Аԥааимбар Захариа ибарақәа. Ишԥаҳныруеи урҭ ҳара?
«Шәхынҳәы сара сахь... убасҟан саргьы шәара шәахь схынҳәуеит» (ЗАХ. 1:3).
1—3. а) Изеиԥшрази Анцәа ижәлар рҭагылазаашьа аԥааимбар Захариа ихаан? б) Избан Иегова израильаа иара иахь ихынҳәырц дызрыҳәоз?
ИԤЫРУА аикәарҳә, акалаҷкәыр иҭартәаз аԥҳәыс, насгьы аԥсаатә дуқәа рымҵәыжәҩақәа рыҭаны аԥшаҿы иԥыруа ҩыџьа аҳәса — ари зегьы Захариа ишәҟәаҿы иҳаԥшаауа асимволтә ҵакы змоу асахьақәа роуп (Зах. 5:1, 7—9). Избан Иегова иԥааимбар узыршанхо арҭ абарақәа зиирбаз? Изеиԥшрази Анцәа ижәлар рҭагылазаашьа аԥааимбар Захариа ихаан? Ишԥаҳаҵанакуеи ҳара Захариа ишәҟәы иану абарақәа?
2 Анцәа ижәлар 537 шықәсазы ҳ. ҟ. агәырӷьара ду рыман. 70 шықәса ицоз вавилонтәи атҟәара ашьҭахь израильаа рхы иақәиҭхеит. Дара игәырӷьаҵәа Иерусалимтәи ауахәама аиҭашьақәыргылара иалагеит, уа дара Иегова имҵахырхәалар рылшон. 536 шықәсазы ҳ. ҟ. ауахәама ашьаҭа шьҭаҵан. Усҟан израильаа даараӡа игәырӷьон, «ажәлар ргәырӷьабжь харанӡа иуаҳауан» (Езд. 3:10—13). Аха иаарласны дара ауадаҩра иақәшәеит. Урҭ ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ауаа ргәы каҳаит, насгьы ауахәама аргылара иаҟәыҵит. Дара рзы рыҩнқәеи рымхурсҭақәеи еиҳа ихадахеит. 16 шықәса ҵит, аха ауахәама ргыламызт. Есыҽнытәи аусқәеи рхатә интересқәеи ирыхҟьаны Анцәа ижәлар зегь раҵкыс ихадоу рхашҭит. Аха Иегова иҭахын израильаа иара иахь ихынҳәырц, насгьы аӡәгьы ицәымшәакәа гәыкала имаҵ аура иалагарц.
3 Иегова израильаа Вавилон аҟынтә рхы изақәиҭитәыз ргәалаиршәарц азы 520 шықәсазы ҳ. ҟ. аԥааимбар Захариа дырзынаишьҭит. Ахьӡ Захариа иаанагоит «Иегова игәалашәеит», иҟалап уи ихадоу аҵабырг ргәаланаршәозҭгьы. Израильаа Иегова ишеиқәирхоз рхашҭзаргьы, иара урҭ ихашҭуамызт. (Уаԥхьа Захариа 1:3, 4.) Иара ицқьоу амҵахырхәара аиҭашьақәыргылараҿы дышрыцхраауа агәра диргеит. Аха иара ргәырҽаниҵеит урҭ гәыкала имаҵ рмулар, рымҵахырхәара шидимкыло. Шәааи ҳахәаԥшып Иегова Захариа афбатәии абыжьбатәии ибарақәа рыла израильаа аусқәа рыҟаҵара ргәы шазҭеиҵоз, насгьы уи иаҳнарҵо.
АНЦӘА ИӶЬЫЧУА ДРЫҚӘЫӠБОИТ
4. Иарбан еикәарҳәу Захариа афбатәи ибараҿы иибаз? Избан уи аикәарҳә аҩ-ганкгьы иақәыҩны изыҟаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа 1.)
4 Захариа ишәҟәы ахәбатәи ахы иааџьоушьаша абарала иалагоит. (Уаԥхьа Захариа 5:1, 2.) Аԥааимбар ибоит зоура 9 метрак, зыҭбаара 4,5 метра иҟоу иԥыруа аикәарҳә, уа ақәыӡбара ануп. Аикәарҳә аартуп, насгьы аҩ-ганк иақәыҩны ишыҟоу убарҭоуп (Зах. 5:3). Аикәарҳә ганкы акәын иахьақәрыҩуаз, убри аҟынтә иҟалап Захариа ибараҿы иҟаз аикәарҳә даара ихадаз ажәабжь анызҭгьы.
Ақьырсианцәа мӷьычлароуп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5—7.)
5, 6. Дышԥазыҟоу Иегова аӷьычра?
5 Уаԥхьа Захариа 5:3, 4. Ауаа зегьы Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟарҵоит, аха Анцәа имаҵзуҩцәа иара иҿаԥхьа еиҳаны аҭакԥхықәра рыдуп. Анцәа бзиа даҳбозар, ҳӷьычӡом, избанзар ҳӷьычлар Анцәа ихьӡ лаҳарҟәуеит (Ажәам. 30:8, 9). Ауаҩы имотивқәеи иҭагылазаашьеи аӷьычра азин ирҭом, избанзар аӷьыч иԥсыцәгьара игәазҭанаҵоит Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа раасҭа, амал еиҳа ахә ашьара. Аӷьыч Анцәа изакәан дазхьаԥшӡом, насгьы Иегова ихьӡи уи игәаанагареи акгьы иаԥсам ҳәа иԥхьаӡоит.
6 Иазгәашәҭ: Захариа иԥааимбаражәаҿы иануп ашәи «аӷьыч иҩны иҩналоит», «иҩнаҭаҿы иаанхоит, иҩнгьы... ықәнахуеит» ҳәа. Ус анакәха, Иегова иқәыӡбара акгьы аԥырхагахом. Аӡәгьы илшом Анцәа ижәлар рыбжьара иҟарҵо агәнаҳақәа рыҵәахра. Аӷьычра шыҟалаз атәы амчрақәа, аусурҭа аиҳабацәа, аизара аиҳабацәа ма аҭаацәа ирмаҳаргьы, Анцәа уи уеизгьы идыруеит. Иара ажәа ҳаиҭеит аӷьычцәа русқәа зегь шаатуа (Аур. 4:13). Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит еснагь ламысцқьарала ахымҩаԥгара иашьҭоу ажәлар рыбжьара ҳахьыҟоу! (Аур. 13:18).
7. Ишԥаҳалшо иԥыруа аикәарҳә иану ашәи ҳҽацәаҳахьчар?
7 Анцәа аӷьычра зеиԥшразаалакгьы хәымгароуп ҳәа иԥхьаӡоит. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп иҳараку агәаԥхашәатә нормақәа рыла анхара, насгьы Иегова ихьӡ ҳмырԥхашьалартә еиԥш ахымҩаԥгара. Убасҟан ауп идырны Иегова изакәан еилазго ирзыԥшу ахьырхәра ҳхы анацәаҳахьчо.
ЕСЫҼНЫ АНЦӘА ИАҲҬАЗ АЖӘА ИНАҚӘЫРШӘАНЫ ҲАНХОИТ
8—10. а) Изакәызеи ақәра́? б) Еилеигазеи аҳ Седекиа?
8 Иԥыруа аикәарҳә иану анаҩстәи ажәақәа Анцәа ихьӡала «амц ҳәаны иқәуа» ргәырҽаннаҵоит (Зах. 5:4). Ақәра — иуҳәаз шиашоу, мамзаргьы ак шыҟауҵо ма ишыҟаумҵо ала иуҳәо ажәа ауп.
9 Иегова ихьӡала ақәра даара акраҵанакуеит. Убас дқәит аҵыхәтәантәи иудатәи аҳ Седекиа, Иерусалимтәи аҳраҭыԥ игарц азы. Иара Иегова иҿаԥхьа дқәит вавилонтәи аҳ дшизыӡырҩло, аха иажәа наимыгӡеит. Убри аҟынтә Иегова абас диқәыӡбеит: «Зҿаҭахьа еилаганы аиқәшаҳаҭра назмыгӡаз ауаҩы дықәзыргылаз аҳ иқалақь Вавилон аҿы уи [Седекиа] дыԥсуеит» (Иез. 17:16).
10 Иегова Седекиа иажәа наигӡоит ҳәа дыԥшын, избанзар уи Анцәа ихьӡала дқәит (2 Аш. 36:13). Седекиа иакәзар, уи Мысра дақәгәыӷит, насгьы урҭ рыцхыраара даҳәеит Вавилон аҟынтәи ахақәиҭра иоурц, аха уи лҵшәадахеит (Иез. 17:11—15, 17, 18).
11, 12. а) Иарбан зегь раасҭа ихадоу ҿаҭахьоу ҳара иҟаҳҵо? б) Ишԥаныруеи ҳаԥсҭазаара Анцәа иҽазкра иадҳәалоу аҿаҭахьа?
11 Иегова идыруеит иарбан ҿаҭахьақәоу иҟаҳҵо, насгьы урҭ иара изы ихадоуп. Иара дҳаргәырӷьаларц азы ҳҿаҭахьақәа наҳагӡалар ауп (Аԥсал. 75:12 [76:11, АдҾ]). Ҳҿаҭахьақәа рҟынтә зегь раасҭа ихадоуп Иегова ҳҽанизаҳкыз иҟаҳҵаз аҿаҭахьа. Усҟан ҳара Анцәа ажәа иаҳҭеит ҳаԥсҭазаараҿы иҟалалакгьы, еснагь иара имаҵ шаҳауло.
12 Аха ишԥанагӡатәу Анцәа иҽазкра иадҳәалоу аҿаҭахьа? Амаҷ аҿы еиԥш, аԥышәара ӷәӷәақәа рҿгьы Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, уи есыҽны дшыҳараҳкло ала иаҳҭаз ажәа ҳара ҳзы даара акыр шаҵанакуа ааҳарԥшуеит (Аԥсал. 60:9 [61:8, АдҾ]). Ҳхы шԥамҩаԥаҳго аусураҿы, ма ашкол аҿы аӡәы дҳаиҽырбозар? Ҳаизыӡырҩуама Иегова, насгьы мап ацәаҳкуама ихы ҳгәаирԥхарц азы иҟаиҵо зегьы? (Ажәам. 23:26). Ҳҭаацәара иалахәу зегьы Иегова имаҵ рымуазар, ҳиҳәома ҳара Иегова ақьырсиантә ҟазшьақәа раарԥшра дҳацхраарц азы, урҭ аҟазшьақәа ҳара ҳада аӡәгьы иааимырԥшуазаргьы? Иҭабуп ҳәа иаҳҳәома ҳара жәҩантәи Ҳаб бзиа ҳахьибо, насгьы амҩа иашала ацара дахьҳацхраауа азы? Иалҳхуама ҳара аамҭа есыҽны Абиблиа аԥхьаразы? Иаҳамҭаӡеи ҳара Анцәа ажәа уи зегь шыҟаҳҵало? Убас ҳара иааҳарԥшуеит Анцәа иҳәатәы шхаҳҵо. Гәацԥыҳәарала амаҵзура ҳаналахәу, Иегова бзиа дшаҳбо, насгьы ииашаҵәҟьаны ҳашизиашоу ааҳарԥшуеит. Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаашьа ауп. Ҳара Иегова ҳизиашоуп аҟынтә, аԥеиԥш бзиа шҳауа ҳақәиргәыӷуеит (Ҩынтә. 10:12, 13).
13. Иаҳнарҵозеи ҳара Захариа афбатәи ибара?
13 Захариа афбатәи ибара иҳаилнаркаауеит Иегова бзиа даҳбозар ҳшымӷьычло, мамзаргьы Иегова иаҳҭо ажәа шеилаҳамго. Иара убас уи иаҳнарбоит израильаа агхақәа шыҟарҵозгьы, Иегова урҭ шаанимыжьуаз. Иара еиликаауан урҭ рҭагылазаашьа даара ишыцәгьаз, избанзар аӷацәа иаарыкәыршаны иркит. Уи ала ҳажәа шынагӡалатәу Иегова аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит, насгьы иара уи анагӡара дҳацхраауеит. Аха ишԥа? Иаҳҳәап, Иегова ҳақәиргәыӷуеит иаарласны адгьыл аҿы ацәгьара шықәиго. Анаҩстәи Захариа ибара уи агәра ҳнаргоит.
ИЕГОВА АЦӘГЬАРА ЫҚӘИГОИТ
14, 15. а) Шәахцәажәа Захариа абыжьбатәи ибара. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа 2.) б) Дызусҭада акалаҷкәыр иҭатәоу аԥҳәыс, насгьы избан уантәи дзоурмыжьуа?
14 Захариа иԥыруа аикәарҳә аниба ашьҭахь, амаалықь уи аҩада дыԥшырц иеиҳәеит. Иибазеи аԥааимбар абыжьбатәи абараҿы? Иара изааигәахоит аефа захьӡу мыцхәы идуцәам «атса иалху игьежьу ахҩа» змоу акалаҷкәыр. (Уаԥхьа Захариа 5:5—8.) Ахҩа ианҩаха, Захариа ибоит акалаҷкәыр аԥҳәыс дышҭатәоу. Амаалықь уи аԥҳәыс дызусҭоу иҳәеит: «Ари Ацәгьара ауп». Шәазхәыц Захариа шаҟа дшәаз уи дҭыҵырц лҽаназылк! Амаалықь лара иаразнак наҟ дҭацаланы, акалаҷкәыр ихьанҭоу ахҩала иаиркит. Иаанагозеи ари зегьы?
15 Ҳара амаалықь дымлак-ҩакӡакәа ихы шымҩаԥигаз агәра ҳнаргоит Иегова ижәлар рыбжьара ацәгьара шаанимыжьуа. Иегова имаҵзуҩцәа рыбжьара цәгьарак ибозар, иара уи иаразнак иқәихуеит (1 Кор. 5:13).
Иегова имҵахырхәара цқьазарц дахылаԥшуеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16—18.)
16. а) Иахьуазеи акалаҷкәыр анаҩс? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа 3.) б) Иабарго аефа амҵәыжәҩақәа змоу аҳәса?
16 Анаҩс ицәырҵуеит амҵәыжәҩақәа змоу ҩ-ҳәсак, урҭ рымҵәыжәҩақәа аԥсаатә дуқәа рымҵәыжәҩақәа иреиԥшуп. (Уаԥхьа Захариа 5:9—11.) Шаҟа илеиԥшымзеи арҭ аҳәса акалаҷкәыр иҭатәоу аԥҳәыс! Дара рымҵәыжәҩа ӷәӷәақәа рыцхыраарала «Ацәгьара» зҭоу акалаҷкәыр шьҭыхны наҟ иргоит. Аха иаба? Дара уи «Сеннаарҟа», мамзаргьы Вавилонҟа, иргеит. Избан уахь изыргаз?
17, 18. а) Избан Сеннаар «Ацәгьара» ианаалоз ҭыԥны изыҟаз? б) Ҳашԥазыҟазар акәу ацәгьара?
17 Захариа ихаан инхоз израильаа Сеннаар «Ацәгьара» ианаало ҭыԥны ирыԥхьаӡар алшон. Захариеи егьырҭ ауриацәеи ибзиаӡаны ирдыруан усҟантәи аамҭақәа раан Вавилон изакәытә цәгьарақәаз иҟаз. Уи ақалақь амцқьареи аныхамҵахырхәареи алаҵәан. Вавилон инхоз ауриацәа есыҽны иҽеимыз амурҭаҭцәа рнырра рҽацәырыхьчалар акәын. Захариа ибара урҭ агәра днаргеит Иегова имҵахырхәара ак аҟьашьыртә шалимыршо.
18 Иара убас уи абара ауриацәа иргәаланаршәеит рымҵахырхәара цқьазарц шахәҭоу. Иегова ижәлар амцқьара рыламҵәарц азы ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Иегова иорганизациаҿы ҳара шәарак ҳамам, насгьы Анцәа ибзиабареи иқьиареи ҳныруеит. Аха иаҳгәалашәозароуп уи цқьазарц досу ҳацклаԥшлар шҳахәҭоу. Анцәа ижәлар рыбжьара ацәгьара ыҟамзароуп!
ИЦҚЬОУ АЖӘЛАР ИЕГОВА ДҲАРАРКУЕИТ
19. Ишԥаҳаҵанакуеи Захариа ибара ҳара?
19 Захариа афбатәии абыжьбатәии ибарақәа ламысцқьарала зхы мҩаԥызымго рзы гәҽанҵароуп, насгьы Иегова агәнаҳа шицәымӷу ҳгәаладыршәоит. Иегова бзиа дызбогьы ацәгьара рцәымӷзароуп. Уи адагьы, урҭ абарақәа агәра ҳдыргоит Иегова иразреи ихьчареи ҳаурц азы ҳхы аус адаҳулозар, иқәыӡбара ацәшәара ишаԥсам. Ари ацәгьара злоу адунеи аҿы ҳацқьаны ҳаанхарц азы иҟаҳҵо аҽазышәарақәа лҵшәада иаанхом. Агәра ганы шәыҟаз: Иегова ацхыраарада шәынижьуам. Аха избан агәра ҳгар зҳалшо ииашаҵәҟьоу амҵахырхәара ицәгьоу ари адунеи аҿы аиааира шаго? Ҳақәгәыӷыр ҳалшома Иегова иорганизациа иаарласны ааигәахара иаҿу агәырҩа ду аан ихьчалоит ҳәа? Арҭ азҵаарақәа анаҩстәи астатиаҿы ҳрылацәажәоит.