АБИОГРАФИА
Адоуҳатә ҭынха сыԥсҭазаара арбеиеит
ҴХАГӘАЗЫК иашьаки сареи иаӷьны илеиуаз, зыҭбаара километраки бжаки раҟара иҟаз аӡиас Нигериа аҟәара ҳхықәгылан. Атәыла аҩныҵҟа аибашьра еилашуан, убри аҟынтә аӡиас арра даара ишәарҭан. Ус шакәызгьы ҳара уи ҳарит, уи ашьҭахьгьы акырынтәгьы арра ҳақәшәахьан. Избан? Шәааи сиаанӡа иҟаз ахҭысқәа ҳарзааҭгылап.
1913 шықәсазы саб, Џьон Миллз, Ниу-Иорк аӡы иҽӡааихит, усҟан иара 25 шықәса ихыҵуан. Аӡӡаахра иазкыз ажәахә змаз аиашьа Рассел иакәын. Дук мырҵыкәа саб Тринидадҟа диасит, уа иара гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ зуаз Констанс Фармер ԥҳәысс дигеит. Саб иҩыза Уильиам Брауни иареи ауаа «Фотодрама творения» ддырбон. Дара уи ҟарҵон 1923 шықәсанӡа, избанзар уи ашықәсазы Уильиам Браун иԥҳәыси иареи Африкаҟа ирышьҭит. Саби сани Тринидад иаанхеит, дара рҩыџьагьы жәҩантәи агәыӷра рыман.
БЗИА ҲАЗБОЗ АҬААЦӘА
Сҭаацәа жәҩык ахшара рыман. Рԥеиҳаб Ахьчаратә бааши, Абиблиақәеи, атрактатқәеи реилазаара апрезидент иаҳаҭыраз Рутерфорд ихьӡырҵеит. Декабр 30, 1922 шықәсазы сара сании ажурнал «Золотой век» (уажәы «Пробудитесь!») аредактор Клеитон Вудворт иаҳаҭыраз Вудворт сыхьӡырҵеит. Сҭаацәа ҳара зегьы ашкол ҳалдыргеит, аха зегь раԥхьаӡа иргыланы дара Анцәа имаҵзураҿы ахықәкқәа рықәыргылара ҳгәазҭарҵон. Сан бзиа илбон Аҩыра шьаҭас иҟаҵаны ауаа рацәажәара, насгьы илҳәоз агәра дыргара, лара уи дазҟазан. Саб иакәзар, Абиблиа иану ахҭысқәа убас аԥсы рхаҵаны иаҳзеиҭеиҳәон, зыӡбахә иҳәоз ауаа рыԥсы ҭалозшәа ҳбон.
Сҭаацәа рџьабаа баша имыӡӡеит. Хәҩык аишьцәа ҳҟынтә хҩык Галаад ашкол ҳалгеит. Хҩык ҳаҳәшьцәа Тринидади Тобагои акыршықәса пионерс амаҵ руан. Ҳҭаацәа иҳарҭаз ааӡареи иаҳдырбоз аҿырԥши рыбзоурала, инықәырԥшны иаҳҳәозар, «Иегова иҩнаҿы ҳаиҭарҳаит». Урҭ рыцхыраарала ҳара «Ҳанцәа иашҭаҿы» иҳазҳаит, насгьы ҳашәҭит (Аԥсал. 92:13).
Ҳаҩны лассы-лассы апионерцәа еизон. Дара бзиа ирбон Тринидад иаахьаз, Канада миссионерс амаҵ зуаз аиашьа Џьорџь Ианг иӡбахә алацәажәара. Сҭаацәа гәахәарала еиҭарҳәон уаанӡа амаҵ зцыруаз, аха уажәшьҭа Мраҭашәаратәи Африка амаҵ зуаз Браунаа рыӡбахә. Исаҳауаз зегьы сара, жәашықәса зхыҵуаз аҷкәын хәыҷы, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара сгәазҭанаҵеит.
СҚӘЫԤШРА ААМҬАҚӘА РААН АЖӘАБЖЬ СҲӘОИТ
Усҟан ҳпубликациақәа рҿы иаартны ирылацәажәон амцдинхаҵареи, аԥсыцәгьара злаҽыз акоммерциеи, аҵарҭыша бзиа избоз аполитикеи иҟарҵоз аус хәымгақәа. Убри аҟынтә 1936 шықәсазы адиннапхгаҩцәа рҵыхәала Тринидад ҳпубликациақәа зегьы мап рцәыркит. Убри аҟынтә ҳара ҳлитература ҳҵәахуан, аха убри аамҭазгьы иҳамаз зегь нҵәаанӡа ауаа ирзаҳшон. Амаршқәа рҿы, насгьы амаланыҟәақәа рыла аплакатқәа ҳхаҵаны ажәабжь ҳҳәон, насгьы ауаа абӷьыцқәа рзаҳшон. Ақалақь Тунапуна аҟынтә ажәабжьҳәаҩцәеи ҳареи арупор зхагылаз амашьына ҳақәтәаны ақалақь Тринидад ҳакәшеит, аҭыԥ кҿахақәагьы наҳмыжьит. Изакәытә гәырӷьара дуузеи уи иаҳзаанагоз! Доуҳала ишәыз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҩызцәас иахьсымаз абзоурала 16 шықәса анысхыҵуаз аӡы сыҽӡаасхит.
Ақалақь Тунапуна аҟынтә ажәабжьҳәаҩцәа арупор зхагылоу амашьына иадгылоуп
Сҭаацәа исырҭаз адоуҳатә ҭынха, насгьы санқәыԥшыз ажәабжьҳәара сахьалагаз абзоурала миссионерс амаҵ зуларц сҭаххеит. 1944 шықәсазы Арубаҟа саниасгьы сара уи агәаҳәара сцәымӡӡеит, уа аиашьа Едмунд Каммингс амаҵ ицура салагеит. 1945 шықәсазы Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз ахь жәаҩыуаак анааи, иареи сареи ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт. Анаҩстәи ашықәсазы уи адгьылбжьахаҿы раԥхьатәи аизара еиҿкаан.
Ориси сареи ҳанеибага ашьҭахь иҿыцу азылԥхарақәа соуит
Хара имгакәа сара аус зцызуаз Орис Уильиамс ажәабжь лзеиҭаҳәара салагеит. Лара даараӡа лҽазылшәон лыгәрахаҵара шиашоу ашьақәырӷәӷәара. Аха Абиблиа аҭҵаара абзоурала Орис Анцәа Иажәа иаҳәо еилылкааит, насгьы ианвар 5, 1947 шықәсазы аӡы лыҽӡаалхит. Ԥыҭрак ашьҭахь ҳара бзиа ҳаибабеит, насгьы ҳаибагеит. Ноиабр 1950 шықәсазы лара пионерс амаҵ аура далагеит. Ориси сареи ҳанеибага ашьҭахь иҿыцу азылԥхарақәа соуит.
НИГЕРИА АМАҴ АУРА ДААРА ИЏЬАШЬАХӘЫН
1955 шықәсазы ҳара Галаад ашкол ахь ааԥхьара ҳауит. Уахь ҳцарц азы Ориси сареи ҳусурақәа аанҳажьит, ҳаҩни ҳмазареи ҳҭиит, насгьы Арубантәи ҳақәҵит. Ииуль 29, 1956 шықәсазы ҳара Галаад ашкол 27-тәи акласс ҳалгеит, насгьы Нигериаҟа ҳрышьҭит.
Лагос (Нигериа) Вефильтәи аҭаацәареи ҳареи. 1957-тәи ашықәс
Орис илгәалашәон: «Амиссионертә маҵзура иадҳәалоу аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара иуцхраауа Иегова идоуҳа ауп. Сара ахаангьы исымамызт Вудворт имаз агәаҳәара — миссионерс амаҵ аура. Сара исҭахын схатә ҩны сымазарц, насгьы ахшара сааӡаларц. Аха ажәабжьҳәаратә ус шаҟа ихадоу, насгьы хырԥашьа шамам анеилыскаа, схәыцшьа сыԥсахит. Галаад ашкол ҳаналга сара сазхиан миссионерс амаҵ аура. Нигериаҟа ҳара аӷба „Куин Мери“ ала акәын ҳашцоз. Аиашьа Норр амаҵ ицызуаз Уерт Торнтон ҳнаскьеигарц дааит, насгьы аманшәалара ҳзеиӷьаишьеит. Иара иҳаиҳәеит ҳара Вефиль аҿы амаҵ шаҳауло. Азныказы уи сгәы канажьит, аха сгәазыҟашьа ирласны исыԥсахит, насгьы Вефиль бзиа избеит. Уа сара еиуеиԥшым амаҵзура ахкқәа насыгӡон. Еиҳарак исгәаԥхон адкыларҭаҿы амаҵ аура. Сара ауаа бзиа избоит. Адкыларҭаҿы амаҵ ахьызуаз абзоурала нигериатәи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еиҳа срыцхраалар сылшон. Аӡәырҩы асаба рықәтата, иааԥсаха, амла иакуа Вефиль иахәаԥшырц иаауан. Урҭ реиҷаҳара, насгьы ргәы ашьҭыхра сара сзы ҳаҭыр дуун. Убас ала сара иԥшьоу амаҵзура насыгӡон, уи агәырӷьареи агәахәареи сзаанагон». Ааи, иҳауаз адҵақәа зегьы доуҳала ашәҭра иҳацхраауан.
1961 шықәсазы ҳара ҳҭаацәа ҳбарц Тринидадҟа ҳцеит. Зны аиашьа Браунгьы сасра дҳазнеит. Иара Африка имаҵзураҿы дзықәшәаз аинтерес зҵаз хҭысқәак ҳзеиҭеиҳәеит. Саргьы еиҭасҳәеит Нигериа аизара шеизҳауа атәы. Аиашьа Браун сааигәыдиҳәҳәалан, саб ус иеиҳәеит: «Џьонни, уара Африка узымцеит, аха Вудворт уи илшеит!» Саб ус иҳәеит: «Убас уцала сыҷкәын! Узҿу уаҟәымҵын!» Акыр шықәса гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ зуаз арҭ аишьцәа ражәақәа смаҵзура еиҳа еиӷьны анагӡара сгәазҭарҵеит.
Уильиам Браун (Абиблиатә Браун) иԥҳәыс Антониеи иареи даара ҳгәы шьҭырхуан
1962 шықәсазы сара еиҭа ааԥхьара соуит жәамз ицоз Галаад ашкол 37-тәи акласс ахь. Нигериатәи афилиал ахылаԥшҩы Уилфред Гуч 38-тәи акласс далгеит, насгьы Англиаҟа дрышьҭит. Иара иҭыԥан сара афилиал ахылаԥшҩыс сҟарҵеит. Аиашьа Браун иеиԥш саргьы атәыла зегьы лассы-лассы сахысуан, уи абзоурала нигериатәи аишьцәа еиҳа еиӷьны срабадырит, насгьы бзиа избеит. Дара еизҳазыӷьоз атәылақәа рҿы ауаа ирымаз аҟара рымамызт, аха уеизгьы насыԥ рыман, насгьы ирымаз рыздырхон. Урҭ рҿырԥштәы иаҳнарбоит анасыԥ зхьыԥшу амал шакәым. Даараӡа иџьоушьартә иҟоуп рҭагылазаашьаҿы дара убас ицқьаӡа, еиқәҷаб аизарақәа рахь иахьаауаз. Аконгрессқәа рахь аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аидарамҩангагақәеи аболекаджақәеиa (аҭыԥантәи автобусқәа) рыла иаауан. Урҭ автобусқәа лассы-лассы ирнын аинтерес зҵаз аҳәоуқәа, иаҳҳәап: «Аокеан — ари хыԥхьаӡара змам ацәыкәбар хәыҷқәа ауп».
Шаҟа ииашоузеи арҭ ажәақәа! Ауаа рацәа инарыгӡо аус аҿы дасу иибо аџьабаа ахә ҳаракуп. Уи аус ҳаргьы ҳџьабаа алаҳҵеит. 1974 шықәсазы Нигериа ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара 100 000-ҩык рҟынӡа инеит. Убас Нигериа Еиду Аштатқәа рышьҭахь аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Ажәабжьҳәаратә ус аизҳазыӷьара иаҿын!
1967 шықәса инаркны 1970 шықәсанӡа, ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара анеизҳауаз, Нигериа аибашьра еилашуан. Мызқәак рыҩныҵҟа Биафра (аӡиас Нигер нырцәтәи аган) инхоз аишьцәа афилиали дареи аимадара рымамызт. Убри аҟынтә ҳара урҭ адоуҳатә фатәи анапхгареи раҳҭалар акәын. Хыхь саналагаз ишысҳәаз еиԥш Иегова ҳиҳәаны, насгьы иара ҳиқәгәыӷны зныкымкәа уи аӡиас ҳархьан.
Сара абыржәеиԥш исгәалашәоит ауаа рышьра амҵ ашьра еиԥш избоз аруааи, ачымазара ҿкқәеи, егьырҭ ашәарҭарақәеи ҳарцәымшәаӡакәа уи аӡиас ҳаныруаз. Зегьы гәрамгарҭас ишьҭызхуаз аҳәынҭқарратә архәҭа иалахәыз аруаа раҩсра аасҭа еиҳа ишәарҭан аҳәынҭқарратә мчра иаҿагылаз ахьгылаз аиасра. Уахык зны сара ақалақь Асаба аҟынтә ақалақь Оничуа снеирц азы ауаа злаӡхыргоз ашхәа ала иаӷьны илеиуаз аӡиас Нигер сырыр акәхеит. Араионтә хылаԥшыҩцәа ргәы сырӷәӷәарц азы уантәи ақалақь Енугуҟа сцеит. Анаҩстәи аан аизара аиҳабацәа ргәы шьҭысхырц азы ақалақь Абаҟа сцеит. Даҽазны ақалақь Порт-Харкорт аизара анымҩаԥаҳгоз, иҳаҳаит ақалақь иацәыхарамкәа аҳәынҭқарратә мчрақәа биафратәи аҿагылаҩцәа ишрыжәлаз, убри аҟынтә Анцәа ҳиҳәаны иаарласны аизара хҳаркәшар акәхеит.
Урҭ ҳаиԥыларақәа рыбзоурала аишьцәа ирбон Иегова бзиа ишибоз, насгьы дышреиҷаҳауаз, иара убас анеитралитети акзаареи ахьчара ирыцхраауаз алабжьарақәа роуан. Иегова ицхыраарала нигериатәи аишьцәа уи аԥышәара рхыргеит. Дара иаадырԥшит ииашаҵәҟьоу абзиабара, насгьы акзаара рыхьчеит. Урҭ аамҭа цәгьақәа раан ҳашьцәа срыцхраалар ахьсылшоз сара сзы ҳаҭыр дуун!
1969 шықәсазы Ниу-Иорк, астадион «Ианки» аҿы «Мир на земле» захьӡыз жәларбжьаратәи аконгресс мҩаԥысуан. Уи аконгресс хантәаҩыс дыҟан аиашьа Милтон Ҳеншель, сара уи сицхраауан, насгьы иҿысҵаауаз рацәан. Уи ацхыраара ианаамҭаз исоуит, избанзар 1970 шықәсазы ақалақь Лагос (Нигериа) имҩаԥысит «Люди благоволения» захьӡыз жәларбжьаратәи аконгресс. Ааигәоуп аибашьра анынҵәаз, убри аҟынтә ари аконгресс Иегова ибзоурала имҩаԥысит ҳәа ҳҳәар алшоит. Уи иаҭааит 121 128-ҩык ауаа, насгьы апрограмма 17 бызшәа рахь еиҭаргон. Аишьцәа Норри Ҳеншельи, иара убас егьырҭ аделегатцәеи Еиду Аштатқәеи Англиеи рҟынтә ҳаирпланла иааит. Урҭ зегьы ирбон 3 775-ҩык ауаа аӡы рыҽшӡаархуаз. Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса раахижьҭеи асҟаҩыуаак аӡы рҽахьӡаархыз аконгрессқәа рацәамызт. Ари аконгресс амҩаԥгара санрыцхраауаз сшеилахаз еиԥшҵәҟьа ахаан сеиламхаӡацызт. Нигериа ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара иааџьоушьартә еизҳауан!
Жәларбжьаратәи аконгресс «Люди благоволения» аҿы 121 128-ҩык ыҟан. Апрограмма 17 бызшәа рахь еиҭаргон, игбо абызшәагьы уахь иналаҵаны
30 шықәса инареиҳаны сара Нигериа зны-зынла раионтә хылаԥшҩыс, насгьы Мраҭашәаратәи Африка зоналтә хылаԥшҩыс амаҵ зуан. Амиссионерцәа ирысҭоз азҿлымҳареи агәышьҭыхреи даара еигәырӷьон! Сара агәра дсыргон урҭ рыхә шыҳараку, насгьы аӡәгьы ишихамышҭуа! Ари амаҵзура сара иснарҵеит хаҭала зегь рахь аинтерес аарԥшра даара ишхадоу, уи аишьцәа ирыцхраауеит доуҳала аизҳазыӷьара, Иегова иорганизациа арӷәӷәара, насгьы акзаара ахьчара.
Аибашьреи ачымазареи иҳазцәырыргаз ауадаҩрақәа Иегова ицхыраара ала ауп ишаҳхаҳгаз. Ҳара еснагь Иегова изылԥхарақәа ҳбон. Орис илгәалашәон:
«Ҳара ҳҩыџьагьы зныкымкәа ашыӡ ҳахьхьан. Зны Вудворт иԥсы маҷхеит, насгьы Лагос ахәышәтәырҭахь даҳгеит. Сара уи дыԥсыр алшоит ҳәа сарҳәеит, аха Анцәа иџьшьаны деиқәхеит! Ихы идыруа даныҟала, иара ихылаԥшуаз амедиашьа Аҳра иазку ажәабжь изеиҭаҳәара далагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Вудворти сареи Нвамбиве зыжәлаз уи амедиашьа ҳаиҭааит, Абиблиахь имаз аинтерес еизҳарҳарц азы. Иара аҵабырг идикылеит, насгьы Аба ақалақь аҿы аизара аиҳабыс дҟалеит. Саргьы аҵабырг адкылара сзыцхрааз маҷҩым, гәацԥыҳәарала аԥсылманра иадгылазгьы уахь иналаҵаны. Ҳара даара ҳаигәырӷьон нигериатәи ажәлар рабадырра, урҭ ркультура, рҵасқәа, рбызшәа бзиа иаҳбеит».
Ҳара ари зегь иаҳнарҵаз даҽакгьы ыҟоуп: аҳәаанырцә уаныҟоу доуҳала уеизҳазыӷьаларц азы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ркультура зеиԥшразаалакгьы бзиа рбашьа уҵалароуп.
ИҾЫЦУ АДҴАҚӘА
1987 шықәсазы ҳара иҿыцу адҵа ҳауит — Карибтәи амшын аҿы иҟоу Сент-Лиусиа адгьылбжьаха ԥшӡа аҿы миссионерцәас амаҵ аура. Уа амаҵ аура даара иаҳгәаԥхон, аха ауадаҩрақәагьы ыҟан. Африкатәи атәылақәа рҿы ахаҵа ирацәаны аҳәса раагара азин иман, аха ара, Сент-Лиусиа, даҽа уадаҩрак ыҟан, хаҵеи ԥҳәыси рҭаацәалазаара закәанла ишьақәмырӷәӷәаӡакәа еицынхон. Абиблиа зҳарҵоз аӡәырҩы амч змоу Анцәа Иажәа иаҭахыз аԥсахрақәа рыҟаҵара ргәазҭанаҵеит.
Сара Орис 68 шықәса рыҩныҵҟа даараӡа бзиа дызбон
Ҳашықәсқәа цацыԥхьаӡа ҳамчқәа каԥсон, убри аҟынтә 2005 шықәсазы Анапхгаратә хеилак Бруклин (Ниу-Иорк) иҟаз ихадоу аусбарҭахь ҳаиаргеит. Сара есыҽны Орис лзы Иегова иҭабуп ҳәа иасҳәоит. 2015 шықәсазы лара дыԥсит. Ҳәашьа сзаҭом уи шаҟа сгәы снархьыз. Орис зеиԥшыҟам, абзиабара ӷәӷәа аазырԥшуаз ҩызан. Сара уи 68 шықәса рыҩныҵҟа даараӡа бзиа дызбон. Ҳара еилаҳкааит аҭаацәараҿгьы аизараҿгьы анасыԥ зхьыԥшу. Уи ҳамазарц азы Иегова ишьақәиргылаз ахадара иазку апринцип пату ақәаҳҵалароуп, ҳагхақәа ҳанеибажьлароуп, ахынраалареи иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәеи еизҳарҳалароуп.
Ҳгәы казыжьуаз акы ҳанақәшәоз, ҳара Иегова анаҩсгьы имаҵ аура дҳацхрааларц ҳиҳәон. Ҳара еснагь ҳхы аус адаҳулон, ҳҽаҳаԥсахуан, уи абзоурала иаҳбон Анцәа иорганизациа еснагь ишеиӷьитәуа. Аха зегь раасҭа еиӷьу ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшуп! (Ис. 60:17; 2 Кор. 13:11).
Иегова дазылԥхеит сҭаацәеи егьырҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Тринидади Тобагои инарыгӡоз амаҵзура, аҵыхәтәантәи ахыԥхьаӡарақәа инарықәыршәаны иахьа уа 9 892-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа амаҵ руеит. Аруба аишьцәа аӡәырҩы сара амаҵ ахьызуаз раԥхьатәи аизара дырӷәӷәарц азы даараӡа аџьабаа рбеит. Уи адгьылбжьахаҿы иахьа зеиԥшыҟам 14 еизара ыҟоуп. Нигериа акәзар, уа 381 398-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа ыҟоуп. Сент-Лиусиа адгьылбжьахаҿы 783-ҩык ауаа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рҳәоит.
Сара уажәшьҭа 90 шықәса сырҭысхеит. Аԥсалом 92:14 аҿы инықәырԥшны иуҳәозар Иегова иашҭаҿы еиҭаҳау ирызкны иҳәоуп: «Дара анышлалакгьы ишәҭлоит, уаанӡа еиԥш рымч ҭазаауеит». Сара даараӡа сеигәырӷьоит Иегова абас имаҵ аура ахьсылиршаз. Исоуз адоуҳатә ҭынха сымч самеигӡакәа Иегова имаҵ аура сгәазҭанаҵеит. Иаргьы абзиабара аарԥшны «иашҭаҿы» сышәҭлартә еиԥш алшара сиҭеит (Аԥсал. 92:13).
a Шәахәаԥш март 8, 1972 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!», адаҟьақәа 24—26, англ.