АБИОГРАФИА
Сара избон гәыкала Анцәа имаҵ зуа ақәҿиара шрымаз
ИШӘГӘАЛАШӘОЗАР акәхап шәыԥсҭазаара шьаҭанкыла изыԥсахыз аицәажәарақәа. Схазы исҳәозар, ус еиԥш иҟаз аицәажәарақәа руак ҟалеит 50 шықәса раҟара раԥхьа Кениа саныҟаз. Усҟан сҩызеи сареи ныҟәара ҳдәықәлеижьҭеи мызқәак ҵуан. Ҳара амра ҳаблын, ҳаиқәаҵәаӡа ҳҟалеит. Ҽнак амца ҳадтәаланы, адинхаҵара иазкыз фильмк ҳахцәажәон. Ус сҩыза ҿааиҭит: «Абиблиа иану зынӡа даҽакуп».
Сара уи сарччеит. Сҩыза Анцәа дхазҵоз исахьа имаӡамызт. Сара ус сиазҵааит: «Абиблиа иазкны иудыруазеи?» Иара иаразнак аҭак симҭаӡеит, нас исеиҳәеит иан Иегова ишаҳаҭ шлакәыз, насгьы лара лҟынтә хәыҷ-мыҷқәак шиаҳахьоу. Сара уи аинтерес скит, убри аҟынтә иҵегьы сзеиҭеиҳәаанӡа сиҟәамҵӡеит.
Ҳашцәажәоз аҵх акыр инаскьеит. Сҩыза исзеиҭеиҳәеит Абиблиаҿы ишану адунеи Аҩсҭаа инапаҿы ишыҟоу (Иоанн 14:30). Иҟалап шәара уи еснагь ижәдыруазҭгьы, аха сара уи ахаан исмаҳацызт. Уи аинтерес сызцәырнагеит. Сара еснагь исарҳәон адунеи иахагылоу ақьиареи аиашареи злоу Анцәа иоуп ҳәа. Аха избоз зынӡа даҽакын. Уи сзеилкаауамызт. Исхыҵуаз 26 шықәса ракәын, аха сгәы сзырхьуаз рацәаны избахьан.
Саб Еиду Аштатқәа рҿы BBC аҿы аус иуан, убри аҟынтә санхәыҷызгьы ибзианы еилыскаауан аруаа акнопка иақәыӷәӷәаны аиадертә бомба дыртҟәацыр шрылшоз. Калифорниа аколлеџь аҿы аҵара анысҵоз, Вьетнам аибашьра цон. Аӡәырҩы ишыҟарҵоз еиԥш саргьы астудентцәа еиҿыркаауаз аҿагыларақәа сыҽрыласырхәуан. Аполициа адубинкақәа рыла ҳаимдырпуан. Улаӷырӡ аазгоз агаз анҳаладырчлак, ҳабналон. Усҟантәи аамҭазы аилаҩынтрақәа рацәан. Аполитикцәа ршьуан, аҿагыларақәа шьҭырхуан. Еиԥшымыз агәаанагарақәа убриаҟара ирацәан, аиаша ахьыҟоу еилукаартә иҟамызт.
Лондон аҟынтә Агәҭантәи Африкаҟа
1970 шықәсазы сара Алиаска аҩадатәи ахәҭаҿы аусура салагеит. Уа ирацәаны аԥара сырҳаит. Сара Лондонҟа сцан, амотоцикл аахәаны, схы ахьынахаз сҿынасхеит. Мызқәак рышьҭахь Африканӡа снеихьан. Амҩан сара исԥылон, сара исеиԥшыз, ҭаха рызымҭоз ауадаҩрақәа ирыцәцарц зҭахыз ауаа.
Ааи, сара избахьаз рацәан. Убри аҟынтә ицәгьоу адоуҳатә шамҭа адгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа напхгара рзиуеит ҳәа Абиблиаҿы ишану ансаҳа, уи алогика шаҵоу еилыскааит. Аха дабаҟоу Анцәа? Сара уи еилыскаар сҭахын.
Анаҩстәи амзақәа рзы сызҵаара аҭак сыԥшааит. Аамҭак ашьҭахь иара убас сара срабадырит, бзиагьы избеит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ҳазшаз Анцәа гәыкала ишизыҟоу аазырԥшыз ирацәаҩны ауаа.
АҨАДАТӘИ ИРЛАНДИА: «АХҚӘЕИ АБОМБАҚӘЕИ РЫДГЬЫЛ»
Лондонҟа саныхынҳә сҩыза иан дсыԥшааит. Уи Абиблиа сылҭеит. Ԥыҭрак ашьҭахь, Амстердам саныҟаз, иашьак ибеит амҩа зырлашоз афонар саҵатәаны Абиблиа сшаԥхьоз. Усҟан иара Абиблиа еиӷьны аилкаара дсыцхрааит. Уи ашьҭахь Дублинҟа сцеит, насгьы уа Иегова ишаҳаҭцәа ирландиатәи рфилиал сыԥшааит. Убраҟа ауп Артур Маттьиуз сахьиабадырызгьы. Уи иҟәыӷаз аԥышәа ду змаз иашьан. Сара уи Абиблиа сирҵаларц сиҳәеит, иаргьы мап сцәимкӡеит.
Сара Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьуаз ашәҟәқәеи ажурналқәеи уахи-ҽни срыԥхьон. Ҳәарада Абиблиа ахаҭагьы саԥхьон. Еилыскаауаз саргәырӷьон! Аизарақәа рҿы избон, ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа иҟәышыз ауаа зызхәыцуаз азҵаарақәа рҭак ахәыҷқәаҵәҟьагьы ишырдыруаз: «Изыҟоузеи ацәгьара? Дызусҭада Анцәа? Иҟалозеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?» Сара Иегова ишаҳаҭцәа мацара ракәын сзацәажәоз. Уи мариан, избанзар атәылаҿы уаҳа аӡәгьы дсыздырӡомызт. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова бзиа ибареи ииҭаху аҟаҵаразы агәаҳәара аизырҳареи исыцхрааит.
Наиџьели, Дениси, сареи
1972 шықәсазы сара аӡы сыҽӡаасхит. Шықәсык ашьҭахь пионерс амаҵ аура салагеит, насгьы Ньиури (Аҩадатәи Ирландиа) иҟаз аизара хәыҷ аҿы амаҵ зуан. Сара ахәы иаҿагылаз хаҳәла иҟаҵаз аҩны ахә шәо сыҩнан. Ааигәа иҟаз адәҳәыԥш аҿы ажәқәа ҳәуан. Ажәахәқәа ансымаз уахь арепетициа аҟаҵара сцон. Урҭ жаҳәо иахьгылаз, ибзианы исзыӡырҩуазшәа збон. Ҳәара аҭахума дара алабжьара сыҭара рылшомызт, аха узацәажәо рлакҭа аҭаԥшышьа сдырҵеит. 1974 шықәсазы иҷыдоу пионерс амаҵ аура салагеит. Амаҵ сыцызуаз Наиџьел Питт иакәын. Иареи сареи иахьа уажәраанӡагьы ҳаиҩызцәоуп.
Усҟан Аҩадатәи Ирландиа аиҿагыларақәа рацәаны иҟан. Аӡәы уи «ахқәеи абомбақәеи рыдгьыл» ҳәа азиҳәеит. Уи аиашаҵәҟьа иҳәеит. Амҩадуқәа рҿы аиҿагыларақәеи, аиҿахысрақәеи, амашьынақәа рыԥжәареи изышьцылахьаз ак акәын. Аполитикатә, насгьы адинхаҵаратә зҵаарақәа еиларсын. Аха апротестантцәагьы акатоликцәагьы ирдыруан Иегова ишаҳаҭцәа аполитика рыҽшаладмырхәуа. Убри аҟынтә ҳара ҳамшәаӡакәа ажәабжь ҳҳәалар ҳалшон, избанзар аӡәгьы дышҳаламкьысуаз ҳдыруан. Ҳзацәажәоз ауаа лассы-лассы заа ирдыруан аиҿахысрақәа ҟалараны иахьыҟаз, убри аҟынтә уахь ҳамцарц ҳгәаҳҽанырҵон.
Аха ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа ҳанрықәшәозгьы ыҟан. Ҽнак зны Денис Карригани сареи, иаргьы пионерс амаҵ иуан, Иегова ишаҳаҭцәа ахьыҟамыз, ҳааигәа иҟаз қалақьк ахь ажәабжьҳәара ҳцеит. Уаанӡа уахь знык акәын ҳахьцахьаз. Уаҟа ԥҳәыск зҽырҩашьаны иааз британиатәи асолдаҭцәа шәоуп ҳәа ҳзылҳәеит. Ҳара ирландтәи акцент ахьҳамамыз азы акәзар ҟалап ус лгәы изаанагаз. Ҳара илҳәаз ҳаршәеит. Ауаҩы асолдаҭ ибзианы дахьизыҟаз мацаразгьы игәыдҵан дыршьыр, ма ишьамхы еихсны дырхәыр алшон. Ахьҭа ҳаԥсны автобус ҳазыԥшны ҳгыланаҵы, уи аԥҳәыс дахьыҟаз акаҳуажәырҭахь машьынак ааит. Лара даадәылҵын лнацәкьыс ҳақәкны амашьына иҭатәаз ахацәа ак раҳәара далагеит. Нас урҭ ахацәа машьынала иааҳадгылан автобус анбаныҟәо ҳәа иҳазҵааит. Автобус анааи дара автобусныҟәцаҩ иацәажәеит. Урҭ еибырҳәаз ҳмаҳаӡеит. Автобус уаҳа аӡәгьы дҭаӡамызт аҟынтә ҳгәы иаанагеит ақалақь ҳаналслак ашьҭахь ак ҳзыруеит ҳәа. Аха акгьы ҟамлаӡеит. Ҳанҭыҵуаз автобусныҟәцаҩ ҳиазҵааит: «Анҭ аҷкәынцәа... Иҳазҵаауазма?» Иара иҳәеит: «Сара шәыздыруеит, шәазусҭцәоу расҳәеит. Шәымшәан, урҭ акгьы шәзыруӡом».
Ҳчара амш аҽны. Март, 1977 шықәса
1976 шықәсазы Дублин имҩаԥысуаз аобласттә конгрессa аҿы Англиа иатәыз, иҷыдоу пионерс амаҵ зуаз Полина Ломакс слабадырит. Уи гәыкала Иегова имаҵ зуаз, иԥагьамыз, насгьы иԥшӡаз иаҳәшьан. Лашьа Реии лареи ианхәыҷыз инаркны аҵабырг рдыруан. Шықәсык ашьҭахь Полинеи сареи ҳаибагеит, насгьы Аҩадатәи Ирландиа, Баллими́н иҷыдоу пионерс амаҵ аура иацаҳҵеит.
Аамҭак аҩныҵҟа араионтә маҵзура наҳагӡон. Убас Бе́лфасти, Лондонде́ррии, егьырҭ аҭыԥқәа рҿи иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраауан. Ҳара урҭ ирымаз ахаҵара ҳаршанхон. Иегова имаҵ руларц азы дара ирылаҽны иҟаз адинхаҵаратә рҵарақәеи, амц гәаанагарақәеи, ацәымӷреи аанрыжьит. Иубаратәы иҟан Иегова урҭ дшырзылԥхоз, насгьы ишихьчоз.
Сара Ирландиа 10 шықәса сынхон. Анаҩс, 1981 шықәсазы Галаад ашкол, 72-тәи акласс ахь ааԥхьара ҳарҭеит. Уи ҳаналга Сьерра-Леонеҟа (Мраҭашәаратәи Африка) ҳрышьҭит.
СЬЕРРА-ЛЕОНЕ: АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ШӶАРЫЗГЬЫ ГӘЫКАЛА ИЕГОВА ИМАҴ РУАН
Амиссионерцәа ахьынхоз аҩнаҿы 11-ҩык аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиақәа ҳацынхон. Ҳара иҳаман еицаҳзеиԥшыз афатәҟаҵарҭа, х-шьышьмаҭрак, ҩ-ҽыкәабарҭак, ҭелк, аӡәӡәагатә машьына, насгьы амаҭәарбага. Лассы-лассы иаалырҟьаны алашара дырцәон. Аҭуан аҳәынаԥқәа еибарыҩуа иқәын, аподвал аҿы акобрақәа ҩнан.
Ҳааигәа иҟаз Гвинеиа имҩаԥысуаз аконгресс ахь ҳцарц азы аӡиас ҳаруеит
Аԥсҭазаара шыуадаҩызгьы Иегова имаҵ аура агәырӷьара ҳзаанагон. Ауаа Абиблиа пату ақәырҵон, насгьы гәыкала иаҳзыӡырҩуан. Ирацәаҩны ауаа Абиблиа рҵон, аҵабырг рыдыркылон. Уа инхоз ауаа «мистер Роберт» ҳәа сарҳәон, Полина «миссис Роберт» ҳәа ларҳәон. Амала аамҭак ашьҭахь, афилиал аҿы исыдыз аусқәа ахьырацәаз азы еиҳа имаҷны ажәабжь аҳәара саналага, ауаа Полина «миссис Полина» ҳәа ларҳәо иалагеит, сара — «мистер Полина» ҳәа. Полина уи даара илгәаԥхон!
Сьерра-Леоне ажәабжь ҳҳәоит
Аишьцәа аӡәырҩы ӷарны инхон. Аха Иегова есымша урҭ дрыцхраауан, лассы-лассы уи ҷыдалагьы иҟаиҵон (Матф. 6:33). Исгәалашәоит, иаҳәшьак лхәыҷқәеи лареи рзы фатәык аалхәарц азы ԥара хәыҷык лыман, аха лара урҭ аԥарақәа зегьы амалиариа зыхьуаз аха ахәшә аахәаразы аԥара ззымхоз аиашьа илҭеит. Иџьашьахуп аха, убри аҽныҵәҟьа уи аиаҳәшьа лахь ԥҳәыск лыхцәы хылҵәарц азы дааит. Уи абзоурала аиаҳәшьа ԥарада днымхаӡеит. Урҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа даара ирацәан.
НИГЕРИА: АКУЛЬТУРА ҾЫЦ ҲҼАҲАРШЬЦЫЛОИТ
Ҳара Сьерра-Леоне жә-шықәса амаҵ ҳуит. Анаҩс Нигериа иҟаз Вефиль ахь ҳрышьҭит. Уа афилиал ду аҿы амаҵ аура ҳалагеит. Сара Сьерра-Леоне инасыгӡоз аофистә ус аҩыза арагьы инасыгӡон. Аха Полина лзы аиҭакрақәа рацәахеит. Лара уи лзымариамызт. Уи дашьцылахьан есымза 130 сааҭ ажәабжь аҳәара, насгьы алҵшәа бзиа змаз Абиблиа аҵарақәа лыман. Вефиль ҳанааи аӡахырҭахь дрышьҭит. Уа иахьа хәлаанӡа амаҭәақәа лӡахуан. Полина уи дашьцыларц азы аамҭа лҭаххеит. Аха нас лара еилылкаауа далагеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи лџьабаа ахә ҳаракны ишыршьо, насгьы Вефиль аҿы амаҵ зуаз егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра лхы азылышьҭит.
Нигериатәи акультураҿы ҳара ҳзы иҿыцыз рацәан, убри аҟынтә иаҳҵашаз ыҟан. Ҽнак иашьак Вефиль ахь ааԥхьара зырҭаз иаҳәшьак слабаирдырырц азы сахьтәаз аофис дааҩналеит. Аԥсшәа сҳәарц саныҩагыла, лара лшьамхы арсны дсеихырхәеит. Сара уи аасцәымыӷхеит. Иаразнак схахьы иааит Аусқәа 10:25, 26, насгьы Аатра 19:10 ирну ажәақәа. Сара ус схәыцит: «Ус ҟалымҵарц лаҳәатәызар?» Аха убри аамҭазгьы сара еилыскаауан аиаҳәшьа Вефиль ахь ааԥхьара лырҭазар, Абиблиа иану ибзианы ишылдыруа.
Ҳаицәажәонаҵы схы акалашәа избон, убри аҟынтә уи ашьҭахь уи азҵаара ҭысҵааит. Сара еилыскааит аиаҳәшьа атәылаҿы џьара-џьара иаанханы иҟаз аҭыԥантәи аҵас ала лхы шымҩаԥылгаз. Ахацәагьы ус ҟарҵон. Аха уи иаанагоз ауаҩы имҵахырхәеит ҳәа акәӡамызт, убас дара ауаҩы пату шиқәырҵоз аадырԥшуан. Уи адагьы Абиблиаҿы ус еиԥш иҟоу ахҭысқәа ануп (1 Сам. 24:8). Сара даара сеигәырӷьеит саҳәшьа акгьы ахьласымҳәаз, насгьы дахьсмырԥхашьаз.
Ҳара ирацәаҩны нигериатәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрабадырит. Дара акыршықәса ахаҵара ӷәӷәа аадырԥшуан. Абар Аизаиа Адагбонаb иҭоурых. Данқәыԥшыз иара аҵабырг еиликааит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь ацәеилабаара ихьит. Иара ацәеилабаара зыхьуаз ахьынхоз аҭыԥ ахь дрышьҭит. Уаҟа иара заҵәык иакәын Иегова имаҵ зуаз. Аҿагыларақәа дышрықәшәозгьы уа иҟаз рҟынтә 30-ҩык инареиҳаны ауаа аҵабырг аилкаара дрыцхрааит, насгьы аизара еиҿикааит.
КЕНИАТӘИ АИШЬЦӘА САРА САХЬ АЧҲАРА ААДЫРԤШУАН
Зхала инхаз аносороги сареи. Кениа
1996 шықәсазы кениатәи афилиал ахь ҳрышьҭит. Уи атәылахь сара сымцаӡацызт сҭоурых аиҭаҳәара саналагаз зыӡбахә сҳәаз аицәажәара аахыс. Ҳара Вефиль аҿы ҳанхон. Лассы-лассы сасцәас иаҳҭан аверветкақәа — ашьацԥшшәы змаз амаамын хәыҷқәа. Иаҳәшьак ашәырқәа лыманы даауазҭгьы «илықәланы ддырҳәуан». Зны иаҳәшьак Вефиль аҿы аԥенџьыр аркра лхашҭит. Аҩныҟа дгьежьны данааи илбеит аверветкақәа ҭаацәара дук лыҩны иҩналаны лыфатә афара ишаҿыз. Аиаҳәшьа дыҳәҳәаны луаҭах дындәылҟьеит, амаамынқәагьы еибарҵәааны аԥенџьыр икылԥаны ицеит.
Полинеи сареи суахили абызшәала имҩаԥысуаз аизарахь аныҟәара ҳалагеит. Хара имгакәа ашәҟәы амҩаԥгара сыдырҵеит (уажәы уи аизараҿы Абиблиа аҵара ахьӡуп). Аха абызшәа аарлаҳәа акәын ишеилыскаауаз. Ҳазхысуаз аматериал заа сҽазыҟасҵон, убри аҟынтә азҵаара саԥхьартә сыҟан. Аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҭакқәа аныҟарҵоз ирҳәоз ашәҟәы ианыз еиԥшымызҭгьы, уи сзеилкааӡомызт. Аиаша сҳәозар уи мариамызт! Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцҳасшьон. Сара даара сгәы ҟанаҵон уи аиԥылара амҩаԥгара сара иахьсыдырҵаз иақәымгәамҵӡакәа, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ачҳара ахьаадырԥшуаз, аԥагьарагь ахьрыламыз.
ЕИДУ АШТАТҚӘА: АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ АԤАРА АРҲАРА АЛШАРА ШРЫМОУГЬЫ ГӘЫКАЛА ИЕГОВА ИМАҴ РУЕИТ
Ҳара Кениа шықәсыкгьы ҳнымхаӡеит. 1997 шықәсазы Бруклин (Ниу-Иорк) иҟаз Вефиль ахь ҳаарыԥхьеит. Уажәшьҭа ҳара ауаа беианы иахьынхоз атәылаҿы ҳаҟан. Уигьы ахатә уадаҩрақәа ацуп (Ажәам. 30:8, 9). Аха араҟагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахаҵара ӷәӷәа аадырԥшуеит. Дара раамҭеи рԥареи амал аизгаразы акәымкәа, Иегова иорганизациа имҩаԥнаго аус бзиа иазыркуеит.
Ҳаԥсҭазаараҿы ҳара иаҳбон аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы Анцәа гәыкала ишизыҟаз. Ирландиа аҿагыларақәа шыҟазгьы, уа инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи Анцәа гәыкала изыҟан. Африка аӷарра шыҟазгьы, насгьы ачымазара иахҟьаны хазы анхара шрықәшәозгьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи Анцәа гәыкала изыҟан. Еиду Аштатқәа рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аԥара арҳара алшара шрымоугьы, Анцәа гәыкала изыҟоуп. Шаҟа дгәырӷьозеи Иегова еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы иара бзиа дызбо ауаа анибо!
Полинеи сареи. Уорвик
Ашықәсқәа цоит — урҭ «даараӡа ирласны имҩасуеит» (Иов 7:6). Иахьа ҳара Уорвик иҟоу ихадоу аусбарҭаҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аџьабаа рыцаҳбоит. Ҳара ҳаигәырӷьоит гәыкала бзиа еибабо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрывагыланы амаҵ ахьаҳуа. Иара убас ҳаргәырӷьоит Ҳаҳ, Христос Иисус, изы иҳалшо зегь ахьыҟаҳҵо. Уи иаарласны Анцәа гәыкала изыҟоу ԥхьаӡашьа змам ауаа дырзылԥхоит (Матф. 25:34).
a Арегионалтә конгрессқәа усҟан ус рыхьӡын.
b Аизаиа Адагбона ибиографиа шәаԥхьар шәылшоит 1998 шықәса, апрель 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы, адаҟьақәа 22—27. Иара 2010 шықәсазы дыԥсит.