҟынтә. Иегова иалиршаӡом ижәлар вавилонтәи атҟәара еиҭа иҭашәарц. Шаҟа ргәы шьҭнахзеи уи Захариа ихаан ауахәама еиҭашьақәзыргылоз ажәлар! Дара аӷацәа рԥырхагахоит ҳәа имшәалар акәын.
10. Ишԥарӷәӷәо Анцәа ижәлар аҽыуардынқәа ирызку Захариа ибара?
10 Захариа ихаан еиԥш иахьагьы Иегова, ар реиҳабы, ижәлар ихьчарц, насгьы ирӷәӷәарц азы амаалықьцәа ихы иаирхәоит (Мал. 3:6; Аур. 1:7, 14). 1919 шықәсазы Иегова ижәлар символтә ҵакыла иуҳәозар Вавилон Ду атҟәара аҟынтә ахақәиҭра роуит. Уи аахижьҭеи аӷацәа Анцәа ижәлар ирԥыхагахарц ишашьҭоугьы, ажәабжьҳәаратә ус аӡәгьы изаанкылом (Аат. 18:4). Ҳара амаалықьцәа ҳрыхьчоит аҟынтә, Иегова иорганизациа амцдинхаҵара атҟәра еиҭа иҭашәоит ҳәа ҳамшәалароуп (Аԥсал. 33:8 [34:7, АдҾ]). Агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа имаҵзуҩцәа адунеи зегь аҿы анаҩсгьы доуҳала ишеизҳало. Захариа иԥааимбаражәа ҳаназхәыцуа, акгьы ҳацәшәаӡом, избанзар иаҳдыруеит ҩ-шьхак ҳшырыхьчо.
11. Избан Анцәа ижәлар ианақәло, акгьы ҳацәымшәалар зҳалшо?
11 Иаарласны Аҩсҭаа идунеи аҿы иҟоу аполитикатә мчрақәа зегьы Анцәа ижәлар ирықәларц, насгьы иқәыргарц азы рҽеидыркылоит (Иез. 38:2, 10—12; Дан. 11:40, 44, 45; Аат. 19:19). Иезекииль иԥааимбаражәаҿы иҳәоуп дара рыԥсахы еибакны аԥҭа еиԥш, адгьыл хырҩоит, насгьы аҽқәа ирықәтәаны иаауеит иаҳҿагыларц азы ҳәа (Иез. 38:15, 16)a. Ҳацәшәалароума ҳара уи? Мап, избанзар жәҩантәи ар ҳара иҳадгылоуп. Агәырҩа ду аан Иегова имаалықьцәа ижәлар рыхьчоит, насгьы инапхгара иаҿагыло дарбанзаалак дықәыргоит (2 Фес. 1:7, 8). Изакәытә мшхозеи уи! Аха напхгара азҭода Иегова жәҩантәи ир?
ИЕГОВА АҲИ АԤХЬАԤШЬАҨИ АГӘЫРГЬЫН ИХАИРГЫЛОИТ
12, 13. а) Дҵас ииҭазеи Иегова Захариа? б) Иҳаилшәыркаа Захариа иԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәоу Авҵиаа Иисус Христос изизку.
12 Иегова Захариа иирбаз урҭ абарақәа ааба уаҳа аӡәгьы имбаӡеит. Уажәшьҭа Захариа егьырҭ ирбар алшо, насгьы Иегова иуахәама еиҭашьақәзыргыло израильаа ргәы шьҭызхуа ак ҟаиҵоит. (Уаԥхьа Захариа 6:9—12.) Иегова Захариа идиҵоит ааигәа Вавилонынтәи ихынҳәыз Хелдаии, Товиеи, Иедаиеи рҿы араӡни ахьи игарц, «агәыргьын ду» ҟаиҵарц азы (Зах. 6:11). Изхаиргылар ихәҭадаз Захариа агәыргьын? Иудатәи аимшьҭра иатәу, Давид ихылҵшьҭра анапхгаҩы Зоровавель иоума? Мап. Иҟалап Захариа иҟаиҵоз иахәаԥшуаз иџьаршьазар агәыргьын Иоседек иԥа аԥхьаԥшьаҩы Иисус ианихаиргыла.
13 Аҳас дҟалама уи ашьҭахь аԥхьаԥшьаҩы Иисус? Мап, иара Давид иаҳратә хылҵшьҭра датәымызт, убри аҟынтә аҳра аҭыԥ изаанкыломызт. Агәыргьын ахаргылара аԥааимбаражәатә ҵакы аман: уи иаанарԥшуан аԥхьаҟа наӡаӡа аҳас, насгьы ԥхьаԥшьаҩыс иҟало дышцәырҵуа. Иегова уи Авҵиаа ҳәа изиҳәеит. Абиблиа еилыкка иаҳнарбоит уи Авҵиаа Иисус Христос шиакәу (Ис. 11:1; Матф. 2:23b).
14. Иҟаиҵозеи Иисус Аҳи Аԥхьаԥшьаҩи раҳасабала?
14 Иисус Христос Аҳи Аԥхьаԥшьаҩи раҳасабала Иегова жәҩантәи ир дахагылоуп. Иара иаҭаху зегь ҟаиҵоит Анцәа имаҵзуҩцәа ирҿагыло ари адунеи аҿы ихьчазарц азы (Иер. 23:5, 6). Иаарласӡаны Христос Анцәа имчра иаҿагыло зегьы дрықәыӡбоит, насгьы аиааира игоит. Иара Иегова ижәлар ихьчоит (Аат. 17:12—14; 19:11, 14, 15). Аха уи аԥхьа Авҵиаа даараӡа ихадоу аус наигӡароуп.
ИАРА АУАХӘАМА ИРГЫЛОИТ
15, 16. а) Дызусҭада ҳаамҭазы Анцәа ижәлар зрыцқьаз, уи еиҭашьақәзыргылаз, насгьы ишԥаҟаиҵеи уи? б) Иалҵшәахозеи Зқьышықәсатәи Христос инапхгара?
15 Анцәа Иисус Аҳас, насгьы ԥхьаԥшьаҩыс дҟаиҵеит, аха иара убас уи «Иегова иуахәама» иргыларц адҵа ииҭеит. (Уаԥхьа Захариа 6:13.) Ишԥанаигӡоз Иисус ҳаамҭазы ари адҵа? 1919 шықәсазы иара Иегова ииашоу имаҵзуҩцәа Вавилон Ду аҟынтә ахақәиҭра риҭеит, насгьы ақьырсиантә еизара еиҭашьақәиргылеит. Уи иара убас игәрагоу, иҟәышу атәы далихит. Анцәа идоуҳала иалху аишьцәа рыла ишьақәгылоу ари агәыԥ адоуҳатә уахәама адгьылаҿтәи ахәҭаҿы имҩаԥысуа акрызҵазкуа аус напхгара азыруеит (Матф. 24:45). Уи адагьы, Иисус Анцәа ижәлар дрыцхраауеит урҭ ирыцқьарц, насгьы Иегова ишиҭаху еиԥш имаҵ руларц азы (Мал. 3:1—3).
16 Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан 144 000-ҩык ԥшьаҩцәас амаҵ зуло, насгьы аҳра ицзуло иваргыланы Анцәа изиашоу ауаа наӡахарц ирыцхраауеит. Уи ашьҭахь џьанаҭ дгьыл аҿы Анцәа ииашоу имаҵзуҩцәа роуп инхало. Усҟан иҵабыргу Анцәа имҵахырхәара инагӡаны еиҭашьақәыргылахоит.
АРГЫЛАРАТӘ УС ШӘҼАЛАШӘЫРХӘЛА
17. Зыгәра диргазеи Иегова ауриацәа, насгьы ишԥарныри иажәақәа?
17 Ишԥарныри Захариа ихаан инхоз ауриацәа иажәабжь? Иегова урҭ ажәа риҭеит ацхыраара шриҭо, насгьы ишиихьчо. Иара агәра диргеит ауахәама шеиҭашьақәыргылахо. Уи дара, хымԥада, агәыӷра рнаҭон. Аха ирылшома ажәлар маҷ ари аҩыза аус ду анагӡара? Захариа анаҩс ииҩыз уи ус шакәу агәра ҳнаргоит. Иегова иҳәеит Хелдаии, Товиеи, Иедаиеи рыдагьы, аргылараҿы имаҷымкәа егьырҭ ауаа рхы шаладырхәуа. (Уаԥхьа Захариа 6:15.) Уажәшьҭа ауриацәа агәра ганы иҟан Анцәа дышрыцхраауа, убри аҟынтә иаразнак аусура иалагеит. Дара аргылара рнапаларкит, уи мап шацәкызгьы. Иаарласны Иегова «ашьха ду» ирзеиԥшыз аԥырхага ықәигеит: аргылара азин ҟалеит, насгьы 515 шықәса ҳ. ҟ. шыҟаз ауахәама еиҭашьақәыргылан (Езд. 6:22; Зах. 4:6, 7). Аха Иегова иажәақәа еиҳарак ҳаамҭақәа роуп изызку.
Иегова ахаан ихашҭӡом иара иахь иааҳарԥшуа абзиабара (Шәрыхәаԥш абзацқәа 18, 19.)
18. Ишԥанаӡо иахьа Захариа 6:15 иану ажәақәа?
18 Иахьа миллионҩыла ауаа иҵабыргу Анцәа имаҵ руеит. Дара Иегова идоуҳатә уахәама ду иацхрааларц азы зегь раасҭа зыхә ршьо иеигӡаӡом — раамҭа, рымч, рмазара (Ажәам. 3:9). Иҳацхраауазеи Иегова изы иҟаҳҵо ахә шишьо агәра агара? Иаҳгәалаҳаршәап Хелдаии, Товиеи, Иедаиеи Захариа агәыргьын злихыз аматериалқәа шааргаз. Агәыргьын иргәаланаршәалар акәын иҵабыргу Анцәа имҵахырхәаразы иҟарҵаз (Зах. 6:14). Убас еиԥш, Иегова ахаангьы ихашҭӡом иаҳбо аџьабааи иара иахь иааҳарԥшуа абзиабареи (Аур. 6:10).
19. Ишԥаҳнырлар акәу Захариа ибарақәа?
19 Арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа раан Иегова ижәлар иҟарҵаз рацәоуп. Уи зегь ишьақәнарӷәӷәоит Христос ҳара анапхгара шҳаиҭо, насгьы Иегова дшаҳзылԥхо. Ҳара зыгәра агара иаԥсоу, насгьы наӡаӡа иҟазаауа аорганизациа ҳахәҭакуп. Иегова ицқьоу амҵахырхәара иазку игәҭакы хымԥада инаигӡоит. Анцәа ижәлар рҿы ишәымоу аҭыԥ ахә шәшьала, насгьы зегь рыла Иегова иҳәатәы хашәҵала. Усҟан Аҳас иҟоу Аԥхьаԥшьаҩы, насгьы амаалықьцәа шәрыхьчалоит. Ус ҟашәҵалар, агәра ганы шәыҟазар шәылшоит Иегова ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа, насгьы наӡаӡагьы шәшиихьчало.
a Еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит аброшиура «Иааигәоума аҵыхәтәа?» (bp158) иану «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» аҿы, адаҟьақәа 29—30.
b Ажәа «Назареи» иҟалап ажәытә уриатә ажәа не́цер аҟынтәи иаауазар, уи иаанагоит «авҵиаа».