АҴАРАЗЫ АСТАТИА 49
Иҟаиҵома Иегова сыҳәарақәа рҭак?
«Шәара шәсыԥхьалоит, шәааины шәагьсыҳәалоит, саргьы сышәзыӡырҩлоит» (ИЕР. 29:12).
АШӘА 41 Суҳәоит, сыҳәара удкыл
АХҲӘААa
1, 2. Избан Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵаӡом ҳәа ҳгәы иаанагалар залшо?
«АГӘЫРӶЬАРА ду Иегова иҿы иԥшаала, иаргьы угәы ззыҳәо наигӡоит» (Аԥсал. 37:4). Закәытә қәыргәыӷроузеи! Аха иаанагома уи Анцәа ҳзызиҳәазаалакгьы, уи иаразнак иҳауеит ҳәа? Избан ари аҩыза азҵаара ҳазцәырҵыр залшо? Ҳрыхәаԥшып ҭагылазаашьақәак. Аҭаацәара иалам аиаҳәшьа Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол ахь ааԥхьара лырҭарц Анцәа диҳәоит. Ашықәсқәа цоит, аха лара ааԥхьара лырҭаӡом. Ачымазара ӷәӷәа змоу иқәыԥшу аиашьа аизара еиҳа дацхрааларц азы дыбзиахарц Иегова диҳәоит. Аха игәабзиара еиӷьхаӡом. Аҭаацәа рхәыҷы аҵабырг аанимыжьырц Анцәа иҳәоит, аха уи Иегова имаҵ аура даҟәыҵырц иӡбоит.
2 Иҟалап шәара Иегова аказы шәиҳәозҭгьы, аха шәыззыԥшыз аҭак шәмоузар. Убри аҟынтә шәгәы иаанагар алшоит Иегова шәыҳәарақәа рыда зегьы рыҳәарақәа дырзыӡырҩуеит ҳәа. Мамзаргьы ак шәхароушәа ахәыцра шәалагар ауеит. Џьа́нисb убас лхы лбон. Лыԥшәмеи лареи Вефиль аҿы амаҵ рулар рҭахын, насгьы уи азы Анцәа иҳәон. Лара илҳәоит: «Сара агәра ганы сыҟан иаарласны Вефиль ахь ааԥхьара ҳарҭоит ҳәа». Ицон амзақәа ашықәсқәа, аха дара ааԥхьара роуӡомызт. Џьанис иацылҵоит: «Уи сгәы канажьит. Ус зыҟалаз сзеилкаауамызт. Сгәы иаанагон Иегова акала игәы исырхьит ҳәа. Сара Иегова вефильтәи амаҵзуразы иалкаан симыҳәози, избан сыҳәара аҭак зыҟаимҵаз?»
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Зны-зынла ҳгәы иаанагалар ауеит Иегова ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩӡом ҳәа. Ус еиԥш иҟаз ахәыцрақәа ажәытәан гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаагьы ирызцәырҵуан (Иов 30:20; Аԥсал. 22:2; Авв. 1:2). Аха шәара агәра ганы шәыҟазар шәылшоит Иегова шәыҳәарақәа рҭак шшәиҭо (Аԥсал. 65:2). Уи ус шакәу агәра ганы ҳаҟазарц азы х-зҵаарак ҳрылацәажәап: 1) Ҳаззыԥшызар алшозеи ҳара Иегова иҟынтә? 2) Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә? 3) Ианбаԥсахтәхар алшо ҳаҳәарақәа?
ҲАЗЗЫԤШЫЗАР АЛШОЗЕИ ИЕГОВА ИҞЫНТӘ?
4. Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова, Иеремиа 29:12 иану инақәыршәаны?
4 Иегова ҳаҳәарақәа дшырзыӡырҩло ажәа ҳаиҭеит. (Шәаԥхьа Иеремиа 29:12.) Анцәа гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа бзиа ибоит. Убри аҟынтә урҭ рыҳәарақәа еснагь дырзыӡырҩуеит (Аԥсал. 10:17; 37:28). Аха уи иаанагаӡом иааҳҳәо зегь ҳаиҭалоит ҳәа. Иҟалап ҳаҳәарақәак рҭак адунеи ҿыц аҟны акәзар иахьҳауа.
5. Дзызхәыцуазеи Иегова ҳаҳәарақәа данырзыӡырҩуа? Иҳаилшәыркаа.
5 Иегова ҳаҳәарақәа игәҭакы ишадҳәалоу дазхәыцуеит (Ис. 55:8, 9). Анцәа иҭахын игәырӷьаҵәа изыӡырҩуа ахацәеи аҳәсеи адгьыл ықәдырҭәаарц. Аха Аҩсҭаа иҳәоит ауаа Анцәа ида еиҳа анасыԥ рымазаауеит ҳәа (Аҟаз. 3:1—5). Аџьныш дшымцҳәаҩу шьақәирӷәӷәарц азы Иегова ауаа напхгара руларц алшара риҭеит. Убас ала ауаҩытәыҩсатә напхгаҩцәа напхгара ахьыруа иахҟьаны иахьа адунеи аҿы абриаҟара ауадаҩрақәа ыҟоуп (Еккл. 8:9). Ҳара еилаҳкаауеит Иегова урҭ ауадаҩрақәа уажәы ишимыӡбало. Ус ҟаиҵозҭгьы аӡәы игәы иаанагар алшон ауаҩытәыҩсатә напхгара ақәҿиара аиуит ҳәа, насгьы ауаа Анцәа ида инхалар рылшоит ҳәа.
6. Избан Иегова бзиа ҳшибо, насгьы есымша иашарала ихы шымҩаԥиго агәра ганы ҳаҟазар зхадоу?
6 Иегова еиԥшу аҳәарақәа еиԥшӡамкәа рҭак ҟаиҵар илшоит. Иаҳҳәап аҳ Иезекиа ӷәӷәала данычмазаҩха, Иегова уи дихәышәтәырц дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа диҳәон. Анцәа уи дзызиҳәоз ҟаиҵеит (2 Аҳ. 20:1—6). Аха Павел ицәеижь иалаз «амаӷ», иҟалап уи чымазарак акәызҭгьы, иԥыригарц Иегова даниҳәоз, уи ауадаҩра имыӡбаӡеит (2 Кор. 12:7—9). Иаҳгәалаҳаршәап иара убас апостолцәа Иакови Пиотри зықәшәаз. Ирод урҭ рҩыџьагьы ишьырц иҭахын. Ҳара иаҳдыруеит аизара ӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Пиотр изы Анцәа ишиҳәоз. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи убасҵәҟьа Иаков изгьы Анцәа иҳәозҭгьы ҟаларын. Аха Пиотр амаалықь деиқәирхеит, Иаков иакәзар, дыршьит (Аус. 12:1—11). Ҳара абас ҳхәыцлар алшоит: «Избан Иегова Пиотр дзихьчаз, Иаков дзимыхьчаз?» Абиблиа уи аҭак ҳнаҭаӡомc. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп: Иегова «ахаангьы аиашамра аазмырԥшуа» шиакәу (Ҩынтә. 32:4). Иара убас ҳара иаҳдыруеит Анцәа урҭ апостолцәа рҩыџьагьы бзиа ишибоз, насгьы дшырзыразыз (Аат. 21:14). Иегова ҳаҳәарақәа рҭак зны-зынла ҳара ишаҳҭаху еиԥш иҟаимҵозар ауеит. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп бзиа ҳшибо, насгьы еснагь ҳара ҳахь аиашара шааирԥшуа. Убри аҟынтә Иегова ҳаҳәара ҳара ишаҳҭахыз еиԥш акәымкәа, даҽакала аҭак ҟаиҵазар, уи ҳахашшааӡом (Иов 33:13).
7. Иҟаҳамҵалар ҳҭахузеи ҳара, насгьы избан?
7 Ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳҭагылазаашьеи егьырҭ рҭагылазаашьеи аиҿмырԥшра. Иаҳҳәап, ҳара Иегова аказы ҳиҳәоит, аха уи ҭакда иаанхоит. Ԥыҭрак ашьҭахь ҳара еилаҳкаауеит ҳара Иегова ҳзызиҳәоз ҽаӡәгьы дшаҳәоз, насгьы уи аҭак шиоуз. Анна зыхьӡу аиаҳәшьа уи аҩыза аҭагылазаашьа дақәшәеит. Лхатә ҩыза Ме́тиу акьыба чымазара иман, лара уи дыбзиахарц азы Анцәа диҳәон. Убри аамҭазы реизараҿы ҩыџьа зықәрахь инеихьаз аиҳәшьцәа убри аҩызаҵәҟьа ачымазара рыман. Анна лхатә ҩызеи урҭ ҩыџьа аиҳәшьцәеи рзы Анцәа диҳәон. Аиҳәшьцәа бзиахеит, Метиу иакәзар, дыԥсит. Анна раԥхьа абарҭ азҵаарақәа лхы иалҭон: Иегова иоума урҭ аиҳәшьцәа абзиахара ирыцхрааз? Иара иакәзар, избан лхатә ҩыза дзимхәышәтәыз, иара изгьы Анцәа димыҳәози? Ҳәарада, ҳара ишьақәырӷәӷәаны иҳазҳәаӡом урҭ аиҳәшьцәа абзиахара ирыцхрааз. Аха шә-процентк агәра ганы ҳаҟоуп, Иегова ҳгәаҟрақәа зегьы рҵыхәтәа шԥиҵәо. Уи адагьы, иара иҩызцәа рыԥсы анҭеиҵо аамҭа игәы хыҭ-хыҭуа дазыԥшуп (Иов 14:15).
8. а) Исаиа 43:2 иану инақәыршәаны, дышԥаҳацхраауеи Иегова? б) Ишԥаҳацхраар алшо Анцәа иҳәара аԥышәарақәа раан? (Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Анцәа иҳәара ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит».)
8 Иегова еснагь дҳацхраалоит. Бзиа ҳазбо Ҳаб агәаҟрақәа ҳашрықәшәо анибо, уи игәы инархьуеит (Ис. 63:9). Аха иара ҳзықәшәо аԥышәарақәа зегьы ҳарцәихьчаӡом, зны-зынла урҭ аӡиасқәа ма амца ишаҩызоугьы. (Шәаԥхьа Исаиа 43:2.) Аха иара ажәа ҳаиҭоит ҳшаанимыжьуа, насгьы урҭ ҳашрылиго. Анцәа иареи ҳареи ҳаиҩызара аӡәы даԥырхагахар ма акы аԥырхагахар иуӡом. Уи адагьы, урҭ аԥышәарақәа ҳхаҳгарц азы Иегова иԥшьоу идоуҳа ӷәӷәа ҳаиҭоит (Лука 11:13; Флп. 4:13). Ус анакәха, ауадаҩрақәа ҳахганы гәыкала Анцәа ҳшизыҟоу ҳаанхарц азы еснагь иаҭаху зегь ҳамазаауеитd.
ДЫЗЗЫԤШУЗЕИ ИЕГОВА ҲАРА ҲҞЫНТӘ?
9. Избан Иегова игәра ҳгалар, насгьы дышҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар зҳахәҭоу? (Иаков 1:6, 7).
9 Иегова игәра ҳгалар иҭахуп (Аур. 11:6). Зны-зынла аԥышәарақәа иҳазхымго акы еиԥш ҳрыхәаԥшлар алшоит. Усҟан абас ҳхәыцуеит: «Араҟа Иеговагьы акгьы илшаӡом». Аха Абиблиа агәра ҳнаргоит Анцәа ҳицзар, иҳалымшо ҳәа акгьы шыҟам (Аԥсал. 18:29). Убри аҟынтә алакҩакра шәаламгакәа, Иегова шәиҳәала, насгьы шәыҳәара аҭак шыҟаиҵо агәра ганы шәыҟаз. (Шәаԥхьа Иаков 1:6, 7.)
10. Иаанагозеи Анцәа ҳзызиҳәо инақәыршәаны ахымҩаԥгара? Иаажәга аҿырԥштәы.
10 Иегова ҳаҳәарақәа инарықәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалар иҭахуп. Иаҳҳәап, аиашьа арегионалтә конгресс ахь дцарц азы аусураҿы аиҳабы доуишьҭырц диҳәарц иҭахуп, убри аҟынтә Иегова дицхраарц диҳәоит. Ишԥаҟаиҵо Иегова имаҵзуҩы иҳәара аҭак? Иара уи иацәажәаразы агәымшәара ииҭар илшоит. Аха уи аиашьа иусура аиҳабы ихаҭа диацәажәар ауп. Иҟалап уи иаразнак доуимышьҭыр, насгьы зныкымкәа диҳәар акәхар. Иҟалап иҭыԥ аҿы даҽаӡәы аус иурц диҳәар акәхар, ма, иулафахәы ишахырхуагьы, аԥсшьарамш игар акәхар.
11. Избан Анцәа акы азы ҳаниҳәо ҳааҟәымҵӡакәа ҳиҳәалар зҳахәҭоу?
11 Иегова иаҳҭаху азы ҳааҟәымҵӡакәа ҳиҳәалар иҭахуп (1 Фес. 5:17). Иисус иажәақәа иаҳдырбоит ҳаҳәарақәа зегь рҭак иаразнак ишаҳмоуа (Лука 11:9). Убри аҟынтә шәгәы кашәмыжьлан! Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала (Лука 18:1—7). Убас Иегова ишәырбоит шәзызиҳәо шәара шәзы ииашаҵәҟьаны даараӡа ишхадоу. Уи адагьы, Иегова ибоит шәыцхраара шилшо агәра шыжәго.
ИЗБАН ЗНЫ-ЗЫНЛА ҲАҲӘАРАҚӘА ЗЕИԤШРОУ ҲАЗХӘЫЦЛАР ЗЫБЗИОУ?
12. а) Иарбан зҵаароу ҳхы иаҳҭар ҳалшо, насгьы избан? б) Еилаҳкаар шԥаҳалшо ҳаҳәарақәа Иегова иахь апатуқәҵара шырныԥшуа? (Шәахәаԥш арамка «Ирныԥшуама сыҳәарақәа Иегова иахь апатуқәҵара?».)
12 Анцәа ҳзызиҳәаз аҭак ҟаимҵозар, х-зҵаарак ҳхы иаҳҭар ҳалшоит. Актәи: «Анцәа ҳзызиҳәо иаҭахыҵәҟьоу аума?» Лассы-лассы ҳгәы иаанагоит ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу ҳдыруеит ҳәа. Аха Иегова еиҳа идыруеит. Уадаҩрак ҳамазар, Иегова уи шыӡбатәу еиҳа еиӷьны идыруазар ҟалап, ҳара ҳгәы ишаанаго еиԥш акәымкәа. Ҳаҳәарақәак Анцәа игәаԥхара иаҿагылозаргьы алшоит (1 Иоанн 5:14). Шәааи актәи абзац аҿы зыӡбахә ҳәаз аҭаацәа рҿырԥшы дырҩегь ҳалацәажәап. Дара Иегова иҳәоит рхәыҷы аҵабырг аанимыжьырц. Уи а́ҳәара цәгьарас ҳәа акгьы аҵамшәа угәы иаанагар алшоит. Аха Иегова имаҵ аура мчыла аӡәгьы идицалаӡом, иара иҭахуп ҳаззегьы, ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, имаҵ заҳуа ус ҳхаҭа иахьаҳаӡбаз азы акәзарц (Ҩынтә. 10:12, 13; 30:19, 20). Убри аҟынтә аҭаацәа рхәыҷы аҵабырг игәаҵанӡа анагара Иегова дрыцхраарц азы иҳәалар еиҳа еиӷьуп. Усҟан дара рԥа ма рыԥҳа Иегова бзиа ибареи иҩызахареи ирыцхраауеит (Ажәам. 22:6; Еф. 6:4).
13. Ауриацәа рахь 4:16 иану инақәыршәаны, данбаҳацхраауеи Иегова? Иҳаилшәыркаа.
13 Аҩбатәи азҵаара: «Иаамҭоума Иегова изы уажәы сыҳәара анагӡара?» Иҟалап ҳара Иегова иаразнак аҭак ҳаиҭарц ҳҭахызар. Аха иара еиӷьны идыруеит уи азы ианаало аамҭа аныҟало. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 4:16.) Ҳара иаҳҭаху иаразнак иаҳмоуазар, Иегова «мап» ҳәа ҳаиҳәошәа ҳгәы иабар алшоит. Аха уи «уажәы иаамҭаӡам» ҳәа аанагозар ауеит. Иаҳҳәап, дышәгәалашәыршәа абзиахара даараӡа изҭаху иқәыԥшу аиашьа. Иегова уи џьашьахәыла дихәышәтәызҭгьы, Аҩсҭаа уи иаҽԥниҳәар илшон. Иара иҳәарын уи аиашьа Анцәа имаҵ зиуа уи дахьихәышәтәыз мацаразоуп ҳәа (Иов 1:9—11; 2:4). Уи адагьы, Иегова ачымазарақәа зегь анықәиго аамҭа алиххьеит (Ис. 33:24; Аат. 21:3, 4). Уи аамҭа ааиаанӡа иара џьашьахәыла ҳаихәышәтәлоит ҳәа ҳазыԥшымзароуп. Убри аҟынтә аиашьа Иегова диҳәалар илшоит дшычмазаҩугьы, анаҩсгьы гәыкала имаҵ аура илшарц азы амчи агәҭынчреи ииҭарц (Аԥсал. 29:11).
14. Ишәнарҵозеи Џьанис лыхҭыс?
14 Дышәгәалашәома вефильтәи амаҵзуразы Анцәа иҳәоз Џьанис? Хәышықәса рышьҭахь ауп лара ианеилылкаа Иегова лыҳәара аҭак шыҟаиҵаз. Лара илҳәоит: «Урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова аҵара сирҵон, насгьы аҽыԥсахра дсыцхраауан. Сара еиҳа иқәгәыӷшьа сҵар акәын. Уи адагьы, сара еилыскааит схатә ҭҵаара еиҳа еиӷьны имҩаԥызгалар шсыхәҭоу. Иара убас сыкәша-мыкәша иҟоу самыхәаԥшӡакәа агәырӷьара амырӡшьа сҵар акәын». Ԥыҭрак ашьҭахь Џьанис лыԥшәмеи лареи араионтә маҵзура иалагеит. Ирхысыз ашықәсқәа лгәаларшәо лара илҳәоит: «Иегова сыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит, уи ишысҭахыз еиԥш акәымзаргьы. Уи шаҟа ибзианы иҟаиҵаз иаразнак исызгәамҭаӡеит. Аха уажәы сара сахь иааирԥшыз абзиабареи ақьиареи рзы иҭабуп ҳәа иасҳәоит».
Иегова шәыҳәара аҭак ҟаимҵошәа жәбозар, даҽакы азы иҳәара шәҽазышәшәа. (Шәахәаԥш абзац 15.)f
15. Избан зны-зынла Иегова иалкааны акы азы ҳиҳәалар заҭахым? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
15 Ахԥатәи азҵаара абас иқәҳаргылар ҳалшоит: «Анцәа даҽаказы сиҳәалар акәзар?» Ҳәара аҭахума, Анцәа ҳаниҳәо иаҳҭаху инҭкааны иаҳҳәозар бзиоуп, аха ирхианы иҳамоу авариантқәа идҳамгалалар анеиӷьу ыҟоуп. Убасҟан Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу агәаҭара еиҳа иаҳзымариахоит. Ҳалацәажәап Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол ахь ааԥхьара лоурц азы Анцәа иҳәо аиаҳәшьа лҿырԥшы. Лара уи ашкол аҿы аҵара дахысны, еиҳаны ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭаху аҭыԥ аҿы амаҵ лулар лҭахуп. Убри аҟынтә лара Ашкол ахь ааԥхьара лоурц, насгьы уажәнатә лымчқәа ззылкыр лылшо лирбарц азы Иегова диҳәалар ауеит (Аус. 16:9, 10). Анаҩс лыҳәарақәа инарықәыршәаны лхы мҩаԥылгалароуп. Иаҳҳәап, лара илылшоит араион ахылаԥшҩы диазҵаар еиҳаны апионерцәа ахьаҭаху аизара ааигәа иҟоума ҳәа. Мамзаргьы Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа еиҳа иахьаҭаху еилылкаарц азы афилиал ахь асаламшәҟәы лҩыр ауеитe.
16. Еилаҳкаазеи ари астатиа аҟынтә?
16 Ишаҳбаз еиԥш Иегова ҳаҳәарақәа рҭак аныҟаиҵо абзиабареи аиашареи ааирԥшуеит (Аԥсал. 4:3; Ис. 30:18). Зны-зынла Анцәа ҳшазыԥшу еиԥш акәӡам ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо. Аха иара ҳаҳәарақәа зегьы дырзыӡырҩуеит. Иегова даараӡа бзиа ҳаибоит, насгьы ахаан ҳаанижьӡом (Аԥсал. 9:10). Убри аҟынтә «есымша иара шәиқәгәыӷла», насгьы шәгәы иҭоу зегьы изеиҭашәҳәала (Аԥсал. 62:8).
АШӘА 43 Аџьшьара иазку анцәаиҳәара
a Ари астатиа агәра ҳнаргоит Иегова ҳаҳәарақәа рҭак аныҟаиҵо есымша абзиабареи аиашареи шааирԥшуа.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.
c Шәахәаԥш 2022 шықәса, февраль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Агәра жәгома Иегова иҟаиҵо еснагь ишиашоу?», адаҟьақәа 3—6.
d Иегова аԥышәарақәа рыхгара дышҳацхраауа иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу авидеонҵамҭа «Анцәа иҳәара ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит».
e Даҽа филиалк зхылаԥшуа атерритораҿы амаҵ жәулар шәҭахызар, шәахәаԥш ашәҟәы «Организованы, чтобы исполнять волю Иеговы», 10, абзацқәа 6—9.
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ҩыџьа аиҳәшьцәа Анцәа иҳәоит, насгьы Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол ахь арзаҳал аларҵоит. Ԥыҭрак ашьҭахь руаӡәк ааԥхьара лоуеит, егьи илоуӡом. Ааԥхьара зырымҭаз аиаҳәшьа лгәы калыжьӡом. Лара Иегова диҳәоит лымчқәа ахьлырхаша лирбарц. Нас лара афилиал ахь асаламшәҟәы лыҩуеит, Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭаху еилылкаарц азы.