Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 ииуль ад. 31
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аҵабырг «аизыразра акәым... аса» ауп иаанаго
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 ииуль ад. 31

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Избан Иисус изиҳәаз: «Шәгәы иаанамган адгьыл ахь аҭынчра аазгарц азоуп сзааз ҳәа»?

Иисус иҵаҩцәа иреиҳәон аҭынчра иашьҭазарц. Аха ҽнак иапостолцәа абас реиҳәеит: «Шәгәы иаанамган адгьыл ахь аҭынчра аазгарц азоуп сзааз ҳәа, аҭынчра акәымкәа, а́ҳәа аазгарц азоуп сзааз. Сара сааит аби аԥеи, ани аԥҳаи, анхәеи аҭацеи еилысхырц азы» (Матф. 10:34, 35, АдҾ). Ииҳәарц ииҭахызи Иисус?

Иисус иҭахӡамызт еизааигәоу ауаа еислар. Аха иара идыруан ирҵарақәа ҭаацәарақәак рҿы аилибамкаара шцәырнагоз. Убри аҟынтә Христос иҵаҩцәаны аҟалара зыӡбаз, насгьы зыҽӡаазхыз ирдыруазар ауп ирыдыркылаз аӡбара иаанагар алшо алҵшәақәа. Зны-зынла ақьырсиан ихатә ҩыза, мамзаргьы иҭаацәара иатәу даҽаӡәы Христос ирҵарақәа рыла анхара диԥырхагоуп. Уи игәрахаҵара аԥышәара иҭанаргылар алшоит.

Абиблиа ақьырсианцәа ргәазҭанаҵоит: «Бзиарала, еизыразрала зегьы шәырзыҟаз» (Рим. 12:18). Избан, нас, ҭаацәарақәак рҿы Христос ирҵарақәа «а́ҳәа» изаҩызахо? Ус ҟалалоит ауаҩы Иисус ирҵарақәа рыла анхара даналаго, аха иҭаацәара иатәу уи мап анацәыркуа, ма ианаҿагыло. Убасҟан дара Абиблиа зҵо «иаӷацәа» ракәны иҟалоит (Матф. 10:36).

Қьырсианцәақәак рҭаацәарақәа рҿы зегьы Иегова имаҵ руӡом. Убри аҟынтә урҭ зны-зынла Иеговеи Иисуси рахь рыбзиабара ԥызшәо аҭагылазаашьақәа ирықәшәоит. Иаҳҳәап, ақьырсиан иҭынхацәа аныҳәақәа рыцазгәеиҭаларц идырцалалар рылшоит. Убасҟан иара дазхәыцроуп згәы ҟаиҵар иҭаху. Иисус иҳәеит: «Сара саҵкыс заб, мамзаргьы зан бзиа дызбо Сара дсаҭәам» (Матф. 10:37). Ҳәарада, уи иаанагаӡом Иисус иҵаҩцәа уажәшьҭа рҭаацәа уиаҟара бзиа ирымбалароуп ҳәа. Мап, уи ус акәӡам! Иара ииҳәарц ииҭахыз зегьы рхатә ҭыԥқәа рымазар шрыхәҭоу ауп. Ҳҭаацәара иахәҭаку Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагазаргьы, урҭ уеизгьы бзиа иаҳбоит, аха Анцәа бзиа ибара ҳара ҳзы еиҳа ихадоуп.

Ҳәараҭахума, иаҳзааигәоу ауаа ҳагәрахаҵара анҳацеиҩырымшо ҳгәы ҳнархьуеит. Аха Христос иҵаҩцәа иажәақәа рхадыршҭӡом: «Зышьаҟа шьҭыхны сара исышьҭаланы имцо, сара дсыԥсаӡам» (Матф. 10:38, АдҾ). Ақьырсианцәа еилыркаауеит аԥышәарақәа ишрықәшәо, шьоукы уи рҭаацәара иатәу рҟынтә иақәшәоит. Аха дара гәыӷуеит иҿырԥшыгоу рхымҩаԥгашьа абзоурала, рҭынхацәа ргәаанагара ԥсахны, Анцәа иеилкаара рҭаххап ҳәа (1 Пиотр 3:1, 2).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра