Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 август ад. 8—13
  • Шәыбзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалааит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәыбзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалааит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘЫБЗИБАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА
  • ЕИҲА ИХАДОУ АИЛКААРА ШӘАШЬҬАЗ
  • АНЦӘА ДЗЫРГӘЫРӶЬО АЛҴШӘАҚӘА ААЖӘГАЛА
  • Абзиабара аизырҳара шәаҟәымҵлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Шәыбзиабара хьшәашәартә алшәмыршан
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь шәыбзиабара хьшәашәар жәымун
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Абзиабара зыхә ҳараку ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 август ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 32

Шәыбзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалааит

«Сныҳәоит шәыбзиабара еиҳа-еиҳа ишәларц» (ФЛП. 1:9).

АШӘА 106 Абзиабара еизҳарҳауеит

АХҲӘААa

1. Избада аџьабаа Филиппқәа рҿы аизара шьақәгыларц азы?

АПОСТОЛ Павели, Силеи, Лукеи, Тимофеии Рим иаҵанакуаз ақалақь Филиппқәа рахь ианнеи, ирбеит ажәабжь бзиа азыӡырҩра зҭахыз шырацәаз. Агәацԥыҳәара аазырԥшуаз арҭ аишьцәа рыцхыраарала аизара еиҿкаахеит, насгьы ааигәа иқьырсианцәахаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иааиԥмырҟьаӡакәа еиқәшәо иалагеит. Иҟалап дара ахьеизоз Лидиа зыхьӡыз асасдкылара злаз аиаҳәшьа лыҩнаҿы акәызҭгьы (Аус. 16:40).

2. Иарбан уадаҩроу уи аизара иаразнак изықәшәаз?

2 Аха дук мырҵыкәа, ҿыц еиҿкааз уи аизара аԥышәара иақәшәеит. Аҩсҭаа аҵабырг зцәымӷыз ауаа ргәазҭеиҵеит Павел иҩызцәеи иареи ирҿагыларц, насгьы ажәабжьҳәара ирԥырхагахарц. Павели Силеи рыпҟеит, абахҭагьы иҭаркит. Абахҭа ианыҭрыжь, дара аҵабырг здызкылаз рҩызцәа рахь ицеит, насгьы ргәы дырӷәӷәеит. Анаҩс Павели, Силеи, Тимофеи даҽаџьара ицеит, аха Лука уа даангылазар ҟалап. Иҟарҵозеи уажәшьҭа ааигәа аҵабырг здызкылаз ақьырсианцәа? Иегова идоуҳа ацхыраарала дара анаҩсгьы гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ руан (Флп. 2:12). Ҳәарада, Павел урҭ дрызгәдуун!

3. Дзызиҳәози Павел Анцәа, Филиппаа рахь 1:9—11 иану инақәыршәаны?

3 Жәашықәсаҟа рышьҭахь Павел Филиппаа асаламшәҟәы рзиҩит. Уи шәанаԥхьо Павел урҭ аишьцәа шаҟа бзиа ибоз шәызгәамҭар алшом. Иара урҭ ирзиҩуан «Иисус Христос ибзиабарала» бзиа шәызбоит ҳәа (Флп. 1:8). Павел иара убас иҳәеит дара рзы Анцәа дышиҳәоз. Иара Иегова диҳәон дара рыбзиабара дырӷәӷәаларц, еиҳа ихадоу рхы азырышьҭларц, зегь рыла ицқьаны иаанхаларц, егьырҭ зыхҟьашар алшо аусқәа рҽырцәырыхьчаларц, насгьы Анцәа дзыргәырӷьо алҵшәақәа ааргаларц азы. Ҳәарада, Павел иажәақәа ҳаргьы иаҳдырҵар алшо рацәоуп. Убри аҟынтә шәааи Павел Филиппаа ириҭаз алабжьара ҳаԥхьап. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 1:9—11b.) Анаҩс иара дызлацәажәоз азхәыцрақәа ҳарзааҭгылап, насгьы урҭ ҳхы ишаҳархәаша ҳазхәыцып.

ШӘЫБЗИБАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА

4. а) Ишԥааирԥши Иегова ибзиабара 1 Иоанн 4:9, 10 иану инақәыршәаны? б) Шаҟа иӷәӷәаны бзиа даҳбалар ҳахәҭоузеи Анцәа?

4 Иегова Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит ҳагәнаҳақәа рзы дыԥсырц, убас ала бзиа ҳшибо ааирԥшит. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:9, 10.) Анцәа ибзиабара ду ҳгәазҭанаҵоит иаргьы бзиа ибара (Рим. 5:8). Шаҟа иӷәӷәаны бзиа даҳбалар ҳахәҭоузеи Анцәа? Иисус афарисеицәа данрацәажәоз уи азҵаара аҭак ҟаиҵеит. Абар иара ииҳәаз: «Бзиа дба Иуқәиҭу Унцәа — угәы наӡала, уԥсы наӡала, удырра наӡала» (Матф. 22:36, 37). Ааи, ҳара иаҳҭахуп гәыкала Иегова бзиа даҳбаларц, насгьы ҳабзиабара еиҳа иҳарӷәӷәаларц. Павел Филиппаа иреиҳәеит Анцәа иахь рыбзиабара еиҳа-еиҳа идырӷәӷәалар шрыхәҭаз. Иҳацхраауазеи ҳаргьы уи аҟаҵара?

5. Иҳацхраауазеи Иегова иахь ҳабзиабара арӷәӷәара?

5 Анцәа бзиа даҳбаларц азы ҳара уи даҳдыруазар ауп. Абиблиа иануп: «Бзиабара злам ауаҩы уи Анцәа диздырӡом, избан акәзар Анцәа — дыбзиабароуп» (1 Иоанн 4:8). Апостол Павел иҳәеит ииашоу адыррақәа еизҳарҳацыԥхьаӡа, Анцәа иахь ҳабзиабара шыӷәӷәахало (Флп. 1:9). Раԥхьа Абиблиа аҵара ҳаналага ҳара Анцәа бзиа даҳбеит, иара изкны иаҳдырыз шырацәамызгьы. Ҳдыррақәа еизҳарҳацыԥхьаӡа, иара иахь ҳабзиабара еиҳа иӷәӷәахон. Убри азоуп ҳара ҳзы иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьареи уи азхәыцреи абас изхадоу (Флп. 2:16).

6. Иҳаилнаркаауазеи абзиабара шеизырҳалатәу иазкны 1 Иоанн 4:11, 20, 21 иану?

6 Анцәа ҳара ҳахь иааирԥшуа абзиабара ӷәӷәа ҳгәазҭанаҵоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа рбара. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:11, 20, 21.) Ҳара Иегова имаҵ ҳуеит, насгьы иара иааирԥшуа аҟазшьа бзиақәа рҿыԥшра ҳҽазаҳшәоит. Иара убас ҳара Иисус иҿыԥшра ҳҽазаҳшәоит. Иара бзиа ҳаибеит аҟынтә иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Убри аҟынтә иҟалап ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа рбара еснагь иаҳзымариахоит ҳәа ҳгәы иаанагозар. Аха зны-зынла уи ҳцәыцәгьахар ауеит. Шәааи ҳахәаԥшып Филиппаа реизараҿы ицәырҵыз уадаҩрак.

7. Иҳаилнаркаауазеи апостол Павел Еводиеи Синтихиеи ириҭаз алабжьара?

7 Еводиеи Синтихиеи Павел идгыланы гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ руан. Аха дара аилибамкаарақәак рыбжьалан еибаргәааит. Павел урҭ амаҵ ахьыруаз аизарахь асаламшәҟәы аниҩуаз Еводиеи Синтихиеи ҷыдала иалкааны дрылабжьеит, насгьы акзаара рыхьчаларц ргәазҭеиҵеит (Флп. 4:2, 3). Иара убас Павел аизара зегьы ирзиҩит: «Иҟашәҵо — ҭыӡшәада, хашшаарада, лак-ҩакрада иҟашәҵала» (Флп. 2:14). Ҳәарада, Павел илабжьара Еводиеи Синтихиеи рымацара ракәымкәа, аизара зегьы ахәарҭа рзаанагеит, насгьы рыбзиабара дырӷәӷәаларц ргәазҭанаҵеит.

Избан ҳашьцәа рҟазшьа бзиақәа гәаҳҭалар зҳахәҭоу? (Шәахәаԥш абзац 8.)c

8. Иаҳԥырхагахар алшозеи ҳашьцәа бзиа рбара, аха иҳацхраар алшозеи уи аиааира?

8 Зны-зынла ҳаргьы Еводиеи Синтихиеи реиԥш ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгхақәа ҳхы рзаҳашьҭуеит аҟынтә, бзиа рбара ҳцәыцәгьоуп. Ҳара зегьы есыҽны агхақәа ҟаҳҵоит. Агхақәа ҳхы рзаҳашьҭуазар, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа рбара еиҳагьы иаҳцәыцәгьахоит. Иаҳҳәап, аиашьа Аҳратә зал аилыргара дшалахәу ихашҭзар, уи ҳаргәамҵыр алшоит. Анаҩс иааҟаиҵахьоу агхақәа зегьы ҳгәалаҳаршәо ҳалагар, еиҳагьы ҳизгәамҵуа ҳалагар алшоит, усҟан бзиа ибара зынӡа ҳаҟәыҵуеит. Шәаргьы уи аҩыза шәыхьхьазар, ижәдыруаз: Иегова аиашьа игхақәа шибо еиԥш, ҳагхақәагьы ибоит. Аха иара ҳара бзиа ҳшибо еиԥш, ҳашьагьы бзиа дибоит. Убри аҟынтә абзиабара аарԥшраҿы Иегова ҳаиҿыԥшлар ауп, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирылоу аҟазшьа бзиақәа ҳхы рзаҳашьҭлар ауп. Ҳашьцәа рахь абзиабара аизырҳаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, иҳабжьоу акзаара еиҳагьы иӷәӷәахоит (Флп. 2:1, 2).

ЕИҲА ИХАДОУ АИЛКААРА ШӘАШЬҬАЗ

9. Иарбан «еиҳа ихадоу» усқәоу Павел Филиппаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы зыӡбахә иҳәоз?

9 Павел иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала Филиппаа, иара убас ақьырсианцәа зегьы ргәазҭеиҵеит «еиҳа ихадоу» аилкаара иашьҭазарц (Флп. 1:10). Уахь иаҵанакуеит Иегова ихьӡ арҳаракра, игәаԥхара анагӡара, насгьы аизараҿы акзаареи аҭынчреи рыхьчара (Матф. 6:9, 10; Иоанн 13:35). Ҳаԥсҭазаараҿы абарҭ аусқәа зегь раасҭа ианыхадоу, ҳара Иегова бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит.

10. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Иегова ҳацқьоуп ҳәа иԥхьаӡаларц азы?

10 Павел иара убас иҳәеит «зегь рыла шәыцқьаны» шәыҟаз ҳәа. Уи иаанагаӡом ҳара ҳнаӡазар ауп ҳәа. Ҳара Анцәа Иегова иеиԥш ҳацқьаны ахаангьы ҳзыҟалом. Аха ҳабзиабара ҳарӷәӷәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, насгьы еиҳа ихадоу аилкаара ҳашьҭазар, Иегова ҳацқьоуп ҳәа иԥхьаӡалоит. Ҳара абзиабара ааҳарԥшуеит ҳара иҳахҟьаны ҳашьцәа Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа бжьырымхырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар.

11. Избан аӡәы дзыхҟьашо хаҳәны ҳҟамларц азы ҳгәаҳҽанызар зҳахәҭоу?

11 Павел иара убас иҳәеит аӡәы дзыхҟьашо хаҳәны ҳҟамларц азы ҳгәаҳҽанызарц. Уи даара ихадоуп. Аха изыхҟьашар алшозеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи? Иалҳхуа агәырҿыхагақәа, ҳҽеилаҳәашьа, иара убас ҳусура. Иҟалап урҭ зегь цәгьарак рыҵамзар. Аха иҳадаҳкыло аӡбара аӡәы иламыс иаҵанамкуазар ауеит, насгьы дзыхҟьашо хаҳәны иҟалар алшоит. Убри аҟынтә уи ҭакԥхықәрала ҳазнеилар ауп. Иисус иҳәеит иуасақәа руак зыхҟьашо хаҳәны ҳҟалар аасҭа, алу ҳахәда иахшьны амшын агәаҿы ҳӡаарҟәрылазар еиӷьуп ҳәа! (Матф. 18:6).

12. Иаҳнарҵозеи пионерцәас амаҵ зуа хаҵеи-ԥҳәыси рҿырԥштәы?

12 Абар пионерцәас амаҵ зуа хаҵеи-ԥҳәыси Иисус игәҽанҵара ишықәныҟәаз. Дара реизараҿы иҟан ааигәа зыҽӡаазхыз хаҵеи-ԥҳәыси. Урҭ рааӡашьа даҽакала иҟан. Дара иахьрызҳаз аҭаацәараҿы мап зцәыркуаз рацәан, убри аҟынтә ақьырсианцәа акинотеатр ахь ицалар ҟалаӡом ҳәа рыԥхьаӡон, уа иудырбоз афильмқәа цәгьарак рыҵамзаргьы. Зны дара ираҳаит пионерс амаҵ зуа хаҵеи-ԥҳәыси акино ахәаԥшра ишыҟаз, уи даара ргәы иалсит. Уи ашьҭахь пионерцәас амаҵ зуа хаҵеи-ԥҳәыси ирыӡбеит ааигәа зыҽӡаазхыз хаҵеи-ԥҳәыси рыламыс рааӡаанӡа, насгьы ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа рҵаанӡа акинотеатр ахь имцаларц (Аур. 5:14). Убасала дара ишьақәдырӷәӷәеит ажәала мацара акәымкәа, усла абзиабара шаадырԥшуа (Рим. 14:19—21; 1 Иоанн 3:18).

13. Ишԥалшо ҳара иҳахҟьаны аӡәы агәнаҳа ҟаиҵар?

13 Иара убас ҳара аӡәы дзыхҟьашар алшо хаҳәны ҳҟалоит, уи агәнаҳа аҟаҵара игәазҭаҳҵозар. Аха иҟалар шԥалшо уи аҩыза? Ҳазхәыцып ҿырԥштәык. Арыжәтә иазгагаз хаҵак Абиблиа аҵара далагеит. Иара уи ашьцылара каижьыр иҭахын, аха ицәыцәгьан. Ус шакәызгьы, аҵыхәтәаны уи илшеит. Иара иӡбеит уаҳа ҿамҩакгьы шимжәуа. Имаҷымкәа аԥсахрақәа аныҟаиҵа ашьҭахь, иара аӡы иҽӡааихит. Зны аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ааидтәаларц азы ианеиқәшәа, иашьак ааигәа зыҽӡаазхыз уи аиашьа арыжәтә идигалоит, насгьы ус иҳәоит: «Уара уажәшьҭа уқьырсиануп, Иегова идоуҳа умоуп. Аҽынкылара уи адоуҳа иалҵшәоу ҟазшьоуп. Аҽынкылара умазар, маҷк ужәыр улшоит». Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит ааигәа зыҽӡаазхыз аиашьа ииашам ари алабжьара дазыӡырҩызҭгьы иҟалоз!

14. Ишԥаҳацхраауеи ҳаизарақәа Филиппаа рахь 1:10 иану алабжьара ақәныҟәара?

14 Аизарақәа ҳацхраауеит Филиппаа рахь 1:10 иану алабжьара ақәныҟәара. Ишԥа? Актәи, доуҳатә фатәыла ибеиоу апрограмма Иегова изы еиҳа ихадоу ҳгәаланаршәоит. Аҩбатәи, ҳара еилаҳкаауа ҳхы ишаҳархәалаша ҳбоит, уи ҳацхраауеит зегь рыла ҳацқьаны аанхара. Ахԥатәи, аизарақәа рҿы ҳара абзиабара аарԥшреи аус бзиақәа рыҟаҵареи ҳгәазҭарҵоит (Аур. 10:24, 25). Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳгәы шьҭырхцыԥхьаӡа, Иеговеи дареи рахь иҳамоу абзиабара еиҳа иӷәӷәахоит. Иеговеи ҳашьцәеи гәыкала бзиа ианаҳбо, ҳашьцәа зыхҟьашар алшо аусқәа ҳҽырцәаҳахьчалоит.

АНЦӘА ДЗЫРГӘЫРӶЬО АЛҴШӘАҚӘА ААЖӘГАЛА

15. Иаанагозеи Анцәа дзыргәырӷьо алҵшәақәа раагара?

15 Павел Филиппаа Анцәа дзыргәырӷьо алҵшәақәа ааргаларц иҭахын. Иара уи азы Анцәа диҳәон (Флп. 1:11). Иеговеи ижәлари рахь ирымаз абзиабара урҭ алҵшәақәа ируакын. Иара убас уахь иаҵанакуан Иисус иахь ирымаз агәрахаҵареи аԥхьаҟа ирзыԥшыз агәыӷреи рыӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара. Филиппаа рахь 2:15 аҿы Павел иҳәеит ақьырсианцәа «ари адунеи аҿы... лашарбагаҵас» ишылашо. Уи Иисус иҵаҩцәа иреиҳәаз ҳгәаланаршәоит: «Шәара — адунеи лашарас шәамоуп» (Матф. 5:14—16). Иисус иара убас ишьҭанеицәа ирыдиҵеит аҵаҩцәа азыҟарҵаларц, насгьы иҳәеит «адгьыл зегьы аҟны шаҳаҭцәас шәысзыҟалоит» ҳәа (Матф. 28:18—20; Аус. 1:8). Ҳара Анцәа дзыргәырӷьо алҵшәақәа ааҳгоит ихадоу уи аус гәацԥыҳәарала ҳҽаналаҳархәуа.

Апостол Павел Рим аҩны данҭакыз, Филиппаа асаламшәҟәы рзиҩит. Убри аамҭазгьы иара дызҷаԥшьоз, насгьы изнеиуаз ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон (Шәахәаԥш абзац 16.)

16. Ишԥаадырԥшуеи Филиппаа рахь 1:12—14 иану ажәақәа ҳҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы лашарбагаҵас ҳлашалар шҳалшо? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

16 Ҳҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы, ҳара лашарбагаҵас ҳлашалар ҳалшоит. Зны-зынла ажәабжьҳәара иаҳԥырхагоуп ҳәа иҳаԥхьаӡо аҭагылазаашьа шаҳаҭра аҟаҵара алшара ҳнаҭоит. Иаҳҳәап, апостол Павел Римынтәи Филиппаа асаламшәҟәы анырзиҩуаз аҩны адәылҵра азин имамызт. Павел аҩны дшыҩнакызгьы, дызҷаԥшьоз аруааи изаауаз асасцәеи ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара даҟәыҵуамызт. Павел имариамыз ари аҭагылазаашьаҿы гәацԥыҳәарала ажәабжь иҳәон, уи егьырҭ ақьырсианцәа ргәазҭанаҵон шәаӡыӡарада Анцәа Иажәа ауаа рыларҵәара. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 1:12—14; 4:22.)

Ажәабжьҳәараҿы еснагь ишәылшо зегь ҟашәҵала (Шәахәаԥш абзац 17.)d

17. Ишԥарылшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы имариам аҭагылазаашьақәа рҿы ажәабжь аҳәара?

17 Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы, Павел иеиԥш, агәымшәара аадырԥшуеит. Дара ахьынхо атәылақәа рҿы ҩнаҭацыԥхьаӡа, насгьы ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжь аҳәара шрылымшогьы, егьырҭ алшарақәа рыԥшаауеит (Матф. 10:16—20). Убас еиԥш иҟоу тәылак аҿы араионтә хылаԥшҩы ажәабжьҳәаҩцәа ирабжьеигеит рҭынхацәеи, ргәылацәеи, аус рыцызуеи, аҵара рыцызҵои, ирдыруа егьырҭ ауааи ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәаларц. Ҩышықәса рышьҭахь уи араион аҿы аизарақәа рхыԥхьаӡара иааџьоушьартә еиԥш иазҳаит. Иҟалап ҳара ҳахьынхо атәылаҿы ажәабжьҳәара мап ацәкымзар. Аха уеизгьы аҟәыӷара аазырԥшуа урҭ ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарҿыԥшлар ҳалшоит. Ҳаргьы дара реиԥш ажәабжь ҳҳәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова имариам аҭагылазаашьақәа рҿгьы уи аҟаҵаразы амч ҳаиҭоит (Флп. 2:13).

18. Ҳзызхиазар ҳахәҭоузеи ҳара?

18 Иахьа еиҳагьы ихадоуп Павел Филиппаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы ииҳәаз ақәныҟәара. Шәааи еснагь еиҳа ихадоу аилкаара ҳҽазаҳшәалап, зегь рыла ҳацқьаны ҳаанхалап, аӡәы дзыхҟьашо хаҳәны ҳҟамлалап, насгьы Анцәа дзыргәырӷьо алҵшәақәа ааҳгалап. Усҟан ҳабзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалоит, насгьы бзиа ҳазбо Ҳаб Иегова дҳараҳклоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаҵанакуазеи «еиҳа ихадоу» аусқәа рахь?

  • Ишԥаҳалшо зегь рыла ҳацқьаны ҳаҟазар?

  • Ишԥаҳалшо Анцәа дзыргәырӷьо алҵшәақәа раагара?

АШӘА 17 «Исҭахуп»

a Уажәы даараӡа ихадоуп ҳашьцәа рахь ҳабзиабара арӷәӷәара. Павел Филиппаа ирзиҩыз асаламшәҟәы иаҳнарбоит абзиабара ааҳарԥшлар шҳалшо, уи анымариамгьы.

b Филиппаа рахь 1:10, АдҾ: «Насгьы еиҳа ихадоу аилкаара шәашьҭазарц азы, убас ала зегь рыла шәыцқьаны шәыҟазарц, Христос имш ааиаанӡа аӡәы дзыхҟьашо хаҳәны шәҟамларц азы».

c АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: Аҳратә Зал аилыргараан аиашьа Џьо дызҿыз даҟәыҵны аби аԥеи рацәажәара далагоит. Аилыргара иаҿу Маик уи игәы ԥнажәоит. Иара дхәыцуеит: «Ибыз даслар аасҭа дсыцхраар еиӷьын!» Пыҭрак ашьҭахь Маик ибоит Џьо қьиарала зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа дышлыцхраауа. Уи Маик игәаланаршәоит аишьцәа рҟазшьа бзиақәа ихы рзишьҭлар шихәҭоу.

d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: ажәабжьҳәаратә ус мап ахьацәку атәылаҿы аиашьа агәҽанызаара аарԥшны иидыруа аӡәы ажәабжь бзиа изеиҭеиҳәоит. Ԥыҭрак ашьҭахь аусураҿы аԥсшьара аамҭазы иара аус ицызуа ажәабжь изеиҭеиҳәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра