Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 93
  • Иисус ауаа рацәа акрырҿеиҵоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус ауаа рацәа акрырҿеиҵоит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус зықьҩыла ауаа акрырҿеиҵоит
    Учимся на примерах из Библии
  • Иисус аӡы дықәгыланы даауеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Иисус ауаа џьашьахәыла ача ахьырҿеиҵаз иаҳнарҵо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 93

АЖӘАБЖЬ 93

Иисус ауаа рацәа акрырҿеиҵоит

АМИТӘ ҟалеит. Абыржәоуп Иоанн Аӡӡаахҩы даныршьыз. Аҳ иԥҳәыс Иродиада дылцәымӷхеит уи. Аҳгьы Иоанн ихы хиҵәартә иҟалҵеит.

Иисус ари даара илахь еиқәнаҵеит. Уи иԥхьакырҭоу аҭыԥ ахь дцоит. Аха ажәлар иара инаишьҭалоит. Иисус ауаа рацәа анибалак — урҭ даара ирыцҳаишьоит. Уи Анцәа иаҳра атәы рзеиҭеиҳәоит, ачымазаҩцәагьы ихәшәтәуеит.

Уи ауха иҵаҩцәа неины иарҳәоит: ‘Уажәшьҭа аҵх акыр инеихьеит, ааигәа-сигәагьы инхо уаҩ дыҟам. Ауаа шьҭы афатә азы зегь реиҳа иааигәоу ақыҭақәа рахь’.

— Џьаргьы ацара аҭахӡам,— иҳәоит Иисус.— Шәара акрырҿашәҵа.— Нас Филипп иахь ихы нарханы дҵаауеит: ‘Ауаа зегьы рзы афатә ааухәарц абалшо?’

— Хәыҷык-хәыҷык иадамхаргьы зегьы рыцыԥхьаӡа роурц азы, даара аԥара рацәаны иаҭахыуп,— наиаҭеикуеит Филипп. ‘Ҳхәы иаҵоу аҷкәын хә-чаки ҩ-ԥсыӡки роуп имоу. Аха ари азхарым, арҭ ауаа рацәа акрырҿаҵаразы’,— иҳәоит Андреи.

— Ауаа ашьац аҟны итәарц урыҳәа,— иҳәоит Иисус. Анцәа афатә азы иҭабуп ҳәа наиаҳәаны, уи гәԥ-гәԥла еиҩишоит. Аҵаҩцәагьы ачеи аԥсыӡи ажәлар ирзыршоит. Араҟа еизеит 5000-ҩык ахацәа, иара убасгьы, зықьҩык инареиҳаны аҳәсеи ахәыҷқәеи. Урҭ рызхараҵәҟьа рфоит. Аҵаҩцәагьы иаанхаз ача анеизыргалак, 12 калаҭ рызна ҟалоит!

Анаҩс Иисус иҳәарала аҵаҩцәа анышь иақәтәоит, Галилеиатәи амшын ирны ицарц. Ауха афырҭын ықәлеит, анышьгьы анахь-арахь иаршәуан. Аҵаҩцәа ргәы ҭҟьеит. Ус иаалырҟьаны, ашара рацәак агымкәа, аӡы дыхгыланы дара рахь иаауаз ауаҩы дырбоит. Урҭ шәаны иҳәҳәоит, избанзар ирзеилымкааит ари закәу.

— Шәымшәан,— ргәы ирҭынчуеит Иисус.— Ари сара соуп! — Аха дара уажәыгь ихарҵом. Усҟан Пиотр иҳәоит: ‘Иҳақәиҭу, ари уара уакәҵәҟьазар, саргьы уара уахь аӡы сыхгыланы снеиртә иҟаҵа’.— ‘Уааи’,— идиҵоит уи Иисус. Пиотргьы анышь дақәҵны, аӡы дыхгыланы ддәықәлоит! Аха иаалырҟьаны уи игәы ҭҟьоит, дӡааҟәрылогьы далагоит — аха Иисус деиқәирхоит.

Ҳамҭак ашьҭахь Иисус ҩаԥхьа зықьҩыла ауаа акрырҿеиҵоит. Аха уажәазы уи бжь-чаки ԥсыӡ хәыҷқәаки рыла акрырҿеиҵоит. Еиҭахгьы рызхараҵәҟьа афатә ыҟоуп. Иџьашьатәӡами, Иисус ауаа абас дахьреиҷаҳауа? Анцәа иқәиргылаз аҳак иаҳасабала Иисус напхгара аҟаҵара даналагалак, ҳара акы хьаас иаҳкуа ҳҟалом!

Маҭфеи 14:1—32; 15:29—38; Иоанн 6:1—21.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра