АЖӘАБЖЬ 105
Иерусалим ақалақьаҿы азыԥшра
АРҬ Иисус ишьҭанеицәа роуп. Урҭ иара изыӡырҩит, Иерусалимгьы иаанхеит изыԥшразы. Урҭ анԥшуа аамҭазы аҩны зегьы аҟны иаалырҟьаны ашьҭыбжьқәа ргара иалагоит. Уи еиқәтәарак зқәым аԥша цәгьа абжьы иеиԥшуп. Нас урҭ аҵаҩцәа рхагәҭақәа рҟны амцабзқәа аацәырҵуеит. Иубома арҭ абылра иаҿу амцабзқәа? Абарҭ зегьы ҵакыс ирымоузеи?
Аџьашьахәы ҟалеит! Иисус Иаб иахь ажәҩанахь дхынҳәит, иҵаҩцәагьы адоуҳатә мчы риҭеит. Иудыруама, адоуҳатә мчы урҭ иднарҟаҵо? Аҵаҩцәа зегьы еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ацәажәара иалагоит.
Уи аамҭазы Иерусалим иҟаз шьардаҩык аԥша ӷәӷәа иеиԥшыз абжьы раҳауеит, иҟалаз аабап ҳәагьы еизоит. Урҭ ирылоуп егьырҭ ажәларқәа иреиуоу, Ҩынҩажәижәабатәи амшныҳәа азгәазҭарц Иерусалимҟа иааз ауаа. Шаҟа иџьаршьазеи урҭ ирбаз-ираҳаз! Урҭ ираҳауеит, дара рхатәы бызшәала аҵаҩцәа Анцәа иус џьашьахәқәа ртәы шеиҭарҳәо.
— Арҭ зегь Галилеиантә иааз роуп,— иџьаршьоит ауаа.— Ҳтәылақәа рҟны излацәажәо абызшәақәа рыла излацәажәозеи дара?
Аҵыхәтәан Пиотр дҩагыланы иреилиркаауеит. Ибжьы рдуны — зегьы ираҳартә еиԥш — уи ауаа ирзеиҭеиҳәоит, Иисус дкыдҵаны дшыршьыз, нас Иегова уи аԥсҭазаарахь дыширхынҳәыз. ‘Уажәшьҭа Иисус ажәҩанаҿы дыҟоуп, дтәоуп Анцәа иарӷьарахь ала,— иҳәоит Пиотр.— Изықәиргәыӷыз адоуҳатә мчгьы риҭеит. Убри азоуп абарҭ аџьашьахәқәа зыжәбо-изшәаҳауа’.
Пиотр иажәақәа рышьҭахь аӡәырҩы Иисус изыруз агәнаҳара азы даара иахьхәит. ‘Иҟаҳҵарызеи, нас?’ — иҵаауеит дара. ‘Шәыҽшәыриашароуп, аӡгьы шәыҽӡаашәхроуп’,— иреилиркаауеит Пиотр. Убри аҽныҵәҟьа 3000-ҩык раҟара аӡы рыҽӡаархуеит, Иисус ишьҭанеицәангьы иҟалоит.