Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 октиабр ад. 31
  • Аус қьиа аҵабырг аԥшаара иацхрааит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аус қьиа аҵабырг аԥшаара иацхрааит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иаҳирҵозеи Иисус бзиа иибоз аҵаҩы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 октиабр ад. 31

Аус қьиа аҵабырг аԥшаара иацхрааит

РАЦӘАК идуум ақалақь аҿы аштат Гуџьарат (Индиа) дынхон Џьон зыхьӡыз аҷкәын, уи иаб 1950-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Иегова ишаҳаҭ иакәхеит. Аха Џьон иани хәҩык иашьцәеи иаҳәшьцәеи католикцәан, рыгәрахаҵарагьы ӷәӷәала иадгылан, убри аҟынтә раб игәрахаҵара ҿыҵ зынӡа иргәамԥхеит.

Ҽнак зны Џьон иаб Џьон аизара аҟынтә иашьак аконверт изигарц диҳәеит. Уи аҽны ашьыжь Џьон аиха иалхыз ауалыр анааиртуаз, иӷәӷәаны инацәкьыс ԥиҟеит. Аха иара уеизгьы иаб иҳәара наигӡар иҭахын, убри аҟынтә инацәкьыс ацахала иҿаҳәаны, амҩа дықәлеит.

Иара иахьахәҭаз днеит, аха уи аиашьа аҩны дыҟаӡамызт, иԥҳәыс лакәын иҟаз, ларгьы Иегова ишаҳаҭ лакәын. Аконверт анимылхуаз, лара игәалҭеит Џьон инацәкьыс шыԥҟаз, убри аҟынтә ацхыраара идылгалеит. Лара ахәшәқәа хьҭаз акәалаԥ ганы, ахәра рыцқьаны изҿалҳәеит. Уи ашьҭахь ачаи илыржәит, насгьы уи аамҭа зегьы қьиарала Абиблиа иазкны диацәажәон.

Уи аиаҳәшьа иаалырԥшыз гәыкала иҟаз аиҷаҳара Џьон игәазҭанаҵеит Иегова ишаҳаҭцәа рганахь ала имаз игәаанагара аԥсахра. Иара Иегова ишаҳаҭцәа рхәаԥшышьеи акатоликцәа рхәаԥшышьеи злеиԥшым иазкны ҩ-зҵаарак лиҭеит: Дынцәоума Иисус, насгьы илыҳәалароума ақьырсианцәа Мариа? Аиаҳәшьа гуџьарати лдыруан, убри аҟынтә Џьон ихатә бызшәала аҭак илҭеит. Уи иазкны Абиблиа иану илырбеит, насгьы аброшиура «Эта благая весть о Царстве» илҭеит.

Џьон уи аброшиура данаԥхьа, аҵабырг шиԥшааз еиликааит. Иара идиннапхгаҩ иахь дцаны урҭ азҵаарақәа ииҭеит. Адиннапхгаҩ иаразнак иԥсахы еибакын уи Абиблиа игәыдиҵеит, насгьы диқәыҳәҳәеит: «Уаҩысҭаахеит! Исырба Абиблиаҿы Христос дынцәаӡам ҳәа ахьану. Исырба иахьаҳәо Мариа лымҵахырхәара ахәҭам ҳәа. Исырба!» Џьон уи адиннапхгаҩы ихымҩаԥгашьа даара даршанхеит, убри аҟынтә ус иеиҳәеит: «Ахаан схабар уаҳа акатоликтә уахәамаҿы иҟалом!» Иара ииҳәаз наигӡеит.

Џьон Абиблиа аҵара далагеит, агәрахаҵара ӷәӷәа еизирҳаит, насгьы иҵабыргу Анцәа имаҵ аура далагеит. Аамҭак ашьҭахь иҭаацәа рҟынтә егьырҭгьы Иегова ишаҳаҭцәа ракәхеит. Џьон инацәкьыс ахьԥиҟаз уажәраанӡагьы ашәахсҭа ануп. Уи ашәахсҭа Џьон игәаланаршәоит 60 шықәса раԥхьа иаҳәшьак иара иахь ақьиара шаалырԥшыз, насгьы уи иабзоураны Иегова имаҵ аура дшалагаз (2 Кор. 6:4, 6).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра