Аҵабырг «аизыразра акәым... аса» ауп иаанаго
«Шәгәы иаанамган адгьыл аҿы аизыразра аазгаразы сааит ҳәа; аизыразра акәым иаазгаз, Сара арахь иаазгеит аса» (МАТФ. 10:34).
1, 2. а) Иарбан ҭынчроу иахьа ҳара иҳамоу? б) Избан иахьа аҵыхәтәанынӡа аҭынчра зҳамам? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
ҲАРА зегьы ҳаԥсҭазаараҿы аҭынчра ҳҭахуп! Ҳара ҳаигәырӷьоит Иегова аҭынчра ахьҳаиҭо. Уи аҭынчра ҳгәы казыжьыр алшо ахәыцрақәеи агәҭынчымрақәеи рҟынтә ҳахьчоит (Флп. 4:6, 7, АдҾ). Иара убас Иегова ҳаԥсҭазаара анизаҳкуа иареи ҳареи ҳабжьара аҭынчра ҳамазаауеит, избанзар ҳаизыҟазаашьақәа бзиоуп (Рим. 5:1, АдҾ).
2 Аха Анцәа адгьыл зегь аҿы аҭынчра аныҟаиҵо аамҭа мааиӡац. Ҳара ҳанхоит Абиблиа «аҵыхәтәантәи амшқәа» ҳәа зыӡбахә аҳәо аамҭазы. Иахьа ҳакәша-мыкәша ирацәоуп агәымбылџьбарара аазырԥшуа ауаа (2 Тим. 3:1—4). Ақьырсианцәа Аҩсҭааи уи ирылаирҵәо ииашам аҵарақәеи доуҳала ирабашьлароуп (2 Кор. 10:4, 5). Аха зегь раҵкыс аҭынчра ҳамнахыр алшоит ҳҭынхацәа Иегова имаҵ аура ианаҳԥырхагоу. Даара ҳгәы ҳнархьуеит урҭ лассы-лассы ҳдинхаҵара ианахыччо, аҭаацәара еилаҳхуеит ҳәа анаҳзырҳәо, ма ҳдинхаҵара аанҳмыжьар мап ҳцәыркуеит ҳәа ианҳақәмақаруа. Ҳашԥарызнеилар ахәҭоу ҳҭынхацәа иҟарҵо ақәыӷәӷәарақәа, насгьы ишԥаҳалшо урҭ ирыхҟьаны ицәырҵуа ауадаҩрақәа риааира?
ҲҬЫНХАЦӘА ИҞАРҴО АҚӘЫӶӘӶӘАРАҚӘА ҲРЫЗНЕИЛАР ШАХӘҬОУ
3, 4. а) Ишԥарныруеи Иисус иажәабжь ауаа реизыҟазаашьақәа? б) Ианбауадаҩу еиҳараӡак Иисус ишьҭанеира?
3 Иисус идыруан идирҵоз аҵабыргқәа ауаа реизыҟазаашьақәа шыбжьырхуаз, насгьы ишьҭанеицәа аҿагыларақәа ианрықәшәо Анцәа изиашаны иаанхарц азы агәымшәара шырҭаххо. Зны-зынла уи иахҟьаны аҭаацәарақәа рҿы аҭынхацәа даара рыҽдырцәгьар рылшоит. Иисус ҳгәаҳҿаниҵеит: «Шәгәы иаанамган адгьыл аҿы аизыразра аазгаразы сааит ҳәа; аизыразра акәым иаазгаз, Сара арахь иаазгеит аса; Сара сааит ауаҩԥсы иаби иареи, аԥҳагьы лани лареи, аҭацагьы ланхәеи лареи еилысхразы» (Матф. 10:34—36).
4 Иисус «Шәгәы иаанамган адгьыл аҿы аизыразра аазгаразы сааит ҳәа» аниҳәа, иара иҭахын изыӡырҩуаз ишьҭанеицәаны ианыҟало, уи ирзаанаго алҵшәақәа ирызхәыцырц. Иара иажәабжь еизааигәоу ауаа реизыҟазаашьақәа бжьнахыр алшон. Иисус, ҳәарада, аҭаацәарақәа хирбгаларц азы акәӡам дзааз, аха Анцәа иҟынтә аҵабырг рылаирҵәарц азы ауп (Иоанн 18:37). Аха уеизгьы, уҩызцәа гәакьақәеи уҭынхацәеи аҵабырг мап анацәыркуа, Иисус ишьҭанеира мариам.
5. Иарбан уадаҩрақәоу Иисус ишьҭанеицәа зықәшәоз?
5 Иисус иҳәеит ишьҭанеицәа рҭынхацәа рганахь ала ақәыӷәӷәарақәа рыхгара иазхиазароуп ҳәа (Матф. 10:38). Христос иҵаҩцәа рыуацәа рхыччалар, ма рацәажәара иаҟәыҵыр рылшон. Аха Иисус ишьҭанеилар, дара ирцәыӡуа аасҭа еиҳаны ироуан. (Уаԥхьа Марк 10:29, 30.)
6. Иаҳгәалашәалар ахәҭоузеи ҳауацәа Иегова имаҵ ҳаулар рҭахымзар?
6 Ҳҭынхацәа Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагазаргьы, урҭ бзиа иаҳбоит. Аха убри аамҭазгьы ҳара иаҳгәалашәоит зегь раԥхьа бзиа иаҳбо уи Иеговеи Иисуси шракәу (Матф. 10:37). Ҳара иаҳдыруеит Аҩсҭаа ҳҭынхацәа рахь иҳамоу абзиабара ҳагәрахаҵара аанҳажьырц азы ихы ишаирхәало. Шәааи ҭагылазаашьақәак еилҳаргап, насгьы ҳалацәажәап ҳауацәа рықәыӷәӷәарақәа иаҳзаарго ауадаҩрақәа рыӡбара шҳалшо.
ҲХАТӘ ҨЫЗА ҲГӘААНАГАРАҚӘА АНҲАЦЕИҨИИМШО
7. Ишԥазыҟазар рыхәҭоу ақьырсианцәа рхатә ҩыза макьана рыгәрахаҵара ахьрыцеиҩимшо?
7 Абиблиа иаҳәоит аҭаацәара иалало «ауадаҩра ҿыцқәа» шрызцәырҵуа (1 Кор. 7:28). Шәхатә ҩыза Иегова имаҵ имуазар, уи шәҭаацәараҿы еиҳангьы агәҭынчымрақәеи ауадаҩрақәеи цәырнагоит. Аха иахәҭоуп уи аҭагылазаашьа Иегова дшаҳәаԥшуа еиԥш ҳаҳәаԥшлар. Шәхатә ҩыза макьана Иегова имаҵ имуазар, уи иаанагаӡом еилыҵтәуп ма хазы инхалатәуп ҳәа (1 Кор. 7:12—16). Аҭаацәараҿы ахаҵа Иегова ишаҳаҭ иакәымзаргьы, насгьы иҭаацәара доуҳала дырмеиҷаҳауазаргьы, аԥҳәыс уеизгьы уи аҭаацәара ахада иеиԥш пату иқәылҵалароуп. Убас еиԥш аҭаацәараҿы Иегова имҵахырхәо ахаҵа имацара иакәзар, иара уеизгьы иԥҳәыс иԥсҭазаара аҵкыс бзиа дибалароуп, насгьы ахаара аарԥшуа длеиҷаҳалароуп (Еф. 5:22, 23, 28, 29).
8. Иарбан зҵаароу шәхы иашәҭар шәылшо, шәхатә ҩыза Анцәа имаҵ аураҿы аҳәаақәа шьақәиргылозар?
8 Аха иҟашәҵар шәылшозеи шәхатә ҩыза Анцәа имаҵ аураҿы аҳәаақәа шьақәиргылозар? Иаҳҳәап, иаҳәшьак лхаҵа длыҳәеит иалкаау амшқәа мацара раан ажәабжь лҳәаларц. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы шәхы шәазҵаар ахәҭоуп: «Схатә ҩыза ииҭаху ажәабжьҳәара зынӡа саҟәыҵырц аума? Ус акәымзар, исылшома иҳәара насыгӡар?» Аҟәыӷара шәҭаацәараҿы шәзықәшәалар алшо ауадаҩрақәа армаҷра ишәыцхраауеит (Флп. 4:5).
9. Ишԥарылшо ақьырсианцәа рхәыҷқәа иддырҵалар Иегова имаҵ зымуа ран ма раб патуқәҵарала рызныҟәара?
9 Аҭаацәараҿы Иегова имаҵ зуа аӡәы имацара иакәзар, ахәыҷқәа рааӡара еиҳагьы имариамзар алшоит. Убас ала, ахәыҷқәа абиблиатә ԥҟара «Уаби уани аҳаҭыр рықәҵа» ацныҟәара дырҵалатәуп (Еф. 6:1—3). Аха иҟашәҵар шәылшозеи шәара шәхатә ҩыза абиблиатә принципқәа рыла днымхозар? Шәҽазышәшәала иара иахь апатуқәҵара аарԥшра. Уи ала шәхәыҷқәа аҿырԥш бзиа рышәҭалоит. Шәхатә ҩыза иҟазшьа бзиақәа рзы еснагь дшәырҽхәала, насгьы бзиа дшыжәбо иашәҳәала. Шәхәыҷқәа ишраҳауа шәхатә ҩыза дышәмырџьалан. Идеилшәыркаала дасу ихаҭа иалихыр шакәу Иегова имаҵ иулоу имулоу. Ахәыҷқәа ибзианы рхы мҩаԥыргозар, анкьа аҵабырг иақәҿызымҭуаз шәхатә ҩыза аинтерес изцәырҵыр алшоит.
Шәхәыҷқәа абиблиатә ҵабырг дырҵара алшара шәаҩшәмыжьлан (Шәахәаԥш абзац 10.)
10. Ишԥарылшо ақьырсианцәа рхәыҷқәа Абиблиа иану рзеиҭарҳәаларц, рхатә ҩыза Иегова имаҵ имуазар?
10 Зны-зынла шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызымшо шәхатә ҩыза иҭаххар алшоит шәхәыҷқәа амурҭаҭтә хыҵхырҭақәа змоу аныҳәақәа рыҽрыладырхәларц, мамзаргьы амцдинхаҵара иадҳәалоу аҵарақәа ддырҵаларц. Ахацәа шьоукы иқьырсиану рыҳәсақәа азин рырҭом рхәыҷқәа Абиблиа иану рзеиҭарҳәаларц. Аха убасҟангьы аҳәса ирыхәҭоуп рхәыҷқәа абиблиатә ҵабырг рылааӡаразы ирылшо зегь аҟаҵара (Аус. 16:1; 2 Тим. 3:14, 15). Иаҳҳәап, ахаҵа иҭахымхар алшоит иԥҳәыс ахәыҷқәа абиблиатә ҵара рзымҩаԥылгаларц, ма аизарақәа рахь илгаларц. Ҳәарада, ақьырсианԥҳәыс лхаҵа иӡбара пату ақәылҵалароуп, аха лара уеизгьы алшара анлоуа рхәыҷқәа лыгәрахаҵара атәы рзеиҭалҳәалар лылшоит (Аус. 4:19, 20). Иаҳгәалашәозароуп ахәыҷқәа андухо рхала ишырыӡбо Иегова имаҵ рулоу ирмулоу (Ҩынтә. 30:19, 20)a.
АУАЦӘА РЫҚӘЫӶӘӶӘАРАҚӘА
11. Избан Иегова имаҵ зымуа ҳауацәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьысыр залшо?
11 Иегова ишаҳаҭцәеи шәареи раԥхьа Абиблиа аҵара шәаналага иҟалап шәыуацәа уи атәы рзеиҭашәымҳәозҭгьы. Аха шәыгәрахаҵара аныӷәӷәаха, шәара шәгәаанагара аҵәахра уаҳа ишаԥсам шәыӡбеит (Марк 8:38). Иҟашәҵар шәылшозеи уи иахҟьаны шәыуацәеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа бжысзар? Шәааи еилҳаргап ҳауацәеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа реиҭашьақәыргылара, аха убри аамҭазгьы Анцәа ҳизиашаны аанхара иҳацхраауа знеишьақәак.
12. Избан ҳауацәа ҳԥырхагахар зрылшо, насгьы иҳацхраауазеи урҭ реилкаара?
12 Иегова имаҵ зымуа шәыуацәа рцәаныррақәа реилкаара шәҽазышәшәа. Ҳәарада, ҳара даара ҳаигәырӷьоит абиблиатә ҵабырг ахьаҳдырыз, аха ҳауацәа ргәы иаанагалар рылшоит ҳаржьеит, ма асекта ҳаларгалеит ҳәа. Дара ргәы иаанагозар алшоит урҭ уаҳа бзиа иаҳбом, убри аҟынтә аныҳәақәа рыцазгәаҭара ҳаҟәыҵит ҳәа. Иара убас Анцәа ҳахьирхәуеит ҳәа ргәы иаанагалар ҟалоит. Шәыуацәа рцәаныррақәа реилкаара шәҽазышәшәа, насгьы зҿлымҳарыла шәырзыӡырҩы, урҭ рыгәҭынчымра зыхҟьо еилышәкаарц азы (Ажәам. 20:5). Апостол Павел ажәабжь бзиа ауаа ирылеиҳәарц азы урҭ рцәаныррақәа реилкаара иҽазишәон. Уи ҳаргьы иҳацхраар алшоит (1 Кор. 9:19—23).
13. Ишԥаҳахәҭоу ҳдинхаҵара ҳацеиҩызымшо ҳауацәа рацәажәара?
13 Шәыуацәа хаала шәрацәажәала. Абиблиа алабжьара ҳнаҭоит: «Ауаа рацәажәараан шәажәақәа баҩ рылаз» (Кәал. 4:6). Ҳауацәа хаала рацәажәаразы Иегова иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп. Иахәҭам рдинхаҵара иадҳәалоу агәаанагарақәа шиашам дырбаразы реисра. Русқәеи ражәақәеи рыла ҳгәы ҳдырхьуазар, апостолцәа ҳарҿыԥшлар ҳалшоит. Павел иҩуан: «Ҳаныршәиуа аамҭазы ҳазшәиуа ҳныҳәоит; иаҳзыӷьашкны ҳаԥхаҵа иҳашьҭоуп — ҳалаӡоит; ҳдырџьоит, бааԥсшәа иҳахцәажәоит — ҳара хирла аҭак ҟаҳҵоит, иаҳныҳәоит» (1 Кор. 4:12, 13).
14. Иарбан зылԥхарақәоу иаанагар алшо иҿырԥшыгоу ҳхымҩаԥгашьа?
14 Ҿырԥшыганы шәхы мҩаԥыжәгала. Патуқәҵарала ацәажәара даара ихадоуп, аха аусқәа иарбанзаалак ажәақәа раасҭа ихадоуп. (Уаԥхьа 1 Пиотр 3:1, 2, 16.) Шәҿырԥшы абзоурала ирбалааит шәҭынхацәа Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәарақәа шыӷәӷәоу, насыԥ шрымоу, рхәыҷқәа ишреиҷаҳауа, насгьы гәаԥхашәала ицқьоу, аҵакы змоу аԥсҭазаара шрымоу. Ҳауацәа аҵабырг рыдрымкыларгьы, ҳара Иегова дахьаҳзыразу агәырӷьара ҳауеит.
15. Ишԥаҳалшо аимак-аиҿак ахь ҳназгар алшо аҭагылазаашьақәа заа ҳҽырзыҟаҳҵар?
15 Аԥхьаҟа иҟалар алшо шәазхәыцла. Шәазхәыц иарбан ҭагылазаашьақәоу аимак-аиҿак ахь шәназгар алшо, насгьы ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы шәхы мҩаԥыжәгар шшәылшо (Ажәам. 12:16, 23). Абар Австралиа инхо иаҳәшьак еиҭалҳәо: «Сабхәа схаҵеи сареи ҳагәрахаҵара игәаԥхомызт. Аҭел ҳаизасаанӡа, ҳара Иегова ачҳара аарԥшра дҳацхраарц ҳиҳәон, уи угәы узырхьуаз ак иҳәар. Ҳара заа ҳазхәыцуан хаала ҳаицәажәарц азы иаҳҳәар ҳалшо. Иара убас адинхаҵара иадҳәалоу аимак-аиҿак цәырымҵырц азы, акыраамҭа ҳцәажәомызт».
16. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳауацәеи ҳареи ҳаилибамкаарақәа ирыхҟьаны ҳхы ахара адҳамҵаларц азы?
16 Ҳәарада, ҳауацәеи ҳареи ҳаилибамкаарақәа зегь рыцәцара ҳалшоит ҳәа ақәгәыӷра иаԥсам. Ицәырҵуа аилибамкаарақәа ирыхҟьаны ҳара ахара ҳадушәа ҳгәы иаанагалар алшоит, избанзар ҳҭынхацәа бзиа иаҳбоит, насгьы ргәы дҳархьыр ҳҭахӡам. Ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа шәызцәырҵуазар, иалшәмыршан шәҭынхацәа рахь шәыбзиабара Иегова иахь ишәымоу абзиабара аасҭа еиҳахарц. Уи абзоурала ҳауацәа еилыркаар рылшоит абиблиатә принципқәа рықәныҟәара ҳара ҳзы шаҟа ихадоу. Ишакәзаалакгьы, егьырҭ Иегова игәра агара рыдцалара шҳалымшо ҳгәалашәозароуп. Аха ибзиоуп урҭ ирбалар Анцәа имаҵ аура иаҳзаанаго алҵшәа. Аиҷаҳара аазырԥшуа Ҳаб ҳара иҳадигалаз алхра даргьы ирыдигалоит — имаҵ руларц ма ирмуларц (Ис. 48:17, 18).
ҲҬЫНХАЦӘА РҞЫНТӘ АӠӘЫ ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ДАНАҞӘЫҴУА
17, 18. Ишԥаҳалшо иаҳзааигәоу ауаҩы Иегова имаҵ аура данаҟәыҵуа, уи иаҳзаанаго ахьаа аиааира?
17 Ҳауа аизара даналырцо ма ихаҭа уи мап анацәикуа, уи ахьаа ду ҳзаанагар алшоит. Ишԥаҳалшо уи ахьаа аиааира?
18 Иегова имаҵ аура шәхы азышәышьҭ. Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа шәаԥхьала, аизарақәа шәҽырзыҟашәҵала, насгьы шәырҭаала, ажәабжь шәҳәала, иара убас Анцәа амч шәиҭаларц шәиҳәала (Иуда 20, 21). Аха иҟаҵатәузеи уи зегь гәыкала ишыҟашәымҵо гәашәҭазар, насгьы шәхәыцрақәа даҽакахьы ишырхо шәбозар? Шәгәы кашәмыжьлан! Анаҩсгьы адоуҳатә усқәа шәырҿыз. Уи шәыгәҭынчымрақәа риааира ишәыцхраауеит. Ишәгәалашәыршәа изакәытә цәаныррақәоу имаз 72-тәи (73-тәи, АдҾ) Аԥсалом автор. Ииашамыз игәаанагарақәа ирыхҟьаны иара игәы каҳаит, аха Анцәа иԥшьаҭыԥ ахь даннеи ихәыцрақәа ириашеит (Аԥсал. 72:16 [73:16, 17, АдҾ]). Убри аҟынтә анаҩсгьы Иегова шәизиашаны имаҵ жәула.
19. Ишԥаҳалшо Иегова ириашаратә нормақәа пату шрықәаҳҵо ааҳарԥшыр?
19 Иегова ириашаратә нормақәа пату рықәышәҵала. Иегова аӡәы данахьирхәуа, раԥхьа уи ахьаа изаанагар алшоит, аха аҵыхәтәаны уи зегьы ахәарҭа рзаанагоит, иара убас агәнаҳа ҟазҵазгьы. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 12:11.) Иаҳҳәап, Иегова иҳаиҳәоит иахьымхәуа агәнаҳаҟаҵаҩцәа уаҳа ҳармацәажәаларц (1 Кор. 5:11—13). Убри аҟынтә егьа иаҳцәыцәгьазаргьы, аизара иалцоу ҳауа, иаҭахымкәа ҳиацәажәалаӡом — ҭеллагьы, асаламшәҟәқәа рылагьы, аинтернет алагьы.
20. Ҳзықәгәыӷлар акәзеи ҳара?
20 Агәыӷра шәцәымӡлан. Абзиабара «зегьы рыгәра агоит», иара убас зны Иегова даанзыжьыз еиҭа иара иахь ишыхынҳәуагьы (1 Кор. 13:7). Шәыуа игәаҿы аԥсахрақәа ҟаиҵоит ҳәа шәгәы иаанагозар, Анцәа шәиҳәала Абиблиа даԥхьаларц, амч иоурц, насгьы Иегова иааԥхьара «Сара сахь ухынҳәы» иақәҿиҭырц (Ис. 44:22).
21. Иҟаҵатәузеи Иисус шәахьишьҭанеиуазы шәҭаацәараҿы аҭынчра ыӡзар?
21 Иисус иҳәон иара зегь раасҭа бзиа даҳбалароуп ҳәа, мамзар ҳиԥсахаӡом. Убри аамҭазгьы иара агәра ганы дыҟан иҵаҩцәа рҭынхацәа шырҿагылоугьы, изиашаны иаанхарц азы агәымшәара шаадырԥшло. Аҵабырг шәҭаацәараҿы аҭынчра акәымкәа, аса аанагазар, Иегова шәиқәгәыӷла, иара ауадаҩрақәа зегь рыхгара дшәыцхраауеит (Ис. 41:10, 13). Шәгәы арҭынчлааит Иеговеи Иисуси ахьышәзыразу, насгьы иаашәырԥшуа агәрахаҵаразы иахьышәзылԥхо.
a Аӡәы имацара Иегова имаҵ зуа аҭаацәараҿы ахәыҷқәа шааӡалатәу иазку еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит август 15, 2002 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Сторожевая башня» аҿы иану астатиа «Вопросы читателей» аҟны.