Ижәдыруама шәара?
Иарбан ауриатә ҵасу Иисус дзықәыӡбаз, «зынӡагьы умқәын» ҳәа аниҳәа?
МОИСЕИ изакәан инақәыршәаны ақәра ицәгьоу ҳәа акгьы аҵамызт. Аха Иисус данынхоз аамҭақәа раан ақәра ииашамкәа рхы иадырхәо иалагеит, насгьы ауаа ак аарҳәацыԥхьаӡа иқәуан. Дара уи ҟарҵон ирҳәо еиҳа агәра угарц азы. Аха Иисус ус еиԥш хыда иҟаз ақәра ҩынтә дақәыӡбеит. Иара идирҵон: «Иҟазааит шәажәа абас аиԥш ала: „ааи“ ҳәа ишәҳәо „ааи“ акәны, „мап“ ҳәа ишәҳәо — „мап“» (Матф. 5:33—37; 23:16—22).
«Теологический словарь Нового Завета» инақәыршәаны Аталмуд иаҳнарбар алшоит ауриацәа ражәақәа шиашаз иақәдыргәыӷырц азы ақәра шаҟа рхы иадырхәоз, насгьы шаҟа лассы-лассы иқәуаз. Уа еилыкка иануп иарбан қәрақәоу хымԥада инагӡатәыз, насгьы уиаҟара ихадам ҳәа ирыԥхьаӡоз (Theological Dictionary of the New Testament).
Уи аҵас иақәыӡбоз Иисус имацара иакәмызт. Абар сектак иалахәыз ирызкны аиудеиатә ҭоурыхҭҵааҩ Иосиф Флави ииҳәаз: «Ирҳәо ажәа зеиԥшразаалакгьы, еиҳа амч амоуп ишьҭарҵо аҭоуба аасҭа, уи зынӡаскгьы рхы иадырхәаӡом, избанзар урҭ аҭоуба анамыгӡара уи ашьҭаҵара аасҭа еиҳагьы иақәыӡбоит. Дара зажәақәа рыгәра агаразы ақәра зхы иазырхәоз ауаҩы акгьы даԥсам ҳәа рыԥхьаӡон». Сирахов иԥа Иисус Иҟәыӷарақәа зну апокрифтә шәҟәаҿы иануп: «Лассы-лассы иқәуа ауаҩы азакәандара ихыҵәоит» (Сирах 23:11, Синодальный перевод). Ишаҳбаз еиԥш, Иисус ақәра ииашамкәа рхы иахьадырхәоз дақәыӡбон. Ҳара еснагь аиаша ҳҳәозар, иаҳҳәо агәра ргарц азы ҳақәлар акәхаӡом.