Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 октиабр ад. 27—30
  • Иегова иҳәатәы хазҵо дырзылԥхоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова иҳәатәы хазҵо дырзылԥхоит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҨЫЗА ҾЫЦ
  • «ҲАРА ҲАХИОУП!»
  • ШЬҬАХЬҞА АНГЛИАҞА, АНАҨС ШОТЛАНДИАҞА
  • ИРЛАНДИА ИҲАУЗ АДҴА ҾЫЦ
  • ИРЛАНДИА ИНХОЗ ИЕГОВА ИШАҲАҬЦӘА РЗЫ АКРЫЗҴАЗКУАЗ АХҬЫС
  • ЕИҬА АԤСАХРАҚӘА
  • 1921 — Шәышықәса раԥхьа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Сара избон гәыкала Анцәа имаҵ зуа ақәҿиара шрымаз
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Ҳара зныкымкәа Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ҳнырит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Шәышықәса раԥхьа: 1922-тәи ашықәс
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 октиабр ад. 27—30

АБИОГРАФИА

Иегова иҳәатәы хазҵо дырзылԥхоит

Еиҭалҳәеит Олив Маттиуз

«Ҳара ҳахиоуп!» Арҭ ажәақәа рыла схаҵеи сареи, иара убас сашьа иԥҳәыси иареи иҷыдоу амаҵзура хкы аҽалархәразы ааԥхьара ҳадаҳкылеит. Избан ари ааԥхьара зҳадаҳкылаз, насгьы дышԥаҳзылԥхеи Иегова? Ишәзеиҭасҳәап сҭоурых.

САРА сиит 1923 шықәсазы Иоркшир иҟоу Ҳемсуерт ақалақь аҿы (Англиа). Сара дсыман исеиҳабыз аиашьа Боб. Жә-шықәса раҟара ансхыҵуаз, саб иԥшааит амцдинхаҵара ауаа шажьоз ахьаныз шәҟәқәак. Арҭ ашәҟәқәа саб анырра ӷәӷәа ирҭеит. Шықәсқәак анҵы ҳаҩныҟа дааит Боб Аткинсон. Иара апатефон ала аиашьа Рутерфорд иажәахә ҳзаҿеикит. Ҳара еилаҳкааит уи ажәахә зҳәоз ауаҩы саб дзыԥхьаз ашәҟәқәа ҭзыжьыз аорганизациа дшаҵанакуаз. Сҭаацәа аиашьа Аткинсон идыргалеит Абиблиа иазкны зхыԥхьаӡара рацәаз ҳазҵаарақәа рҭак ҟаиҵаларц азы есыхәылбыҽха дааны уаххьа ҳацифаларц. Ҳара иашьак иҩнаҿы имҩаԥысуаз аизарақәа рахь ааԥхьара ҳарҭеит, уанӡа киломтрақәак бжьан. Ҳара иаразнак ҳақәшаҳаҭхеит, уи ашьҭахьгьы Ҳемсуерт уиаҟара идумыз аизара шьақәгылеит. Аамҭақәак рышьҭахь азоналтә маҵзуҩцәа (усҟан араионтә хылаԥшҩцәа убас ирышьҭан) ҳара ҳҿы аангылара иалагеит, уи инеиҳангьы ҳааигәара инхоз апионерцәа шьыбжьхьа еицаҳфарц азы ааԥхьара раҳҭон. Урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи даара ибзиоу анырра сырҭеит.

Ҳҭаацәа рхатә наплакы аадыртит, аха саб сашьа иеиҳәеит: «Пионерс амаҵ аура уҭахызар, уи мап ацәаҳкыр ауп». Боб дақәшаҳаҭхеит. 21 шықәса анихыҵуаз хазы анхара далагеит, насгьы пионерс дҟалеит. Ҩышықәса рышьҭахь, 16 шықәса ансхыҵуаз, саргьы пионерс амаҵ аура салагеит. Аԥсшьарамшқәа раан ажәабжьҳәара егьырҭ срыццон, аха еиҳарак схала ажәабжь сҳәон. Схы иасырхәон ажәабжьҳәаразы иҟаз акарточкақәеи апатефони. Иегова дысзылԥхеит — ԥҳәыск Абиблиа лырҵара салагеит, насгьы уи аԥҳәыс хара имгакәа аӡы лыҽӡаалхит. Аҵыхәтәаны аӡәырҩы лыуацәагьы Иегова ишаҳаҭцәахеит. Шықәсык ашьҭахь иҷыдоу пионерс сҟарҵеит, амаҵзураҿы ҩызас дысзыҟалеит Мери Ҳеншалл. Ҳара амаҵ ҳуан аӡәгьы идым Чешир атерриториаҿы.

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аилашымҭаз аҳәса аусура рыдырҵеит аруаа ацхыраара рыҭаразы. Адинмаҵзуҩцәа ари аус аҟынтә рхы иақәиҭын, ҳаргьы, иҷыдоу апионерцәа, ҳазыԥшын ари алшара хауеит ҳәа. Аха аӡбарҭа уи алшара ҳнамҭеит, убри аҟынтә 31 мшы ҳәа сҭаркит. Анаҩстәи ашықәс азы 19 анысхыҵ, атәыла аиҳабыра ирасҳәеит схаҵара азин шыснамҭо аибашьра ацара. Аӡбарҭа аҿаԥхьа ҩынтә аҭак ҟасҵахьан, аха аҩынтәраангьы сус аҵыхәтәанынӡа инарымгеит. Уи аамҭа зегь Иегова иԥшьоу адоуҳа шсиҭоз, насгьы сыширӷәӷәоз збон, снапы икызшәа сгәы иабон (Ис. 41:10, 13).

АҨЫЗА ҾЫЦ

1946 шықәсазы сара Артур Маттиуз сиабадырит. Иара арра ацара мап ахьацәикыз азы хымз абахҭа дҭакын, аха ааскьа дҭыҵит, насгьы Ҳемсуерт иҷыдоу пионерс амаҵ зуаз иашьа Деннис иахь дааит. Дара ианыхәыҷыз инаркны раб иҟынтә Иегова иӡбахә раҳаит, насгьы ианхбыџыз рыҽӡаархит. Хара имгакәа Деннис Ирландиаҟа амаҵ аура дрышьҭит, убри аҟынтә Артур ҩызада дынхеит. Сҭаацәа иқәыԥшыз, агәацԥыҳәара злаз ари апионер ихы шымҩаԥигоз ргәаԥхеит, убри аҟынтә дара рҿы дынхаларц идыргалеит. Сҭаацәа рахь саннеиуаз Артури сареи асаанқәа еицаҳаӡәӡәон. Аамҭак ашьҭахь асаламшәҟәқәа еимаҳдо ҳалагеит. 1948 шықәсазы Артур еиҭах хымз ҳәа дҭаркит. Ианвар 1949 шықәсазы ҳара ҳаибагеит, насгьы алшара ҳаманаҵы ҳаамҭа зегь амаҵзура иазаҳкларц ҳаӡбеит. Ҳара ирмариоу аԥсҭазаара амҩаԥгара ҳҽазаҳшәон, убри аҟынтә аԥсшьарамшқәа раан маҷк аԥара ҳарҳарц азы ашәыр ҳаҟәшәон. Иегова даҳзылԥхон, убри аҟынтә ҳара анаҩсгьы пионерс амаҵ аура ҳалшон.

Ҳемсуерт, ҳчара ашьҭахь дук мырҵыкәа. 1949 шықәса

Шықәсык инеиҳаны ашьҭахь Аҩадатәи Ирландиаҟа ҳаиасырц иҳаҳәеит зны ақалақь Арма, нас еиҳараӡак акатоликцәа ахьынхоз Ниури. Уа егьырҭ адинхаҵарақәа рцәымӷын, убри аҟынтә ажәабжьҳәараан агәҽанызаара аарԥшлатәын. Аизарақәа мҩаԥысуан хаҵеи-ԥҳәыси рыҩнаҿы, уахьынӡа 16 километра бжьан. Иаҭаауаз ааҩык раҟара ракәын. Зны-зынла уа ҳаангылалон, адашьмаҿы ҳацәон. Ашьыжь шьыжьхьа ҳзыԥшын. Даара сеигәырӷьоит иахьа урҭ аҭыԥқәа рҿы Иегова ишаҳаҭцәа ирацәаҩны иахьыҟоу!

«ҲАРА ҲАХИОУП!»

Сашьа иԥҳәыс Лоттии иареи Аҩадатәи Ирландиа иҷыдоу пионерцәас амаҵ руан, ҳаԥшьҩыкгьы 1952 шықәсазы Белфаст имҩаԥысуаз аобластә конгресс ахь ҳцеит. Иашьак иҩнаҿы Праис Ҳиузи ҳареи ҳанирхеит. Праис Ҳиуз усҟан Британиатәи афилиал аҿы амаҵ иуан. Уахык зны ҳара Ирландиа азы мацара иҭыжьыз аброшиура ҿыҵ «Путь Божий — любовь» ҳахцәажәон. Аиашьа Ҳиуз еиҭеиҳәон Ареспублика Ирландиа инхо акатоликцәа ажәабжь рзеиҭаҳәара шаҟа ицәгьоу. Иегова ишаҳаҭцәа илхны ирымаз ауаҭахқәа идәылырцон, насгьы адиннапхгаҩцәа урҭ зыԥсахы еибакны иҟаз ажәлар рыжәырҵон. Праис иҳәеит: «Арҭ аброшиурақәа атәыла зегь аҿы ирылаҳарҵәарц азы амашьына змоу аҭаацәара иалоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳҭахуп»a. Убасҟан ауп ианаҳҳәаз сҭоурых аиҭаҳәара саналагоз иаагаз ажәақәа: «Ҳара ҳахиоуп!»

Егьырҭ апионерцәеи ҳареи амотоцикл ҳақәтәоуп

Ҳара Дублин ҳааит, насгьы зегьы «мама Ратленд» ҳәа зырҳәоз аиаҳәшьа лҿы ҳанҿасит. Лара акыр шықәса Иегова имаҵ луан, насгьы гәахәарыла еснагь апионерцәа лыдылкылон. Ҳамаҭәа-ҩыҭәақәа маҷк анаҳҭии, ҳаԥшьҩыкгьы Боб имотоцикл ҳнақәтәан, амашьына аԥшаара ҳдәықәлеит. Ҳара иҳаԥшааит иҿыцмыз, аха хар змамыз амашьына, ҳара ҳҟынтә аӡәгьы амашьына аныҟәҵашьа издыруамызт, убри аҟынтә амашьына зҭиуаз уи ҳаҩныҟа иҳазнеигарц ҳиҳәеит. Аухантәарак Артур акаруаҭ дықәтәаны амашьына ныҟәиҵошәа дшазхәыцуаз ихигеит. Ашьыжь амашьына агараж иҭигарц данаҿыз, ҳара ҳахь дааит Милдрет Уиллетт (уи дмиссионерын, ԥыҭрак ашьҭахь аиашьа Џьон Барр ԥҳәысс диццеит). Уи амашьына аныҟәцашьа лдыруан! Лара Артур аныҟәцашьа илырҵеит, уажәшьҭа ҳара амҩа ақәлара ҳазхиан.

Ҳмашьынеи ҳфургони

Шьҭа ҳахьынхало ахыҵакырҭа ԥшаатәын. Ҳара аҩны ҳашьҭан, избанзар, ишҳарҳәаз ала, афургон ҳазцәымӷыз амца ацрарҵар рылшон. Аха акгьы ҳзымԥшааит. Уи ауха амашьынаҿы ҳацәан. Адырҩаҽны иҳаԥшааз напыла иҟаҵаз ҩ-еихагылак рыла иҟаз акаруаҭ змаз афургон хәыҷы ауп. Убри ауп ҩныс иаҳзыҟалаз. Иџьоушьаша, гәыкала иҟаз афермерцәа азин ҳарҭеит афургон ртерриториаҿы ааныжьра! Ҳара акәырқәа зҵаз ҳаҩн хәыҷы аҟынтәи 15—25 километра ахьыбжьаз инхоз ауаа ажәабжь рзеиҭаҳҳәон. Анаҩс даҽаџьара ҳаиасуан, насгьы уаанӡа афургон ахьынҳажьуаз аҭыԥ аҿы ажәабжь ҳҳәон.

Уадаҩра ӷәӷәак ҳамамкәа ҳара алада-мрагыларатәи Ирландиа иҟаз аҩнқәа зегьы ҳархысит, насгьы 20 000 брошиура рылаҳарҵәеит. Аҵабырг ахь аинтерес зауз ауаа рыхьӡқәа Великобританиа иҟаз афилиал ахь иҳашьҭит. Шаҟа ҳаигәырӷьозеи уа иахьа шәҩыла Иегова ишаҳаҭцәа ахьыҟоу!

ШЬҬАХЬҞА АНГЛИАҞА, АНАҨС ШОТЛАНДИАҞА

Ԥыҭрак ашьҭахь ҳара Лондон аладатәи ахәҭаҿы амаҵ аура ҳдәықәырҵеит. Мчыбжьқәак рышьҭахь Британиатәи афилиал аҟынтә иашьак Артур аҭел дизасит. Уи Артур диҳәеит адырҩаҽны инаркны араионтә маҵзура далагарц. Мчыбжьык аҩныҵҟа аҵара ҳанахыс ашьҭахь, Шотландиаҟа амаҵ аура ҳцеит. Артур ажәахәқәа рырхиаразы аамҭа маҷны иман, аха иара еснагь Иегова имаҵ аураҿы иоуаз адҵақәа зегьы гәахәарыла рынагӡара дазхиан. Уи иҿырԥштәы сара сгәы шьҭнахуан. Араионтә маҵзура ҳара даара иаҳгәаԥхон. Шықәсқәак рыҩныҵҟа ҳара аӡәгьы идмыз атерриториаҿы ажәабжь ҳҳәон, аха уажәшьҭа ҳакәша-мыкәша аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рацәан, уи зылԥхара дуун!

1962 шықәсазы Артур ааԥхьара иоуит Галаад ашкол аҿы жәамз рыҩныҵҟа аҵара дахысырц, убри аҟынтә имариамыз аӡбара адкылара ҳақәшәеит. Акыраамҭа ҳаицәыхарахон, аха ҳара еилаҳкааит уи шҳаҭыр дууз, насгьы Артур хымԥада дышцар акәыз. Сара ажәабжьҳәараҿы «ҩызада» сынхеит аҟынтә, сықалақь гәакьа Ҳемсуертҟа срышьҭит иҷыдоу пионерс амаҵ аура. Шықәсык ашьҭахь Артур дааит, насгьы аобласттә хылаԥшҩыс дҟарҵеит. Ҳара амаҵ ҳуан Шотландиа, Англиа аҩадатәи ахәҭаҿы, Аҩадатәи Ирландиа.

ИРЛАНДИА ИҲАУЗ АДҴА ҾЫЦ

1964 шықәсазы Артур ирландиатәи афилиал аҿы амаҵ аура далагеит. Ҳара араионтә, насгьы аобласттә маҵзура даара иаҳгәаԥхон, убри аҟынтә раԥхьа сгәы ҭынчмызт. Аха уажәшьҭа даара сеигәырӷьоит Вефиль амаҵ аура алшара ахьҳамаз. Сара еилыскааит: Иегова иҟынтә адҵа ҿыц анудукыло, уи угәамԥхозаргьы, иара хымԥада дузылԥхоит. Сара аофис аҿы аус зуан, алитература еизганы акоробкақәа ирҭасҵон, афатә ҟасҵон, насгьы ацқьара сахылаԥшуан. Амҭа-аамҭала ҳара аобласттә маҵзура ҳхы алаҳархәуан, атәыла зегь аҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхуан. Иара убас ҳгәы иахәон Абиблиа зҳарҵоз рыгәрахаҵара шыӷәӷәахоз анаҳбоз. Уи зегьы Ирландиа иҟаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳареи ҳаизааигәанатәуан. Ари Иегова иҟынтә ҳамҭа дууп!

ИРЛАНДИА ИНХОЗ ИЕГОВА ИШАҲАҬЦӘА РЗЫ АКРЫЗҴАЗКУАЗ АХҬЫС

Ирландиа аҭоурых аҿы актәи жәларбжьаратәи аконгресс 1965 шықәсазы Дублин имҩаԥыситb. Аҿагылара ӷәӷәақәа шыҟазгьы, аконгресс даараӡа ибзианы имҩаԥысит. Уи 3 948-ҩык ауаа аҭааит, 65-ҩык аӡы рыҽӡаархит. Аҳәаа нырцәынтәи иааз 3 500-ҩык аишьцәеи аиаҳәшьцәеи здызкылаз зегьы асаламшәҟәқәа роуит, уа иҭабуп ҳәа рарҳәон. Асасдкылара аазырԥшыз ақьырсианцәагьы иџьаршьон ирыдыркылаз асасцәа рхымҩаԥгашьа бзиа. Изакәытә зылԥхароузеи!

Артур аконгресс ахь иааз Неитан Норр диԥылоит. 1965 шықәса

Артур ашәҟә ҿыц ирландиа бызшәала ишҭыжьу рылеиҳәоит. 1983 шықәса

1966 шықәсазы иӡбан аҩадатәии аладатәии Ирландиа адгьылбжьахаҿы ажәабжьҳәаратә ус Дублин иҟоу афилиал напхгара анаҭаларц. Ари аҩыза акзаара даара инарылукаауан, избанзар аполитикеи адинхаҵарақәеи ирыхҟьаны адгьылбжьахаҿы ауаа изеилибакаауамызт, насгьы еиҿагылан. Ҳгәы шьҭнахуан имаҷымкәа акатоликцәа Иегова ишаҳаҭцәаны ишыҟалоз, насгьы уаанӡа ипротестантцәаз уажәы аишьцәа ирыдгыланы амаҵ шыруаз анаҳбоз.

ЕИҬА АԤСАХРАҚӘА

2011 шықәсазы ҳаԥсҭазаара зынӡа аҽаԥсахит. Британиатәии ирландиатәии афилиалқәа еидырҵарц рыӡбеит, убри аҟынтә ҳара лондонтәи Вефиль ахь ҳрышьҭит. Уи атәы еилаҳкааит Артур игәамбзиара агәҭынчымра сызцәырнаго ианалага. Уи Паркинсон ичымазара шимаз гәарҭеит. 66 шықәса рыҩныҵҟа исызиашаз схатә ҩыза Артур маи 20, 2015 шықәсазы дыԥсит.

Сара уажәраанӡагьы сгәы сыхьуеит, насгьы сзаҵәны схы збоит. Уаанӡа Артур еснагь сааигәара дыҟан. Шаҟа дыгәхьаазгозеи! Аха абас еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа анухуго, Иегова еиҳа уизааигәахоит. Иара убас даара сгәы иахәоит аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Артур даараӡа бзиа дахьырбоз. Сара Ирландиеи, Великобританиеи, Еиду Аштатқәеи рҿы инхо ҳҩызцәа рҟынтә ирацәаны асаламшәҟәқәа соуеит. Жәала исызҳәом шаҟа сгәы шьҭырхуа урҭ асаламшәҟәқәеи Артур иашьа Деннис иԥҳәыс Меифиси иареи, насгьы сашьа иԥҳацәа Рути Џьудии рыцхыраара.

Сара сдырӷәӷәоит Исаиа 30:18 иану ажәақәа: «Иегова иразра анааирԥшуа дазыԥшызаауеит, убри аҟынтә иара дҩагылоит, игәшаҭара шәара шәахь иааирԥшырц азы. Избанзар Иегова аиашаӡбара здызкыло Нцәоуп. Насыԥ рымоуп изыԥшу зегьы». Сара даараӡа сгәы шьҭнахуеит Иегова ҳауадаҩрақәа анииӡбо, насгьы адунеи ҿыц аҿы угәы иахәо адҵақәа анҳаиҭо аамҭа дахьазыԥшу.

Сыԥсҭазаара саназхәыцуа, сара избоит Иегова Ирландиа ажәабжьҳәаратә ус напхгара шазиуа, насгьы дшазылԥхо! Сара даара сеигәырӷьоит ари атәылаҿы ажәабжьҳәара алшара ахьсымаз. Схаҭа избеит Иегова иҳәатәы хазҵо еснагь дшырзылԥхо.

a Шәахәаԥш 1988 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәы «Ежегодник Свидетелей Иеговы», адаҟьақәа 101—102 (англ.).

b Шәахәаԥш 1988 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәы «Ежегодник Свидетелей Иеговы», адаҟьақәа 109—112 (англ.).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра