Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 84
  • Мариа амаалықь дылзаауеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Мариа амаалықь дылзаауеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Мариа лахь амаалықь Гавриил даауеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Сара Иегова итәы соуп!
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Лара лгәаҿы алкаақәа ҟалҵон
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 84

АЖӘАБЖЬ 84

Мариа амаалықь дылзаауеит

АРИ аԥҳәыс ԥшӡа Мариа лыхьӡуп. Уи израилтәуп, Назарет ақалақь аҟны дынхоит. Анцәа идыруеит, уи даара дшыбзиоу. Убри азы уи амаалықь Гавриил дааишьҭуеит, длацәажәарц. Илеиҳәозеи Гавриил Мариа? Уааи, еилаҳкаап.

— Бзиара ббаит, Анцәа ҷыдала игәаԥхара ҳалал зҽаԥсазтәыз,— салам лиҭеит амаалықь Мариа.— Иегова дбыцуп.— Мариа уаанӡа длымбаӡацызт уи. Уи лгәы аҭыԥ иҭам, избанзар уи ииҳәо иаҵанакуа лзеилкаауам. Аха Гавриил лшәара убраҵәҟьа илхицоит.

— Бымшәан, Мариа,— иҳәоит иара.— Иегова гәахәас бимоуп. Убри азоуп иаргьы зеиԥш ҟамлац акы бзыҟаиҵарц зиҭахыу. Хара имгакәа ахшаара дбоуеит. Баргьы Иисус ихьӡыбтәуеит.

Гавриил анаҩс илеиҳәоит: ‘Ари асаби дуаҩ духоит, Зегьирхакыу Анцәа иԥа ҳәа иарҳәалоит. Давид иеиԥшҵәҟьа Иегова уи аҳас дҟаиҵоит. Аха Иисус наӡаӡа аҳра иулоит, иаҳрагьы аҵыхәа ԥҵәом!’

— Ҟалашьас иамоузеи ари? — уамашәа илбоит Мариа.— Сара хаҵа сыҟаӡамеи. Ахаҵагьы сицынхомызт — ахшаара дызласоуазеи?

— Анцәа имч биҭоит,— иҳәоит Гавриил.— Убри азы асабигьы Анцәа Иԥа ҳәа иарҳәалоит, иагьациҵоит: — Бҭынха Елисавета дыбгәаларшәа. Ауаа ирҳәон уи ахшаара дызлоуам, дажәхьеит ҳәа. Аха абар, хара имгакәа аԥа длоуеит. Иббома — Анцәа илымшо акгьы ыҟаӡам.

Мариа иаразнак дақәшаҳаҭхоит: ‘Сара Иегова итәы соуп! Иуҳәаз зегьы сақәшәааит’. Нас амаалықь иҽиӡеит.

Мариа Елисавета лахь дыццакны дцеит. Мариа Елисавета лыбжьы анлаҳалак, Елисавета лымгәаҭа иҟаз асаби дгәырӷьаны аԥара далагоит. Анцәа идоуҳатә мчы ахьлоуз аҟынтә, Елисавета ҿаалҭуеит: ‘Бара аҳәсақәа зегь реиҳа агәаԥхара ҳалал бымоуп’. Мариа Елисавета лҟны хымз раҟара дыҟоуп, нас аҩныҟа, Назаретҟа дхынҳәуеит.

Иаарласны Мариа Иосиф зыхьӡу ауаҩы ԥҳәысс дигараны дыҟоуп. Аха Мариа ахшаара дышизԥшу анеиликаалак, Иосиф дахьхәуеит уи ԥҳәысс лгара. Усҟан Анцәа имаалықь уи иеиҳәоит: ‘Уацәымшәан Мариа ԥҳәысс лгара. Избанзар уи Анцәа иҟынтә аԥа длоуит’. Убри аҟнытә Иосиф Мариа ԥҳәысс дигоит, иагьазԥшуп Иисус иира.

Лука 1:26—56; Маҭфеи 1:18—25.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра