Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 101
  • Иисус дкыдҵаны дыршьуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус дкыдҵаны дыршьуеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус Голгофа дыԥсуеит
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 101

АЖӘАБЖЬ 101

Иисус дкыдҵаны дыршьуеит

УԤШИ — митәык ҟалеит! Иисус дкыдҵаны дыршьуеит. Уи ашьаҟа даладырҟацеит. Инапы ишьапи аҵәымӷ аадырхеит. Аха зхаҿы иааида Иисус абас изныҟәара?

Иисус дызцәымӷыу ауаа ыҟоуп. Иудыруама, урҭ зусҭцәоу? Урҭ дыруаӡәкыуп Аҩсҭаа Аџьныш. Уи иоуп Адами Евеи Иегова изымӡырҩратә агәаԥхара рызҭаз. Иара ихаҭацәҟьа иоуп Иисус иаӷацәа абри ацәгьаура бааԥсы аҟаҵара ргәазырԥхаз.

Иисус дкыдҵаны дыршьаанӡа, уи иаӷацәа цәгьала ддыргәаҟуан. Иугәалашәома, урҭ Гефсимантәи абаҳчаҿы инеины, Иисус дыкны дшыргаз? Изусҭцәадаз арҭ аӷацәа? Ииашоуп — адин аԥызаҩцәа роуп. Уааи, еилаҳкаап, наҟ-наҟ иҟалаз.

Адин аԥызаҩцәа Иисус данҭарклак, апостолцәа еибарҩны ицоит. Урҭ ршәара иахҟьаны, Иисус имацара аӷацәа дырзаанрыжьуеит. Ихарамкәа апостолцәа Иоанни Пиотри заҵәык роуп иаанхаз. Урҭ аӷацәа рышьҭақәа ирхыланы ицоит, Иисус иԥеиԥшхо гәарҭарц.

Иисус Анна зыхьӡу зықәрахь инеихьоу, уаанӡа ԥхьаԥшьаҩыс иҟаз ауаҩы иҟны днаргоит. Аха уаҟа урҭ рацәак инхом. Нас уи дыргоит Каиафа ҳәа убри аамҭазы ԥхьаԥшьаҩыс иҟоу иахь. Уи иҩны аҟны иеизоит адинхаҵаратә ԥызаҩцәа маҷҩымкәа.

Араҟа, Каиафа иҩны аҟны, Иисус иус рыӡбоит. Арахь иааргоит Иисус иҟам-ианым ихызҳәаауа ауаа. Адин анапхгаҩцәа еицҿакны ирҳәоит: ‘Дкыдҵаны дышьтәуп Иисус’. Нас иҿажьцәоит, ҭачкәымлагьы исуеит.

Уи аамҭазы Пиотр адәахьы дгылоуп. Адәахьы уажәшьҭа хәлахьеит, иагьыхьҭоуп — ауаа амца еиқәырҵеит. Амцаҿы рҽандырԥхоз маҵуҩ ԥҳәыск Пиотр дынихәаԥшны ҿаалҭит: ‘Ари Иисус дицын’.

— Мап, сара сицӡамызт! — ихы ирқьиоит Пиотр.

Хынтә иарҳәоит иара, уи Иисус дышицыз. Аха Пиотр рыхынтәгьы мап икуеит. Ахынтә раан уи мап аникуаз, Иисус даахьаҳәны иара иганахь дыԥшуеит. Пиотр даара имхацәгьахеит, амц ахьиҳәаз: уи ашҭа аанижьуеит, лаӷырӡашалагьы дҵәыуоит.

Ахәаша аҽны ашамҭазы аԥшьаҩцәа Иисус асинедрион ахь дыргоит. Асинедрион — ари аизарақәа ахьымҩаԥаргало азал ду ауп. Араҟа урҭ Иисус анаҩс изыруша атәы иалацәажәоит. Нас уи Иудеиатәи аҳабла анапхгаҩы Понти Пилат иахь дыргоит.

— Ари дуаҩ ҽеим,— Иисус ишабалак ихцәажәоит аԥшьаҩцәа.— Уи дышьтәуп.— Пилат аамҭа кьаҿк иалагӡаны Иисус даниҿцәажәа ашьҭахь, иџьеишьоит: ‘Ицәгоу ҳәа сара акгьы идзымбалеит’. Пилат Иисус Ирод Антипа иахь дишьҭуеит. Ирод Галилеиа напхгара шаиҭогьы, уи аамҭазы иара Иерусалим дыҟоуп. Иродгьы Иисус хара идибалом, шьҭахьла Пилат иахь дагьдәықәиҵоит уи.

Пилат Иисус ихы дақәиҭитәырц иҭахыуп. Аха уи иаӷацәа иара ицынхәрас егьи абаандаҩы доуишьҭырц рҽазҵәылхны иашьҭоуп. Ақәылаҩ Варавва. Уажәшьҭа шьыбжьон ааирц егьагым. Пилат Иисус ажәлар рахь дцәыригоит. Егьрылеиҳәоит: ‘Шәыԥшы! Абар шәара шәаҳ!’ — ‘Дга иара! Дшьы иара! Дшьы!’ — иҵәаауеит аԥшьаҩцәа. Аҵыхәтәан Пилат Варавва доуишьҭуеит — Иисус дыршьразы дыргоит.

Ахәаша аҽны Иисус ашьаҟаҿы дкыдырҵоит. Иара иварахьала наҟ-ааҟгьы ҩыџьа ашьра зқәыз ақәылаҩцәагьы ашьаҟа икыдырҵеит,— урҭ асахьаҿы иубарҭаӡам. Иисус иԥсымҭаз ақәылаҩцәа руаӡәк диҳәоит: ‘Сугәаларшәа, уаҳраҿы уаннеилак’.— ‘Ажәа усҭоит, уара Џьанаҭ ушсыцҟало ала’ — наиаҭеикуеит Иисус.

Ари ажәа џьашьахәӡами? Иудыруама, закәытә џьанаҭу Иисус зыӡбахә имоу? Иабаҟаз раԥхьаӡа Анцәа иишаз џьанаҭ? Ииашоуп — адгьылаҿы. Иисус ажәҩанаҿы аҳра аниоулак, уи ари ауаҩы иԥсы ҭеиҵоит иҿыцу Џьанаҭ адгьыл аҟны насыԥла иҟало наӡаӡатәи аԥсҭазаара азы. Ҳамеигәырӷьаӡои ҳара абри?

Маҭфеи 26:57—75; 27:1—50; Лука 22:54—71; 23:1—49; Иоанн 18:12—40; 19:1—30.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра