Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 87
  • Иқәыԥшу Иисус аныҳәарҭаҿы

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иқәыԥшу Иисус аныҳәарҭаҿы
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иқәыԥшу Иисус
    Учимся на примерах из Библии
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Иисус еснагь азыӡырҩра ааирԥшуан
    Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иара иҿырԥшыгоу аб иакәын
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 87

АЖӘАБЖЬ 87

Иқәыԥшу Иисус аныҳәарҭаҿы

УИХӘАԤШИ ахацәа ирацәажәо ари аҷкәын. Арҭ ауаа — Иерусалимтәи Анцәа иныҳәарҭа иатәу рҵаҩцәоуп. Аҷкәын хәыҷы Иисус иоуп. Уи уажәшьҭа изҳаит. 12 шықәса ихыҵуеит иара.

Арҵаҩцәа даара иџьаршьоит: иабеидыруеи Иисус абысҟак Анцәеи Абиблиеи ирызкны? Аха изыҟами араҟа Иосифи Мариеи? Иабаҟоу дара уажәы? Уааи, еилаҳкаап.

Есышықәса Иосиф иҭаацәа иманы Мшаԥы ҳәа изышьҭоу аныҳәа ҷыдахь Иерусалимҟа даауеит. Назарет ақалақь Иерусалим иацәыхароуп. Амашьынақәеи адәыӷбақәеи змоу уаҩ дыҟаӡам. Усҟантәи аамҭазы иабаҟахыз амашьынақәеи адәыӷбақәеи. Абжеиҳараҩык ауаа шьапыла ицоит: урҭ Иерусалим инаӡарц азы, хымш роуп ирҭахыу.

Уи аамҭазы Иосиф иҭаацәара акыр иазҳахьеит. Убри аҟнытә уи Иисус иеиҵбацәоу иашьцәеи иаҳәшьцәеи рхылаԥшра иқәшәоит. Абар, уажәы Иосифи Мариеи рхәыҷқәа рыманы рыҩныҟа, ихароу Назарет ақалақь ахь, ихынҳәуеит. Урҭ ргәы иаанагоит, Иисус егьырҭ дрыцны ацара даҿуп ҳәа. Аха амш анҵәамҭазы урҭ анаангыла — Иисус ихабар ыҟаӡам. Иҭынхацәагьы ирдыруаз ауаагьы дрыцым! Убри азы урҭ Иерусалимҟа ихынҳәуеит, Иисус иԥшаарагьы иалагоит.

Аҵыхәтәан Иисус дрыԥшаауеит арҭ арҵаҩцәа рҟны. Иара урҭ ихшыҩ рзышьҭны дырзыӡырҩуеит, азҵаарақәагьы риҭоит. Иҟәышра зегьы аршанхоит. Аха Мариа диазҵаауеит: ‘Сыҷкәын, абас узҳазныҟәазеи? Уаби сареи хьаас иҳаман, уҳаԥшаанӡа’.

— Сара шәызсышьҭазеи? — иџьеишьоит Иисус.— Ишәзымдырӡои, Саб иҩны сыҟазарц шсыхәҭоу?

Ааи, Иисус бзиа ибоит Анцәа итәы еиҳа иахьеиликаауа аҭыԥаҿы аҟазаара. Ҳаргьы убри аҩыза ҳцәа ианыруазарц ҳахәҭаӡами? Есымчыбжьа Иисус иҩны Назарет ахырхәара аиԥыларақәа рахь дныҟәоит. Уи еснагь ихшыҩ азышьҭны дахьыӡырҩуа аҟнытә, Абиблиа бзианы идыруеит. Уааи, ҳаргьы Иисус иеиԥш ҳаҟазаап.

Лука 2:41—52; Маҭфеи 13:53—56.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра