АБИОГРАФИА
Иегова дсыцнаҵы сзыцәшәо ҳәа акгьы ыҟаӡам!
УԤСҬАЗААРА атәы ҳзеиҭаҳәа ҳәа ансарҳәо сара исҳәоит: «Сара Иегова иику ачемодан соуп!» Исҳәарц исҭахузеи уи ала? Ачемодан ахьцо иара акәӡам изыӡбо. Уи зыӡбо изтәу аԥшәма иоуп. Убас еиԥш саргьы исҭахуп Иегова иорганизациеи иареи иахьырҭаху срышьҭларц. Сыԥсҭазаараҿы ирацәаны адҵақәа соухьеит. Дҵақәак уадаҩын. Иҟан ишәарҭазгьы. Аха сара еилыскааит: Иегова игәра згозар, сзыцәшәо ҳәа акгьы ыҟаӡам.
ИЕГОВА ИГӘРА АГАШЬА СҴОИТ
Сара сиит 1948 шықәсазы, Нигериа алада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҟоу қыҭа хәыҷык аҿы. Усҟантәи аамҭақәа рзы саб иашьеиҵбы Мустафе́и сашьеиҳабацәа руаӡәк Ваха́бии Иегова ишаҳаҭцәа ракәны иҟалеит. Жә-шықәса анысхыҵуаз саб дыԥсит, усҟан сыԥсҭазаара ҭацәызшәа збеит. Аха Вахаби исзеиҭеиҳәеит ҳаб иԥсы анҭалалак, ҿыц даҳбоит ҳәа. Уи ансаҳа Абиблиа аҵара сҭаххеит. 1963 шықәсазы аӡы сыҽӡаасхит. Хара имгакәа даҽа хҩык сашьцәа Иегова ишаҳаҭцәа ракәны иҟалеит.
1965 шықәсазы сара Ла́гос инхоз сашьеиҳаб Уи́лсон иахь сцеит. «Игбо́би» захьӡыз уатәи аизара аҟны апионерцәа ҩызцәас ишьҭысхит. Урҭ амаҵзураҿы ирымаз агәырӷьареи агәацԥыҳәареи сара сахь ииасит. Убри аҟынтә ианвар 1968 шықәсазы саргьы пионерс амаҵ аура салагеит.
Вефиль аҿы амаҵ зуаз А́льберт Олубе́иби аҿар рзы иҷыдоу аиԥылара еиҿикааит. Уи аиԥылараҿы иара еиҭеиҳәеит Нигериа аҩадатәи ахәҭаҿы иҷыдоу апионерцәа шаҭаху. Сара иахьа уажәраанӡагьы исгәалашәоит иажәақәа амаҵзурахьы аинтерес шҳазцәырыргаз. Иара иҳәеит: «Шәара шәқәыԥшуп. Аамҭеи амчи шәымоуп. Уи Иегова изы шәхы иашәырхәа. Шәара аус рацәаны ишәзыԥшуп!» Сара Исаиа иеиԥш Анцәа сахьишьҭуа ацара сазхиан (Ис. 6:8). Убри аҟынтә иҷыдоу апионертә маҵзура салагарц азы арзаҳал хасырҭәааит.
Маи, 1968 шықәсазы Нигериа аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоу ақалақь Ка́ноҟа срышьҭит, уа иҷыдоу пионерс амаҵ зуларц азы. Усҟан уа Биафртәи аибашьра цон (1967—1970). Аибашьра атәыла мрагыларатәи ахәҭахьы ииасаанӡа, аҩадатәи ахәҭаҿы даара ишәарҭан. Исгәалашәоит сеизара аҟынтә иашьак уахь сцар шиҭахымыз. Сара ус иасҳәеит: «Иҭабуп хьаас сахьумоу. Аха Иегова уа амаҵ зуларц иҭахызар, иара дшысхылаԥшуа агәра ганы сыҟоуп».
АИБАШЬРА ААН ИЕГОВА СИҚӘГӘЫӶУЕИТ
Кано аҭагылазаашьа цәгьалаҵәҟьа иҟан. Атәыла аҩныҵҟа ицоз аибашьра уи ақалақь ду ҭанарцәит. Ажәабжьҳәараҿы ҳаныҟаз зны-зынла амҩақәа рҿы ауаа ԥсны ишышьҭаз ҳбон. Кано аизарақәа ԥыҭк шыҟазгьы аишьцәа реиҳараҩык иқәҵны ицар акәхеит. Ақалақь аҿы иаанхаз ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара 15 аҟынӡагьы инаӡомызт, урҭгьы шәаны, ргәы каҳаны иҟан. Аха фҩык иҷыдоу апионерцәа уахь ҳаннеи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи даара иҳаигәырӷьеит. Ҳара урҭ ҳрыцхрааит ҿыц аизарақәа рымҩаԥгареи ажәабжь аҳәара ацареи. Урҭ ргәы шьҭыҵын, афилиал ахь ажәабжьҳәара иазку аҳасабрбақәеи алитература роурц азы асаламшәҟәқәеи рышьҭуа иалагеит.
Ҳара аҭыԥантәи абызшәа — ха́уса — аҵара ҳалагеит. Ауаа рхатәы бызшәала ҳашцәажәоз анырбоз Аҳра иазку ажәабжь еиҳа иазыӡырҩуан. Аха ақалақь аҿы аиҳараҩык иныҟәыргоз адинхаҵара иадгылоз ауаа ажәабжь ахьаҳҳәоз ргәаԥхаӡомызт. Убри аҟынтә ҳгәаҳҽанын. Зны ажәабжь зцысҳәоз сҩызеи сареи хаҵак аҳәызба кны дҳашьҭалеит. Аха ҳара иара иаасҭа ирласны ҳаҩуан, убри аҟынтә даҳхьымӡаӡеит. Ус еиԥш иҟаз ишәарҭаз аҭагылазаашьақәа ҳашрықәшәозгьы, Иегова ҳшихьчоз ҳбон (Аԥсал. 4:8). Иегова ишаҳаҭцәа рхыԥхьаӡара хәыҷы-хәыҷла еизҳауан. Иахьа Кано 500-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа амаҵ ахьыруа 11 еизара ыҟоуп.
НИГЕР ИҞАЗ АШЬҬАШӘАРЫЦАРАҚӘА
Ниамеи (Нигер) иҷыдоу пионерс амаҵ зуеит
Кано сара мызқәак роуп амаҵ ахьызуаз. Август, 1968 шықәсазы ҩыџьа иҷыдоу апионерцәеи сареи Ни́гер Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Ниаме́и ахь ҳрышьҭит. Иаарласны ҳара еилаҳкааит Нигер адгьыл аҿы ашоура бааԥс ахьыҟоу аҭыԥқәа ишыруаку. Аха иузымычҳауаз ашоура бааԥс мацара акәӡамызт уадаҩрас иҟаз, ҳара атәылаҿы излацәажәоз рхатәы бызшәа, афранцыз бызшәа, ҳҵар акәхеит. Уи зегь шымариамызгьы, Иегова ҳиқәгәыӷны аҳҭнықалақь аҿы иҟаз ирацәамыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ажәабжьҳәара ҳалагеит. Хара имгакәа Ниамеи инхоз аԥхьашьа здыруаз ауаа зегьы уҳәаратәы ашәҟәы «Истина, ведущая к вечной жизни» рыман. Ауаа рхатә екземплиар роурц азы ианҳашьҭазгьы ыҟан!
Хара имгакәа аҳәынҭқарцәа иҳаилдыркааит Иегова ишаҳаҭцәа бзиа ишырымбо. Ииуль, 1969 шықәсазы атәылаҿы раԥхьатәи араионтә конгресс мҩаԥаҳгарц азы ҳаизеит. Ҳара 20-ҩык раҟара ҳаҟан, насгьы иҿыцу ҩыџьа аишьцәа аӡы рҽанӡаархуа ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшын. Аха актәи амш азы аполициа ааин апрограмма амҩаԥгаха ҳарымҭаӡеит. Дара иҷыдоу апионерцәеи араион ахылаԥшҩи рыманы ицеит. Ҳара зегьы ҳҿахәы ҳҿырхит, насгьы адырҩаҽны дара рахь дырҩегь ҳнеирц ҳарҳәеит. Аҳәынҭқарцәа ауадаҩрақәа ҳазцәырыргар шалшо анеилаҳкаа, ҩнык аҿы аӡаахра иазку ажәахә еиҿаҳкаан, аӡәгьы иамҳәаӡакәа зыҽӡаазхраны иҟаз ажәабжьҳәаҩцәа аӡиас аҿы иӡааҳхит.
Мчыбжьқәак рышьҭахь адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәҩык иҷыдоу апионерцәеи сареи атәыла ҳалҵны ҳцарц ҳарҳәеит. Аҽеизгаразы 48 сааҭ ҳарҭеит, ҳамҩа ахәгьы ҳхаҭа иаҳшәар акәын. Ҳара аҳәынҭқарцәа иҳарҳәаз ҟаҳҵан, Нигериа иҟаз афилиал ахь ҳцеит. Уа иҿыцу адҵақәа ҳауит.
Сара Нигериа иҟаз ақыҭа Орисунбаре́ҟа срышьҭит. Уа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәыԥ хәыҷ ыҟан, ажәабжьҳәарагьы алҵшәа бзиа аанагон. Аха фымз рышьҭахь афилиал Нигерҟа схынҳәырц исыҳәеит. Сара уи уамашәа избеит, насгьы раԥхьа даара сшәеит. Аха даҽа ганкахьала Нигер иҟаз аишьцәа дырҩегь избар сҭахын.
Сара Ниамеиҟа схынҳәит. Адырҩаҽны Нигериа иатәыз бизнесменк Иегова ишаҳаҭ шсакәыз анеиликаа, Абиблиа иазкыз азҵаарақәа сиҭо далагеит. Убас Абиблиа аҵара ҳалагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи ауаҩы аҭаҭын ахареи ажәреи даҟәыҵит, насгьы аӡы иҽӡааихит. Нигер саныҟаз ашықәсқәа раан еиуеиԥшмыз аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара алшара сыман. Даараӡа угәы ҟанаҵон, хәыҷы-хәыҷла акәзаргьы, иҿыцыз ауаа аизарахь иахьнеиуаз. Раԥхьаӡа уахь саннеи, уи атәылаҿы Иегова ишаҳаҭцәа 31-ҩык ракәын иҟаз. Санцоз 69-ҩык ыҟан.
«ГВИНЕИА АҲРА АУС ШЫМҨАԤЫСУА АГАНАХЬ АЛА АКГЬЫ ҲАЗДЫРӠОМ»
Декабр, 1977 шықәсазы сара Нигериаҟа схынҳәит, хымчыбжьа ицоз иҷыдоу акурс сахысырц азы. Аҵара санахыс ашьҭахь афилиал акомитет акоординатор, Ма́лком Ва́иго, Сье́рра-Лео́не иҟаз афилиал аҟынтә иааз асаламшәҟәы саԥхьарц исиркит. Аишьцәа Гвинеиа араион ахылаԥшҩыс амаҵ аура зылшо аиашьа ишьҭан. Дара дырҭахын аҭаацәара иаламыз, згәабзиара бзиаз, насгьы англыз бызшәеи афранцыз бызшәеи здыруаз апионер. Аиашьа Ваиго исеиҳәеит уи адҵа анагӡара шакәыз сыззыҟарҵоз. Иара иаҵшьны иҳәеит уи адҵа шымариамыз. Убри аҟынтә ус сеиҳәеит: «Зегьы ибзианы уазхәыц». Аха сара иаразнак аҭак исҭеит: «Иегова иоуп уахь сзышьҭуа, убри аҟынтә сақәшаҳаҭуп».
Сьерра-Леоне саннеи, афилиал акомитет аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи сареи ҳаиқәшәеит. Урҭ руаӡәк ус иҳәеит: «Гвинеиа Аҳра аус шымҩаԥысуа аганахь ала акгьы ҳаздырӡом». Сьерра-Леоне иҟаз афилиал Гвинеиа ажәабжьҳәаратә ус ахылаԥшра рыдын, аха аполитикатә ҭагылазаашьа ахьыцәгьаз иахҟьаны уи атәылаҿы иҟаз аизарақәеи дареи аимадара рыбжьаӡамызт. Аишьцәа зныкымкәа уахь аӡәы ишьҭра рҽазыршәахьан, аха акгьы рзалҵуамызт. Убри аҟынтә сара исыҳәеит Гвинеиа аҳҭнықалақь Конакри́ ахь сцаны уа анхара азин сызҭоз адокумент ҟасҵарц.
«Иегова иоуп уахь сзышьҭуа, убри аҟынтә сақәшаҳаҭуп»
Конакри санаа, ацҳаражәҳәаҩ сиацәажәарц азы нигериатәи ацҳаражәҳәарҭахь сцеит. Сара иасҳәеит Гвинеиа ажәабжь сҳәалар шысҭаху. Иара исеиҳәеит уи шшәарҭоу, абахҭа сҭаркыр, ма еицәоу ак сзырур шалшо. «Нигериаҟа ухынҳәны уа ажәабжь ҳәала», — иҳәеит иара. Убасҟан сара иасҳәеит: «Сара ара аанхара сгәы иҭоуп». Уи ашьҭахь иара Гвинеиа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр асаламшәҟәы изиҩын, дсыцхраарц диҳәеит. Аминистр ибзианы сидикылеит.
Иаарласны сара Сьерра-Леоне иҟоу афилиал ахь схынҳәын, Иегова сыширманшәалаз рзеиҭасҳәеит. Аишьцәа Гвинеиа сынхаларц азин шсоуз анраҳа, даараӡа игәырӷьеит!
Сьерра-Леоне араионтә маҵзура аан
1978 шықәса инаркны 1989-тәи ашықәс аҟынӡа сара Гвинеиеи Сьерра-Леонеи араион ахылаԥшҩыс амаҵ зуан, насгьы Либе́риа араион ахылаԥшҩы ихаҭыԥуаҩыс сыҟан. Раԥхьа сара лассы-лассы сычмазаҩхон. Зны-зынла санычмазаҩхоз даара ихараз аҭыԥқәа рҿы сыҟан. Аха аишьцәа ахәышәтәырҭахь сыргарц азы уеизгьы ак рхәыцуан.
Зны амалиариа сыхьын, цәгьалаҵәҟьа сыҟан, уи азмырхакәа ацәамақәагьы сыман. Усҟан аишьцәа сахьыржша иалацәажәозаарын! Сара уи саныбзиаха ашьҭахь ауп ианеилыскаа. Ашәарҭарақәа рацәаны сышрықәшәозгьы, смаҵзура ааныжьра зныкгьы схахьы имааиӡацызт. Сара агәра ганы сыҟан: Иегова дсыцзар, сзыцәшәаша ҳәа акгьы ыҟаӡам, избанзар иара иԥсхьоугьы рыԥсы ҭеиҵар илшоит.
ҲҨЫЏЬАГЬЫ ИЕГОВА ИГӘРА ҲГОИТ
Ҳчара амш аҽны. 1988-тәи ашықәс
1988 шықәсазы аԥагьара зламыз, доуҳала иӷәӷәаз, пионерс амаҵ зуаз До́ркас слабадырит. Ҳара аҭаацәара ҳалалеит, насгьы араионтә маҵзура иацаҳҵеит. Доркас абзиабареи ахамеигӡареи злоу ԥҳәысуп. Зны-зынла аизара ҳаҭаарц азы ҳамаҭәақәа ҳрыҵаланы шьапыла 25 километра ҳцон. Еиҳа ихараз аизарақәа рҟынӡа аҳәынҵәаршьышьы ахьыҟаз иҟәаԥаҿаԥараз амҩала изцоз машьынак ала ҳцон.
Доркас илылаз агәымшәара есымша иџьасшьон. Иаҳҳәап, зны-зынла акрокодилқәа рыла иҭәыз аӡиасқәа ҳрырлар акәын. Зны хәымш амҩа ҳанықәыз, аӡиас аканое ала ҳарыр акәын, избанзар ацҳа хжәаны иҟан. Доркас аканое сҭыҵуеит ҳәа дангыла, аӡы дҭаҳаит. Ҳҩыџьагьы аӡсашьа ҳаздырӡомызт, арахь уи аӡиас ирацәаны акрокодилқәа ҭан. Насыԥны ҷкәынцәақәак аӡы иалаԥалан, Доркас дҭыргеит. Уи ашьҭахь аамҭак аҩныҵҟа аԥхыӡ бааԥсқәа ахьаҳбоз азы ҭынч ҳзыцәаӡомызт, аха ҳмаҵзура аанҳмыжьӡеит.
Иегова иҳаиҭаз аҳамҭақәа: Џьагифти Ерики
1992-тәи ашықәс алагамҭазы ҳзыргәырӷьаз ак ҟалеит. Ҳара еилаҳкааит иаарласны ахәыҷы дышҳауа. Иҷыдоу ҳмаҵзура убри ала инҵәома? Ҳара абас ҳхәыцит: «Иегова аҳамҭа ҳзыҟаиҵеит!» Убри аҟынтә ҳаӡӷаб Џьагифт лыхьӡаҳҵеит (уи иаанагоит «Иах иҳамҭа»). Ԥшьышықәса рышьҭахь аҷкәын дҳауит, уи Ерик ихьӡаҳҵеит. Урҭ Иегова иҳамҭақәа иааҟәымҵӡакәа ҳдыргәырӷьоит. Џьагифт аамҭак аҩныҵҟа Конакри аиҭагаратә офис аҿы амаҵ луан, Ерик аизара ацхырааҩыс амаҵ иуеит.
Ԥыҭрак ашьҭахь Доркас иҷыдоу амаҵзура аанлыжьыр акәхеит. Аха лара ахәыҷқәа лааӡонаҵы пионерс амаҵ луан. Сара иҷыдоу пионерс амаҵ шызуц изуан. Ҳхәыҷқәа ианрызҳа, Доркас дырҩегь иҷыдоу амаҵзура далагеит. Уажәы ҳара Конакри миссионерцәас амаҵ ҳуеит.
ИЕГОВА — ҲАХЬЧАРА ИЛШОИТ
Сара еснагь Иегова сахьишьҭуаз сцон. Сыԥшәмеи сареи изныкымкәа иаҳбахьан Иегова ҳшихьчо, насгьы дышҳацхраауа. Жәҩантәи Ҳаб ҳахьиқәгәыӷуа абзоурала амал иақәгәыӷуа зықәшәо ауадаҩрақәа ҳҽырцәаҳахьчеит. Доркаси сареи ҳхатә ԥышәала иаҳбеит Иегова шиакәу ҳзыхьчо (1 Аш. 16:35). Сара агәра ганы сыҟоуп Иегова иқәгәыӷуа зегь шихьчало (1 Сам. 25:29).