Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 83
  • Иерусалим абаагәара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иерусалим абаагәара
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ақалақь Иерусалим аҭӡамц
    Учимся на примерах из Библии
  • Неемиа. Ахҳәаа
    Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 83

АЖӘАБЖЬ 83

Иерусалим абаагәара

УАХӘАԤШИ, закәытә усу изҿу. Израилаа Иерусалим абаагәара дыргылоит. 152 шықәса раԥхьаҟа аҳ Навуходоносор Иерусалим хирбгалеит, усҟангьы уи абаагәара ықәихит, ақалақь агәашәқәагьы иблит. Раԥхьаӡа зтәылахь Вавилонҟа ихынҳәыз израилаа абаагәара ҿыц дмыргылаӡеит.

Угәы ишԥаанаго, закәытә цәаныррақәоузеи ирымаз ақалақь аҟны инхоз ауаа арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа, абаагәара ахьыҟамыз иахҟьаны? Агәҭынчымра. Аӷацәа ааны, ишырҭахыз ирықәлар рылшон. Аха абар, аҵыхәтәан, Неемиа абаагәара ҿыц аргылараҿы дрыцхраауеит. Иудыруама, Неемиа дызусҭоу?

Неемиа — израилаа дыруаӡәкыуп, Мардохеии Есфири ахьынхоз Суза ақалақь датәуп. Неемиа аҳ ихан аҟны маҵуҩыс дыҟоуп, Мардохеии Есфири бзиангьы идыруазар акәхап. Аха Абиблиа иаҳәаӡом, Мардохеи маҵуҩыс дыҟан Есфир лхаҵа аҳ Артаксеркс ихаан ҳәа. Уи егьи иааиз аҳ Артаксеркс ихаан ауп аус аниуаз.

Иугәалашәома, Артаксеркс — ари, Иерусалим иҟаз Иегова иныҳәарҭа арҽеиразы Ездра аԥара изҭаз, аҳ бзиа иоуп. Аха Ездра имыргылаӡеит ақалақь абаагәара. Уааи еилаҳкаап, уи Неемиа иргылартә ҟалашьас иаиуз.

13 шықәса ҵит, Артаксеркс аныҳәарҭа арҽеиразы Ездра аԥара ииҭеижьҭеи. Уи аамҭазы Неемиа ҩынаҳаҩ хадас аҳ Артаксеркс иҟны дыҟоуп. Уи аҳ аҩы изнеигоит, дагьахылаԥшуеит, уи аӡәгьы ахәшә аимҭарц. Ари даара аҭакԥхықәра змоу усуп.

Ҽнак зны израилтәи адгьыл аҟынтә Неемиа дырбарц иаауеит иашьа Ханан аӡәырҩы ицны. Урҭ изеиҭарҳәоит израилаа ирхырго ауадаҩрақәа ртәи Иерусалим абаагуара уажәыгь ишыргылами. Неемиа даара игәы ԥнажәеит ари, Иегова абри азгьы диҳәоит.

Зны аҳ игәеиҭоит, Неемиа илахь даара ишеиқәу, дагьиазҵаауеит: ‘Абас улахь зеиқәузеи?’ Неемиа изеиҭеиҳәоит, Иерусалим арыцҳара ду ишҭагылоу атәы, насгьы уи абаагәара шеилажьу. ‘Иҟауҵарц иуҭахыузеи нас уара?’ — дҵаауеит аҳ.

— Азин сыҭ Иерусалимҟа ацара,— диҳәоит Неемиа,— Иерусалим абаагәара аргыларазы.— Аҳ Артарксеркс даара дразуп. Уи Неемиа доуишьҭуеит, аргыларазы аӷәы аԥшаараҿы дицхраауеит. Иерусалим данааи, Неемиа ажәлар иреиҳәоит игәы иҭоу. Ауаа уи ргәаԥхоит, иагьырыӡбуеит: ‘Ҳалагап аргылара’.

Абаагәара дыргылошәа анырбалак, раӷацәа еицәажәоит: ‘Шәаала ҳцаны иаҳшьып, аргыларагьы аанаҳкылап’. Неемиа уи анеиликаа, аусуҩцәа ириҭоит аҳәақәеи аԥсақәеи. Дагьаарыԥхьоит: ‘Шәаӷацәа шәырцәымшәан. Шәеибашьы шәашьцәеи, шәхәыҷқәеи, шәыҳәсақәеи, шәыҩнқәеи рзы.’

Ауаа иҟарҵашаз рыӡбыҵәҟьеит. Уахгьы-ҽынгьы урҭ абџьар рхианы иркыуп, аргыларагьы иаҿуп. 52 мшы рыла идыргылоит абаагәара. Уажәшьҭа ажәлар акы иацәшәо иҟам. Неемиеи Ездреи ажәлар Анцәа изакәан ддырҵоит — ауаа даара насыԥ рымоуп.

Аха уеизгьы Вавилонҟа иҭҟәаны иргаанӡа ирымаз аԥсҭазаара рымам уажәы. Ажәлар напхгара риҭоит Џьамтәыла аҳ, ауаагьы уи имаҵ руроуп. Аха Иегова аҭынчра ауаа ирзаазго аҳ ҿыц дшааишьҭуа ала ажәа риҭеит. Дызусҭада уи аҳ? Адгьылаҿы аҭынчра шԥаҟаиҵои? Убри азы аилкаа ауаа ироуаанӡа 450-ҟа шықуса ҵит. Усҟан аҭоурыхаҿы зегь реиҳа акрызҵазкуаз асаби иира ҟалеит. Аха уи анаҩстәи ажәабжьуп.

Неемиа, ахқәа 1—6.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра