Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 103
  • Иаркыу ашә ала ауадахь

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иаркыу ашә ала ауадахь
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус дырҩегь иԥсы ҭоуп!
    Учимся на примерах из Библии
  • Иисус иԥсы ҭоуп
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Сара Иегова итәы соуп!
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 103

АЖӘАБЖЬ 103

Иаркыу ашә ала ауадахь

ПИОТРИ Иоанни Иисус уаанӡа иԥсыбаҩ ахьышьҭаз адамра аҟынтә ицоит, Мариагьы лымацара даанхоит. Уи дҵәыуоит. Нас аԥхьатәи асахьаҿы ишарбоу еиԥш, уи длаҟәны, адамра дҭаԥшуеит. Уаҟагьы ҩыџьа амаалықьцәа лбоит! Урҭ лара илазҵаауеит: ‘Бзырҵәыуазеи?’

— Дыргеит с-Аҳ, дахьыргазгьы сыздыруам,— аҭак ҟалҵоит Мариа. Нас данаахьаҳә, аӡәы дылбоит. Ари ауаҩы длазҵаауеит: ‘Бзышьҭада?’

Мариа ари абаҳчааӡаҩы иакәыз џьылшьеит, лыгәгьы иаанагеит — иҟалап, ари иакәзаргьы Иисус иԥсыбаҩ згаз ҳәа. Убри аҟнытә лара диҳәоит: ‘Уара уакәзар аԥсыбаҩ згаз, иахьыугаз саҳәа’. Аха ари Иисус ихаҭаҵәҟьа иоуп. Уи Мариа дызлалзымдыршаз ацәеижь иманы длызцәырҵит. Уи лыхьӡ ҳәаны данлацәажәалак, Мариа еилылкаауеит, ари Иисус шиакәу. Уи дыҩны дцаны аҵаҩцәа иралҳәоит: ‘Сара дызбеит Иҳәақәиҭу!’

Убри аҽныҵәҟьа Еммаус ақыҭа ахь зхы рханы ицоз ҩыџьа аҵаҩцәа аӡәы даарыдгылоит. Аҵаҩцәа даара рылахь еиқәнаҵеит Иисус иԥсра. Аха амҩахь ари ауаҩы Абиблиа аҟынтә ирацәаны ирзеиҭеиҳәоит, даргьы ргәы еиҳа иҭынчхоит. Аҵаҩцәа акы инацҳарц ианаанҿаслак, ари Иисус шиакәыз еилыркаауеит. Усҟан Иисус иҽиӡоит, аҵаҩцәагьы шьҭахьҟа Иерусалимҟа иҩны ицоит, иҟалаз апостолцәа ирарҳәарц.

Абри аамҭазы Иисус, иара убас, Пиотргьы дизцәырҵуеит. Егьырҭ аҵаҩцәа ари анраҳалак, даргьы даара иеигәырӷьоит. Нас арҭ аҵаҩцәа ҩыџьа Иерусалимҟа иаауеит, апостолцәагьы рыԥшаауеит. Урҭ амҩахь Иисус даргьы дышрызцәырҵыз рарҳәоит. Иудыруама, абри анеиҭарҳәо аминуҭаз иҟалаз?

Уахәаԥш асахьа. Ашә шаркыугьы, ауада аҟны Иисус даацәырҵуеит. Шаҟа иаргәырӷьазеи ари аҵаҩцәа! Угәы зырцыхцыхуа мшӡами ари? Иулшома Иисус шаҟантә иҵаҩцәа дрызцәырҵхьаз аԥхьаӡара? Хәынтә ракәзар иануԥхьаӡаз?

Иисус иҵаҩцәа данрызцәырҵуаз, урҭ рыбжьара Фома дыҟамызт. Убри аҟнытә аҵаҩцәа нас изеиҭарҳәоит: ‘Ҳара даабеит Иҳақәиҭу!’ Аха Фома, Иисус сыблақәа рыла дызбаанӡа, ихасҵом ҳәа нараҭеикуеит. Абар, даҽа бжьымш рышьҭахь аҵаҩцәа еиҭах уадак аҟны еизоит, ашәгьы адыркуеит, уажәы Фома урҭ рыгәҭа дыҟоуп. Ус иаалырҟьаны ауада аҟны Иисус дцәырҵуеит. Уажәшьҭа Фомагьы ихеиҵоит.

Иоанн 20:11—29; Лука 24:13—43.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра