АХӘҬА 5
Вавилонтәи аҭҟәара инаркны Иерусалим аҭыӡқәа рышьақәыргылара аҟнынӡа
ВАВИЛОН тәыс иахьыҟаз израилаа рхаҵара зныкымкәа иԥышәан. Седрахи, Мисахи, Авденагои амца еилашыра иаларыжьит, аха Анцәа уаантә кьыс рымамкәа иалигеит. Амидцәеи аџьамцәеи Вавилон анырга ԥыҭраамҭак ашьҭахь, алымқәа ахьыҟаз ажра ду дҭарыжьит Даниил, аха араҟагьы Анцәа дихьчеит уи, алымқәа рҿы шәаҳаны.
Аҵыхәтәан израилаа рхы иақәиҭитәит аџьамцәа раҳ Кир. Урҭ ртәылахь ихынҳәит, Вавилонтәи атәра 70 шықәса анахыҵ. Иерусалимҟа ианыхынҳә, урҭ зегь раԥхьаӡа иргыланы Иегова иныҳәарҭа аргылара иалагеит. Аха, дук хара имгакәа, аӷацәа аргылара аанкылара рылшеит. Убри аҟынтә, Иерусалимҟа ихынҳәиижьҭеи инаркны, аныҳәарҭа аргылара иалагеиижьҭеи 22 шықәса раҟара ҵит.
Нас ҳара еилаҳкаауеит, Ездра Иерусалимҟа дышцаз, аныҳәарҭа ирҩычарц. Аныҳәарҭа аргылара ашьҭахь 47 шықәса раҟара анҵы иҟалеит ари. Даҽа 13 шықәса анҵы, Ездра иашьҭахь Неемиа дрыцхрааит ихырбгаланы икажьыз Иерусалим абаагәара аргылараҿы. Иааидкыланы, ахәбатәи ахәҭа иаҵанакуеит 152 ҭоурыхтә шықәсқәа.