Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 август ад. 14—19
  • Ишәзыӡырҩуа еиқәхоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишәзыӡырҩуа еиқәхоит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗБАН ҲҬЫНХАЦӘА АЖӘАБЖЬ РЗЕИҬАҲҲӘАЛАР ЗҲАХӘҬОУ?
  • ИҞАҲҴАР ҲАЛШОЗЕИ ҲҬЫНХАЦӘА ҲРЫЦХРААРЦ АЗЫ?
  • ИҲАЦХРААР ШԤАРЫЛШО ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ?
  • Аҵабырг «аизыразра акәым... аса» ауп иаанаго
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Сара избон гәыкала Анцәа имаҵ зуа ақәҿиара шрымаз
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 август ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 33

Ишәзыӡырҩуа еиқәхоит

«Еснагь ухы уацклаԥшла, насгьы егьырҭ ишыдурҵо гәаҭала. Уҽадцаланы уи уаҿыз, усҟан ухгьы иузыӡырҩуагьы еиқәурхоит» (1 ТИМ. 4:16, АдҾ).

АШӘА 67 Уазышаҳаҭла ажәа

АХҲӘААa

1. Иаҳҭахузеи ҳара зегьы?

«АҴАБЫРГ анеилыскаа, сара иаразнак исҭаххеит сҭынхацәа зегьы џьанаҭ аҿы исыцҟаларц»,— лҳәоит Полинb зыхьӡу аиаҳәшьа.— «Еиҳараӡак исҭахын схаҵа Уеини ҳаҷкәыни Иегова имаҵ аура иалагарц». Иҟалап шәҭаацәараҿы Иегова дхазымҵо ыҟазар. Полин леиԥш, шәаргьы ишәҭахызар ауеит урҭ Иегова имаҵ аура иалагарц.

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Ҳара ажәабжь бзиа ҳҭынхацәа иҳазрыдцалаӡом, аха абиблиатә жәабжь ахь аинтерес рызцәыраҳгар ҳалшоит (2 Тим. 3:14, 15). Избан ҳҭынхацәа ажәабжь рзеиҭаҳҳәалар зҳахәҭоу? Избан аилкаара аарԥшра зхадоу? Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳҭынхацәагьы ҳара ҳаиԥш Иегова бзиа дырбарц азы? Насгьы иҳацхраар шԥарылшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи?

ИЗБАН ҲҬЫНХАЦӘА АЖӘАБЖЬ РЗЕИҬАҲҲӘАЛАР ЗҲАХӘҬОУ?

3. Избан ҳҭынхацәа ажәабжь рзеиҭаҳҳәалар зҳахәҭоу 2 Пиотр 3:9 иану инақәыршәаны?

3 Иаарласны Иегова ицәгьоу ари адунеи ықәигоит. Усҟан еиқәхо «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг» здызкылаз рымацара роуп (Аус. 13:48, АдҾ). Ҳара иаҳзымдыруа ауаа ажәабжь рзеиҭаҳҳәаларц азы ҳаамҭеи ҳамчи ҳреигӡом, убри аҟынтә, ҳәарада, ҳҭынхацәа уи рзеиҭаҳҳәалар еиҳагьы иаҳҭахуп, даргьы Иегова имаҵ аура иалагарц азы. Бзиа ҳазбо Ҳаб Иегова «аӡәгьы дҭамхандаз ҳәа дыԥшуп, дазыԥшуп зегьы аҭамзаара ианаҳәаша аамҭа». (Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:9.)

4. Иарбан гхоу иҟаҳҵар ҳалшо ҳҭынхацәа ажәабжь бзиа анырзеиҭаҳҳәо?

4 Аха ауаа еиқәзырхо ажәабжь анеиҭаҳҳәо, ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп уи ииашаны ма ииашамкәа иҟаҳҵар шалшо. Иаҳҳәап, иаҳзымдыруа ауаа хаала ҳрацәажәоит, аха ҳҭынхацәа рҿы ихжәаны ҳцәажәар ауеит.

5. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳҭынхацәа аҵабырг анырзеиҭаҳҳәо?

5 Иахьа аӡәырҩы еилаҳкаауеит раԥхьаӡакәны аҵабырг ҳҭынхацәа ианырзеиҭаҳҳәоз, уи ииашамкәа ишыҟаҳҵоз. Уажәы акәызҭгьы, ҳәарада, уи даҽакала иҟаҳҵон. Апостол Павел ақьырсианцәа ирабжьеигон: «Шәажәақәа еснагь ахаара рыҵазааит, аџьыкхыш рыгымзааит, доусу аҭак шишәҭаша жәдыруазарц азы» (Кәал. 4:5, 6, АдҾ). Ҳҭынхацәа ҳанрацәажәо, абри алабжьара ҳхаҳмыршҭуазар бзиоуп. Ус ҟаҳамҵалар, аҵабырг ргәарԥхара аҭыԥан, ргәы ахҳаршәоит.

ИҞАҲҴАР ҲАЛШОЗЕИ ҲҬЫНХАЦӘА ҲРЫЦХРААРЦ АЗЫ?

Иаашәырԥшуа аилкаареи шәхымҩаԥгашьеи шәҭынхацәа шаҳаҭра бзиа рнаҭар алшоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6—8.)d

6, 7. Иаажәга аҿырԥштәы, ақьырсиан игәрахаҵара ицеиҩызымшо ихатә ҩыза иахь аилкаара ааирԥшлар зихәҭоу узырбо.

6 Аилкаара аашәырԥшла. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Полин илҳәоит: «Ҿыц аҵабырг анеилыскааз, сара исҭахын сааҟәымҵӡакәа схаҵа Анцәеи Абиблиеи рыӡбахә изеиҭасҳәаларц. Убри аҟынтә иареи сареи уаарашәа ҳаицәажәомызт». Полин лхаҵа Уеин Абиблиа иану рацәак издыруамызт, убри аҟынтә Полин дызлацәажәоз изеилкаауамызт. Уи лдинхаҵара ада акгьы хьаас илымамшәа ибон. Иара игәы иаанагон иԥҳәыс дыржьеит, насгьы ишәарҭоу асекта даларгалеит ҳәа, убри аҟынтә игәы ҭынчмызт.

7 Полин илҳәоит усҟан лара хәылбыҽхала, насгьы аԥсшьара мшқәа раан лашьцәеи лаҳәшьцәеи ирацәаны аамҭа шрыцылхылгоз. Лара аизарақәа дырҭаауан, ажәабжь лҳәон, насгьы сасра дныҟәон. Убри аҟынтә, Полин излалҳәо ала, Уеин аҩныҟа даныхынҳәуаз аҩны аӡәгьы дыҟамызт, насгьы иҭаацәа дырҭахымызшәа ибон. Ҳәарада, Уеин иԥҳәыси ихәыҷи аҩны ицҟазарц иҭахын. Иара издыруамызт Полин лҩызцәа ҿыцқәа зеиԥш уааз, насгьы игәы иаанагон урҭ еиҳа бзиа илбоит ҳәа. Иара Полин бкасыжьуеит ҳәа леиҳәеит. Ижәбома шәара Полин дахьиашамыз?

8. Ирнырыр алшозеи ҳҭынхацәа еиҳараӡак, 1 Пиотр 3:1, 2 иану инақәыршәаны?

8 Шәхымҩаԥгашьала ишәырҳала. Лассы-лассы ҳҭынхацәа ргәаҵанӡа инеиуа иаҳҳәо акәымкәа, иҟаҳҵо ауп. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:1, 2.) Аҵыхәтәаны Полин уи еилылкааит. «Сара издыруан Уеин бзиа ҳшибоз, насгьы скаижьырц шиҭахымыз,— лҳәоит лара.— Иара ҳаилыҵроуп ҳәа аҳәара даналага, сара еилыскааит аҭаацәалазаара иазку Иегова ипринципқәа схы ишасмырхәоз. Еилыскааит сааҟәымҵӡакәа ажәабжь изеиҭасҳәалар аҵкыс, аус қьиақәа рыҟаҵара еиҳа ишхадаз». Полин еснагь ишыҟалҵоз еиԥш лхаҵа Абиблиа аӡбахә изеиҭаҳәара даҟәыҵын, есыҽнытәи аусқәа дрылацәажәо далагеит. Уеин игәеиҭеит лара еиҳа дышҭынчхаз, рыҷкәынгьы илеишәа шеиӷьхаз (Ажәам. 31:18, 27, 28). Абиблиа иҭаацәара ишрыхәаз аниба, Уеин ажәабжь еиҳа дазыӡырҩуа далагеит (1 Кор. 7:12—14, 16).

9. Избан ҳгәы каҳмыжьлар зҳахәҭоу?

9 Шәгәы кашәмыжьлан. Иегова ҳара аҿырԥш бзиа ҳаиҭоит. Иара «есыҽны» ауаа ажәабжь бзиа рыдыркыларц иааиԥхьоит, насгьы аԥсҭазаара рыдигалоит (Иер. 7:25). Апостол Павел Тимофеи игәы камыжькәа егьырҭ дрыцхрааларц игәазҭеиҵон. Избан? Избанзар усҟан иара ихгьы изыӡырҩуагьы еиқәирхон (1 Тим. 4:16). Ҳара ҳҭынхацәа бзиа иаҳбоит аҟынтә, Анцәа Иажәа иану аҵабырг еилыркаар ҳҭахуп. Полин лажәақәеи лхымҩаԥгашьеи аҵыхәтәаны алҵшәа бзиақәа ааргеит. Лара иахьа насыԥ лымоуп, избанзар лхаҵагьы Иегова имаҵ иуеит. Аҩыџьагьы пионерцәоуп, Уеин аизара аиҳабысгьы амаҵ иуеит.

ҲСАИТ ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА

(Шәахәаԥш абзац 10.)c

Ҳара иҳалшоит ҳҭынхацәа Иегова изку аҵабырг аилкаара ҳрыцхраар, урҭ ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәозар, насгьы аҿырԥш бзиа дҳарбозар. Аха иҟоуп даҽа знеишьакгьы, уи Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа рыҭара ауп. Уаанӡа ауаа иргәаԥхон ашәҟәқәеи, ажурналқәеи, абуклетқәеи рыԥхьара. Аха уажәы аинтернет аҿы аԥхьара еиҳа иргәаԥхоит. Ирацәаҩуп авидеонҵамҭақәа рыхәаԥшра бзиа избогьы. Шәҭынхацәа Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны рхаҭа еиҳаны еилыркаарц азы шәара ишәылшоит урҭ асаит jw.org® иҭаларц рашәҳәар, мамзаргьы JW Broadcasting® аҿы есымзатәи аҭыжьымҭақәа ирыхәаԥшырц ргәазҭашәҵар. Дара уи ҟарҵар рылшоит ианырзыманшәалоу аамҭазы.

10. Изҳахәҭоузеи ачҳара аарԥшра?

10 Ачҳара аашәырԥшла. Ҳара Анцәа инормақәа рыла анхара анаҳаӡба, ирацәаны аԥсахрақәа ҟаҳҵеит. Ҳҭынхацәа уи адкылара рцәыцәгьазар ауеит. Зегь раԥхьаӡа дара игәарҭо аныҳәақәа уаҳа ишрыцазгәаҳамҭо, насгьы аполитика ҳаҽшалаҳмырхәуа ауп. Раԥхьа шьоукы ҳазгәааргьы алшоит (Матф. 10:35, 36). Аха урҭ ахаангьы рҽырыԥсахуам ҳәа ҳамхәыцлароуп. Зыгәра ҳго рзеиҭаҳәара ҳаҟәыҵыр, урҭ наӡаӡатәи аԥсҭазаара иаԥсам шьоук реиԥш ҳрықәыӡбазшәа еиԥшхоит. Аха Иегова ақәыӡбара азин ҳаимҭаӡеит, уи азы иара Иисус далиххьеит (Иоанн 5:22). Ҳара ачҳара ааҳарԥшуазар, знымзар-зны ҳҭынхацәа ажәабжь бзиа иазыӡырҩыр алшоит. (Шәахәаԥш арамка «Ҳсаит шәхы иашәырхәала».)

11—13. Ишәнарҵозеи шәара Елис лҿырԥштәы?

11 Ақьиара аашәырԥшла, аха шәҭынхацәа рнырра шәҽашәымҭан (Ажәам. 15:2). Ҳазхәыцып Елис лҿырԥштәы. Елис Иегова иӡбахә лаҳаит лыҩны иацәыхараз тәылак аҿы данынхоз. Лани лаби Анцәа дхарҵомызт, насгьы аполитика иалахәын. Лара еилылкааит лҭаацәа илдырыз рзеиҭалҳәар шлыхәҭаз, насгьы уи ирласны иҟалҵар шеиӷьхоз. Елис илҳәоит: «Зыгәра агара шәалагаз шәҭаацәа иаразнак ирашәымҳәар, уи адкылара еиҳагьы ирцәыцәгьахоит». Елис лҭаацәа асаламшәҟәқәа рзылҩит. Лара лҽазылшәон лҭаацәа еиҳарак ргәы иҵхоз алацәажәара, иаҳҳәап, абзиабара. Елис ргәаанагара дазҵаауан, анаҩс Абиблиа иаҳәо рзеиҭалҳәон (1 Кор. 13:1—13). Лара лҭаацәа дахьырааӡаз, насгьы иахьлеиҷаҳауаз ахә шылшьо ралҳәеит, насгьы аҳамҭақәа рзылышьҭит. Лҭаацәа рбара даннеиуаз, лара илылшоз зегь ҟалҵон аҩнусқәа рыҟаҵараҿы лан длыцхраарц азы. Елис лыгәрахаҵара аӡбахә лҭаацәа ианырзеиҭалҳәа, раԥхьа дара уи ргәамԥхеит.

12 Елис лҭаацәа рҿы данаангылозгьы есыҽны Абиблиа даԥхьон. «Уи сан илыцхрааит Абиблиа сара сзы шаҟа ихадаз аилкаара» — лҳәоит Елис. Убри аамҭазы Елис лаб Абиблиа аԥхьара далагарц иӡбеит, иԥҳа лхәыцшьа зылыԥсахыз еиликаарц, насгьы Абиблиаҿы грак иԥшаарц азы. «Саб Абиблиа исҭеит, насгьы игәы иахәо жәақәак анысҵеит» — лҳәоит Елис. Иалҵшәахазеи уи? Елис лаб Абиблиаҿы ииашамыз ҳәа акгьы изымԥшааӡеит, уи аҭыԥан Анцәа Иажәаҿы дзыԥхьаз игәаҵанӡа инеит.

13 Ҳара имариам аҭагылазаашьақәа ҳанрықәшәогьы ақьиара ааҳарԥшлароуп, аха убри аамҭазгьы ҳагәрахаҵара ҳацәхьамҵроуп (1 Кор. 4:12б). Елис лан лҟынтә аҿагыларақәа дрықәшәеит. Лара илҳәоит: «Аӡы сҽанӡаасх сан бзиа сыббаӡом ҳәа салҳәеит». Иҟалҵазеи нас Елис? «Сара сдинхаҵара алацәажәара саҟәымҵӡеит, аха патуқәҵарала илеилсыркааит Иегова ишаҳаҭ сакәны сҟаларц шысыӡбаз, насгьы сыӡбара шысмыԥсахуа. Сара сҽазысшәеит даараӡа бзиа дшызбо агәра лыргара. Ҳҩыџьагьы ҳамхаҵәыуеит. Нас фатәы хаак лзыҟасҵеит. Убри нахыс сан агәра лго далагеит Абиблиа сҟазшьақәа реиӷьтәра ишсыцхраауа».

14. Избан ахаангьы ҳҭынхацәа рнырра ҳҽаҳамҭалар зҳахәҭоу?

14 Ҳҭынхацәа Иегова имаҵ аура ҳара ҳзы шаҟа ихадоу еилыркаарц азы аамҭа аҭаххар ауеит. Иаҳҳәап, Елис иреиҳау аҵараиурҭа аҭалара аҭыԥан, пионерс амаҵ луларц анылыӡба, лан еиҭа аҵәыуара далагеит. Аха Елис илыдылкылаз аӡбара лымԥсахӡеит. Лара илҳәоит: «Зҵаарак аҿы уҭынхацәа уӡбара аԥсахра рылуршар, егьырҭ азҵаарақәа рҿгьы убас удырҟаҵарц иалагоит. Аха уӡбара умԥсахуазар, убри аамҭазгьы уҭаацәа қьиарала урызныҟәозар, урҭ рахьтә шьоукы иуҳәо иазыӡырҩыр алшоит». Елис лҭагылазаашьаҿы убас ауп ишыҟалаз. Лани лаби иахьа ипионерцәоуп, лаб иара убас аизара аиҳабыс амаҵ иуеит.

ИҲАЦХРААР ШԤАРЫЛШО ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ?

Ишԥарылшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Анцәа имаҵ зымуа ҳҭынхацәа ирыцхраар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)e

15. Ирыцхраар шԥалшо ҳҭынхацәа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рус бзиақәа Матфеи 5:14—16, насгьы 1 Пиотр 2:12 иану инақәыршәаны?

15 Иегова имаҵзуҩцәа рус бзиақәа ихы иархәаны ауаа иара иахь иааиԥхьоит. (Шәрыԥхьа Матфеи 5:14—16; 1 Пиотр 2:12.) Шәхатә ҩыза Иегова имаҵ имуазар, драбадырхьома иара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи? Хыхь зыӡбахә ҳәаз Полин аишьцәеи аиаҳәшьцәеи лыҩныҟа сасра иаалыԥхьеит лхаҵа драбадырырц азы. Уеин игәалашәоит иашьак дышицхрааз Иегова ишаҳаҭцәа зеиԥш уаау аилкаара: «Ҽнак иара иусураҿы дрымҵны ҳаҩныҟа дааит телевизорла аспортхәмарра ҳаицахәаԥшырц азы. Сара схәыцит: „Ари адинхаҵара ада акгьы ззымдыруа иакәымзаап!“».

16. Избан ҳҭынхацәа аизарахь иааҳаԥхьалар зҳахәҭоу?

16 Ҳҭынхацәа иара убас аизарахь иҳаццарц иааҳаԥхьар ҳалшоит. Уи ҳазларыцхрааша даҽа знеишьа бзиак ауп (1 Кор. 14:24, 25). Уеин дызҭааз актәи аизара — Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз акәын, избанзар уи аусура ашьҭахь имҩаԥысуан, насгьы апрограмма кьаҿын. «Сара ажәахә аҵакы аҵыхәтәанынӡа исзеилымкааит, аха ауаа даара исгәаԥхеит. Дара зегьы насыдгылан снапы сымхны аԥсшәа сарҳәон. Зегь рыла иубарҭан урҭ шуаа бзиақәаз». Уи аизара аҟынтә хаҵеи-ԥҳәыси Полин лыҷкәыни лареи аизарақәеи амаҵзуреи рҿы ирыцхраауан. Убри аҟынтә Уеин Полин лыгәрахаҵара иазкны еиҳаны еиликаарц аниҭахха, уи аиашьа Абиблиа иирҵаларц диҳәеит.

17. а) Ҳхы иахараҳамҵалар ҳахәҭоузеи ҳара, убри аамҭазгьы избан ҳҭынхацәа рҽырыԥсахӡом ҳәа ахаангьы ҳхәыцлар зҳахәҭам?

17 Ҳәарада, ҳара ҳгәыӷуеит ҳҭынхацәа зегьы знымзар-зны Иегова имаҵ аура иалагоит ҳәа. Аха рыцхраара егьа ҳҽазаҳшәозаргьы, дара аҵабырг рыдрымкылар алшоит. Ус ҟалар, уи ҳара иаҳхароуп ҳәа ҳамхәыцлароуп. Ҳара иҳалшом ҳагәрахаҵара ауаа мчыла рыдцалара. Аха убри аамҭазгьы иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳҭынхацәа Иегова имаҵ аура агәырӷьара шаҳзаанаго анырбо, анырра ду рнаҭар шалшо. Дара рзы Анцәа шәиҳәала. Хаала шәрацәажәала. Насгьы шәгәы кашәмыжьлан! (Аус. 20:20). Агәра ганы шәыҟаз Иегова шәҽазышәарақәа дшырзылԥхо. Шәҭынхацәа ишәҳәо иазыӡырҩырц рыӡбар, Анцәа урҭ еиқәирхоит!

ИШԤАШӘЫЛШО ШӘҬЫНХАЦӘА РАХЬ АБАРҬ АҞАЗШЬАҚӘА РААРԤШРА?

  • Аилкаара

  • Ачҳара

  • Ақьиара

АШӘА 57 Ауаа зегьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит

a Ҳара иаҳҭахуп ҳҭынхацәа Иегова деилыркаарц, аха дара рхала ирыӡбар ауп уи имаҵ рулоу ирмулоу. Ари астатиаҿы еилҳаргоит урҭ аҵабырг адкылара рзымариахарц азы иҟаҳҵар ҳалшо.

b Хьыӡқәак ԥсахуп. Ари астатиаҿы ҳҭынхацәа ҳәа зыӡбахә ҳәоу рахь иаҵанакуеит ҳҭаацәараҿы макьана Иегова имаҵ зымуа, насгьы егьырҭ ҳауацәа.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: иқәыԥшу аиашьа Анцәа имаҵ зымуа иаб амашьына аҟаҵара дицхраауеит. Алшара аниоу асаит jw.org® аҟынтә иаб авидеонҵамҭа иирбоит.

d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: аиаҳәшьа Анцәа имаҵ зымуа лхаҵа зҿлымҳарала дизыӡырҩуеит. Иара амш шихигаз лзеиҭеиҳәоит. Даҽазны лара лхаҵеи лыҷкәыни аамҭа бзианы ирыцылхылгоит.

e АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: уи аиаҳәшьа аизара аҟынтә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аҩныҟа иаалыԥхьоит. Дара рҽазыршәоит лхаҵа еиӷьны иабадырра. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Агәаларшәара ахәылԥаз даҭаауеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра