Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 102
  • Иисус иԥсы ҭоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус иԥсы ҭоуп
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус дырҩегь иԥсы ҭоуп!
    Учимся на примерах из Библии
  • Иаркыу ашә ала ауадахь
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 102

АЖӘАБЖЬ 102

Иисус иԥсы ҭоуп

ИУДЫРУАМА, ари аԥҳәыси абанҭ ҩыџьа ахацәеи зусҭцәоу? Ари Мариа Магдалина лоуп, уи Иисус ибзианы дыздыруаз дыруаӡәкыуп. Амаҭәа шкәакәақәа зшәу — маалықьцәоуп. Мариа дыҩнаԥшуеит Иисус иԥсыбаҩ ахьышьҭарҵаз ауада хәыҷы. Ари ауада хәыҷы адамра ҳәа иашьҭоуп. Аха аԥсыбаҩ араҟа иҟам! Изгада уи? Уааи, еилаҳкаап.

Иисус данԥсы, аԥшьаҩцәа Пилат иарҳәоит: ‘Иисус иԥсы анҭаз, заа иҳәахьан, хымш рышьҭахь иԥсы шҭалоз. Убри аҟнытә адамра рыхьчаларц адҵа ҟаҵа. Усҟан уи иҵаҩцәа иԥсыбаҩ рызӷьычуам, нас аԥсцәа рахьынтә иԥсы ҭалеит ҳәагьы рзыҳәом!’ Пилат адҵа риҭоит, аԥшьаҩцәа адамра ахьчаразы аруаа рышьҭырц.

Иисус данԥсы ашьҭахь хымш анҵы, ашьыжь шаанӡа иаалырҟьаны Иегова имаалықь даацәырҵуеит. Адамрагьы ахаҳә аадихуеит. Аруаа шьаҳаиҭхеит иахьгылаз, ашәара иахҟьаны. Адамрагьы ианҭаԥшлак — аԥсыбаҩ ыҟаӡам! Ԥыҭҩык аруаа ақалақь ахь иҩны ицеит, иҟалаз зегьы аԥшьаҩцәа ирзеиҭарҳәарц. Угәы ишԥаанаго, иҟарҵои арҭ иуаацәгьақәоу аԥшьаҩцәа? Урҭ аруаа аԥара рырҭоит, амц рҳәаразы. ‘Ауха шәшыцәаз, иҵаҩцәа ааины аԥсыбаҩ ргазшәа шәҳәа’ — аԥшьаҩцәа абас аруаа ирыдырҵоит.

Уи аамҭазы адамрахьы инеиуеит Иисус ибзианы дыздыруаз аҳәсақәа. Шаҟа иџьаршьазеи, адамра ҭацәны ианырба! Иаалырҟьаны илашо амаҭәақәа зшәыз ҩыџьа амаалықьцәа аацәырҵуеит. ‘Иисус араҟа шәызишьҭоузеи? — иразҵаауеит урҭ аҳәсақәа.— Уи иԥсы ҭалеит. Ирласны шәца, иҵаҩцәагьы ирзышәыцҳа’. Шаҟа ирласны иҩуазеи арҭ аҳәсақәа! Иаалырҟьаны амҩаҿы урҭ аӡәы иааникылоит. Иудыруама, иара дызусҭоу? Иисус! ‘Шәцаны сҵаҩцәа ирзеиҭашәҳәа’,— рыдиҵоит иара.

Аха урҭ Иисус иԥсы шҭоу, насгьы дара дшырбаз аҵаҩцәа ианрарҳәалак, аҵаҩцәа абри ахаҵара рцәыуадаҩуп. Убри азы Пиотри Иоанни адамрахьы иҩны ицоит, рыблақәа рыла ирбарц азы, абар — адамра ҭацәуп! Пиотри Иоанни цоит, Мариа Магдалина даанхоит. Уи адамра дҭаԥшуеит, иаалырҟьангьы ҩыџьа амаалықьцәа лбоит.

Иудыруама, Иисус иԥсыбаҩ иахьыз? Анцәа уи ыӡыртә иҟаиҵеит. Уи Иисус иԥсы шҭеиҵаз данԥсыз имаз ацәеижь иҭаны акәӡам. Аха ииҭеит иҿыцу адоуҳатә цәеижь, ажәҩанаҿы иҟоу амаалықьцәа ирымоу аҩызаҵәҟьа. Аха нас излаадыруа ала, Иисус иԥсы шҭоу ашьақәырӷәӷәаразы, иҵаҩцәа дырзаауеит, ауаҩы ила иабартә иҟоу ацәеижь иҭаны.

Маҭфеи 27:62—66; 28:1—15; Лука 24:1—12; Иоанн 20:1—12.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра